АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 3:28

Аԥсны Ауаажәларратә Палата аделегациа Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата 20-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гульнара Кичба, амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Изольда Ҳагба, апрофильтә комиссиақәа рхантәаҩцәа Даур Агрба, Дауҭ Агрбеи  Асҭамыр Ахбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата афорум «Сообщество», иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата 20-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Ауаажәларратә Палата апресс-маҵзура.

Гульнара Кичба «Амчреи ауаажәлари: хра злоу аусеицура астратегиақәа» («Власть и общество: успешные стратегии взаимодействия») атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит. Уи лажәахә аҿы аҳәынҭқарратә структурақәеи ауаажәларратә еилазаареи рыбжьара аусеицура абжьаҵара иаҵоу аҵакы ахадара дазааҭгылеит. Лара лықәгылара аусмҩаԥгатә иалахәыз акыр иазҿлымҳахеит, ахцәажәарақәа рацәаны иаиуит.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас имҩаԥысит Урыстәыла Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Лидиа Михеевеи уи лхаҭыԥуаҩ Алеқсандр Школьники рԥылара. Аиԥылара аҿы анаҩстәи аусеицура ацҵареи аԥышәаеимадареи аусеицуреи рзы иҿыцу алшарақәа аазыртуа аԥшьгарақәа реицынагӡареи иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Афорум иара убас иформалым аимадареи иҿыцу аконтактқәа рыбжьаҵареи рзы хра злоу плошьадканы иҟалеит. Уи ҳәарада ҳаԥхьаҟа еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҿиара иацхраауеит.  

Афорум «Сообщество» алахәхара иабзоураны Аԥсны Ауаажәларратә Палата аделегациа ауаажәларратә еилазаара аус рыцура иадҳәалоу иԥхьагылоу аԥышәеи аинновациатә знеишьақәеи рдырразы алшара роуит.


Read 78 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.