pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа.  Лаҵарамза  9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа  аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса ахыҵра азгәарҭеит Очамчыра ақалақь аҿы.

Ашьыжь 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.  Уи рхы аладырхәит араион Ахадара анапхгара, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа ақалақь ауааԥсыра, ақалақь иаҭааз асасцәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааира амш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааира Дуӡӡа 79 шықәса ахыҵра амш!

Лаҵарамза 9 – ҳара ҳажәлар рзы иԥшьоу рыцхәуп. Ари милаҭрацәала еилоу Аԥсадгьыл, асоветтә тәыла ду ахьчаразы игылаз асовет уаа иаадырԥшыз аиаша ацәхьамҵреи ахачҳареи ирсимволуп.

Акыр иаԥсоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа!

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш  79 -шықәса ахыҵра азгәарҭоит азгәарҭоит.

Асааҭ 08:00 рзы акциа «Агәалашәара амца» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсныҟа иаагаз Алеқсандртәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы азааигәара  иҟоу  Идырым асолдаҭ Иҳаҭгәын аҟынтәи амца ахәҭаҷ ала Аҟәа ақалақь Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан «Иҿымцәаауа амца» адыркит.    

Асааҭ 10:30 рзы Идырым асолдаҭ иҳаҭгәын амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа алагеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Михаил Мишустин Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра ахантәаҩыс дахьышьақәдырӷәӷәаз идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩыс шәахьышьақәыдырӷәӷәахаз шәыдысныҳәалоит.

Гәахәарыла иҳадаҳкылеит Аҳәынҭқарратә Дума Шәара ишәынаҭаз адгылареи агәрагареи.

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ДЖәР Ахада  Денис Пушилин Ареспублика Амш идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир-иԥа!  Гәык-ԥсыкала хаҭала Шәареи Донецктәи Жәлартә Республика ажәлар зегьи аҳәынҭқарратә ныҳәа ду – Ареспублика  Амш шәыдысныҳәалоит.

Ари амш Донбасс ажәлар аҽҳәаақәҵареи рыдгьыл аҿы аҭынчреи аизҳазыӷьареи аиашареи рышьақәыргылара азықәԥареи иасимволны иҟоуп.  Уи ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥара атәы зеиӷьаҟам ала издыруа ҳажәлар ргәаҵанӡа инаӡоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.  

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Михаил Мишустин Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩыс дахьыҟарҵаз инамаданы дидныҳәалеит. Абри атәы иаанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

«Шәара шәҳәынҭқарратә усуреи шәзанааҭтә дырреи ирыбзоураны асанкциақәа рҟынтәи ақәыӷәӷәара анрымоу аамҭазы шәнапхгарала Аиҳабыра рҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа зегьы ихырҳаган ишынарыгӡо агәра умгар залшом.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата лаҵарамза 9 аламҭалазы акциа «Сара светеран» мҩаԥнагеит.

Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аусзуҩцәа 1941 – 1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рыҩнқәа рахь инеины ирҭааит, Аиааира Ду Амшныҳәа рыдырныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 8 рзы  иналукааша аҭоурыхҭҵааҩ, археолог, ауаажәларратә усзуҩы Иури Николаи-иԥа Воронов диижьҭеи 83 шықәса ҵит. Уи ԥсра-ӡра зқәым ишьҭамҭа аанижьит аҭоурыхтә ҭҵаарадырраҟны, активла далахәын аԥсуа жәлар рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчараҟны. 

Ақырҭуа националисттә қәгыларақәа раан Иури Николаи-иԥа Иреиҳаӡоу Асовет аҟны аус иуан, Аԥсны асуверенитет аиҭшьақәыргылареи ашьақәырӷәӷәареи дашьҭан. Аибашьра анцоз иара ихыԥшеи атәыла анҭыҵ имаз ауааи ихы иаирхәон апостсоветтә аамҭазтәи аамҭа уадаҩқәа раан ареспублика адгылара аҭаразы.   

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Иури Воронов ареспублика аиҭашьақәыргылара апроцесси Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырҿиара ауси активла дрылахәын, ареспублика аполитикатә усзуҩцәа дрыдгыланы асоциалтәи аекономикатәи уснагӡатәқәа рыӡбара инапы алакын.

Иури Воронов иԥсра аԥсуа жәлар цәыӡ дук аҳасабала ирыдыркылеит. Иахьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит уи иҭынха ду, аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ҿырԥшыга бзианы иаанхаз аԥсадгьыл иазыҟазаашьа. 

Уи ихьӡ ахааназ Аԥсны аҭоурых ианылеит, Аԥсны аҭоурых аҟны илагаламҭақәа хашҭра рықәӡам.

Иԥсаҭа бзиахааит Иури Николаи -иԥа Воронов.

Аԥсны Ахада А. Бжьаниа .

Аҟәа.  Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аиааира амш азы адныҳәаларатә цҳамҭақәа еимырдеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Елена Водзинскаиа Аиааира Амшныҳәа лыдиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.