pressadmin-2
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент «Аинвестициатә еиҩызаразы» азакәан апроект аднакылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аинвестициатә еиҩызаразы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Ари азакәан апроект аинвестициатә еиҩызара аҭышәныртәаларазы азинтә шьаҭақәа раԥҵара иазырхоуп.
Азакәан апроект аинвестициатә усура аицымҩаԥгараан иҷыдоу асубиектқәа ирыбжьарҵо аинвестициатә еиҩызаразы аиқәшаҳаҭра, аиқәшаҳаҭраҿы алахәылацәа ркатегориақәеи анапхгаҩцәа рзинқәеи рҭакԥхықәрақәеи, абизнес-проектқәа рынагӡаразы гәыԥҩык аинвесторцәа рԥаратә лагалақәа реидкылара алзыршо иарбоу аиқәшаҳаҭра анагӡареи азинмчы аанкылареи, уҳәа уи аҭагылазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит.
Кристина Озган Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа шыҟоу далацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган арадио Sputnik аинтервиу аҭо Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа шыҟоуи абылтәы азымхара ҟалар алшо-алымшо далацәажәеит.
Уи лажәақәа рыла, ԥхынҷкәынза 16, 2023 шықәса рзы иҭыҵыз Урыстәыла аиҳабыра Ақәҵара №2180 инақәыршәаны, аилахәыра «Роснефть» Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин аҭоуп.
Аминистр ишазгәалҭаз ала, еиуеиԥшым аилазаарақәа аилаӡарақәа зыбжьарҵаз егьырҭ абылтәыла аиқәыршәаҩцәа ыҟоуп, урҭ ареспублика ахь анефтьаалыҵқәа рекспорт нарыгӡоит.
«Уажәазы, Ақәҵара ари анорма аԥкра аланагалоит, уи аилахәыра «Роснефти», уи иаҿыгоу анаплакқәеи рымацара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь абылтәы аагара азин шрымоу азгәанаҭоит. Араҟа ҩ-зҵаарак цәырҵуеит. Убас ала раԥхьаӡа иргыланы аҭыԥантәи абылтәџьармыкьа алахәылацәа зыргәамҵуа русура аԥкра алагалара ауп», - ҳәа илҳәеит Кристина Озган.
Жәларбжьаратәи, апарламентбажьаратәи аимадарақәеи аидгьылуаа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы Аҳәынҭқарра Ахада иааԥхьара иалацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи, апарламентбажьаратәи аимадарақәеи аидгьылуаа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы Аҳәынҭқарра Ахада ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәсазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра аҿы иҟоу Аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» амазаратә комплекс Урыстәыла аҭареи уи ахархәашьеи рзы» Аԥсны Аиҳабыреи Урыстәыла Аиҳабыреи рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра атекст аиҭакрақәа алазгало Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи ражәанҵақәа зцу Жәлар Реизара - Апарламент ахь иҟаиҵаз ааԥхьара иалацәажәеит.
Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала «Аҿкчымазарақәа риммунапрофилактиказы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала «Аҿкчымазарақәа риммунапрофилактиказы» азакәан апроект рыдыркылеит. Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада есымшатәи ихаҭарнак Анри Барцыц.
Иарбоу азакәан апроект ауааԥсыра рсанитар-епидемиологиатә шәарҭадара аиҿкаареи ауааԥсыра ргәабзиара ахьчареи хықәкыс иҟаҵаны аҿкчымазарақәа риммунапрофилактика аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика ашьаҭақәа шьақәнаргылоит.
«Ауааԥсыра аҿкчымазарақәа рацәыхьчара амассатә адунеи зегьы аҟны актуалра злоу апроблемақәа иреиуоуп. Аҿкчымазарақәа рҽацәыхьчара азы зегьы реиҳа аеффективра злоу хархәаганы иҟоуп аиммунапрофилактика амҩаԥгара», – ҳәа иҳәеит Анри Барцыц.
Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәаз алаҵаҟаҵаратә мзари алаҵақәа рыҵәахра аҭахрақәеи. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылароуп реиҳа ирылаҵәо ачымазарақәа зхәышәтәуа ауаа рзанааҭқәа реиқәыԥхьаӡа, урҭ азанааҭқәа знапы рылаку хымԥада алаҵа рзыҟарҵалароуп. «Азакәан иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит арҭ атәылауаа алаҵашьҭахьтә уашәшәырара рызцәырҵыр, асоциалтә дгылара рыҭара анормақәа. Убри аан атәылауаа есымза аԥаратә харҭәаа рыҭареи аԥаратә цхыраара аиуреи рзы азин рымоуп»,- ҳәа иҳәеит Анри Барцыц.
Алеқсандр Анқәаб Иира Амш инамаданы адныҳәаларақәа аауеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 26 рзы Иира Амш азгәеиҭоит Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқаб.
Адныҳәалара ааишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин.
Адныҳәалара атекст аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Анқәаб Золотинска-иԥа, Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи хаҭала сара сыхьӡалеи шәира Амш шәыдысныҳәалоит.
Исымоу алшара схы иархәаны иазгәасҭарц сҭахуп аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рыпринципқәа рыла ишьаҭарку Урыстәылеи Аԥсни реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аҿы Шәара акыр аҵак ду змоу шәлагала. Анапхгаратә хылаԥшрала активла аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, иара убас агуманитартә усхкқәа рҿы қәҿиарала аперспективра злоу апроектқәа рынагӡара алыршахоит.
Агәра ганы сыҟоуп, анаҩстәи ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи аусеицура, аперспектива злоу апроектқәа реицынагӡара Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа ишрықәшәо», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҿы. Ҳәаҭыр зқәу, Алеқсандр Золотинска-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аизҳазыӷьара, аҭакзыԥхықә маҵураҿы аихьӡарақәеи аманшәалареи.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа аиуразы апретендетцәа аӡәгьы иахәҭоу абыжьқәа рмоуӡеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алитература, аҟазара, архитектура азы 2020–2022 шш. рзы Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ауразы аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Имаӡоу абжьыҭирала апретендентцәа рҟынтәи аӡәгьы аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иахәҭоу абжьқәа рмоуӡеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит акомиссиа ахантәаҩы Даур Наҷҟьебиа.
Алитература, аҟазара, архитектура аҿы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа хԥа хы-шықәса рахь знык иранашьахоит.
Апркурор Хада ауааԥсыра рахь азинтә шьаҭа змам амитинг рҽалдмырхәырц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба аоппозициатә политикатә мчрақәа рыла ԥхынҷкәынмза 27 рзы зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу азинтә шьаҭа змам амитинг рҽалдмырхәырц азы ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Адгәыр Агрба Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәеи Лакоба имҩадууи рҿы игылоу Аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс акәша-мыкәша адәахьтәи анаԥшра акамерақәа шышьақәыргылоу, уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаҩра шымҩаԥысуа азы адырра ҟаиҵеит.
Амилициа аусзуҩцәа Аҟәа араион аҿы ирыԥшааит иагьрымырхит 23 маининг-аппарат.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа ала Аҟәа араион Аладатәи Ешыра ақыҭан аҭыԥ агәаҭара мҩаԥыргеит. Урҭ уахь дахьнымхоз ахыбра аҵаҟа ирыԥшааит ахьчаратә системала еибыҭаз амаининг-ферма.
Аҳазалхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы ирацәаны аԥсихотроптә маҭәашьарқәа аҳәаа ианахигоз Аԥсны атәылауаҩ дааныркылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 24 рзы аҳазалхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагарақәеи рҿагыларазы Аусбарҭа аусзуҩцәа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршареи рхылаԥшреи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа рыцны ирацәаны аԥсихотроптә маҭәашьарқәа аҳәаа ианахигоз Аԥсны атәылауаҩ Ҳаџьымба И.И. дааныркылеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аексперт-криминалисттә маҵзура алкаа инақәыршәаны, иаанкылаз аҳәааҿы игәаҭараан иара инапылаеидараҿы ирбалеит 497 капсулеи 209 таблетка прегабалин ҳәа изышьҭоу амаҭәашьари, ҳәа иаанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит аԥхьахә «Аԥхьагыла қәыԥш – 2023» анашьара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥхьахә «Аԥхьагыла қәыԥш – 2023» анашьара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Апремиақәа ранаршьеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара иалоу аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рҿы аус зуа аспециалист ҿарацәа.
Ари ашықәс азы иреиӷьу аусзуҩцәа қәыԥшқәа ҳәа иалыркаарц азы Аминистрцәа Реилазаара иаҵанакуа аминистрақәеи аусбарҭақәеи 21 рҟынтәи 58 кандидатура алаҵан.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә аартуа, аҿари аспоти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аԥсны ҳтәыла аизҳазыӷьара азы аус зуа аҿар бзиа ҳамоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара иара убас иҳамоуп аихьӡарақәа маҷымкәа иаазырԥшуа аспортсмен бзиақәа. Шәара шәоуп уаҵәтәи ҳтәыла аԥеиԥш зыдҳәалоу», – ҳәа иҳәеит иара.
Аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи иреиӷьу аусзуҩцәас иалкаахеит:
Акультура аминистрра – Милана Хоџьаа; ⠀
Агәабзиарахьчара аминистрра – Милана Акаба;
Аҵара аминистрра – Аслан Қәҭелиа;
Аиустициа аминистрра – Леон Хәытаба;
Аекономика аминистрра – Омар Ақаҩба;
Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра – Хьыбла Роган-оӷлы;
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра – Гәырам Григолиа;
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра – Диана Лакоба;
Ақыҭанхамҩа аминистрра – Кристина Ануа;
Атуризм аминистрра – Андреи Ншаниан;
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра – Саид Ҷан-оӷлы;
Акультура Аминистрра – Хоџьаа Милана Енвер-иԥҳа;








