АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Цәыббра.2023

Нанҳәамзазы ареспублика абиуџьет иалагалахеит зеицҵалыҵ 450,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо ашәахтә шәатәқәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрреи аинспекциақәеи Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҿы русура аихшьаалақәа рыла, нанҳәамзазы ареспублика абиуџьет иалагалахеит зеицҵалыҵ 450,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо ашәахтә шәатәқәа. Убри аан планла иазԥхьагәаҭаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 399,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аплан анагӡара нанҳәамзазы 113 % рҟынӡа инаӡоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аофициалтә саит.

2023 шықәса аамзы ирылагӡаны ареспублика абиуџьет иалагалахеит 2 млрд 902 млн. мааҭ. Убри аан планла ишьақәыргылаз ашәахтәқәа реицҵалыҵ 2 млрд 341 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Азԥхьагәаҭатә рбагақәа рынагӡара 124%. рҟынӡа инаӡоит. Планла иазԥхьагәаҭоу аицҵалыҵи фактла иалагалоу аицҵалыҵи реивгара 560,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ашәахтәқәа ралагалара адинамика 117% рҟынӡа инаӡоит, уи аицҵалыҵла  423,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

2023 шықәса аамзы ирылагӡаны араионқәа рыла ашәахтә лагалақәа абас ала ишьақәгылеит:

 Ақ. Аҟәа – планла ишьақәыргылоу  1 млрд 195 млн. мааҭ аан иалагалахеит  – 1 млрд 439 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 120% рҟынӡа инаӡоит.

Гагра араион – планла ишьақәыргылоу 589,8 млн. мааҭ аан иалагалахеит –  875,4 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 148% рҟынӡа инаӡоит.

Гәдоуҭа араион – планла ишьақәыргылоу 217,2 млн. мааҭ аан иалагалахеит   – 257,0 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 118% рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа араион – планла ишьақәыргылоу 79,1 млн. мааҭ аан иалагалахеит   – 102,1 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 129% рҟынӡа инаӡоит.

Гәылрыԥшь араион – планла ишьақәыргылоу 61,2 млн. мааҭ аан иалагалахеит   – 80,9 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар -  132% рҟынӡа инаӡоит.

Очамчыра араион – планла ишьақәыргылоу 145,0 млн. мааҭ аан иалагалахеит   – 75,8 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 52% рҟынӡа инаӡоит.

Ҭҟуарчал араион – планла ишьақәыргылоу 21,8 млн. мааҭ аан иалагалахеит   – 27,5 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар -  126% рҟынӡа инаӡоит.

Гал араион – планла ишьақәыргылоу 32,0 млн. мааҭ аан иалагалахеит   – 44,3 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 138% рҟынӡа инаӡоит. 


Read 180 times - Аԥшьаша, 07 Цәыббра 2023 15:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.