pressadmin-2
Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
14 шықәса ирҭагӡаз Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аҭынчра ашьақәгылара азы аколлективтә мчрақәа реилазаараҿы имҩаԥысуаз абжьаҟазаратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны араҟа арратә маҵзура нарыгӡон 70 - нызықьҩык аруаа, урҭ рахьынтә 117-ҩык Аԥсны ашәарҭадареи аҭынчреи рышьақәгылара рхы ақәырҵеит.
Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аԥҵара Амш иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аԥҵара 32- шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәуеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Атәыла Адҵаҟаҵаҩ Хада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьа рахьӡа акәны иԥылеит Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аԥҵара амш аламҭалазы Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар идҵала иаԥҵаз аҳаҭыртә ҟарул арота.
Дмитри Дбар: «Агәра ганы сыҟоуп, Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аусзуҩцәа аринахысгьы Аҳәынҭқарреи ауаажәлари рыхьчаразы рыжәҩа иқәу аус ҷыда ҭакԥхықәрала ишазнеило».
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура ахатәы еилазаареи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәелеит.
Атәыла адҵаҟаҵаҩ Хадеи асасцәеи рахь ихы рханы, иара, ахәҭакахьала иҳәеит:
«Ари амш азы ҳара раԥхьаӡа иргыланы иаҳгәалаҳаршәоит иуадаҩыз аибашьратәи аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа рзы ахачҳареи ахамеигӡаеи аарԥшуа Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз.
Атәыла Анапхгара атуристтә усура азы иҟоу азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭаӡом.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзанааҭтә Еидгылара ахаҭарнакцәа, аекономика аминистр Кристина Озган, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩы Русҭам Латипов, аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба алархәны аиԥылара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ареспублика атуристтә усхкы знапы алаку ауаа агәҭынчымра рызцәырызго азҵаарақәа, ахәҭакахьала Аԥсны акредитациа змам агидцәеи аекскурсиамҩаԥгаҩцәеи изакәанымкәа русура иадҳәаланы.
Аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи маҵзурақәа рнапхгаҩцәа иазгәарҭеит Аԥсны иҭаҩу автомашьынақәа аҳәаа рахысраҿы иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьо аԥсшьаҩцәа ахьырацәоу шакәу. Убри аан иазгәаҭан аԥснытәии урыстәылатәи аус иазку амаҵзурақәа ицәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбаразы ирылшо зегьы шыҟарҵо.
Агидцәеи аекскурсиамҩаԥгаҩцәеи рзанааҭтә еилазаара ахаҭарнакцәа Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы атуристтә усхк азы азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа ралагалара азҵаара ашьҭыхра азԥхьагәаҭаӡам ҳәа адарра рыҭан.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ԥасатәи арратә гәабзиарачаԥарҭа адгьылҵакыраҟны игылоу урыстәылатәи абжьаҟазацәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа, аԥсуа-қырҭуатә еиҿагылара азона аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчрақәа рыштаб ахьыҟаз ԥасатәи арратә гәабзиарачаԥарҭа адгьылҵакыраҟны игылоу урыстәылатәи абжьаҟазацәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Урыстәылатәи абжьаҟазаратә операциа Аԥсны имҩаԥысуан 1994 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа, ихыркәшан Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра аназханаҵа анаҩс.
Урыстәылатәи абжьаҟазацәа ҳаҭырла ргәаларшәара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра.
Аслан Бжьаниа: урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа ралагалара еиԥш иҟаз аҭоурыхтә шьаҿа аԥсуа дгьыл аҟны акыраамҭа иззыԥшыз аҭынчреи аҭышәныртәалареи рус уасхырны иаиуит.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны абжьаҟазаратә мчқәа ралагалара 30 шықәса аҵра инамаданы Аҟәа ақалақь урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаӷатә далахәын.
Аусмҩаԥгатә аҟны Аслан Бжьаниа ажәахә ҟаҵо, иазгәеиҭеит:
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа абжьаҟазаратә контингент аларгалеижьҭеи 30 шықәса ахыҵра иазку акрызҵазкуа арыцхә. Рашәарамза 21, 1994 шықәса рзы урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа ралагалара иадҳәалаз акыр зҵазкуаз ахҭыс ҟалеит. Ас еиԥш иҟаз аҭоурыхтә шьаҿа аԥсуа дгьыл аҟны акыраамҭа иззыԥшыз аҭынчреи аҭышәныртәалареи рус уасхырны иаиуит.
Аолимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа 2024!» аихшьаалақәа рыла 109-ҩык алахәылацәа рзы адкыларатә ԥышәарақәа рыда ААУ аҭаларазы абжьгара ҟаҵоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы ашколхәыҷқәа ролимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа 2024!» аҿы аԥхьахәқәеи аиааиреи згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩ, Ауаажәларратә Палата алахәыла Сократ Џьынџьал, араионқәа аҵара ҟәшақәа рнапхгаҩцәа.
Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла Кавказнҭыҵ аҭынчреи ашәарҭадареи рышьақәгылара азы Женеватәи аилацәажәарақәа рызнеишьақәа ракзаара шьақәдырӷәӷәеит.
Аҟәа. Рашәарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 20 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Галузин Кавказнҭыҵ аҭынчреи ашәарҭадареи рышьақәгылара азы Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа рҿы аԥснытәии аахыҵуаԥстәылатәии аделегациақәа рнапхгаҩцәа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада аҳәынҭқарратә иабжьгаҩ Константин Кочиеви дырԥылеит.
Аиԥылара иалахәыз рашәарамза 25-26 рзы зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу Адискуссиақәа изаамҭанытәиу араунд аҽазыҟаҵара иалацәажәеит. Убри аан иарбоу аиҿцәажәаратә формат аусура ихадоу ахырхарҭақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.
Аҟәа ақалақь апрокуратура иаанкылаз ауаҩы иганахьала амч ахархәара инамаданы амаҵуратә гәаҭара мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Рашәарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳақәа рҿы амилициа аусзуҩцәа хаҵак ипҟара ишаҿу зну авидео алаҵәара инамаданы, Апрокуратура Хада иаанкылаз ауаҩы иганахьала амч ахархәареи амилициа аусзуҩцәа рмаҵуратә зинмчқәа рхыҳәҳәареи афакт ала амаҵуратә гәаҭара амҩаԥгареи ашьаус ахацыркреи рзы адҵа ҟанаҵеит.
Аслан Бжьаниа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза адгьылҵакыраҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Рашәарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҟны имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа хантәаҩра ззиуаз аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара иалахәын Ахада Ихаҭыпуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминисттр Џьансыхә Нанба, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы Лев Кәыҵниа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, иара убас еиуеиԥшым амаҵзурақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәеи аҳаирбаӷәаза аусзуҩцәеи. Аби азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны тема хадас иқәгылан аҳаирбаӷәаза комплексла арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа. Аилацәажәара алахәцәа инарҭбааны ареспублика атранспорттә инфраструктура аҿиаразы аҵак ду змоу ари апроект ду аганқәа зегьы ирзааҭгылеит.
Ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа мҩаԥысуеит ашьҭԥраара-ртәарҭатә цәаҳәаҟны адҷарсҭақәеи аҳаирпланказармеи реиҭашьақәыргаларазы, аиԥшьырҭақәа агерметизациа рзуразы. Аперрон аҟны ихырәшахоит ахҟьа хыхьтәи аҿыгҳара ақәхра иазку аусура.








