pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла артистцәа адирижиорцәа Нодар Ҷанбеи Мадина Чачхалиеи рнапхгарала аншлаг рыманы урыстәылатәи ақалақь Серпухов атеатр аҿы иқәгылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агазеҭ  «Комсомольская правда.  Серпухов».

Ахортә капелла арепертуар аҿы иҟоуп – аԥсуа жәлар рашәақәа, еицырдыруа ҳаамҭазтәи акомпозиторцәа раԥҵамҭақәа, аурыс музыка. Инагӡан иара убас аклассикатә репертуар аԥҵамҭақәа, ааигәа иаԥҵазгьы уахь иналаҵаны.

Арҿиаратә коллектив азыӡырҩцәа зеиӷьаҟам анагӡарала идыргәырӷьеит. Амузыкантцәа иҳараку рзанааҭдырратә ҟазара азгәарҭеит афестиваль аиҿкааҩцәагьы.

Акапелла артистцәа рықәгылара инарҭбаау апроект «Московский Пасхальный фестиваль» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан. Ари апроект ҳтәылақәа рыбжьара акультуратә диалог абжьаҵара иацхраауеит.   

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, абизнес-центр «Гәдоу-Плаза» аҿы иаатит Аԥсны Ахада иинформациатә Центр.

Аинформациатә Центр аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиеи.

Акоординатор Милана Ҵәыџьба Аинформациатә Центр аусура ахықкқәеи ахырхарҭақәеи дрылацәажәеит.

«Аинформациатә Центр ахықәкы хаданы иҟоуп ауаажәларра еиҳа актуалра злоу азҵаарақәа рзы оперативла адырра рыҭара иазку иҿыцу, еиҳа аеффективра злоу асистема аԥҵара. Иарбоу аплошьадка Аԥсны аус зуа аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рыпресс-маҵзурақәа, иара убас  амассатә информациа ахархәагақәа аус рыцурала аинформациа аизгара, анализ азура, анаҩс  ауааажәларра рҟынӡа анагара иазырхахоит», – ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Авиациатә занааҭқәа рпопулиаризациа, иара убас В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы иҟоу аусуратә ҭыԥқәа рыдгалара  хықәкыс иҟаҵаны, лаҵарамза 16 рзы Очамчыра ақалақь Ахадара ахыбраҿы аҳаирбаӷәаза анапхгараҭареи аусзуҩцәеи ақалақьи араиони руааԥсыреи реиԥылара  мҩаԥысит.

Аҳаирбаӷәаза ахархәара иҳараку аквалификациеи аԥышәеи реиԥш, аусуратә ԥышәа адагьы, еиуеиԥшым ахырхарҭақәеи азанааҭқәеи рыла аусуратә ҭыԥқәа  азԥхьагәанаҭоит.

Аҳаирбаӷәаза ахаҭарнакцәа иҟало авакансиақәа, иара убас акандидатцәа рахь иқәыргылахо азҵаарақәа, ахыдҵақәа, (ихымԥадатәиу аҵара, алшарақәа, адыррақәа, аԥышәа, уҳәа убас иҵегьы) ртәы еиҭарҳәеит, иара убас иҭацәу аусуратә ҭыԥқәа рахь акандидатцәа рызҵаарақәа зегьы рҭак ҟарҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳҭнықалақь аҿы иҟоу иралсу амедицинатә цхыраара астанциа азы иҿыцу ҩ-машьынак аархәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.   

«Ирласу амедицинатә цхыраара астанциа автопарк ахәҭак ахьажәыз инамаданы, Аҟәа ақалақь Ахадара анапхгара ирласу амедицинатә цхыраара автомашьынақәа ҩба раахәаразы аӡбамҭа аднакылеит. Мышқәак рышьҭахь автомашьынақәа иахәҭоу ашәҟәҭагалара мҩаԥганы ацәаҳәа ахь ицәырҵуеит. Аҟәа ақалақь ауааԥсыра агәабзиара рзеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба.

Аҟәатәи ирласу амедицинатә цхыраара астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа, иҿыцу амашьынақәа ртехникатә ҟазшьарбагақәа рыла астанциа автопарк аҿы иҟоу егырҭ амашьынақәа акыр иреиҩсуеит ҳәа еиҭеиҳәеит.   

«Ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа амашьыналасқәа рбазала иҟаҵоуп. Уажәтәи аамҭазы, амҩадуқәа рҿы лассы-лассы иҟало аиԥынгыларақәа раан амашьына аманиоврра акырӡа аанагоит. Амашьынақәа аҵәыҵәритә системалеи асалон аҿы иахәҭоу аиқәыршәагақәеи рыла еибыҭоуп. Уи зегьы апациент ианаамҭоу амедицинатә цхыраара иҭареи ахәышәтәырҭа ахь ирласны инагареи аус акыр иарманшәалоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Џьопуа.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс  Сариа Лакоба дижьҭеи 120-шықәса аҵра инамаданы, Аҟәа ақалақь аҿы игылоу апрлитикатә репрессиақәа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Иналукааша аполитикатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, ареволиуционер, аԥсуа жәлар рхақәиҭра азықәԥаҩ Нестор Лакәаба иԥшәмаԥҳәыс, лаҵара 16, 1939 шықәсазы қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа лызхымгакәа лыԥсҭазаара далҵит.

85 шықәса раԥхьа қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа зызхымгакәа зыԥсҭазаара иалҵыз Сариа Лакәаба дыргәаладыршәит Аҟәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа рыцны акриптовалиута арҳара иазку 99 аппаратқәа рыԥшаареи рымхреи рзы аоперативтә операциа мҩаԥыргеит.

Габлиа Римма Оҭар-иԥҳа  ԥшәымас дызмаз амаининг-ферма Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭанахатәы ҩны адгьылҵакыра аҿы аус ауан.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аконтрабандеи аҳазалхратә цәгьоурақәеи рҿагылара азы аҟәша аусзуҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа зхы хаз, Аԥсны атәылауаҩ Деинеки Е.И. Машин зыԥсҟы икыз автомашьына Mercedes-Benz S320 ааныркылеит.

Амашьына агәаҭараан уи аҩныҵҟа иҭаҵәахыз амаининг аппаратқәа Whatsminer M30S хԥа рыԥшааит.

Аҟәа Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Сариа Лакоба (Џьих-оглы) – иналукааша аԥснытәи аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Аԥсны жәлар ркоммисариатқәа Рхеилак ахантәаҩы, Аԥснытәи АССР Анагӡаратә Комитет Хада (ЦИК  СССР) ахантәаҩы Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс, иҩыза иаша диижьҭеи 120 шықәса ҵуеит.  

Сария Лакоба (лыӡӷабраан Сарие Џьих-оглы)  диит 1904 шықәсазы амал змаз аҷаруаҩ Аҳмед-Мамед Џьих-оглы иҭаацәараҿы. Сариа лынахыс аҭаацәараҿы ирызҳауан даҽа фҩык ахәыҷқәа. Аҭаацәара амал зкыз ракәны иԥхьаӡан: Баҭым аԥшаҳәаҿы аҩнқәа рызгылан, урҭ қьырала иарҭон, ирыман иара убас рхатәы чаӡырҭеи адәқьанқәеи. Сариа лан – Мелеқ Ԥаҭланӡиаԥҳа даԥсыуан, Очамчыратәын. Уи быжьҩык ахәыҷқәа ааӡара бзиаӡа рылҭеит.

Сариа илнасыԥхараны иҟаз Нестор Лакоба раԥхьаӡа акәны дылбеит Баҭым, 1920 шықәсазы дара рыҩны даннеи. Усҟан Нестор англыз аккупациатә мчрақәа дыркразы ишьҭан.  Иара ҩызас диман лара лашьеиҳаб Аки, уи иоуп иҩыза – аԥсуа арԥыс зыҩны дызҵәахуаз. Сариа усҟан жәохә шықәса ракәын илхыҵуаз. Аҭыԥҳа ԥшӡа дкахәхәа, лыбла қаруақәа ҭыԥххаауа, лыхцәы еиқәаҵәа жәпаӡа, Нестор дшынлыхәаԥшыз еиԥшҵәҟьа иаразнак дигәаԥхеит, Сариагьы лылаҿы дааит агәымшәара злаз ареволиуционер қәыԥш. Аҩыџьагьы еицыбналеит.

Азныказы Сариа лани лаби, аиҳарак лашьцәа урҭ реибагара ргәы иахәомызт, аха хәыҷы-хәыҷла ргәашыра еиқәтәон, ишнеиуазгьы Нестор иаԥсоу маҳәык иаҳасабала дрыдыркылеит. Ачара руит  1921 шықәса рзы, Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь.  

Сариа Нестор даниццоз ашколгьы далымгацызт. Аҵара лоуит аҩныҟа ҷыдала лара лзы Нестор ааԥхьара зиҭоз арҵаҩцәа рҟынтә. Аԥышәарақәа екстернла иаҭаны Сариа аттестат лоуеит. Сариа. Даара ирацәаны ашәҟәқәа дрыԥхьон, лҵара иазлырҳауан. Ԥсабарала илылаз ахшыҩи, агьама ҳараки, аҟыбаҩи, аҵареи аетикет адырреи анрыцла, абагәа илатәоу ахәац анхьычԥаԥырхо еиԥш ашьха-ҭыԥҳа Сариа, атәыла ахада иԥҳәыс ишлаҭәоу еиԥш, раԥхьатәи леди лакәны даақәгылеит», – ҳәа лыҩуеит Надежда Лиутахина, лессе «Сариа лыҩныҟа дхынҳәуеит» аҟны.

1921 шықәсазы Нестори Сариеи аԥа дроуит. Уи ихьӡырҵеит Рауф.

Сариа аиашазы даԥсаны аҳаҭыри апауи лықәын, уи даара аамсҭашәара злаз, агьама бзиеи адырреи  змаз ԥҳәысын. Сариеи Нестори рыԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭысқәа зегь реиҳа ирацәаны иаҳзаанлыжьит лара лҭаца – лашьеиҵба Емды иԥҳәыс – Адиле Аббас-оглы, лышәҟы «Хашҭшьа сымам» аҟны. Лара лгәалашәарақәа рҟны Сариа даҳбоит згьама ҳаракӡоу ԥҳәызба ҟәышк лаҳасабала, иԥшӡаны аҽеилаҳәара инаркны аҩны аиҿкаашьа зеиӷьыҟам ала издыруаз лакәны.

«Лара ахьи абырлашқәеи рацәаны илыман, урҭ реиҳарак лашьцәа ҳамҭас илырҭақәоз ракәын, избанзар Нестор излаиԥхьаӡоз ала, уԥҳәыс амцхә «лырқьынцыцра» иаԥсам усын – аха, лара ахаангьы лырԥшӡага ссирқәа зегьы лхаҵаны џьара днеиуамызт, ԥхашьароуп ҳәа лыԥхьаӡон. Иаҳҳәап, зыхә ҳаракӡоу амацәаз лхалҵозар, алымҳарыҩқәа иаҳа имариқәааз алҭон. Аиҳабыра рыҳәсақәа лара илҿыԥшуан, илеиԥшны аҽеиҿкаашьа иашьҭан», – ҳәа лыҩуеит Адиле Аббас-оглы.

Сариа лассы-лассы аҳәсақәа лҭаауан, аҽырхиашьа аганахьала лабжьгарақәа раҳарц, ларгьы еснагь хра злаз абжьгарақәа рылҭон, убри аан аӡәгьы игәы нмырхакәа, илҳәоз зегьы ирхааны илҳәон. Лҭаца Адиле илабжьылгеит 1864 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәы «Аамысҭашәала ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа» даԥхьарц. Сариа лхаҭа лакәзар, ари ашәҟәы ианыз ҿырҳәала илҵахьан.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы ихыркәшахеит аԥышәараҭаратә аамҭахәҭа. Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрофильтә ҵараиурҭақәа рахь адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥысит. Ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи абитуриентцәа Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрофильтә ҵааиурҭақәа – Аҳәынҭқарратә  абылрацәыхьчаратә маҵзура Академиеи Атәылауаҩратә хьчара Академиеи  ркурсантцәас аҟаларазы агәыӷра рыманы адкыларатә ԥышәарақәа рҭиуан. Иара убас аԥышәарақәа рҭиуан Иарославтәи аҳәынҭқарратә медицинатә Университет аҭаларазы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Доусы иалырхыз аспециализациа инамаданы абитуриентцәа химиа, биологиа, физика, маматематика, уҳәа амаҭәарқәа рыла ирымоу адыррақәа рыҩаӡара аадырԥшуан.  Иҭало абитуриентцәа зегьы ирзеиԥшу адисциплинақәас иҟан аурыс бызшәеи абҩарҵәыратә зыҟаҵареи. Апретендентцәа зегьы иара убас апсихологиатә тестқәа иахысит.  

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Оксана Лут Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистрс лаҭара лыдиныҳәалеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала, ақыҭанхаҩа Аминистрра ахьӡала, иара хаҭала сара сыхьӡала, ҳаҭыр зқәу Оксана Николаи-иԥҳа, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усура аҿы аихьӡарақәеи аманшәалареи Аҳәынҭқарра Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин иқәиргылаз ахыдҵақәеи ахықәкқәеи зегьы рынагӡара алыршареи.

Ари амаҵураҭыԥ ахагылара Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аганахьала агәрагара шшәымоу, Шәара ишәылоу анапхгараҭаратә баҩхатәреи аԥышәеи арҵабыргоит. Агәра ганы сыҟоуп, Шәара шәзанааҭтә ԥышәа иабзоураны ари иҳараку, аҭакԥхықәра зцу амаҵураҭыԥ аҿы аихьӡарақәа раарԥшра шшәылшо», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.