pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит анаука Амш. Ԥхынҷкәынмза  12, 1993 шықәса рзы  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав  Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит «Аԥсны  Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥҵаразы» Аԥсны  Аҳәынҭқарра  Иреиҳаӡоу  Асовет Ақәҵара анагӡара иазку ауснагӡатәқәа рзы» Аусԥҟа.

Хәажәкырамза 26, 1997 шықәса рзы  Владислав Арӡынба «Аԥсны  Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥҵаразы» Аусԥҟа ҭижьит, жьҭаарамза 30, 1997 шықәса рзы иалхын Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа актәи аилазаара. Убри азы жьҭаарамза 30 Ареспублика Аԥсны анаука Амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аилазаара ахь раԥхьатәи алхрақәа мҩаԥысит жьҭаарамза 30, 1997 шықәса рзы.

Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иҵабыргу алахәылацәаны усҟан иҟалеит быжьҩык аԥсуа ҵарауаа – Гиви Аиба, Владислав Арӡынба, Шьоҭа Арсҭаа, Хәыхәыҭ Бӷажәба, Михаил Максимов, Баџьгәыр Саӷариа, Баграт Шьынқәба;

Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәылацәа-акорреспондентцәас иҟалеит – Маргарита Ладариа, Валентин Старцев, Владимир Ҵнариа, Лидиа Ҷкадуа, Георги Шамба, Pеваз Швангираӡе.

Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылацәас иҟалеит  – Омар  Беигәуа, 3инаида Габуниа, Мурадин Кумахов, Букар  Талибов, Џьорџь Хьиуитт, Амин  Шагиров, Назир  Екба. 

Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раԥхьатәи апрезидентс дҟалеит еицырдыруа аԥсуа лингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Шьоҭа Арсҭаа. 

Ари зегьы ареспубликазы акыр иуадаҩыз аамҭазы имҩаԥысуан, аха ареспубликеи уи аԥхьаҟатәи аԥеиԥши рзы Академиа аԥҵаразы ирыдыркылаз азыӡба аҵак дуӡӡа аман. Аҳәынҭқарра нхарҭәааны аҿиаразы, хымԥада, аҭҵаарадырра иамоу аҵакы дууп, уи амилаҭтә економика, ааглыхра, ақыҭанхамҩа, акультура, аҵараиура рыҿиара алзыршо акоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ареспубликаҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара азин рызҭо Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Максим Решетников.

Аиқәшаҳаҭра аинвестициатә проектқәа рынагӡара азҵаара аҭышәынтәалара адагьы аганқәа рыԥхықәрақәеи рзинқәеи ҳәаақәнаҵоит, Аԥсны аинвестициатә усура назыгӡо аиуристтә хаҿқәа адгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа алнакаауеит.

«Аиқәшаҳаҭра ареспублика аекономика ахь инацҵаны урыстәылатәи аинвестициақәа ралагалара иацхраауеит, иара убри ала ақыҭанхамҩа, аусдуларатә ааглыхра, атуризм, асанатор-курорттә хәышәтәра, аԥсшьара иадҳәалоу аусхкқәа рыҿиара, аинфраструктура – агаз ала аиқәыршәара, ӡыла аиқәыршәара аобиектқәа, арԥхарра, атранспорт, асоциалтәи ацифратәи аинфраструктура  ашьақәгылара иацхраалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Максим Решетников.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аусшәҟәы дахцәажәо, аинвестициақәа Аԥсны аекономикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аус аҿы акыр зҵазкуа ароль нарыгӡоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Коӷониа имҩаҿы акаҭран ашьҭаҵара иаҿуп.

Араҟа инхо Саида Амҷба лажәақәа рыла, ари амҩа шықәсырацәа инеиԥынкыланы аҭагылазаашьа уадаҩны иаанхон: ақәоурақәа рышьҭахь ажрақәа аӡы рҭалон, ашоурақәа раан – ӷәӷәала асаба гылон.

«Араҟа аҭыжаарақәа ахьырацәаз иахҟьаны амашьынақәа лассы-ласы иԥхасҭахон, – ҳәа еиҭалҳәоит лара. – Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит ҳамҩаду аиҭашьақыргылара ахьзалыршахаз».  

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала Чачхалиа Дадын Валери-иԥа аррамаҵзура дахыԥхьаӡалоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу ахықәкы азы ацентр аиҳабы имаҵзураҟны даҭоуп. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала аиҵаполковник Аҭәмаа Џьони Гарри-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу ахықәкы азы ацентр аиҳабы имаҵзураҟнытә ихы дақәиҭтәуп даҽа маҵзурак аҟны иаҭара инамаданы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш азгәарҭоит. Абри аҽны атәыла ауааԥсыра атрагедиатә хҭысқәеи харада ибжьадырӡыз ауааи ҳаҭырла иргәаладыршәоит.

Ашәтәшьаҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Жәлар Реизара-Апарламент аҿаԥхьа иҟоу Сариа Лакоба лыхьӡ зху апарк аҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа Аҟәа имҩаԥысыз аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә далахәын.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз  ргәалашәара Амш. Ари амш аҽны ҳара сталинтәи арежим иахҟьаны миллионҩыла харада ахара рыдҵаны иҭархаз ҳгәалаҳаршәоит  Арепрессиақәа Аԥснытәи АССР Анагӡаратә Комитет Хада ахантәаҩы Нестор Лакоба Қарҭ Лавренти Бериа еиҵеиҟәаҟәаз  аус ала ашҳам иҭаны даныршь ашьҭахь ирылагеит.  Сталинтәи арепрессиақәа раан ареспублика уааԥсыла даараӡа ацәыӡ ду аиуит.   Уеизгьы хыԥхьаӡарала имаҷыз аԥсуа жәлар  ақәӡаара ашәарҭара иҭагылеит. Аԥсны ХХ ашәышықәса  30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь-нызықь ҩык инареиҳаны ирылаӡит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бызшәа амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

 

Адныҳәалара атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, гәахәарыла ишәыдысныҳәалоит акырӡа зҵазкуа ҳмилаҭтә ныҳәа – Аԥсуа бызшәа Амш.

Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәас иҟоу – аԥсуа бызшәа ижәытәӡоу, иахьа уажәраанӡа еиқәхаз архаикатә бызшәоуп. Уи иахьа иалацәажәоит ҳтәыла иқәынхо реиԥш, уи анҭыҵгьы милаҭла иаԥсыуоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәагьы убрахь иналаҵаны шә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.  Ишдыру еиԥш, амилаҭ милаҭны иҟазҵо, урҭ рҿахәы зҳәо, еидкыланы измоу абызшәоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ахәаша, жьҭаарамза  25 рзы Аҟәа иҟоу «Москва Аҩны» аҿы «Атрадициатә ҭаацәаратә беиарақәа – ажәларқәа ракзаара иашьаҭоуп» ҳәа хыс измоу Жәларбжьаратәи аконференциа мҩаԥысит.

Аконференциа ахықәкы – иҟоу ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа рҭагылазаашьаҿы аҭаацәаратә беиарақәа рыхьчареи рымадареи рызҵаарақәа рҿы ауаажәларратә усзуҩцәеи, анагӡаратә мчреи, ауахәамеи рымчқәа реидкылара ауп.

Аконференциа аиҿкааҩцәа – Аԥсны Аиашахаҵаратә дин иқәныҟәо аҳәса реидгыла, «Аԥсны аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы анацәа» рхеидкыла, «Аԥснытәи атуристтә еидгыла», ацхыраара ҟанаҵеит Аҟәа иҟоу «Москва Аҩны».

Апленартә еилатәара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Виссарион Аԥлиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов, Аԥсны Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәа.

Аусмҩаԥгатә аартуа Аԥсны аиашахаҵаратә дин иқәныҟәо аҳәса Реидгыла ацхантәаҩы Наталиа Дмитриевскаиа: «Мраҭашәаратәи алибералтә идеологиа ҳҭаацәаратә беиарақәа ақәыӷәӷәаратә нырра рзура иалагеит 90-тәи ашықәсқәа рзы. Уажәы уи алҵшәақәа аабарҭоуп» ҳәа иазгәалҭеит.

«Ҩы-шықәса раԥхьа, Урыстәыла атрадициатә доуҳа-моралтә беиарақәа рыхьчареи рырӷәӷәареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа анрыдыркыла ашьҭахь ауп, ҳара ҳидеологиа анҳау» , – ҳәа иазгәалҭеит лара.

Лара лгәаанагарала, Аԥсны есымша ауаажәларра рморалтә ҭеиҭыԥш иашьаҭаны иҟаз аҭаацәаратә беиарақәагьы убаҵәҟьа адгылара аҭахны иҟоуп.  

«Иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа аиҭакрақәа, ахәыҷқәа рира амаҷхарала, амилаҭ агәабзиара ауадаҩрақәа рцәырҵрала, аҿар рыбжьара аԥстәбарақәа рыррацәахарала аҭаацәа ринститут анырра ӷәӷәа арҭоит», – ҳәа лажәа иацҵо илҳәеит лара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  25 рзы Аԥсны раԥхьаӡа акәны иазгәарҭоит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа Рымш. Ари аныҳәа   аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ила ишьақәырӷәӷәоуп.

Аныҳәатә еизара алагара аламҭалазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатәы еилазаара  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашраҿы иҭахази рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахази рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Аветеранцәа ирыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ  Рауль Лолуа, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура Дмитри Дбар, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.  

Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа рбираҟ ацәыргареи Аҳәынҭқарратә гимн арҳәаралеи иалагеит.  

Аныҳәатә еизара иалахәыз иддырбеит ҷыдала уи азы иҭыхыз аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәеи урҭ Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы рлагалеи иазкын.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аветеранцәа аныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Ҳара ҳветеранцәа – иуадаҩу аԥсҭазааратә маҩа ианысыз зымчи зылшареи зегьы ацәгьоура аҿагылара иазызкыз ауаа роуп. Иахьа ҳара ҳаиҳабацәа, ҳколлегацәа еиҵагыло аусзуҩцәа рабиԥара реиҵааӡара аҿы рлагала дууп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы ирацәоуп афырхацәа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз, иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи  аамҭа азы акыр зааԥсара дуу амилициа аусзуҩцәа. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам зыԥсадгьыл ахҭынҵаны ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш зыхьчаз», – ҳәа иҳәеит Роберт Киут. 

Иҭахаз рҩызцәа игыланы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.

Роберт Киут аԥсуа милициа 100 шықәса инареиҳаны иахыҵуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аус руеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа, урҭ русуратә ԥышәа апрофессионализми афицартә ахьӡ-аԥшеи рҿырԥшны иҟоуп, – ҳәа иҳәеит аминистр. – Ҳара аветеранцәа рыла ишьаҭаркыз хра злоу атрадициақәа наҳагӡоит, уи иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡоит».   

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба  аҩныҵҟатәи асқәа русбарҭақәа аветеранцәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжанаиа иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.  

«Ари аныҳәа аԥҵара акы зҵазкуа, аамҭа иақәшәо усны исыԥхаӡоит. Ҳара иаҳуалԥшьоуп зыԥсҭазаара зегьы ацәгьоура аҿагылареи азакәанра ашьақәырӷәӷәареи ирзызкыз аветеранцәа ҳаҭырқәҵарала рызныҟәара», – ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.