АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2025

Фазиль Искандер ихьӡ зху амҩаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа аҩбатәи аетап алагеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала аҳҭнықалақь апрофильтә маҵзурақәа Фазиль Искандер ихьӡ зху амҩаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит.

Уажәы араҟа Џьонуа имҩеи Воронов имҩеи рыбжьара акоммуникациақәа рыԥсахра мҩаԥысуеит.

Акоммуникациақәа рыԥсахра хыркәшахароуп ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа. Амҩа акаҭран ақәҵара азԥхьагәаҭоуп 2026 шықәсазы.


Read 131 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.