pressadmin-2
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи алицеи-интернат даҭааит.
Аҟәа. Лаҵарамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын.
Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш аламҭалаз Аԥсны Ахада Аҟәатәи алицеи-интернат даҭааит.
Аслан Бжьаниа ашколхәыҷқәа аныҳәа рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит рҵараҿы ақәҿиарақәа.
«Дарбанзаалак ахәыҷы ихӡыӡаара, изинқәа рыхьчара ҳҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа ируакуп. Ахәыҷқәа роуп ҳара уаҵәтәи ҳԥеиԥш здаҳҳәло, ҳара, адуқәа ҳауп аҭакԥхықәра зду урҭ раԥхьаҟа уаҩык иаҳасабала рышьақәгылараҿы, ԥсҭазаарас ирзаԥаҳҵо азы», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла абиԥара ҿыц рааӡараҟны арҵаҩцәа инарыгӡо арольи урҭ рылшамҭақәеи ртәы. «Шәара шәџьабаа ахә ашьара уадаҩуп, Аԥсны аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ачаԥара знапы иану шәара шәоуп. Иахьа шәара аԥхьаҟа ииуристцәахараны, иҳақьымцәахараны, инџьнырцәахараны иҟоу, апрофессионалцәа рзы ауасхыр ашьҭаҵара шәаҿуп. Ари аинтернат еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иалгахьан еицырдыруа ауаа. Аинтернет аҿы есымша аус руан ззанааҭдырра ҳараку арҵаҩцәа, араҟа есымша аҳра руан зеиӷьаҟам атрадициақәа. Сара агәра ганы сыҟоуп шәара арҭ атрадициақәа ишрыцышәҵо, ишеихашәҳауа», - ҳәа инацҵаны иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҵарадырра аминистр Инал Габлиагьы убасҵәҟьа ахәыҷқәа рныҳәамш рыдиныҳәалеит. Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ахәыҷқәа рааӡареи рҵареи аҿы аџьабаа збо арҵаҩцәа, урҭ русураҿы ирзеиӷьаишьеит ачҳара, аихьӡарақәа, аманшәалара.
Алицеи-интернат адиректор Лариса Қаԥба Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит ари акыр зҵазкуа аныҳәа аламҭалазы дахьырҭааз азы. Лара ахәыҷы ихьчара Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара аҭоурых атәы еиҭалҳәеит, Аԥсны ахәыҷқәа ахшыҩзышьҭра ду шрымоу, урҭ ацхыраара рыҭаразы еиуеиԥшым афондқәа шаԥҵоу азгәалҭеит. «Ҳара ҳашкол атәы ҳҳәозар, араҟа аҵара зҵо рхыԥхьаӡара 210-ҩык рҟынӡа инаӡоит, араҟа иаԥҵоуп еиуеиԥшым акружокқәа, урҭ ҳҵаҩцәа гәахәарыла ирҭаауеит», – ҳәа илҳәеит Лариса Қапба.
Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа убасҵәҟьа ари аныҳәа акыр аҵак ду амоуп ҳәа иазгәалҭеит. «Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы алаку аиҿкаарақәа зегьы шәара шәҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду рыдуп. Ҳара ҭакԥхықәрала ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара аус анагӡара ҳазнеиуеит. Аха макьаназы Аԥсны иарбоу аусхкы аҿы иҟаҵатәу рацәоуп. Аусураҿы ҳара иаҳбоит ахәыҷы изинқәа реилагара иадҳәалоу афактқәа, иҳалшогьы зегьы ҟаҳҵоит урҭ рырҽеиреи рыӡбареи рзы», - ҳәа илҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа. Лара ахәыҷқәа ирзеиӷьалшьеит аманшәалара, аҭынч ԥсҭазаара, анасыԥ.
Мактина Џьынџьалԥҳа: Дарбанызаалак ахәыҷы насыԥла иҭәу ишәарҭадоу ахәыҷра имазар ахәҭоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа Аԥсны ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи ахәыҷы ихьчара Амш рыдылныҳәалеит.
«Ари аныҳәа ҳтәыла аԥеиԥш знапы иану, изызку ҳхәыҷқәа рыхьчареи ацхыраара рыҭареи иазкуп. Ахәыҷқәа рыччаԥшь, рҵарадырра, реихьӡарақәа – абри ауп ҳаԥсҭазаара ҵакыс иамоу, убри ауп уи гәылҭәааны иҟазҵо.
Аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациа азы акомиссиа аилатәара Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит.
Аҟәа. Лаҵарамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 28-29, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи амшынтә ҵакырақәа реиҟәыҭхареи ирзырхаз Аԥсныи Урыстәылеи ркомиссиа абыжьбатәи аиԥылара.
Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, аганқәа аҩ-тәылак рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа жәларбжьара-зинтә еиқәыршәара еиуеиԥшым аспектқәа ирылацәажәеит. Аиԥылара мҩаԥысит аилибакаареи аиҩызареи зныԥшуаз ҟазшьала.
Аҳәынҭқарра Ахада атәала Анапхгара алахәылацәеи араионқәа рхадацәеи алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ахада Иусбарҭа аҿы атәыла анапхгареи, аиҳабыреи, Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи русбарҭақәа рхадацәа алархәны аекономикатә зҵаарақәа рзы инарҭбааны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Амшхәаԥштә аҟны иқәгылан:
– афымцамч аусхк, афымцамч адефицит ахарҭәаара ауснагӡатәқәа, 2023-2025 шш.
– Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа анагӡашьа шымҩаԥысуа,
– 2024 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма анагӡашьа,
– аҳәынҭқарратә хықәкытә программа «Анхарҭа» анагӡашьа ирыдҳәалаз азҵаарақәа.
Аилацәажәара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәыла афымцамчтә усхк аҿиара иамоу аҵак ҷыда. «Ҳамч-ҳалша зегьы адаҳҵароуп атәыла афымцамч ашәарҭадара алыршаразы»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Иахьазы афымцамч ахархәаразы ахәԥса аизгаразы ԥыжәара рымоуп Гагратәи, Аҟәатәи, Галтәи араионқәа. Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит егьырҭ араионқәа рҟынгьы аҭагылазаашьа ариашаразы.
Аминистрцәа Реилазаара аҿы Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа рԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Лаҵарамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада ахаҭарнакцәа идикылеит.
Аиԥылара аҿы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рматериал-техникатә еиқәыршәара шьаҿа-шьаҿалатәи аиӷьтәреи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа рсоциалтә гарантиақәеи рџьаԥса ашәареи рзы аицфинансыркра амҩаԥгара азы жьҭаарамза 23, 2020 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аԥсны-урыстәылатәи аҩганктәи аиқәшаҳаҭра анагӡара изаамҭанытәиу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Ашәба Лаша ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Рашәарамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Иахьа, рашәарамза 1 азы ҳреспубликаҟны адунеи зегьы аҟнеиԥш, ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаатәи Амш азгәарҭоит.
Аҳәыҷқәа насыԥ рыманы аҟазаара, ршәарҭадара алыршара аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа ируакуп. Аҵак дуӡӡа амоуп ҳара ҳзы ахәыҷқәа ргәы бзианы, адыррақәа рыманы, доуҳала ибеианы, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра иаԥсаны реиҵааӡара. Инаӡалааит ахәыҷқәа рыгәҭакы лашақәа, ԥхаррала, бзиабарала иҭәызааит иахьрызҳауа аҭаацәарақәа рыҟны зегьы!
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 1, 2024 шықәса. Рашәарамза 1 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, иҳәоуп:
« Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, еизҳауа абиԥара!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.
Ахәыҷқәа - ҳаԥсҭазаараҟны зегьы иреиӷьу аҭыԥ ааныркылоит. Ҳара ргәы бзиазарц, насыԥ рымазарц, аҵарадырра бзиа роурц, раԥхьаҟа аԥсҭазаараҟны амҩа лаша ианыларц азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалар ҳҭахуп.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет изеиԥшразаалак аиҭахәаԥшра зыҟалаӡом.
Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахьиӡе Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ҩаԥхьа Қырҭтәыла аилазаара ахь ирхынҳәтәуп ҳәа иҳәамҭа ахҳәаа ҟанаҵеит.
«Еилкаауп, ас еиԥш апопулисттә ҟазшьа змоу аҳәамҭақәа ааигәа имҩаԥысраны иҟоу апарламентә алхрақәа раламҭалазы ишыҟаҵоу, насгьы урҭ, раԥхьа иргыланы аҩныҵҟатәи аудиториа ишазырхоу. Қырҭтәыла анапхгара Ареспублика Аԥсны Қырҭтәыла шьҭахьҟа азырхынҳәра азы изеиԥшразаалак аҽазышәарақәа зегьы лҵшәадахоит, урҭ аперспектива злам усуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ахҳәаа аҿы.
Аԥсны имҩаԥысуеит Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада.
Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны имҩаԥысуеит 14 спорттә хкы рыла ХVII Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада.
Аспартакиада аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит амҽыша, лаҵарамза 26, Ареспубликатә стадион аҿы.
Лаҵарамза 26 - 28 аҟынӡа атлетика лас азы аицлабрақәеи мҩаԥгахоит (Ареспубликатә стадион аҿы) ашахматқәа рзы аицлабрақәа мҩаԥысуеит (А. Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы).
Лаҵарамза 29 – 31 рзы – абокс азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә абокси аиқәԥареи рышкол аспортзал).
Лаҵарамза 29 – 30 рзы – аӡиудо азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (Аҟәатәи Афымцатә Станциа иатәу азал аҿы).
Рашәарамза 1 - З рзы – астолтә ԥкьаҭмпыл азы аицлабрақәеи (Ареспубликатә Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аспортзал) зхы иақәиҭу аиқәԥара азы аицлабрақәеи (аспортзал «Гәымсҭа»).
Аԥсны ахаҭарнакцәа Санкт-Петербург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аекономикатә форум рхы аладырхәраны иҟоуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 5 инаркны рашәарамза 8-нӡа Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥыслоит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум (ПМЭФ). Сынтәа афорум атема хаданы иҟоуп — «Аҳәынҭқаррақәа реиҟарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеиеиҿкаара - иҿыцу аҿиара ахыҵхырҭақәа рыԥшаара».
«Аҳәынҭқаррақәа реиҟарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеи аҿы аҭышәынтәалареи аиашареи рышьақәыгылара алшоит иҿыцу аныра ацентрқәа раԥҵарала мацара. Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аплошьадка иҳаракӡоу аҩаӡара аҿы адискуссиақәа рымҩаԥгаразы алшара аԥнаҵоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иабжьгаҩ, Санкт-Петербург имҩаԥысуа Жәларбжьаатәи аекономикатә Форум Аиҿкааратә комитет аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ Антон Кобиаков.








