АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:15

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иаԥшьгарала имҩаԥысит атәыла Ахада иҟны иҟоу Аконсультативтә хеилак алахәылацәеи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Виачеслав Гладкови реиԥылара

Аиԥылара ихы алаирхәит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

Иалахәын: аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы Алықьса Цыгәба, аполитикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц, апартиа «Иаку Аԥсны» ахантәаҩы Алхас Барзаниа, апартиа «Аиҭаира» ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиан Бобуа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәлар рымч» ахантәаҩы Ҭемыр Надараиа.

Аполитикатә мчрақәа рхадацәа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ирдыруа Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит ареспублика аҭоурых аҿы реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан еснагь акзаара шеиқәдырхоз. Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, хаз игоу азҵаарақәа еиуеиԥшым азнеишьақәа шрымоугьы, Аԥсны ауаажәларра-политикатә мчқәа зегьы шеидгыло аҳәынҭқарра ахьыԥшымра ахьчараҿы, акультуреи амилаҭтә беиарақәеи реиқәырхараҿы.

Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аполитикатә мчрақәа зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала ишеидгыло — урҭ ганрацәалатәи аимадарақәеи астратегиатә еиҩызара арҿиара ӷәӷәала ишадгыло.

Аиԥылара алахәылацәа азҵаарақәа жәпакы рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.


Read 52 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.