Традициала, ҿыц ииз амаалықь иҭаацәа Аҟәа ақалақь ахада иҟынтәи аԥаратә ҳамҭа аиуразы асертификат рнапы иаркхоит.
Сынтәа аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба иӡбамҭала аԥаратә ҳамҭа аицҵалыҵ 200 нызықь мааҭ рҟынӡа ишьҭыхын.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе асаби иан аԥа иира лыдиныҳәалеит, 200 нызықь мааҭ аиуразы асертификатгьы лнапы иаиркит.






