pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 24,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь акоммуналтә муҵзурақәа русзуҩцәа амшын аҿықә агәам-сам аҟынтәи идрыцқьоит.

«Амшынеисра ашьҭахь агәам-сам ҷыдала ирацәаны аҟәара иқәнагалоит. Араҟа аҵла амахәқәа, ақыдқәа реиԥш иҟоу аԥсабаратә гәамсам еиԥш абзазаратә црыҵқәагьы маҷымкәа иҟоуп.   Аусура амҽхак дууп, напылагьы иҷыдоу атехника ахархәаралагьы аус аауеит», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәржәо еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь амуниципалтә наплакы «Аақалақь аиқәыршәазаара» аиҳабы Саид Кәыр-иԥа.

Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак раԥхьатәи аилатәара ҭагалан, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп, ҳәа Урыстәыла Аинформациатә Маҵзура «ТАСС» акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит  Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Ареспублика Ҟрым есымшатәи ахаҭарнак Георги Мурадов.

Аусутә хеилак Ареспублика Аԥсни Ареспублика Ҟрыми рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицура азы аҩганктәи акомиссиа ахәбатәи аилатәара аихшьаалақәа рыла мшаԥымза, 2024 шықәса рзы  иаԥҵан. Уи аԥҵара хықәкы хадас иамаз, аҩ-республикак рҟынтәи аалыҵ наҟ-ааҟ, абжьахәаахәҭыҩцәа рыла акәымкәа, ишиашоу анаӡара алыршара азы  ареспубликақәа рыбжьара аимадара ашьақәыргылара ауп.

«Ҟрыми Аԥсни аусутә хеилак раԥхьатәи аилатәара мҩаԥгахоит ҭагалан 2024 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп аусдкылаҩцәеи анапхгаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи. Уаҟа иалацәажәоит Аԥснынтәи Ҟрымҟа атауарқәа ргареи Ҟрымынтәи Аԥсныҟа аалыҵқәа раагареи», абри атәы ТАСС азеиҭеиҳәеит Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.

Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Дмитри Занҭариеи Асҭамыр Барцыци акурорттә сезон аламҭалазы Пицундеи Афон Ҿыци рхадацәа Руслан Хәынцариеи Ҭемыр Оҭырбеи ирԥылеит.

Аԥсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз аплиажқәеи аплиажтә инфраструтура зегьи аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа алагара ишазыҟоу атәы иалацәажәеит.

«Ҳара есышықәса акурорттә сезон аламҭалазы ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҿы аилацәажәарақәа  мҩаԥаагоит. Сынтәа ҳара Гагра, Афон Ҿыц, Пицунда ақалақьқәа рахь агәаҭаратә ныҟәарақәа мҩаԥааго ҳалагеит.  Ҳрылацәажәеит аплиажқәеи аплиажтә инфраструктуреи аԥхынтәи акурорттә сезон разыҟаҵара ахьынӡаалыршоу. Ҳазааҭгылеит амуниципалтә плиажқәа рыҟны аԥсеиқәырхаратә станциақәа русура, Асанитар-епидемиологиатә Станциақәа русура, акрыфарҭақәа акурорттә сезон азы разыҟаҵара ахьынӡазалыршоу, амшынӡи аӡрыжәтәи рхаҭабзиара аилкаара, арыцқьаратә шьақәыргылагақәа, уҳәа азҵаарақәа жәпакы. Ҳалацәажәеит иара убас Анхара-коммуналтә Нхамҩа аусура, акоммуналтә маҵзурақәа разыҟаҵара, аусура иазырхиоу иҷыдоу атранспорт ахыԥхьаӡара …», – ҳәа иҳәеит Дмитри Занҭариа.

Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Акультура-усутә платформа «Гәыма» аҿы апроект «Акультуратә марафон» аусура иалагеит. Апроект анагӡара мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа адгылара иабзоураны.  

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аҵара аминистр Инал Габлиа ари аусмҩаԥгатә иаҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада Акультура-усутә платформа «Гәыма» ахаҭарнакцәа, апроект зҽалазырхәуа аҿар, алекциақәеи аҟаза-иклассқәеи  мҩаԥызгало акультуреи аҟазареи русзуҩцәа ақәҿиара дуқәа рзеиӷьаишьеит.  

«Ҳара гәахәара дула иҳадаҳкылоит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭеи ҳареи еиҿаҳкааз ареспублика зегьы аҟынтәи ахәыҷқәа рзы акультура-ҵарадырратә проект анагӡара алагара. «Акультуратә марафон» – ари аԥсуа милаҭтә традициақәа рӡыргареи реиқәырхареи хықәкыс измоу аиԥыларақәа роуп», - ҳәа илҳәеит Акультура-усутә платформа анапхгаҩы Хьыбла Возба.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут напхгара зиҭо Аминистрра аделегациа лаҵарамза  23 – 24 рзы афедералтә ҵакыра  «Сириус» аҿы имҩаԥысуа  аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ркомитетқәа реилатәара иалахәуп.  

Аилатәара Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русеицуразы ԥхынҷкәынмза 24, 2010 шықәса рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны имҩаԥысуеит.

Аныҳәатә еиԥылара ашьҭахь, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рделегациақәа рнапхгаҩцәеи алахәылацәеи апарк «Южные культуры» аҿы ишьақәыргылоу, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан иҭахаз аибашьцәа ргәалашәаратә дырга амҵан ашәтә шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.     Анапхгарабжьаратәи аиԥылара иалахәыз иара убас афедералтә ҵакыра «Сириус» анаука, акультура, аспорт аобиектқәа ирҭааит.

Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аспектакль «Агәхыхҩы» Амилаҭтә театрқәа жәларбжьаратәи рфестиваль «Туганлык» аҟны «Аурыс классика азхьаԥшразы» аԥхьахә ҷыда анашьахеит. Аспектакль арежиссиор Адгәыр Ақаҩба.

Афестиваль зхы алазырхәыз атеатрқәа рнапхгаҩцәа рԥылара аҿы Ареспублика Башкортосҭан акультура аминистр Аԥснытәи атеатр аколлектив афестиваль рхы ахьаладырхәыз азы иҭабуп ҳәа ралҳәеит, насгьы акультура аусбарҭақәа рыбжьара анаҩстәи аусеицура шацҵахо азы агәыӷра аалырԥшит.    Башкортосҭан акультура аминистр Амина Шафикова акультура ахырхарҭала Аԥсны Ареспубликеи Башкортосҭан Ареспубликеи рыбжьара ҷыдала аиҩызаратә ҟазшьа змоу аусеицура шыҟоу азгәалҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы усуратә визитла иҟоу Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа Урыстәылатәи Афедерациа  аҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат аҟынтәи лколлегацәа – Светлана Гусеиновеи Михаил Дмитриеви Михаил Орлови дырԥылеит.   

Мактина Џьынџьал длыцны аиԥыларақәа дрылахәуп ахәыҷы исоциалтә зинқәа рыхьчаразы аспециалист Николь Шамба.

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аганқәа уаанӡа ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭрақәа рылҵшәақәа ирылацәажәеит, ашколқәеи аинтернет-ҵакыреи рҿы абуллинг аҿагылара аинструментқәа, иара убас ахәыҷқәа ишәарҭоу ахәмаррақәа ралагалара азҵаара. Ирылацәажәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат аҟны иҟоу аспециалистцәа-апсихологцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы алшарақәа раԥҵара,   Аԥсны иҟоу аурыс школқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара, иара убас Ареспубликатә ахәыҷтәы хәашәтәырҭа адгылара аҭара алыршара.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 23 рзы, XVIII Жәларбжьаратәи амедиа-форум «Диалог культур» аусура аҩбатәи амш аҳәаақәа ирҭагӡаны Ермитаж ахыбраҿы иаатит Жәларбжьаратәи амультимедиатә цәыргақәҵа «Евразиа. Адиалог иҿыцу абиԥара». («Евразия. Новое поколение диалога»).   Араҟа ицәыргақәҵоуп 50 инарзынаԥшуа лаԥшылатәи аконтент аусумҭақәа, Азербаиџьан, Ермантәыла, Болгариа, Белоруссиа, Бырзентәыла,  Египет, Испаниа, Италиа, Ҟазахсҭан, Китаи, Кыргызсҭан, Мексика, Урыстәыла, Ҭаџьыкьысҭан, Ҭырқәтәыла, Узбекьысҭан, Франциа рҟынтәи автор ҿарацәа, жәларбжьаратәии урыстәылазегьтәии аконкурсқәа рлауреатцәеи аиааирагаҩцәеи русумҭақәа. Ацәыргақәҵа лаҵарамза 30-нӡа  аус аулоит.  

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербург ақалақь, Ермитажтәи атеатр аҿы, лаҵарамза 22 рзы аусура иалагеит ажурналист ҿарацәа ХVIII Жәларбжьаратәи рмедиа-форум «Диалог культур». Афорум иалахәуп 29 тәылеи Урыстәыла 45 арегионқәеи рҟынтәи ажурналистцәа, арежиссиорцәа, афотоҭыхыҩцәа, аблогерцәа. Аԥсны аганахьала афорум рхы аладырхәуеит Аԥснымедиеи Аԥсуа Телехәаԥшреи ржурналистцәа.

Дара аҟаза-иклассқәеи, аиҿцәажәарақәеи, астол гьежьқәеи ирылахәоит, иара убас афотоцәыргақәҵақәа еиҿкаахоит.

 «Шәара, ауаа раԥхьаҟа рхәыцшьа, рдунеихәаԥшышьа зеиԥшрахо, ҳкультура, ҳдунеи, ҳкультуратә ҭынха ишазныҟәо зыдҳәалоу хра злоу мчны шәыҟоуп.  Акультуратә ҭынха —имаҭәартәу еиԥш имаҭәартәымгьы – ҳара зегьы ҳгәадура зду ахәдуқәа роуп», — ҳәа афорум алахәылацәа рахь ихы рханы иҳәеит Аҳәынҭқарратә Ермитаж адиректор Хада Михаил Пиотровски. 

Афорум аусура актәи амш азы имҩаԥысит ҩ-конференциак –  «Евразиа иҿыцу абиԥара. Акультурақәа рдиалоги адиалог акультуреи» ҳәа хыс измаз, Урыстәылеи Евразиеи инагоу амассатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәеи рхаҭарнакцәеи алархәны. Даҽа конференциак – «Аурыс культура Евразиа амедиаҵакыра аҿы. Адиалог ацҵара» амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны ажурналист ҿаацәа рыла иаԥҵоу аҳәаанырцәтәи апроектқәа рӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ (Апостол)  Симон Канттәи Имш азгәарҭоит. Ари амш 2013 шықәса раахыс ареспублика аҿы аныҳәатә иусуратәым мшны ирылаҳәахоит.  Симон Канттәи Ацқьа Симон Кантәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.

Симон Канттәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.

Абри аамҭоуп Аԥсны ақьырсианра алаҵәара ианалагаз ҳәа иԥхьаӡоу.

Ари амш Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго зегьы рзы аҵак ду амоуп, избан акәзар Симон Канттәи араҟа ҳера 1 ашәышықәса азы ақьырсаинра алаирҵәон, араҟа иҟоуп уи ибаҩ-ашаҩ. Ицқьоу Ацҳаражәҳәаҩ ихьӡала Афон Ҿыц уи иԥсыжырҭа аҭыԥ аҿы игылоуп IХ-Х ашә. рзы идыргылаз аныхабаа. Ари амш аҽны ақьырсиан дин ныҟәызго Ԥсырӡха аԥсҭа  игылоу Симон Канттәи ихьӡ зху ари аныхабаа ахь инеиуеит. Уи макьана аус ауӡом, араҟа ареставрациатә усурақәа мҩаԥысуеит. Ақьырсианцәа араҟа ацәашьқәа дыркуеит, иара убас Симон Канттәи дахьынхоз аҳаԥы аҿгьы ацәашьқәа адыркуеит, Анцәа иашьапкуеит. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы,  Симон Канттәи иҳаԥы аҿы Афонҿыцтәи аберҭыԥ аберуаа ацаҟьа иалԥҟааны иҟарҵеит аҳаԥы аҭаларҭа, ахаҳә иалху амардуан, амозаикала иқәҵоу Иаса Қьырса, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа, иара Симон Канттәи ихаҭа рхаҿсахьақәа зну аныхачаԥақәа. Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи (Зилота) Имш – Афонҿыцтәи аберҭыԥ аныҳәа ауп, уи Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ихадоу аныҳәақәа иреиуоуп. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.