pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахь ҵыхәаԥҵәарада анеира иаҿуп ауаа. Урҭ хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористә акт аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны   адипломатиатә хаҭарнакра аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵоит, ацәашьқәа адыркуеит.

Иҟалаз арыцҳара ргәы ишалсыз аарԥшразы арахь иааит ақалақь ауааԥсыра рнаҩс ауаажәларратә усзуҩцәа, аҳәынҭқарратә маҵурауаа.  Иқәгылоз зегьы Урыстәыла ажәлар, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи рхьааи ргәырҩеи шрыцеиҩыршо, иҟалаз агәымбылџьбаратә акт ӷәӷәала ишақәыӡбо, Аԥсны есымша адгылареи ацхыраареи ишазхиоу азгәарҭон. 

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин еизаз зегьы иаадырԥшыз агәцаракра азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ари аиашазы даараӡа рыцҳара дууп. Аҳәынҭқарра Ахада, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы, аԥыза-министр, уҳәа егьырҭ Аԥсны анапхгаҩцәагьы адышшыларақәа ҟарҵеит, урҭ зегьы ҳара Москваҟа идәықәаҳҵеит. Сара шәара зегьы абра еизаз иахьа иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Ҳара ҳаиашьаратә астратегиатә еизыҟазаашьақәа ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа раан еиҳагьы иӷәӷәахоит. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит абасала адгылара ахьаашәырԥшыз азы», - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәыла Изольда Ҳагба агәра ганы дыҟоуп ари ирыцҳашьарадоу игәымбылџьбароу ацәгьоурақәа хымԥада ишаартхо, уи еиҿызкаази иназыгӡази иахәҭоу ақәнага ишақәыршәахо. 

«Сара Урыстәыла ажәлар, ааха зауз рҭаацәа срыдышшылар сҭахуп. Ари зыԥсы еиқәхаз, аха иҟалаз ахҭыс хаҭала иақәшәаз, ауаа рышьра зыблала избаз, ахысрақәа злымҳала изаҳаз даара емоциатә ахәара ду рзыннажьит.  Аԥсны жәлар рыхьӡала ас еиԥш ахлымӡаах иақәшәаз зегьы срыдышшылоит, ргәырҩеи рхьааи шрыцеиҩаҳшо сҳәар сҭахуп», - ҳәа инацҵаны илҳәеит лара.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа ари илахьеиқәҵагоу, атрагедиатә амш аҽны Аԥсны Урыстәыла ажәлар ргырҩа рыцеиҩнашоит, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

«Ҳара иахьа акала иузмыриашо, еилкаашьа змам, аҭынч уааԥсыра рнырҵәара иазкыз ари атеракт ҳаиднакылеит. Ҳара ас еиԥш агәымбылџьбаратә уснагӡатәқәа ӷәӷәала рҿагылара азы ааԥхьара ҟаҳҵоит. Иахьа Аԥсны жәлар Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи иҭахаз рҭаацәеи ирыдышшылоит. Аԥсны Урыстәыла жәлар есымша рааигәара иҟазаауеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент  Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Косачиови ҭелла реицәажәара мҩаԥысит.

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иколлегацәа адепутатцәа зегьы рыхьӡала хаҭала иара ихьӡала Москва амҵан, аконцертә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеракт инамаданы дидышшылеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 22 рзы Москватәи аобласть, аконцерттә зал «Крокус Сити Хол» аҿы иҟалаз атеррористтә акт инамаданы, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба  Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгараҭара ашҟа адышшыларатә шәҟәқәа дәықәиҵеит.  

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенкеи Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володини рахь инашьҭыз адышшыларатә шәҟәқәа рҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ҳтәыла атәылауаа зегьы реиԥш, хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха, Москватәи аоблать, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеррористә акт иахылҿиааз арыцҳара ду азы ажәабжь хлымӡаах даара ргәаҵанӡа инаӡеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьатәи амш зегьы иалагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахь инеиуеит ауаа. Урҭ уахь инаргоит ашәҭқәа, ахәмаргақәа, Москва иҟалаз атеракт аҿы иҭахаз ргәалашәара азы ацәашьқәа адыркуеит.

Ахәылбыҽха атеракт аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц азы Ацҳаражәҳәарҭа ахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба, ашколхәыҷқәа, астудентцәа.

Ацҳаражәҳәарҭа аҿы «Адышшыларақәа рышәҟәы» аадыртит. Уи анҵамҭақәа анырҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аҳҭнықалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба.

Бадра Гәынба иуаҩрам, ишьаарҵәыру атеррористә акт аҿы иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи дрыдышшылеит.

«Ари игәымбылџьбароу атеррористә акт ҳара зегьы ҳгәаҵанӡа инеиз хьааны иҟалеит. Иҭахаз џьанаҭ гыларҭас ироуааит. Ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ршьапы иқәгылартә еиԥш аҭагылазаашьақәа ҟалааит.  Ҳара агәра ҳгоит аиашара аиааира шаго, ари ацәгьоура хьанҭа еиҿызкаази  иназыгӡази зегьы ирыхәҭоу ақәнага ишақәыршәахо», - ҳәа иҳәеит иара.  

Бадра Гәынба, Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ахаангьы ирзеиԥшу ашәарҭарақәа рҿаԥхьа аидгылареи аицхыраареи аадырԥшуан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Иахьа ҳара ҳаиашьаратә Урыстәыла жәлар ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩаҳшоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Москва ақалақь, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеракт инамаданы, Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Татиана Москалькова лыхьӡала адышшыларатә шәҟәы лышьҭит. 

«Москва ауааԥсыра, урыстәылауаа, ацивилазациа зылсыз ауаажәларра зегьы рзы «Крокус Сити Холл» иҟалаз ахлымӡаах инамаданы даараӡа ихьанҭоу арҭ асааҭқәа рзы сшәыдышшыларц, шәхьаа шшәыцеиҩысшо сҳәарц сҭахуп.

Аҭынч уааԥсыра рышьра иазырхоу атерраризм еилкаашьеи риашашьеи амаӡом! Ари даараӡа ихьанҭоу ацәгьоура – агәымбылџьбарала жәаҩыла ауаа рышьра згәы иалымсыз ауаҩ иԥсы зызҭоу аӡәгьы дыҟамзар ҟалап. Шәтәылауаа рҭахара инамаданы сшәыдышшылоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Москва ақалақь, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» иҟалаз ишьаарҵәыроу атеракт инамаданы адышшыларақәа ҟарҵоит.

60-ҩык инареиҳаны иҭахеит, 105-ҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп. Иҭахаз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп х-ҩык ахәыҷқәагьы.  

*** *** Аԥсны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи  Реидгыла Москва имҩаԥгаз атеракт иахҟьаны иҟалаз ахҭысқәа  инарымаданы гәалсра дула адышшылара ҟанаҵоит.

«Ҳара ҳагәқәеи ҳхәыцрақәеи уажәы ааха зауз, урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи ирыцуп. Ари ахлымӡаах аҿы ааха зауз зегьы ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩаҳшоит. Атерроризм иадҳәалоу ацәырҵрақәа зегьы ӷәӷәала ҳақәыӡбоит, аҭынчреи аилибакаареи ачҳареи аидгылареи рзы ааԥхьара ҟаҳҵоит. Ари агыгшәыгра зхы иаҭәазшьаз зегьы хымԥада ирыхәҭоу ақәнага иақәыршәазароуп. Ацивилизациа зылсны иҟоу адунеи зегьы, зхаҿы зыхшыҩ ыҟоу ауаа зегьы ари аҭынч уааԥсыра рганахьала иуаҩымроу ацәгьоура хьанҭа иаҿагылоит», – ҳәа иазгәаҭоуп Аидгылара аҳәамҭа аҿы.

***Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар хәажәыра 22 , ахәылбыҽха «Крокус Сити Холл» иҟалаз ишьаарҵәыз атеракт инамаданы, Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура адиректор  Дмитри Кочнев иахь адышшыларатә шәҟәы дәықәиҵеит.

«Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Шәара, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, иара убас Урыстәыла ажәлар зегьы иҟалаз атрагедиа инамаданы ҳрыдышшылоит.  Ӷәӷәала ҳақәыӡбоит акагьы зхарамыз аҭынч уааԥсыра рганахьала имҩаԥгаз, жәаҩыла ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз атеррористтә акт. Иҟаҵаз ацәгьоура хьанҭа ацинизми агәымбылџьбарареи рыла   уаршанхоит. Ҳара Шәара шәхьааи шгәырҩеи шәыцеиҩаҳшоит.  Ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ибзиахарц рзеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иазгәаҭоуп ателеграмма аҿы.

*** «Аԥсны аҿар ари ахлымӡаах азы ажәабжь – Москва ақалақь аҿы иҟалаз атеррористә акт даара гәалсра дула ирыдыркылеит. Иҭахеит акгьы зхарамыз аҭынч уааԥсыра, иҭахеит ахәыҷқәа. Ҳара ӷәӷәала ҳақәыӡбуеит атерроризм. Ҳақәгәыӷуеит абарҭ асааҭқәа рзы адунеизегьтәи ауаажәларра  ауаҩҿагыларатә,  ирыцҳашьарадоу  ари ауснагӡатә ӷәӷәала ишақәыӡбо», – ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны аҿар Рфорум».

***Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалҳа  «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористә акт инамаданы, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мариа Львова-Белова длыдышшылеит.

«Ҳаҭыр зқәу Мариа Алеқсеи-иԥҳа, сара гәалсра дула исыдыскылеит иацы аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз  азы ажәабжь хлымӡаах.Ухахьы иузаагом иҟалаз ишьаарҵәыроу атеррористтә акт амҽхаки уи иамоу ахҟьаԥҟьақәеи.  Шәхьааи шәгәырҩеи шәыцеиҩысшоит, атеракт аҿы ааха зауз зегьы рыуацәеи рҭынхацәеи срыдышшылоит, ачҳареи аицамкреи рзеиӷьасшьоит. Иара убас ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ргәы бзиахарц рзеиӷьасшьоит. Агәра ганы сыҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аус атәы здыруа аусбарҭақәа зегьы ари ацәгьоура хьанҭа шаадыртуа, уи еиҿызкаази иназыгӡази шеилкаахо, насгьы ирықәнаго ахьырхәра ишақәыршәахо.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт инамаданы дидышшылеит.

Адышшыларатә цҳамҭа атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, аконцерттә зал «Крокус-Сити Хол» аҿы иҟалаз, шәҩыла акгьы зхарамыз аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз атерраристтә акт азы иҳауз ажәабжь хлымӡаах акыр ҳаршанхеит.  Атерроризм – ахьырхәратә ҿҳәара змам, даараӡа ихьанҭоу цәгьоуроуп. Жәаҳәарада, ӷәӷәала ҳақәыӡбоит ари агәымбылџьбаратә акт. Агәра ҳгоит уи аиҿкааҩцәеи анагӡаҩцәеи хымԥада ирыхәҭоу ақәнага ишақәыршәахо.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 23 рзы  Аԥсны Жәлар рартист,  Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла акомпозиторцәа Рхеилак алахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Аибашьра анысымҩа» апремиа алауреат, Леон иорден, «Ахьӡ-аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Тото Аџьапуа иԥсы ҭазҭгьы 85-шықәса ихыҵуан.  

Аԥсны Жәлар рартист дылгәалалыршәеит Аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиор иасистент  Мадина Чачхалиа:

«Сара Тото Ҭарашь-иԥа Аџьапуа сгәалашәараҿы даанхеит даараӡа ззанааҭдырра ҳаракыз, аусуралшара ду змаз ауаҩы аамсҭашәаны. Исгәалашәоит, сара амузыкатә ҵараиурҭа салганы Тото Ҭарашь-иԥа аус ахьиуаз ашкол аҿы усураҳәа сышнеиз. Иара иуадаҩӡаз аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы шьаҭанкыла амузыкатә ҟазара ашкол аԥиҵеит. Уажәы уи иара ихьӡ ахыуп.   Тото Ҭарашь-иԥа маҷ-маҷ, цыра-цырала ашкол азы амузыкатә инструментқәа еизигон.  Уи илшеит зеиӷьаҟам, аилибакаареи апатуқәҵареи злоу, арҿиаратә коллектив аиҿкаара. Саргьы насыԥ сымоуп ҳәа исыԥхьаӡоит уи сахәҭакны сахьыҟоу иахьа. Тото Ҭарашь-иԥа аусураҿы есымша ацхыраара аҭара дазхиан. Иахьа уи иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса. Ари аҩыза ауаҩы иԥсра Аԥсны акультуратә ԥсҭазаара азы харҭәаашьа змам цәыӡ дууп. Уи иҟазара згәаԥхоз игәалашәара лаша ргәы иҭыҵәаӡом». 

 

–––

Тото Аџьапуа диит хәажәкыра 23 1939 шықәсазы Очамчыра араион Отаԥ ақыҭан. Иара 22 шықәса дшырҭагылаз дҭалоит амузыкатә ҵараиурҭа.

«Сыбжьы заҳаз иаразнак срыдыркылеит, аха анотақәа захьӡыз сыздыруамызт. Авокал азы сырҵаҩы, абырзен Ианис Токмакидис уамакала Аԥсни аԥсуа жәлар рмузыкеи бзиа иибон, иара хышықәса аҵара сирҵон. Уи ашьҭахь ауп Қарҭтәи аконсерваториа сҭалоит ҳәа санцаз», - ҳәа еиҭеиҳәон Тото Аџьапуа.

Ҩы-шықәса аопертә шәаҳәаҩы, апедагог, Аовет Еидгыла Жәлар рартист Пиотр Амиранашвили иҿы аҵара иҵон, анаҩс  Тото Аџьапуа дииасит егьи арҵаҩы — раԥхьатәи аԥсуа опера «Аламыс» автор, апрофессор Дмитри Шведов иахь.

Авокал акласс ала аконсерваториа Тото Аџьапуа далгеит 1969 шықәса рзы, уи иоуит аҩбатәи аҵараиуратә диплом. 

1971-1992 шш. – Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла асолист, адирижиор.

1971 шықәсазы Тото Аџьапуа Қарҭтәи аконсерваториа акомпозитортә ҟәша дҭалеит.  Адипломтә усумҭас иҟалеит ҩ-кантатак: Д. Гәлиа иажәақәа рыла «Аԥсуа дгьыл азышәаҳәаҩ» (Певец земли абхазской»), В. Амаршьан иажәақәа рыла «Аԥсдгьыл азы ахыцрақәа» («Думы о Родине»), Б.Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» амотивқәа рыла .

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ  Алхас Кәыҵниа хәажәкырамза  22 ахәылбыҽха «Крокус Сити Холл» иҟалаз  атеракт дахцәажәеит.

«Ҳара ӷәӷәала ҳақәыӡбоит Москва амҵан иҟалаз, хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз,  шәҩыла ааха рызҭаз ари агәымбылџьбаратә атеррорист акт.

Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ҳрыдышшылоит, ахәрақәа зауз ргәабзиара шьақәгыларц рзеиӷьаҳшьоит.

Москва. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аинформациатә Маҵзура ТАСС. Хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха, гәыԥҩык бџьарла еибыҭаз ауаа Москва ақалақь, убри аамҭазы агәыԥ  «Пикник» аконцерт алагараны иахьыҟаз аконцерттә зал ду  «Крокус Сити Холл» иақәлеит.

Идырым шьоукы «Крокус Сити Холл» аҿы ахысра иалагеит. Владимир Путин атеракт шыҟалазҵәҟьа иаразнак ахҭыс азы адырра ирҭеит. Иара иааиԥмырҟьаӡакәа еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҟынтәи адыррақәа иоуеит, ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит урыстәылатәи Афедерациа Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. 

Урыстәыла Аусеилыргаратә Комитет адыррақәа рыла, иҟалаз атеракт аҿы 115-ҩык ҭахеит.  Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура адыррақәа рыла 100 - ҩык инареиҳаны ааха роуит.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко ахәышәтәырҭақәа рахь инагаз, 115-ҩык рахьынтә   5-ҩык ахәыҷқәа роуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

60-ҩык рҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп.  

Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы иҟарҵаз адыррақәа рыла иҟалаз атеракт иахҟьаны х-ҩык ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иалҵит, ахәышәтәырҭақәа рҿы иҟоуп 121-ҩык ааха зауз.  

Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп  107-ҩык атеракт аҿы ааха зауз ауаа.

600-ҩык инареиҳаны адонорцәа арыцҳара аныҟала раԥхьатәи асааҭ азы ашьа арҭеит.  

Ахысрақәа рзы адырра ашьҭахь акомплекс аҿы аҭҟәацреи уи инашьҭарххны амцакреи шыҟалаз азы аинформациа ҟалеит.

Абылра ауадаҩра иреиҳау аҩаӡара анаршьеит.

Ахыбра аиҳарак амца амҽханакит, алҩақ ӷәӷәала иқәчит.

Акомплекс иблыз ахыбра аиҳарак еилабгеит.  Ашырԥазы, асааҭ 0:55 аламҭалазы амца аанкылара алыршахеит.

 Атәыла анапхгара ареакциа

Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыгаратә Комитет атеракт азы ашьаусеилыргара хацнаркит.  Иҷыдоу амчратә структурақәа иахәҭоу аусҩаԥгатәқәа зегьы нарыгӡоит, ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҟны иҟоу аконституциатә шьақәгылашьа ахьчареи атерроризм аҿагылареи рзы Аусбарҭа (ЦОС ФСБ) аҿы.  

Москва ақалақь аҿы Ашҭа Ҟаԥшь, аҳаирбаӷәазақәа, авокзалқәа, астанциақәа, уҳәа, астратегиатә обиектқәа зегьы рҿы ҷыдала ахьчара  рӷәӷәоуп.

Амассатә усмҩаԥгатәқәа зегьы рымҩаԥгара аԥыхуп.

Атеракт инамаданы ашәарҭадара ауснагӡатәқәа  дырӷәӷәеит Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәак рҿы, Москватәи арегион, Лугансктәи Жәлартә Республика, Даӷьсҭан, Нхыҵ Уаԥстәыла, Тулатәи аобласт, уахь иналаҵаны. 

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура адиректор Алеқсандр Бортников, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Владимир Колокольцев, УА Аусеилыргаратә Комитет ахантәаҩы Алеқсандр Бастрыкин, Урыстәыла агвардиа адиректор Виктор Золотов Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин атеракт азы аусеилыргара шымҩаԥысуа азы адырра ирҭеит.  

УА Аусеилыргаратә  Комитет иҟанаҵаз адыррақәа рыла, «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт азы игәҩароу ԥшьҩык аанкылоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.