
pressadmin-2
Москва Анапхгара Аԥсны инхо аветеранцәа афинанстә цхыраара рынаҭеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны ахаҭарнакцәа Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи урҭ ираҟаратәу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауааи Москва Анапхгара аҟынтәи афинанстә цхыраара рырҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» апресс-маҵзура.
Афинанстә цхыраара роуит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иалахәыз, аибашьра аветеранцәа, аконцлагерқәа рҿы иҭакыз, Асовет Ар аинвалидцәа.
Москва Аҩны ахаҭарнакцәа 42-ҩык ирҭааит.
Аҟәа ақалақь аҿы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Сталини Бериеи раԥшьгарала имҩаԥгаз аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш азгәарҭоит.
Ашьыжь, Апарламент аҿаԥхьа иҟоу, ааигәа Сарииа Лакоба – Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лыхьӡ зхырҵаз асквер аҿы игылоу аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ашьҭахь амитинг мҩаԥысит.
Аԥсны ХХ ашәышықәса 30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь нызықь ҩык инареиҳаны ирылаӡит. Арепрессиақәа ирықәшәаз рсиа аҿы иҟоуп еиуеиԥшым амилаҭқәа, азанааҭқәа ирыҵанакуа ауаа, урҭ реиҳараҩык 20 – 35 шықәса зхыҵуаз макьаназы иқәыԥшыз ауаа ракәын. XV Аԥсуа партконференциа ахь иалхыз Қырҭтәыла Акоммунисттә Партиа Аԥснытәи аобком 51-ҩык алахәылацәа рҟынтәи лаҵарамза, 1937шықәсазы арепрессиақәа ирықәыршәан, анаҩсгьы иреихсны ишьын 39-ҩык ауаа. 1936 шықәсазы иалхыз Аԥсны ЦИК 120-ҩык алахәылацәа рҟынтәи арепрессиақәа ирықәыршәын 78-ҩык. 1937 шықәса инаркны 1942 шықәсанӡа Аԥсны анаукатәии арҿиаратәии аинтеллегенциа ахаҭарнакцәа реиҳараҩык ҭархан. Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш Аԥсны 2006 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Убасҟангьы иаԥҵан Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аполитикатә репрессиақәа иақәыршәаз рреабилитациа азы Акомиссиеи еихьӡылоу Ассоциациеи.
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа Аҟәа ақалақь, Апарламент аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы ишьақәыргылан жьҭаарамза, 2011 шықәса рзы. Амонумент иалакьакьо адаҷ зкәыршоу ахаҳә ду асахьа амоуп. «Ари абаҟа арепрессиақәа зхызгаз зегьы, Аԥсны аҭоурыхи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши агәҭынчымра зызнырҵысуа зегьы рзы акыр аҵак ду аманы иҟоуп. Избан акәзар Сталини Бериеи рполитика иахҟьаз арепрессиақәа зықьҩыла ирылаӡыз рнышәынҭрақәа ахьҟоу еилкааӡамкәа иаанханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа, ари абаҟа ахьгылоу аҭыԥ аҿы урҭ раҳаҭыри ргәалашәареи рзы ашәҭқәа рышьҭаҵара, ацәашьқәа раркра ҟалоит.
«Жьҭаарамза 30 – ари арыцхә Урыстәыла ирыдыркылеит, анаҩс уи ҳара ҳҿы ишьақәдырӷәӷәеит. Даара ишьахуп иахьагьы ауаа абрахь иааны аполитикатә репрессиақәа ирыхҟьаны арҭ зеиҳараҩык хабарда ибжьарӡыз ауаа ахьыргәаладыршәо. Иахьа уажәраанӡа еилкаамкәа иаанханы иҟоуп 300-ҩык ауаа рнышәынҭрақәа ахьыҟоу. Иара убас иҭыҵуеит Нестор Лакоба имузеи альманах, уи «Нестор» ҳәа ахьӡ амоуп, араҟа ианылоит усҟантәи аамҭа атәы зҳәо, аинтерес зҵоу апубликациақәа, адокументқәа, аусшәҟәқәа, уҳәа аматериалқәа рацәаны.
Аааигәа ири асквер Сарииа Лакоба лыхьӡ ахырҵеит, уи акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит. Атәылауаа аӡәырҩы Сарииа Лакоба лыхьӡ анаунагӡатәра анбалыршахо ҳәа лассы-лассы азҵаара ҟарҵон. Абар, Аҟәа ақалақьтә Еизара аӡбамҭа иабзоураны уи алыршахеит. Ари аӡбамҭа адгылара даара ииашоу усны иҟалеит, аха ишԥабзиаз ари асквер иахәҭоу аҭеиҭыԥш аиур», - ҳәа иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩы Станислав Лакоба.
Лев Кәыҵниа Белорусиа аиқәырхаратә хылаԥшырҭа даҭааит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа Белорусиа аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа Минск ақалақь аҿы Белорусиа аиқәырхаратә хылаԥшырҭа ахада, аҩныҵҟтәи амаҵзура аинрал-маиор Вадим Синиавскии уи актәи ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи амаҵзура аинрал-маиор Алеқсандр Худолееви дырԥылеит.
Аиԥыларақәа рҿы аҩ-тәылак реиқәырхаратә хылаԥшырҭақәа русеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Лев Кәыҵниа Белорусиа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟәшеиҵақәа рыструктура аиҿкаара, урҭ русура атехниатәи атехнологиатәи еиқәыршәара, аусураҿы изықәныҟәо анапхгаратә нормативқәа, аспециалистцәа разыҟаҵара амҩаԥысшьа, иҷыдоу атехникеи аиқәыршәагақәеи рҭыжьра азҵаарақәа, уҳәа рзы азҿлымҳара ааирԥшит.
Инар Ладариа Никарагуа имҩаԥысыз акультуратә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ааигәа Никарагуа имҩаԥысит карибтәи арегион акультуреи аҟазареи рфестиваль. Уи Никарагуа атуризм Аминистрра ала еиҿкаан, акультура амилаҭтә хан аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы имҩаԥысит. Афестиваль даҭааит Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа.
Иара убас Инар Ладариа Манагуа ақалақь аҿы аурыс кино Амыбжь аартра даҭааит. Аусмҩаԥгатә Никарагуа иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭанакреи урыстәылатәи акиностудиа «Мосфильми» рыла еиҿкаахеит.
Апарламент аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы азакәан иалагалахо аиҭакрақәа ирыхәаԥшит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы алахәылацәа «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект иахәаԥшит. Аилатәара мҩаԥигон Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, ирыҭоу анхаразы аршаҳаҭга азинмчы аҽҳәара хәы-шықәса рҟынтәи жәа-шықәса рҟынӡа ацҵареи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Апаспорттә Усбарҭеи уи атерриториалтә ҟәшеиҵақәеи рыла ирыҭахо аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа ихымԥадатәиу ашықәсқәа ирылагӡаны рынхара зырҵабыргуа аусшәҟәқәа рсиа ашьақәыргылареи рзы ажәалагала ҟаҵоуп.
Ацентр «Проспект» аҿы ахьатә бнара аиқәырхара апроблема иазку афотоцәыргақәҵа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 29 инаркны абҵарамза 3, 2023 шықәса аҟынӡа Аҟәа ақалақь, Ацентр «Проспект» аҿы Аԥсны ахьатә бнара аиқәырхара апроблема иазку афотоцәыргақәҵа мҩаԥысуеит. Уи азы агәазыҳәара змоу зегьы арҭ аҵлақәа иуникалтәу рҟазшьарбагеи урҭ реиқәырхаразы иҟаҵоуи иазԥхьагәаҭоуи ртәы еиҳаны аилкааразы алшара рымоуп.
Ахәаша, абҵараза 3 рзы Аԥсны ахьатә бнара аиқәырхара апроблема иазку адокументалтә фильм дырбара еиҿкаахоит. Уи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩеи Реиҿкаара (ФАО ООН) апроекттә офис иҟанаҵаз адгылара иабзоураны иҭыхын
Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аделегациа Жәларбжьаратәи аҳазылхратә форум –2023 ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арҭ амшқәа рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит есышықәса еиҿкаахо «Жәларбжьаратәи аҳазылхратә форум– 2023», уи аусура ахы аланархәуеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилаы аделегациа. Аделегациа анапхгара аиҭоит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
Афорум аусуратә программа иалоуп 12 тематикатә трек аҿы еидкылоу аусмҩаԥгатәқәа жәпакы. Урҭ жәларбжьаратәи алогистика атраформациеи атранспорттә коридорқәа рыҿиареи адәныҟаекономикатә усура адгылара аҭареи армариареи, адәныҟатәи ахәаахәҭра ацифровизциа, жәларбжьаратәи аусеицура, иара убас аҳазылхратә усхкы аҿы егьырҭ актуалра злоу азҵаарақаәа еиднакылоит.
Елена Жилинскаиа: «Урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿаарақәа Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ринтересқәа рыхьчаразы рҽеидыркылароуп» .
Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ринтересқәа рыхьчаразы рҽеидыркылароуп, ҳәа имҩаԥысыз астол гьежь «Аԥсны: иҿыцу агеополитикатә ааԥхьарақәа» аҿы аҳәамҭа ҟалҵеит Аԥсны иқәынхо уыстәылатәи аидгьылуаа Рассоциациа ахантәаҩы, ареспублика аҿы Урыстәыла атәылауаа рзинқәа рыхьчаразы Ацентр анапхгаҩы Елена Жилинскаиа.
Ари аусмҩаԥгатә еиҿкаан Аԥсны асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр ала. Адискуссиа рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, амилаҭтә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа.
Астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны абарҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит:
– ҳаамҭазтәи аглобалтә геополитикатә еиҿагыларақәа (Карабах, Украина, Ааигәатәи Мрагылара) реилкаара;
– Аладатәи Кавкази Аԥсни ррегион азы урҭ ахҟьаԥҟьақәеи ашәарҭарақәеи ранализ/ахәшьара аҭара;
– иҿыцу адунеинхамҩатә система акофигурациа ашьақәгылара аамҭа азы агеополитикатә ааԥхьарақәа рзы иҟалар зылшо аҭакқәа.
Елена Жилинскаиа лықәгылара аҿы иҟоу аперспективақәа ииашаны ахәшьара рыҭаразы иахьа Аԥсны иарбан зинеиҟаратә еиҿкаара зныԥшуа адунеитә шьақәгылашьа изыдгылоу аилкаара ахәҭаны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.
Аҳазылхыҩцәа акриптовалиута арҳара иазку 21 аппарат аконтрабаҭ аԥхьырҟәҟәаара рылдыршеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аконтрабаҭ аҿагылареи аҳазылхратә зинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәаареи рзы аҟәша аусзуҩцәа аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҳазылхратә гәаҭара азона иахьаҵанакуа Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит. Ари аусмҩаԥгатә аан амашьына аԥхьатәи ахәҭа аҿы ирыԥшааит Аԥсны аҳазылхратә ҵакыра ахь алагаларазы аԥкрақәа шьақәыргылоу акриптовалиута арҳаразы 21 аппарати урҭ рыԥсахгахәҭақәеи - 100 цырак рҟынӡа амҩангагақәа, 40 цыра афымца ԥшандагақәа, иара убас 11 адренажтә ӡхагалагақәа.
Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа аветеранцәа еидызкыло Краснодартәи арегионалтә еиҿкаара ахаҭарнакцәа идикылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа аветеранцәа еидызкыло Краснодартәи арегионалтә еиҿкаара ахаҭарнакцәа дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аветеранцәа ареспублика иаҭааит аҩганктәи аимадара аҳәаақәа рырҭбаара хықәыс иҟаҵаны.
Аделегациа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аминистр Аԥсны аветеранцәа рызнеишьа иҷыдоу аҟазшьа аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа аминистрра аусураҿы рлагала дууп, урҭ аусзуҩцәа разыҟаҵареи рҵареи, ауааԥсыра рыҩныҵҟа азинтә дыррақәа рыларҵәара, ауаажәларра рҿы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь агәрагара ашьақәгылара, уҳәа иазку аусура активла рҽаладырхәуеит ҳәа иазгәеиҭеит.