Items filtered by date: Аҩаша, 17 Рашәара 2025

Аҟәа. Рашәарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» рашәарамза 12 рзы асоциалтә ҳақәа аԥснытәи асегмент ала иаланарҵәаз ахарадҵа ишаҿагыло азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа рашәарамза  18 – 21 рзы  Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысло Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аусура иалахәхоит. Есышықәса афорум атәылақәа жәпакы рҟынтәи зықьҩыла алахәылацәа еиднакылоит.

Аделегациа аилазаара иалалоит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба,  Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак инапынҵақәа назыгӡо Орҳан Шамба, Санкт-Петербург иҟоу ҳаҭыр зқәу аконсул Владимир Бигәаа. 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 16, 2025 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Милана Џьынџьалԥҳа лхантәаҩрала Апрокуратура Хада Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа ҩымз ҳәа, нанҳәамза  14, 2025 шықәсанӡа ирбаандаҩра азы иҟанаҵаз азыҳәара иақәшаҳаҭхеит.

Адгәыр Ҳаразиа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Апарламент аҿы дхысит ҳәа гәҩарас дрымоуп, усҟан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәра иоуит. Адгәыр Ҳаразиа аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит. Уи иԥшаара рылаҳәан.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 16 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатит Очамчыратәи ашкол-интернат уахь иналаҵаны, азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы асахьаҭыхратә ҟазара арҵаҩцәа рзы азанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.

Акурсқәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҟны иҟоу аквалификациа ашьҭыхреи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи рзы Ареспубликатә центри Аԥсны аҵара Аминистрреи рыла  еиҿкаахеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу урыстәылатәи аделегациа Аԥсныҟа аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аекономикатәи аҵарадырратәи аусеицура арӷәӷәара иазырхоу аиԥыларақәа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.