pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭалаз ашықәс мышқәак рыҩныҵҟа амҩатә-машәырқәа хәба ҟалеит, урҭ ирыхҟьаны ԥшьҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, ҩыџьа ҭахеит. Абри азы ахаша, ажьырныҳәамза 17 рзы имҩаԥгаз аҳасабырба-зԥхьагәаҭаратә еилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Валентин Траԥшь.   

Ижәны автотранспорт аԥсҟы зкыз рганахьала 86 административтә  материал еиқәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит. 

Ҳазҭалаз 2024 шықәса 15 мыш рзы имҩаԥгаз аусура аҳасабырба ҟаҵо иқәгылеит иара убас аҩныҵҟатәи аусқәа ртерриториатә усбарҭақәа  Аҳәынҭавтоинспекциа аҟәшақәа рнапхгаҩцәа. 

Амҩаҿы аныҟәара аганахьала зегь реиҳа азинеилагарақәа шьақыргылоуп Аҟәа ақалақь аҿы.  Урҭ рыла еиқәыршәоуп 487 ԥкаанҵа, 27-ҩык амашьанарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы административтә хьрыхәра иақәыршәоуп. Иҳаҩсыз ҩымчыбжь рзы аҳҭнықалақь аҿы иӷәӷәоу ахҟьаԥҟьақәа змоу амҩатә машәыр ҟамлаӡеит.  

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ишазгәеиҭаз ала,   аҳҭнықалақь Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аусура ахаҭабзиара ӷәӷәала ианыԥшуеит кадрла азымхара аҟазаара.    

Аҳәынҭавтоинспекциа аусура ахылаԥшра азҭо аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иарбоу азҵаара аӡбаразы ихадоу ахырхарҭақәа азгәеиҭеит.  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ауадаҩрақәа ахьыҟоу ахырхарҭақәа азгәаҭаны аусура арӷәӷәаразы анапынҵақәа риҭеит.

Гәдоуҭа араион аҿы аԥстәбара зцыз амҩа-транспорттә машәырк ҟалеит, иаарԥшуп 151 инарзынаԥшуа амҩатә ԥҟарақәа реилагалара иадҳәалоу афактқәа, урҭ рахьынтә 10 – арыжәтә џьбара ыжәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра иадҳәалоуп.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аиҳарак амҩатә машәыр ахьыҟало ҭыԥны Гәдоуҭа араион ахьалкаахаз инамаданы, аминистр ахылаԥшырҭа атехикатәа маҵзура амҩатә ԥҟарақәа реилагара азгәаҭара иазку автоматизациа зызу акамера ҿыцқәа рышьақәыргыларазы адҵа ҟаиҵеит.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама адинмаҵзуҩцәа  – аиереи Виссарион, аиереи Долмаҭ, аиеромонах Давид дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылараҿы Аԥсны ақьырсиан уахәамақәа рреставрациа азҵаара иалацәажәеит. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны анапхгара ала Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аобиектқәа реиқәырхареи рреставрациеи рзы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы еиҭеиҳәеит.

«Мықәтәи акафедралтә уахәама ахыб аԥсахразы аусурақәа маҷк ада  ахыркәшарахь инеиуеит»,  – ҳәа аиԥылара иалахәыз адырра риҭеит Алеқсандр Анқәаб.

Алеқсандр Анқәаб иажәақәа рыла, ахыркәшарахь инеиуеит Мықәтәи ауахәама ахыб аԥсахразы аусурақәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа артиллериа зеихсуаз, иара убри аҟнытә ааха ӷәӷәа зауз Бедиатәи ауахәама ахыб аԥсахра иаздырхиоит.

Аԥыза-министр Аиашахаҵаратә Уахәама адинмаҵзуҩцәа аҳәынҭқарра аринахысгьы ажәлар рдоуҳатә-материалтә ҭынха аиқәырхаразы иалшо зегьы шыҟанаҵало азы агәра диргеит. Хара имгакәа, ҳәа иажәа иацҵо иазгәеиҭеит Алеқсандр Анқәаб, Аиашахаҵаратә Уахәамеи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә Усбарҭеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ақьырсиантә ргылараҟазара иаҵанакуа егьырҭ акульттә хыбрақәа рҿгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа  аҳазалхратә ԥаԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы автомашьына Toyota асалон агәаҭараан ирыԥшааит иагьрымырхит  5 200 цыра еиҳаны ашәҟәы иҭагаламыз аҭаҭын аалыҵ.

Аԥсныҟа иарбоу аҭаҭын аалыҵ аиагара иҽазишәеит Аԥсны атәылауаҩ Ҭырқьба А.А.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса аихшьаалақәа рыла  ашәахтәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет  ахь иалагалаз ашәатәқәа реицҵалыҵ  планла ишьақәырӷәӷәаз 4 млрд 318,1 млн. мааҭ рыла  5  млрд 212,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Убас ала, азԥхьагәаҭаратә рбагақәа рынагӡара 121% рҟынӡа инаӡеит.

2022 шықәса иаҿырԥшны алагалара адинамика 122%  рҟынӡа инаӡоит, даҽакала иуҳәозар 933,5 млн. мааҭ.  

2023 шықәсазы ашәахтә лагалақәа араионқәа рҿы абасала ишьақәыгылоуп: 

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амилаҭтә еилазаара «Гарант-страхование» аҿы  Аԥсны автоԥгаԥса ҟамҵаӡакәа урыстәылатәи аномерқәа змоу амашьынақәа рыла ареспубликаҟа  иаауа рзы ахараԥса ашьҭыхразы ажәалагала ҟарҵоит.  

«Ахараԥса уажәы иҟоу фышә мааҭ рҟынтәи 5 нызықь мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра хымԥадатәиуп», - ҳәа «РИА Новости» акорреспондент диҿцәажәо иазгәеиҭеит аилазаара адиректор ихаҭыԥуаҩ  Ахра Кецба.

Аԥсны автоԥгаԥса азы азакәан рыдыркылеит 2006 шықәсазы, аха уи анагӡарахь  16 шықәса рышьҭахь ауп ианыиас.

Ахра Кецба иажәақәа рыла, иахьа иҟоу ахараԥса ахышәа-ҵышәа автомашьынарныҟәцаҩцәа  рмашьынақәа ареспублика аҿы аԥгаԥса аҟаҵаразы астимул рынаҭаӡом.

«Аԥгаԥса аҟамзааразы ахараԥса уажәы иҟоу 600 мааҭ акәымкәа 4-5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡозароуп. Ари аицҵалыҵ аԥгаԥса аахәаразы астимул рынаҭоит автомашьынарныҟәцаҩцәа.   Автомашьынарныҟәцаҩ иаҳҳәап амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс дықәшәазар, усҟан ахараԥса даҽа зықь мааҭ, мамзаргьы зқьы хәышә мааҭ ацлозароуп» , – ҳәа иҳәеит Ахра Кецба.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны Ауадҳараҟа амҩа аркуп. Уаҟа ишьҭалаз асы аҿыгҳара уажәы  1 метр 80 сантиметри рҟынӡа инаӡоит. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа. 

Уи иажәақәа рыла, Ауадҳара уажәы асы ауеит.

«Асыԥса алеира азы ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы, уахь уажәазы амҩа аркуп», - ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза  7 инаркны хәажәкырамза 25-нӡа Удмурттәи аҳәынҭқарратә Университет  абарҭ ахырхарҭақа рыла: агеографиа, аекологиа, абиологиа, акологиатә биотехнологиақәа, аматематика, акомпиутертә наукақәа, афизикеи иҿыцу аматериалқәеи, пилотда аус зуа атехникатә системақәеи ароботтә техникеи рыла Жәларбжьаратәи   онлаин-олимпиада «INGENIUM» мҩаԥнагоит.

Аолимпиада рхы аладырхәырц рылшоит знаукатә усура аҿы иарбоу ахырхарҭақәа рыла азҿлымҳара аазырԥшуа Урыстәыла атәылауаҩра змам, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи астудентцәеи ауниверситетқәа роушьҭымҭацәеи.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа 10 нызықь инареиҳаны аҭаҭын аалыҵ рымхра мҩаԥыргеит Аҟәатәи амшынтә баӷәаза аҿы. 

Ажьырныҳәамза 29, 2023 шықәсазы аҳазалхратә ԥыԥшырҭа «Аҟәа» амшынтә пункт аҿы аԥсыӡкратә ӷба «Хопулу Осман» агәаҭараан Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа  ирыԥшааит  ашәҟәы иҭагаламыз 10 520  (526 асигареҭҭра) сигареҭ. 

Аҭаҭынаалыҵ рымхра мҩаԥган. Административтә зинеилагара азы аусеилыргара хацыркуп.

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 2023 шықәсазы атәыла Анапхгара аҿы ирыдыркылаз Ақәҵара инақәыршәаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара наӡа 105 штаттә акқәа рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Бобруиск ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп есышықәса еиҿкаахо амцарцәаҩцәа-аԥсеиқәырхаҩцәа рыҟәшеиҵақәа рыбжьара иаарту атурнир.  Уи азы адырра ҟанаҵоит аинформациатә Маҵзура «БЕЛТА».

Атурнир абар шьҭа 20-нтәи имҩаԥысуеит ажьырныҳәамза 17 - 20 рзы. Уи азанааҭтә ныҳәа – Аԥсеиқәырхаҩ Имш иазкхоит. 

Атурнир иалахәхоит Белоруссиа, Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи 14 командак.  Урҭ еиуеиԥшым аиндаҭларақәа:  анапылампыл, ашьапылампыл-маҷ, амцарцәаратә спорт, уҳәа рҿы еицлаблоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.