pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәсазы ацитрустә сезон алагара инаркны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргахьеит  3214 тонн амандарина, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы. Иҳаҩсыз ашықәс, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ииаган  2 324 тонна амандарина.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Сҭампыл иҟоу аԥснытәи акультуратә Центр аҿы ҳџьынџьуаа ирԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭкомитет апресс-маҵзура. Аԥсны ахаҭарнакцәа Ацентр анапхгаҩы Елиф Маршьани Сҭампыл инхо гәыԥҩык ҳџьынџьуааи иҿцәажәеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Бандырма ақалақь аҿы аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара зҵо Аԥснынтәи астудентцәа. Хылҵышьҭрала иублаау ақалақь ахада Дурсун Мирза  Аԥснытәи астудентцәа рганахьала агәцаракра аарԥшуа ӷәӷәала адгылара риҭоит.  

Астудентцәа ауниверситет аҿы рҵара апроцесс аҟынтәи ироуз ацәаныррақәа ртәы еиҭарҳәеит, Аԥсны аџьынџьуаа рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәы Вадим Ҳаразиа урҭ шаҟа гәаартыла ирыдыркылаз, ақалақь ахадара аҟынтәи ироуа ацхыраареи адгылареи ртәы изеиҭарҳәеит.

Ашәахьа, 11 Абҵара 2024 06:20

Џьорџь Хьиуитт – 75 шықәса ихыҵит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 11 рзы британиатәи аҵарауаҩ, кавказдырҩы, Лондонтәи ауниверситет мрагыларатәии африкантәии аҭҵаарақәа Рышкол  апрофессор, Британиатәи анаукақәа Ракадемиа алахәыла, Аԥсны анаукақәа Ракадемиеи Жәларбжьаратәи черкесстәи анаукақәа Ракадемиеи  ҳаҭыр зқәу алахәыла, Британиа Ду  иҟоу ҳаҭыр зқәу Аԥсны ахаҭарнак, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Џьорџь Хьиуитт  75 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит. Џьорџь Хьиуитт Кавказ ажәларқәа рҭоурых, рбызшәақәеи ркультуреи азы, ақырҭуа, агыруа, аԥсуа бызшәақәа рыграмматикақәа рзы анаукатә ҭҵаарақәа жәпакы дравторуп. 

Џьорџь иаб – Томас Дуглас Хьиуитт, иани иаби хҩык иашьцәеи дрыцны, инхон Ливерпуль аӡиас Мерси аԥшаҳәаҿы, 1915 шықәсазы иаб ҭыӡшәак аҿы дыршьаанӡа. Уи ашьҭахь аҭаацәара ауадаҩра дуқәа рызцәырҵит. Томаси иашьаки шықәсқәак ҳәа Австралиаҟагьы ацара рықәшәеит. Аха 1933 шықәсазы Томас Дуглас Хьиуитт зегь акоуп иԥсадгьылахь, Англиаҟа дхынҳәит. Иашьа Австралиа дшыҟаз дагьаанхеит. Апрофессор Џьорџь Хьиуитт ихаҭа иахьа ихәыҷра даназааҭагло иазгәеиҭоит «акыр дыбжьахны» дшырааӡоз атәы. Иара ахала аҟазаара бзиа ибон, хәыҷык дуаҩымуан уҳәаргьы ауеит. Хьиуиттаа рҭаацәара рхатә машьына рымамызт, убри аҟнытә аԥсшьараамҭа анроуазгьы хара изцомызт – еиҳарак иахьцоз Ливерпуль инхоз иаб иуацәа рахь акәын. Убри ақалақь Џьорџь хәыҷы еснагь еиҳа бзиа ибон иара дахьииз-дахьааӡаз Донкастер аасҭагьы.

Донкастер аҷкәынцәа рзы Аграмматикатә школ аҿы аҵара аниҵоз Џьорџь Хьиуитт қәыԥш абызшәақәа шицааиуаз гәеиҭеит. Абызшәа – ауаа реимадара алзыршо акы аҳасабала еиԥш иара дазҿлымҳамызт, дуаҩымуа дахьыҟаз азыҳәан. Еиҳаракгьы Хьиуитт абызшәақәа дышрызнеиуаз «имаӡаркыроу», идырым, еилкаатәу ахыԥҽыгақәа реиԥш акәын.

Иара иҵара ахԥатәи ашықәс азы ажәытә бырзен бызшәа аҵара далагеит, ус дышнеиуаз алаҭин бызшәеи абырзен бызшәеи афранцыз бызшәеи анемец бызшәеи еиликаауа аҟнынӡа днеит. Англыз бызшәалоума иарбанзаалак даҽа бызшәак алоума ауаа рацәажәара ахаангьы интересс ахьимамыз аҟнытә, 18 шықәса анихыҵуаз инҭырҳәцааны иҵарц азы иалихит [иԥсхьоу] алаҭин бызшәеи ажәытә бырзен бызшәеи, иара убасгьы ажәытәтәи аҭоурых.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи амҵәышәмпылтә команда «Спартак» аспортсменкацәа Краснодартәи атәылаҿацә еизгоу акоманда ахь ааԥхьара роуит.

Аспортсменкацәа еизгоу акоманда аилазаараҿы, аҳәса ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы арегионалбжьаратәи аицлабрақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Алада Урыстәыла Аокруги Нхыҵ-Кавказтәи Аокруги рчемпионат рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Аԥснытәи амҵәышәымпыл 100 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аԥснытәи амҵәышәымпыласыҩцәа ирыдныҳәаларц Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал ашҟа инеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа,   Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи амҵәышәмпыл Афедерациақәа рхаҭарнакцәа.

Ашьыжь инаркны 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә алагеит Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн арҳәарала. Еизаз ианиаамҭаз ареспублика амҵәышәмпыл Афедерациа напхгара азҭоз, Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥш минуҭктәи аҿымҭралара дыргәаладыршәеит.

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа ақыҭанхамҩа Аинститут аусуреи ақыҭанхамҩа аҿиара иазку апрограммақәеи ирылацәажәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аинститут адиректор Лиосик Аибеи реиԥылара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрцәа Реилазаара апрес-маҵзура.

Сынтәа Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа ақыҭанхамҩа Аинститут 30 шықәса ахыҵуеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан  афершар-акушертә пункт ҿыц дыргылеит. 

Ажәытә хыбра авариатә ҭагылазаашьа аман, убри азы 2017 шықәсазы уи ықәыргеит, ахәҭакахала егьи ахыбра ҿыц аргыларагьы иалагеит. Аха аусурақәа аамҭала иаанкылан. Иҳаҩсыз ашықәс азы аҭыԥантәи ауааԥсыра аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцырҵеит.  

«Ҳара ҳқыҭауаа рымчқәа рыла ахыбра аиҭашьақәыргылара рҽазыршәон.

«2017 шықәсазы, Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи ааԥхьара адепутат Даур Голанӡиа иаԥшьгарала аҿыц хыбра аргылара иалагеит: аҭыӡқәа шьҭырхит ахыб ақәырҵеит.

 2023 шықәсазы: Зураб Багаԥшь иҟаиҵаз ацхыраарала иԥхоу адашьма ықәырҵеит.   Ҭенгиз Гирџьынба афымцацәаҳәақә аназго ашьаҟақәа ргылараҿы ацхыраара ҟаиҵеит», – ҳәа еиҭалҳәеит ақыҭа Ахадара аусбаҩ Альбина Дочиа.

Уи ашьҭахь ақыҭа Ахадара Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вахтанг Голанӡиа ишҟа ацхырара азы аҳәара ҟанаҵеит. Аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рхыркәшара азы ареспублиатә биуџьет аҟынтәи 2,5 млн. мааҭ инареиҳаны  иазоужьхеит.

Џьгьиарда ақыҭан иаадыртыз афершал-акушерттә пункт аҿы иҟоуп ахәыҷтәы, ахаԥыцхәшәтәырҭатә, аҿыкчымазарақәа ркабинетқәа, адкыларҭа, ашьышьмаҭреи асанеибаркыреи анхамҩатәи акабинетқәеи. Араҟа аус руеит ҩыџьа амедиаҳәшьцәеи ахаԥыцхәшәтәҩи ҳақьыми. Убас ала, ақыҭауаа ҳаамҭа иақәшәо, иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рҿы раԥхьатәи амедицинатә цхыраара рыҭаразы еиқәшәоуп.

Џьгьиарда ақыҭан иаадыртыз афершал-акушерттә пункт аиҳабы, амедиаҳәшьа Асида Амҷба ишылҳәаз еиԥш, акыр шықәса инеиԥынкыланы лара ақыҭауаа аҩны ацхыраара рылҭон, уахынлоума, ҽынлоума, аӡәгьы мап ицәымкӡакәа. Шьҭа ақыҭауаа амедицинатә цхыраара роулоит ҳаамҭа иақәшәо, иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоу, иԥхоу ахыбра аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Моҳаммад Рабиа Кьалааџьи реиԥылара атәы

Шьамтәыла иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Моҳаммад Рабиа Кьалааџьи реиԥылара атәы

Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али диԥылеит Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр, аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә усеицуразы Аԥсны-Шьамтәыла Аицеилак Шьамтәылатәи ахәҭа ахантәаҩы Моҳаммад Рабиа Кьалааџьи.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 3 азы Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Муҳаммад Гази Аль-Џьалалии реиԥылара мҩаԥысит.

Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Аԥсны Аҳәынҭқарра Шьамтәыла ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи, уи аҵакыратә акзаара ишрыдгыло, иара убасгьы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа аҽрылагалара ишақәыӡбоу азгәеиҭеит.

Аиԥылараҿы иазгәаҭан Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи иамоу аҵак ду, иара убасгьы аҩ-ҳәынҭқаррак рнапхгарақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура аҿиаразы иҟарҵо аҽазышәарақәа.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамзазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 1 млрд 76 млн. 877,3 нызықь мааҭ. Убри аан, планла иазԥхагәаҭан 828 млн. 989,3 нызықь мааҭ.  Жҭаарамзазы аплан анагӡара 130% рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит.

2024 шықәса 10 мыз рыла ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  5 млрд. 276 млн. 965,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убри аан  планла иазԥхьагәаҭан 4 млрд. 528 млн. 619,1нызықь мааҭ.  Азԥхьагәаҭаратә рбагақәа рҟынтәи анагӡара 117% рҟынӡа инаӡеит.

2024 шықәса  10 мыз рыла араионқәа рҿы ашәахтә шәатәқәа ралагалара абасала ишьақәгылеит:

Аҟәа  ақалақь аҿы – планла иарбаз 2 млрд. 110 млн. 004,0 нызықь мааҭ аан, фактла иалагалахеит  2 млрд. 426 млн. 907,5 нызықь мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар  - 115%;

Гагра араион – планла иарбаз 1 млрд. 471 млн. 750,5нызықь мааҭ аан, фактла иалагалахеит 1млрд. 632 млн. 201,8 нызықь мааҭ, мазаргьы дыҽакала иуҳәоза  - 111%;

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.