
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа Ачечентә Республика Аҭҵаарадырра Академиа ахада Умаров Џамбулат дидикылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Ачечентә Республика Аҭҵаарадырра Академиа ахада Умаров Џамбулати реиԥылара.
Асас аԥсшәа иаҳәо, Ахада иҳәеит Аԥсны аҩадакаваказтәи ареспубликақәа рхаҭарнакцәа аус рыцура ҷыдала хшыҩзышьҭра шарҭо. «Чечентәи ҳаиашьаратә республикеи ҳареи ҳаимадара хырхарҭа рацәала ишьақәгылоуп. Шәара шәаарагьы уи арҵабыргуеит. Сара сзы гәахәароуп ҳҵарауаа аус ахьеицыруа. Ари зегьы ҳреспубликақәа реизыҟазаашьақәа рырҿиара иацхраауеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Лаҵарамза 21 рзы – апринц А. П. Ольденбургтәи диижьҭеи 180 шықәса ҵуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, лаҵарамза 21 рзы апринц А. П. Ольденбургтәи диижьҭеи 180 шықәса ҵуеит.
Лаҵарамза 21, 1844 шықәса рзы диит еицырдыруа аԥсуа меценат, агуманист, акурорттә қалақь Гагра ашьаҭаркҩы Алеқсандр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи.
Алеқсандр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи аимператор Павел I иԥа имоҭа иакәын. Александр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи еицырдыруа анемец хылҵшьҭра змаз аурыс герцогтә ҭауад жәла датәын.
Александр Пиотр-иԥа диит 1844 шықәса, лаҵарамза 21 рзы (иҿыцу астиль ала – рашәарамза 2 – аред.) Пиотр Гьаргь-иԥа Ольденбургтәии апринцесса Терезиа Нассаускаеи рҭаацәараҿы. Абрыла – Урыстәыла аимператор Павел I имоҭа-шьмоҭацәа дыруаӡәкын.
1835 шықәсазы апринц Ольденбургтәи иаб иаԥшьгарала дахысуеит Санкт-Петербург иаартыз Азиндырратә ҵараиурҭа аҟны ихарҭәаау акурс. Иаб еиԥшҵәҟьа апринц ауаа рыцхыраареи, арккаратә ус амҩаԥгареи рахь агәазыҳәара иман. «Иара агәыҳалалратә цхыраара ҟаиҵон: хылаԥшра риҭон ахәыҷтәы хәшәтәырҭеи, Ахҩеланыҳәатәии Ацқьа Гьаргь Аиааирагаҩи рыхьӡ зхыз агәшаҭаратә гәыԥқәеи, арыжәтә мап ацәызкыз ргәыԥи, иара убасгьы адгылара ииҭон аурыс ҵарауаҩ Иван Павлов – Урыстәыла афизиологиатә школ аԥҵаразы имҩаԥигоз аус аҟны», — ҳәа иҩуеит ажурналист Анатоли Клиуев, истатиа «Апринц Ольденбургтәи – акурорт Гагра «аб» ҳәа хьӡыс измоу аҟны.
1856 шықәса инаркны 1890 шықәсанӡа Алеқсандр Пиотр-иԥа апуручик еиҵа иҟынтәи аршьаҟатә аинрал-адиутат иҟынӡа арратә мҩа данысит. Ианашьан урыстәылатәи аорденқәа Ацқьа Андреи Аԥхьанаԥхьа, Ацқьа Алеқсандр Невски, Ауарба Шкәакәа, Ацқьа Анна лорден 1-тәи 3-тәи аҩаӡарақәа, Ацқьа Станислав иорден 1-тәи аҩаӡара, Ацқьа Гьаргь иорден 4-тәи аҩаӡара, Ацқьа Владимир 1-тәи, 3-тәи аҩаӡарақәа; «Агәымшәаразы» ҳәа аҩыра зныз ахьтәы бџьар; Андреитәи ацахаԥҟа аҿы аныҟәгара азы Алеқсандр II, Алеқсандра III, иара убас Николаи II рпортретқәа. Ианашьан иара убас 16 аҳәаанырцәтәи аорденқәеи амедалқәеи.
1881 шықәса инаркны абзиҟаҵаҩ иаҳасабала аусура далагоит. Иреиҳаӡоу ақәыршаҳаҭрала азиндырра Аимператортә ҵараиурҭа, Апринц П. Г. Ольденбургтәи ихьӡ зху Ахәыҷы-еибацәа рааӡарҭа, агәыҳалалра-еиҳәшьцәа Иԥшьоу Ахҩеланыҳәатә Реилазаара Аԥҵаҩыс дҟалеит. Асенатор, Аҳәынҭқарратә Хеилак (1896) алахәыла. Аҵарадырра, агәабзиарахьчара аусхкқәа рҿы агәыҳалалратә усура анагӡаҩы. 1890 шықәса, ԥхынҷкәын мзазы, Ольденбургаа рҭаацәаратә ԥарала, апринц ихаҭа далахәны Санкт-Петербург иаартын аексперименталтә медициназы Аимператортә Институт (иахьазы – аексперименталтә медицина Аинститут. 1917 шықәсанӡа, апериодикатә кьыԥхь аҟны «апринц Ольденбургтәи Иинститут» ҳәа иашьҭан – аред.), Иван Павлов (аурыс, асовет ҵарауаҩ-афизиолог, 1904 шықәсазы амедицинеи афизиологиеи рзы Нобельтәи апремиа алауреат – аред.) аекспериментқәа ахьымҩаԥигоз.
Апринц Ольденбургтәи игәалашәара ҷыдала ҳаҭыр рзақәуп аԥсуа жәлар.
Дышԥақәнагалеи апринц Аԥсныҟа, насгьы ҭоурыхс иамоузеи акурорт Гагра ашьақәгылара? Уи атәы инарҭбааны истатиаҿы далацәажәоит апрофессор, аҭоурыхҭҵааҩы Станислав Лакоба.
XIX-тәи ашәышықәсазы Гагра аӡмахқәа ахьырацәаз ҭыԥын, араҟа ашыӡ чымазара лассы-лассы иуԥылон. Аԥхынра – иааузымычҳауа ихәыҵашоуран. Даараӡа игәыгәҭажьын Гагратәи Абааҭа – Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа иахәҭакны ианыҟала ашьҭахь (Александр I Иманифест инақәыршәаны, Аԥсны аҳра Урыстәыла аимпериа иадҵан 1810 шықәсазы автономтә зинқәа аҭаны, ус иҟан 1864 шықәсанӡа – аред.) араҟа арратә гарнизон еиҿкаан.
Апринц Ольденбургтәи раԥхьаӡакәны Гагра даҭааит 1901 шықәсазы. «Ашьыжь, асааҭ 6 рзы, аӷба «Ледокол» Гагратәи абаа хыжәжәарақәа инрыдгылеит, — иҳәоит уи аамҭа далацәажәо аҵарауаҩ Станислав Лакоба, — Аҟәатәи аокруг аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, акаԥдан Зинченко аруаа ишырҟазшьоу еиԥш апринц аԥсшәа иеиҳәеит». Иара убасгьы, Калдахәара ақыҭантә иааит гәыԥҩык аԥсуаа, ҳәарада, аԥсуа чеиџьыка ишаҳәо еиԥшгьы апринц иԥылеит: «ирхианы игылаз аишәа иқәын асыс ишеибгаз иӡыз, аԥсуа ҩы, ашә».
Уи аиԥылараан иҟалеит даараӡа аинтерес зҵаз хҭыск. Ладариа зыжәлаз аиҭагаҩ ила, аԥсуаа апринц иахь иҟарҵеит аҳәара, иара дзыхьчоз аполициауаа рабџьар аҟнытә шәақьқәак аамҭала ириҭарц, ашьхара ицаны абнаҳәа, мамзар абнакәтырцына шьны изааргарц азы. Араҟа иҳәатәуп, аҳра иҟанаҵаз адҵала, 1898 шықәса инаркны Гәдоуҭа аҵакырадгьыл аҟны инхоз ауааԥсыра зегьы абџьар шрымхыз атәы.
«Апринц жәлар дипломатцәа рахь ихы нарханы дааԥышәырччан, х-шәақьк аԥсуаа ирырҭараз адҵа ҟаиҵеит», – ҳәа иҩуеит Станислав Лакоба. Хара имгакәа ашәарыцаҩцәа хынҳәуеит абнаџьмақәа ҩба шьны ирыманы. Апринц даараӡа игәаԥхеит ари аиқәшәара, акрифон, акрижәуан, «аԥсуаа ргәабзиаразы» аныҳәаҿа ашьҭыхрагьы ихашҭуамызт. Мышқәак рышьҭахь, апринц даҭаауеит Афон Ҿыц, анаҩс – Аҟәа.
Лаҵарамза 21 – Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш ауп.
Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 21 рзы XIX ашәышықәсазы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Ааигәа Мрагылара еиуеиԥшым атәылақәеи рахь ихҵәаны имцар ада ԥсыхәа рызымҭаз аурыс-кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи 160 шықәса ҵит.
Лаҵарамза 21 рзы Аԥсни Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәеи рҿы иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш.
Лаҵарамза 21 рзы Аԥсны еиԥш Нхыҵ Кавказ ареспубликақәагьы рҿы иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш. Рҽеидкыланы аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны рцара аиҳарак изыхҟьаз атәы еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы Гьаргь Ӡиӡариа ифундаменталтә усумҭа «Амҳаџьырреи ХIХ ашәышықәсазтәи Аԥсны аҭоурых апроблемақәеи» аҿы иарбоуп:
– Аурыс аҳра Кавказ инанагӡоз аколониалтә политика;
́– Ари адгьылҵакыра ампыҵакра иашьҭаз асулҭантә Ҭырқәтәыла имҩаԥнагоз агрессивтә акциақәа;
– Ҭырқәтәыла иадгыланы Урыстәыла Ааигәа Мрагылараҿы апозициақәа рыркәадара иашьҭаз мраҭашәаратәи, аиҳарак англызтәи аколонизаторцәа инарыгӡоз апровокациатә роль;
– Аҭырқәцәа ирыдызцәылоз ареакциатә феодалтә идиологиа иадгылоз аҭыԥантәи ҭауади-аамсҭеи рчарҳәара.
Акыр аҵанакуан адинхаҵаратә факторгьы. Атәыла ауааԥсыра рыхәҭак иныҟәыргоз амсылмантә дин аҭырқәа сулҭан амсылманцәа зегьы иреиҳаӡоу ахылаԥшҩны дыҟоуп ҳәа ирыланарҵәон. Асоциалтә напхгараҭара знапы иакыз рхы иадырхәон ашәышықәсала ишьақәгыланы иҟаз аҵасқәеи аимҭашьҭратә еизыҟазаашьақәеи. Аурыс аҳра Кавказ арра-колониалтә режим ашьақәыргылара азы аҽазышәарақәа ашьхарыуа жәларқәа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аҿиара ахылҿиаауан. Аҳ иеинралцәеи ачынуааи рҽазҵәылхны «мчыла аиқәкра» аметодқәа нарыгӡон. Уи рхы иадырхәон аҳра зуаз англызтәии аҭырқәатәи аелита. Урҭ рхықәкқәа рынагӡара мацара иазхәыцны еиҳагьы аҭагылазаашьа дыруадаҩуан.
XIX ашәышықәса актәи азыбжазы убасҵәҟьа Кавказ иқәынхоз ауааԥсыра рыхәҭак, аԥсуаагьы уахь иналаҵаны ихҵәаны Ҭырқәтәылаҟа рцара афактқәа аҭыԥ рыман.
Кавказ ашьхарыуаа жәларқәа раԥхьаӡа рҽеидкыланы аҳәаанырцә рцара ҟалеит 1859 – 1865 шш. рзы.
1867 шықәсазы иҟалаз амҳаџьырра ԥхынгәымза 26, 1866 шықәсазы Лыхны ақыҭан ажәлар рықәгылара иахҟьеит. 20 нызықьҩык аԥсуаа Аԥсны ааныжьны мҳаџьырра ицеит.
ХIХ ашәышықәсазы зегьы иреиҳаз амҳаџьырра ҟалеит 1877 шықәсазы, усҟан Аԥсны ааныжьны ицеит 50 нызықьҩык аԥсуаа.
Акция «Аҵх амузеи аҟны» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш лаҵарамза 18 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит акциа «Аҵх амузеи аҟны». Аҳҭнықалақь аҿы ари акциа рхы аладырхәуеит Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи, иара убас Аԥсны Абанк аԥарақәа Рмузеи.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аатит асааҭ 11:00 рзы.
Амузеи аҿы «Сара гәахәарыла Сыԥсадгьыл ахь схынҳәуан» ҳәа хыс измоу ацәыргақәҵа мҩаԥгахеит. Араҟа ицәыргақәҵахеит асахьаҭыхыҩ-аграфик Алеқсандр Чачба-Шервашидӡе ихатәы маҭәақәа. Даҽа цәыргақәҵак Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш иазкуп.
Хазы игоу атематикатә блок изкхеит аҭоурыхдырҩы, ажурналист, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран, Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ԥыхьатәи адиректор Алеқсандр Тариа.
«Кавказтәи аибашьра: аҭоурых аурокқәеи ҳазҭагылоу аамҭеи»: Аҟәа иаатит жәларбжьаратәи анаукатә конференциа.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гьаргь Ӡиӡариа игәалашәара иазку Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа «Кавказтәи аибашьра: аҭоурых аурокқәеи ҳазҭагылоу аамҭеи» Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысуеит.
Аконференциа алахәхара азы Аԥсныҟа иааит Москва, Санкт-Петербург, Тиумень, Ориол, Симферополь, Ставрополь, Грозныи, Махачкала, Черкесск, Ҟарачаевск, Маиҟәаԥ ақалақьқәа рҟынтәи аҵарауаа.
Аконференциа аартуа, ААУ аректор Алеко Гәарамиа аконференциа амҩаԥгара арыцхә алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи лаҵарамза 21 рзы иазгәарҭо Кавказтәи аибашьра анҵәара 160-шықәса ахыҵра иадҳәалоуп, насгьы иналукааша аҵаауаҩ ду, арҵаҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩ Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа (06. 05.1914 – 01.05.1988шш.) дижьҭеи 110-шықәса аҵра иазкуп.
«Лаҵарамза 6 рзы 110 шықәса ҵит Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа дижьҭеи. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа иналукааша аҵарауаҩ инаҩсгьы, ҳҵараиурҭа зеиӷьаҟам анапхгаҩыс дыҟан. 1975 шықәсазы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа еицырдыруа имонографиа «Амҳаџьырреи Аԥсны XIX ашәышықәса аҭоурых апроблемақәеи» иҩит. Гьаргь Алықьса-иԥа аԥсышәала аҭоурых акурс даԥхьон. Иара еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рдепутатс дыҟан. Иахьа аконференциа далахуп уи иԥа, еицырдыруа асахьаҭыхыҩ Адгәыр Ӡиӡариа», - ҳәа иҳәеит Алеко Гәарамиа.
Аԥснытәи ажурналистцәа апроект «SputnikPro на Зубовском» рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Арккаратә проект «SputnikPro на Зубовском» аҩбатәи асезон хацыркхеит Москва ақалақь аҿы.
Амедиагәыԥ «Россия сегодня» аекспертцәа хәымш рыҩныҵҟа ажурналистцәа, аблогерцәа, ауаажәларратә активистцәа рԥышәа рымардалоит. Асасцәа ирзыԥшуп ҳаамҭазтәи амедиа ихадоу ахыхарҭақәа рыла амастер-классқәеи аԥышатә зыҟаҵарақәеи.
25 цыра акриптовалита арҳара иазку аппаратқәа ԥшааны ирымырхит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иԥшааны ирымырхит 25 цыра амаининг-аппаратқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Изакәанымкәа афымцацәаҳәа аҿакреи акриптовалиута арҳара иазку аусура анагӡареи рзы афактқәа аадырԥшит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа 1-тәи аҟәша аусзуҩцәа.
Арцах амҩала иҟоу ашьҭаҵарҭатә хыбра аҿы иԥшааз 4аппаратк Ахба Денис Рамин-иԥа итәуп.
Аслан Бжьаниа Иран Ахадеи адәныҟатәи аусқәа рминистри рҭахара инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иран Ахада Ебраҳим Раисии адәныҟатәи аусқәа рминистр Амир Абдоллахиани рҭахара инамаданы адышшылара ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Адышшыларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ареспублика Аԥсны гәалсра дула ирыдыркылеит лаҵарамза 19 рзы иҟалаз аҵәиԥрыга акаҳара иахҟьаны Иран Ахада Ебраҳим Раисии адәныҟатәи аусқәа рминистр Амир Абдоллахиани, егьырҭ акырзҵазкуа аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рҭахара азы ажәабжь хьанҭа.
Аԥсны Жәлар Реизара –Апарламент аделегациа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа 40-тәи аконференциа (ЮРПА) аусура иахьалаго Ареспублика Калмыкиа аҟынӡа инаӡеит. Ареспублика Калмыкиеи Ставропольтәи атәылаҿацәи ирыбжьоу административтә ҳәаа аҿы, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан напхгара зиҭо аԥснытәи апарламенттә делегациа дырԥылеит Ареспублика Калмыкиа Жәлар Рхурал (Апарламент) ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Николаи Нуров.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Венори Бебиа – акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы, Левон Галустиан – аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Нарсоу Салаҟаиа – акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Вахтанги Голанӡиа – аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы алахәыла.
Дмитри Гәазааи Уго де Вильди европатәи аԥхьахәгара GT World Challenge Sprint Cup авторалли аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Дмитри Гәазааи уи ицеицлабуаз бельгиатәи аспортсмен Уго де Вильди европатәи аԥхьахәгара GT World Challenge Sprint Cup авторалли аҿы аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ааныркылеит.