pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыратәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы STEM ашьаҭала иаԥҵоу аҵарадырратә Центр аадыртит.  Араҟа имҩаԥслоит STEM ашьаҭала зыдгалара мҩаԥгахо аҵарадырратә программа ала аҵара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис.

STEM – ари аҵара апроцесс аинтеграциатә знеишьа азԥхьагәазҭо, анаукатә, атехникатә, иара убас анџьныртә хырхарҭақәа еидызкыло иаку аҵаратә процесс ауп.  STEM-лабораториақәа ашколқәа рҿы раартра хықәкы хадас иамоуп ашколхәыҷқәа ироуз атеориатә дыррақәа рхархәаразы аԥышәатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара алыршара.  

Аҵарадырратә центр аиҭашьақәыргылареи иахәҭоу аиқәыршәагақәа рыла реиқәыршәареи Европатәи атәылақәа Реидгыла афинанстә цхыраарала Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис ала  имҩаԥган.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи ркомандақәа Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы аспорт абзиабаратә турнир афинал аҿы еиԥылоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Актәи афиналбжа аҿы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ркоманда акыр аибарххара зцыз аиндаҭлара аҿы асчиот – 1:2 ҳәа аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы акоманда иаиааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Колумбииа, Барранкилиа ақалақь аҿы ихыркәшахеит адомино азы IV адунеи ачемпионат. Уи ахы аланырхәит Аԥсны акоманда.  

Атурнир мҩаԥысуан жьҭаарамза 15 – 22, 2023 шықәа рзы. Ари Колумбиа раԥхьаӡа имҩаԥысуа адунеи ачемпионат ауп, «Femundo» аверсиа аҭоурых аҿы акәзар уи аԥшьбатәи ачемпионат ауп. Адунеи зегьы аҟынтәи  400-ҩык инареиҳаны алахәылацәа аиндивидуалтәи ҩыџьа-ҩыџьалатәи аразриад аҿы еиндаҭларц азы Барранкилие ақалақь аҿы аотель El Prado еизеит.

Аԥснытәи акоманда аилазаара нагӡаны ачемпионат ахь  изымааӡеит, избан акәзар, акоманда ахәмарыҩ хада уи аамҭазы Лас-Вегас имҩаԥсуаз домино азы адунеи ачемпионат далахәын. Ус ишыҟазгьы, аԥснытәи акоманда ибзиоу алҵшәақәа аанарԥшит, уи колумбиатәи ателехәаԥшра ажурналистцәеи арепортиорцәеи рылаԥш иҵамшәакәа иаанымхеит. Аԥсны еизгоу акоманда иазкны ҷыдала арепортаж ҟарҵеит. Акоманда ақаԥдани азыҟаҵаҩи Саид Ашәба El HERALDO акорреспондент диҿцәажәо иазгәеиҭеит: «Атурнир даара иҳараку аҩаӡараҿы еиҿкаауп. Сара даара сеигәырӷьоит ҳкоманда уи ахьҽаланархәуа. «Ла Арносу» ахь схы рханы иҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп адкылара бзиаӡа азы, аҭак аҳасабала сыԥсадгьыл ахь ааԥхьарагьы ҟасҵоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аделегациа Маиҟәаԥ ақалақь, Адыгатәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатыз аӡӷабцәа рзы аматематикатә олимпиада  «Ассара» аҽаланархәуеит. Урыстәылатәи 15 регион, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи 50-ҩык аҟыбаҩ злоу ашколхәыҷқәа  аматематиказы ирымоу рдыррақәа  аадырԥшуеит.

Аолимпиада аҿы аиааира згаз ақәратә категориақәа ҩба рыла иалкаахоит: аиҵбыратә лига (6 – 8 -тәи аклассқәа рҵаҩцәа), иара убас аиҳабацәа рлига  (9 – 10 - тәи аклассқәа рҵаҩцәа), аӡбамҭақәа ахәшьара рырҭалоит аолимпиатә еиҿкаара инагоу ахаҭарнакцәа.

Ажиури аилазаареи аӡбамҭақәа здызкыло акомитет аилазаареи иалалеит Жәларбжьаратәи аматематикатә олимпиада, Китаитәи аҳәса рматиматикатә олимпиада, иара убас Европатәи аҭыԥҳацәа злаху аматематикатә олимпиада, уҳәа рҿы аиааирақәа згахьоу. Ажиури ахантәаҩыс дыҟоуп Жәларбжьаратәи ашколхәыҷқәа рматематикатә олимпиада аҿы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ, Адыгатәи аҳәынҭқарратә Университет аматематикатә идеиақәа рҵара атехнологиақәа рлабораториа анапхгаҩы Кирилл Сухов.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҽыбӷаҟазаратә спорт азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуеит жьҭаарамза 28 – 29 рзы Бзыԥтәи ампподром аҿы.  

Ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны 800, 1400, 1600, 1800, 2000, 2400, 3200, 4000, 6000 метра рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рыла аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит. Аҽырыҩрақәа рнаҩс аҽыбӷаҟазацәа аҽытә шьапылампыл, аҵәеигәыдҵара, аимҵакьачара, уҳәа реиԥш иҟоу аҽы-спорттә еиндаҭларақәа рҿы рҟазара аадырԥшраны иҟоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  23 рзы амаршрут Ҭҟәаԥс – Шәача – Гагра ала ибжьоу адәыӷба  № 927/928 «Сочи» атуристтә сезон хнаркәшоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Аихамҩақәа рофициалтә саит.

Ҳазҭоу ашықәс азы ари адәыӷба ала рыиагара еиҿкаахеит 40 нызықьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа. Ари асезон аҿы иҿыцу лагамҭаны иҟалеит агьамабаратә тур «Аԥсны агьама».  Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аныҟәаҩцәа амлагәырааӡарҭатә нхамҩа аҭаара, ашәқәеи акәацырҩеи рыҟаҵара азы амастер-классқәа рылахәхара азы алшара роуит.

Атуристцәа рыманшәалара азы иара убас амшеихша рыԥсахит: урҭ ҩ-сааҭк рыла заа  авокзал ахь анеира иалагеит, шьҭахьҟа ицон уаанӡа иазԥхьагәаҭаз аамҭа аҵкьыс сааҭбжак рыла иацҵаны.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ацифратә епоха шышьақәгылахьоугьы ашәҟәқәа ауаҩы иԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа ароль нарыгӡоит. Аԥсны абиблиотекақәеи ашәҟәҭирҭақәеи есымша иҿыцу акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа – аҭыԥантәи еиԥш аҳәаанырцәтәигьы рыла ихарҭаахоит.

Ашәҟәҭирҭа «Амцабз» аиҳабы Манана Кәыҵниа лажәақәа рыла, ашәҟәқәа аиҳарак Урыстәылантәи иааргоит. «Акыр адҵаалара бзиа рымоуп араҟа Аԥсны иҭрыжьуа ашәҟәқәа. Урҭ рӷьырак Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызкуп, егьырҭ алегендақәеи алакәқәеи зну роуп. Аԥхынтәи аамҭахәҭазы аиҳарак атәылаҿацәҭҵааратә литература, ахсаалақәа, ахсаалеизгақәа (атласқәа), амҩақәҵагашәҟәқәа иазҵаауеит. Иара убас аурыс-аԥсуа бызшәала аиҿцәажәага иазҵаауеит, аха ҳара уи аҩыза ҳамаӡам», – ҳәа илҳәеит лара. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы XI Жәларбжьаратәи атурнир. Атурнир рхы аладырхәит Барнаул, Кемерово, Чечентәыла, Аԥсны аҟынтәи ԥшь-командак.  

Ахԥатәи аҭыԥ аанкыларзы аматч аҿы еиԥылеит Кемерови Барнаули ркомандақәа. Асчиот 1:0 ҳәа аиааира агеит Барнаул акоманда.

Афинал аҿы еиԥылеит Аԥсни Чечентәылеи ркомандақәа. Аматч асчиот 4:3 ҳәа Чечентәыла акоманда аиааирала ихыркәшахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир қәҿиарала ахыркәшара уи алахәылацәа ирыдырныҳәалеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аԥсны Амилаҭтә Олимпиатә комитет апрезидент Валери Аршба, Аԥсны Апаралимпиатә комитет апрезидент Леон Ҵәыџьба, атурнир аӡбаҩ хада Виачеслав Александров, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура ахаҭарнак Алхас Жьиба, Аԥсны аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба, Краснодартәи атәылаҿацәи Шәача ақалақьи рыҩныҵҟатәи аусқәеи аҩныҵҟатәи архәҭақәеи русзуҩцәа, арратә хҭысқәа рветеранцәа Рассоциациа ахаҭарнак  Алеқсандр Воротниук.

«Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит имҩаԥыжәгаз ари ахәмарра азы. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит атурнир аиҿкаара зхахьы изгаз, апаралимпиатә еиҿкаара адгылара азҭо зегьы. Зегьы ақәҿиарақәеи анаҩстәи аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьоит», – ҳәа иҳәеит Леон Ҵәыџьба.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азҵаарақәа ирызкын ашәахьа, жьҭаарамза 23 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани реиԥылара.

Аиԥылара рхы аладырхәит адепутатцәа Беслан Ҳалуашь, Дауҭ Хәытаба, Инар Саӡба, Бадрик Ԥлиа, Нарсоу Салаҟаиа.

Лаша Ашәба Кристина Озган, азакәанԥҵарақәа реишьашәалара ала ишьаҭаркны Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи аҵакыра аԥҵара Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аинформациа акоординациа амҩаԥгара аганахьала иаалырԥшыз активра уахь иналаҵаны, иааизакны иналыгӡаз аусуразы иҭабуп ҳәа леиҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент аофициалтә саит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу   «Москва Аҩны» аусзуҩцәеи урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа, Кавказ ахақәиҭтәразы аидыслара иалахәыз - Нонна Дорофеева, Ардавасҭ Сельвиан, Екатерина Синиавскаиа, иара убас Сталинградтәии Курсктәи аидысларақәа ирылахәыз Валентина Шульгина ирҭааны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҟынтәи адныҳәаларатә телеграммақәеи ашәҭқәеи рнапы иадыркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «РИА Новости».

«Асовет аруаа рыла Кавказ анемец-фашисттә архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра 80-шықәса ахыҵра шәыдыснышәалоит. Ар Ҟаԥшь ала ари мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуаз аиааирагаратә арратә операциа ахыркәшара – акыр зҵазкуа, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зчаԥоз хҭысны иҟалеит. Усҟан   Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аилашымҭаз Кавказ ашьхеибаркыра Хада аԥснытәи аҵакыра аҿы анемец архәҭқәа аанкылахеит. Асовет архәҭақәа хацәнымырха инарыгӡаз аҽагылара иабзоураны, аӷа иаанкылареи, уимоу шьҭахьҟа ихьацареи аӷа игәҭакқәа рыԥхьырҟәҟәареи алыршахеит.

Шәара, Афырхацәа иашақәа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп усҟан иаашәырԥшыз агәымшәареи аԥсадгьыл ахь абзиабареи рзы. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи аманшәалареи ашықәснҵыра дууи», - ҳәа иазгәаҭоуп урыстәылатәи Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә телеграмма атекст аҟны.

Аветеранцәа Урыстәыла Ахада Владимир Путин рганахьала есымша иааирԥшуа агәцаракреи ахшыҩзышьҭреи рзы дара рыхьӡала иҭабуп ҳәа иарҳәарц азы аҳәара ҟарҵеит.  Урҭ иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа иҟоу Москва Аҩны, урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәеи есымша аветеранцәа излауа ала ацхыраара шрырҭо, ҿыц игылаз абиԥарақәа рҟынтәи ироуа ахшыҩзышьҭра гәахәара дула ишрыдыркыло, насгьы урҭ Аџьынџьтәылатәи аибашьра Дуӡӡа аҭоурых ахьыргәалашәо дара рзы акырӡа шаанаго  азгәарҭеит.

Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса рзы жьҭаарамза 9 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан реиҳа ишьаарҵәыраз, аԥсҭбарақәа зцыз, аамҭа рацәа згаз Кавказ азы аибашьраҿ Аиааира  80-шықәса ахыҵит. Ари адунеизегьтәи аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа рыцхәны иҟоуп, избан акәзар усҟан   Кавказ ашьхеибаркыра Хада аԥснытәи аҵакыра аҿы анемец архәҭқәа аанкылахеит. Ари ахҭыс шьаҭас иазыҟалеит аанкылара зқәымыз, атәыла анемец-фашисттә мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәразы ԥхьацаратәи аоперациа.

Аԥсны ауаажәлар 55 нызқьҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын, урҭ рыҟнытә 17 нызқьҩык зыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп, хҩык Ахьӡ-Аԥша аорденқәа ах-ҩаӡарак ранашьахеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.