pressadmin-2
Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәара аҿы актәи аԥхьарала «Ихымԥадатәиу атәанчахәытә ԥгаԥса асистемаҿы хазхаҭалатәи (ихаҿырку) ашәҟәҭагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа асессиа аилатәара аҿы актәи аԥхьарала «Ихымԥадатәиу атәанчахәытә ԥгаԥса асистемаҿы хазхаҭалатәи (ихаҿырку) ашәҟәҭагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.
«Иарбоу азакәан апроект атәанчаҩратә еиқәыршәара ареформақәа ралагалараҿы ихадоу аелементқәа ируакуп, уи аҳәынҭқарратә тәанчахәытә еиқәыршәара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара иаҵанакуа атәылауаа рзы адыррақәа хра рыманы рышәҟәҭагалара амҩаԥгара алзыршо ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарратә система аԥҵара иазырхоуп», – ҳәа иаҳәоит азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәы аҿы.
Иарбоу азакәан адкылара, иара убри ала хазхаҭалатәи (ихаҿырку) ашәҟәҭагалара алагалара, атәанчаҩратә еиқәыршәара асистема аҿы иҟоу апроблемақәа жәпакы рыӡбара алнаршоит.
Азакәан апроект аҳәынҭқарратә тәанчаҩратә система амеханизмқәа аҿиара иаҿу аџьармыкьатә еизыҟазаашьақәа ирықәшәо аҟалара иацхраауеит, аԥгаԥсатә џьашықәси иалагалаз аԥгаԥсатә шәатәқәеи рхышәа-ҵышәа иадҳәалоу атәанчахәы ахышәа-ҵышәа ашьақәыргылареи рганахьала аҳәынҭқарратә тәанчаҩратә ԥгаԥсаҟаҵара аҿиареи, атәылаҿы аус зуа ауааԥсыреи тәанчара иҟоуи рхыԥхьаӡара еиҳа ииашаны азԥхьагәаҭареи рзы алшара аԥнаҵоит.
Кристина Озган Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аҿы имҩаԥысыз аусуратә еиԥылара атәы далацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәии қырҭтәылатәии аганқәа Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аҟны аусуатә еиԥылара мҩаԥыргеит, ҳәа арадио Sputnik ахь адырра ҟалҵеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
«Ирылацәажәеит 2024 шықәса ажьырныҳәамза-жәабранмза рыҩныҵҟа афымцамч аиура амҽхак, аӡеизакырҭа аҿы ихымԥадатәиу аӡы аҩаӡара ааныжьра алыршарала, иарбоу аамҭахәҭазы афымцамч ахархәара аграфик, иара убас иарбоу акомплекс аексплуатациа иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәагьы», - ҳәа иазгәалҭеит Кристина Озган.
Аслан Бжьаниа «Амилаҭтә интеллектуалтә ҿиара» афонд ахаҭарнакцәа идикылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 22 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи «Амилаҭтә интеллектуалтә ҿиара» афонд ахаҭарнакцәеи реиԥылара. Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭанхамҩеи, аҵараиуреи, акультуреи ирызку асхкқәа рыҟны апрограммақәа рынагӡара инамаданы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылара иара убас иалахәын: ақыҭанхамҩа аминистр Џьопуа Беслан, адәныҟатәи аусқәа рминистр Арӡынба Инал, акультура аминистр ин.н. Смыр Динара, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа.
«Амилаҭтә интеллектуалтә ҿиара» афонд аусуразы Ахада адырра илҭеит Адиректор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Наталиа Попова. Илҳәеит афонд хықәкы хаданы ишамоу иҿыцу атехнологиақәеи аалыҵқәа ҿыцқәеи раԥҵаразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵарала амилаҭтә уаҩытәҩсатә капитал аизырҳара ацхыраара аҭара.
«Ҳара атехнологиақәа алаҳарҵәоит, иара убас аус еицаҳуеит аиҩызара ахьҳабжьоу иаарту, аусеицура иазхиоу атәылақәа рыҟны», - иазгәалҭеит Н. Попова.
Агробиотехнологиақәа рзы адиректор Владимир Авдеенко инарҭбааны далацәажәеит аҽаҩра акырӡа иаззырҳауаны иҟоу ақыҭанхамҩа абиологиартәраҟны ихадароу. «Аԥсны иахьаҵанакуа ҳара иҳалшоит арахәааӡареи аҵиааӡареи ргенетика аусхк иазку апрограммақәа рынагӡара, ари ареспубликазы актуалра змоу ак акәзар ҟалоит», - иаҵшьны иҳәеит иара. Авдеенко иара убас иҳәеит ақыҭанхамҩазы акадрқәа адгылара рыҭареи разыҟаҵареи рзы аусура шымҩаԥырго.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иаҵшьны иазгәеиҭеит атуризм анаҩс Аԥсны ақыҭанхамҩатә ҟәша ареспубликазы иамоу аҵак ду. «Асовет аамҭазы акультура ааӡара аганахьала иҳамаз арбагақәа иахьатәиқәа раасҭа 4-нтә - 5-нтә еиҳан. Шәара иахьа шәызлацәажәо Аԥсны ахархәара аиур алшоит ҳәа мацара акәӡам, хымԥада хархәара амазароуп, ҷыдала, ацитрустә культура, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. – Аԥсуа мандарин – баша қыҭанхамҩатә аалыҵны иҟаӡам, ари акультура иахәҭакуп, брендуп. Уи иацназго ыҟаӡам».
Урыстәылатәи аган иазгәанаҭеит ацитрусқәа раарыхраҟны аселекциатә процесс аиҭашьақәыргылареи аԥсуа специалистцәа разыҟаҵареи рзы ҷыдала апрограмма аус адулара ишазхиоу.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа аминистр Џьопуа Беслан иҭабуп ҳәа ахиҳәааит аусеицуразы иҟаҵаз ажәалагала, адырра ҟаиҵеит урыстәылатәи рколлегацәеи дареи русеицура шеимадоу. «Аԥсны абиотехнологиақәа уаанӡагьы ахархәара рыман. Ҳара ҳазхиоуп ааглыхратә мҽхакы аҭаны аҵиаақәа раарыхразы ахәшәқәа рҭыжьра инамаданы аусеицура", - иҳәеит аминистр.
Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны» Аԥсны ашколки араионтә библиотекақәеи асахьаркыратә шәҟәқәа ҳамҭас ианаҭет.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1000 инарзынаԥшуа асахьаркыратә литература ашәҟәқәа ашколки араионтә библиотекақәеи ҳамҭас рыҭара мҩаԥысит ахәаша, ԥхынҷкәынмза 22 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москватәи акультура-усуратә центр «Москва Аҩны» аҿы. Ашәҟәқәа раагара еиҿкаан Москва Анапхгара афинанстә цхыраара иабзоураны.
Асахьаркыратә литеатура роуит Даур Бигәаа ихьӡ зху Гәылрыԥшьтәи абжьаратәи ашколи Гал, Очамчыра араионтә библиотекақәеи, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа.
«Москва Аҩны» адиректор Алеқсандр Бигәаа ари «Москва Аҩни» Очамчыреи Гали араионқәеи раԥхьатәи русеицура акәӡам ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, ари шьҭа хра злоу атрадциахь аиасра иалагеит.
«Ари ҳара ҳҟынтәи раԥхьатәи цхыраараӡам. Иҳаҩсыз ашықәс азы Очамчыратәи ашколтә библотекақәа ҩба ашәҟәқәа ҳамҭас ирыҭан, иара убас Очамчыратәи араионә хәышәтәырҭа Хада хазхаҭалатәи ахархәаразы амедицинатә хархәагақәа раахәара аҳасабала ацхыраара аҭан. 2023 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу амедцинатә хархәагақәа убасҵәҟьа Гал ааион ахәышәтәырҭа хадагьы иазоужьхеит», – ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны Аҳаиртә Закәанеидкыла аԥсахрақәа алагалоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы Аԥсны Аҳаиртә закәанеидкыла аԥсахрақәа аларгалеит. Аԥсны Аҳаиртә Закәанеидкыла рыдыркылеит нанҳәамза 5, 2009 шықәсазы, аусура иалагеит 2009 шықәса цәыббра 1 азы.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
«Ареспублика Аԥсны Аҳаиртә Закәанеидкыла аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект атәылауаҩратә авиациа аусхк аҟны азинтә еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара аиӷьтәра ауп изызку.
Азакәан апроект иаԥхьагәанаҭоит:
- иарбоу аусхкы аҿы азинмчнагӡа змоу аусбарҭақәа рҳәаақәҵара иадҳәало аилкаарақәа реиӷьтәра;
– аусурахь рыдкылараани русураамҭеи рзи амедицинатә гәаҭара аҳаирусзуҩцәа аҟазауаа рахыжьразы аԥҟарақәа рышьақәыргылара, анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа рцәа алазааразы атестқәа рымҩаԥгарагьы налаҵаны;
– ауаажәларратә авиациа аусхк аҟны азинмчнагӡа змоу аусбарҭа агәабзиарахьчара аусхкы аҿы азинмчы змоу аусбарҭа ақәыршаҳаҭрала, аҳаирусзуҩцәа аусурахь рыдкылараани русураамҭеи рзи амедицинатә гәаҭара рахыжьразы аԥҟара аҳәаақәҵараз амчлшара иҭара;
– аграждантә авиациа аусхк аҟны азакәанԥҵара аҭахрақәа рықәымныҟәараан авиациатә еиҿкаара ма ахаланаплакҩы рганахь ала ахархәара зауыр алшо ауснагӡатәқәа рышьақәыргылара;
– авиашәарҭадара аҭахрақәа еилазгаз, абагаж, аидара, аԥошьҭа рымҩангараан ззин ыҟам амаҭәарқәа уахь раларкра ҟазҵаз ахаҿқәа азинхьчаратә усбарҭақәа рыҭаразы арҭ аусбарҭақәа азинмчра рыҭара;
– агәаҭаратә нормақәа реиӷьтәра, ахәҭакахьала аԥыррашьҭахьтәи агәаҭарақәа рымҩаԥгара аҭагылазаашьақәа алкааны ишьақәнагылоит;
– аҳаиртә мҩангара азеиԥш ԥҟарақәа ирҿамгыло апассаџьырцәа рымаҵ аура еицәазымтәуа ахатә ԥҟарақәа амҩангаҩ иҭара;
– амҩангаратә документқәа (абилеҭқәа, аидаратә кәитанциа, аидаратә шәҟәынҵа, аԥошьҭатә шәҟәынҵа, уҳәа апассаџьырцәа, аидара, анапылеидара, даҽакала иуҳәозар абагаж, аԥошьҭа аҳаиртә мҩангара амаҵзурақәа рынагӡараан ахархәара зауа) аелектронтә формала реиҿкаараз алшара аҟаҵара;
– азинмчнагӡа змоу аусбарҭа амаҵзурақәеи аизгақәеи ртарифқәа, иарбоу атарифқәеи аизгақәеи рышьақәыргылара аԥҟарақәа, иарбоу атарифқеи аизгақәеи рышьаҭала ишьақәырӷәӷәоу ауаажәларатә аввиациа аусхкы аҿы амаҵурақәа рынагӡаразы аԥаралгара аԥҟарақәа, уҳәа рышьақәыргылареи урҭ рылхра аԥҟаррақәа реиҭакреи рзин аҭара;
– апассаџьыр аԥырра мап ацәкреи, иԥарақәа издырхынҳәырц азы изин ашьаҭақәа рырҭбаара;
Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәаны азакәан апроект инақәыршәаны иԥхьаӡахоит:
Апассаџьыр, мамзаргьы уи аҳаирплан ицҭатәаз иҭаацәа иреиуоу, мамзагьы иуа гәакьа ичымазара, уи амедицинатә усшәҟәқәа рыла ишьақәырӷәӷәазар.
Авиациатә ԥҟарақәа инарықәыршәаны, абилеҭ иарбоу ареис ахь апассаџьырцәа рышәҟәҭагалара иазыԥҵәоу аамҭа ахыркәшараанӡа апассаџьыр иҭаацәа иреиуоу, мамзагьы иуа гәакьа иԥсразы адырра шиоуз азы амҩаԥгаҩ адырра иҭазар, насгьы уи шәҟәыла ишьақәырӷәӷәазар;
Апарламент аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу аусбарҭақәа рыструктурақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи рҿы аџьахәԥсашәараан амаҵзуратә шьашәалараз азакәан амчра ацәыӡит ҳәа иазханаҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу аусбарҭақәа рыструктурақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи рҿы аџьахәԥсашәараан амаҵзуратә шьашәаларазы» Азакәан амчра ацәыӡит ҳәа иазхарҵеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
«Ишдыру еиԥш, иабоу аусшәҟәы азакәанԥҵаратә, анагӡаратә, аӡбарҭатә мчрақәа рнапхгаҩцәа, адепутатцәа, аминистрцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгаҩцәа, урҭ рхаҭыԥуаа, амаҵзурақәеи аинспекциақәеи реиҳабацәа рулафахәы рмаҵзура ашьашәалара ҳәаақәнаҵоит.
Азыԥҵәа аиурист хаҿқәа рҟынтә ахашәала зауа акционерцәагьы анаплакытә усураҟынтә ахашәала зауа хазхаҭалатәи әхаҿқәагьы ирзеиԥшуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Ахашәала ашәахтә азы» Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
«Аиҿкаарақәа рхашәала ашәахтә азы» Азакәан аиҭакрақәа ралагалара хықәкыс иамоуп аинвистициатә дыԥхьалараз еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵарала аекономика арҿиара.
«10% иҟоу азыԥҵәа аиурист хаҿқәа рҟынтә ахашәала зауа акционерцәагьы анаплакытә усураҟынтә ахашәала зауа хазхаҭалатәи ахаҿқәагьы ирзеиԥшуп» - ҳәа иаҳәоит азакәан апроект иацу аилыркаага аҟны.
Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәсазы иара 101 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит.
1942 шықәсазы Алықьса Шьониа хатәгәаԥхарала афронт ахь дцеит. Иара далахәын Донбасс, Ҟрым, Керч, Ростов-на-Дону ахақәиҭтәразы аидысларақәа. Ростовтәи аобласти Киеви рхақәиҭтәразы аидысларақәа раан ахәрақәа иоуит.
Алықьса Шьониа иара убасгьы далахәын 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Тҟәарчалҟа инеиуаз амҩақәеи ацҳақәеи аминақәа рыҵеиҵон. Ақалақь ианалахысуаз инапы ахәра аиуит.
Нодар Кәарҷиа «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нодар Кәарҷиа «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп. Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Иҳараку анагӡаратә ҟазара азы, аԥсуа культура аҿиараҟны иҟаиҵаз алагала ду азы, аҿарацәа реиҵааӡараҿы иџьабаазы «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵазааит Аԥсны акомпозиторцәа Рхеилах ахантәаҩы, жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль «Ерцаху» амузыкатә напхгаҩы Нодар Ардон-иԥа Кәарҷиа», - ҳәа иазгәаҭоуп Аусԥҟа атекст аҟны.
Марина Колесникова «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьахеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Марина Колесникова «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьахеит. Убри азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
«Аҭҵаарадырраҿы аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы ллагалеи, аҵарауаа разыҟаҵараҿы лџьабааи рзы аҭоурыхҭҵааҩы, Урыстәыла аҭоурых акафедра апрофессор, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә Университет Агуманитартә Институт аиҳабы Марина Евгени-иԥҳа Колесникова «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа ахьӡ лыхҵазааит», - ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст аҟны.








