pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥгаз аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Мархьаул ақыҭан ирыԥшааит Атулиан Олег Амаиак-иԥа итәыз аус зуаз амаининг-ферма.

 Аа-аппаратк аҿыхны Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи ахылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ашьҭаҵарҭа ахь идәықәҵахеит, ҳәа адрра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциеи аекологиатә прокуратуреи русзуҩцәа Аҟәатәи абаӷәаза аҟынтәи Очамчыра араион аӡиа Скурча аҟынӡа амшын аӡымҽхак иахьаҵанакуаз раԥхьаӡа акәны агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит. 

Аекологцәа ражәақәа рыла, абжьааԥны, уимоу лассы-лассы Аԥсны амшынтә фауна иҭоу  аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рҭахара аԥсыӡкыгатә акаҭақәа рыргылара азы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа реилагара иахҟьоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 18 рзы Ҭҟәарчал араион Актәи Бедиа ақыҭан иблыз ҩ-еихагылакны иҟаз ахатәыҩны аиҭашьақәыргылара ауӡом, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит  Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара азы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр  Агрба.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы Аԥсныҟа зхы хаз автомашьына «ВАЗ 21053» ааныркылеит. 

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи Аҳазалхратә Усбарҭа апрес-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҳазалхратә гәаҭараан иарбоу амашьына аидараҭыԥ аҿы ирбеиташәарыцагатә шәақь, иара убас ҩ-патронҭраки, жә-патронаки.  Имҩаԥгаз аекспертиза инақәыршәаны, иарбоу ашәақь амодель «Сайга-20С» иатәу, 1996 шықәсазы иҭыжьу, згәыцәеизадоу ашәарацагатә шәақь ауп. Уи атәылауаҩра-шәарыцаратә амцабџьар акатегориа иаҵанакуеит, апатронқәа – ашәарыцаратә хҭалашәара  20/70 змоу ашьамцатә патронақәа роуп.

Ашәарыцагатә шәақьи уи апатронақәеи рныҟәгареи рыҵәахреи рзы азин шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәа  ахаҵа ицӡамызт.  Иарбоу абџьари аџьаԥҳани аҳәынҭқарратә ҳәаа ЕАЭС ахгаразы азин зырҵабыргуа ақьаадқәагьы уи имаӡамызт. 

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «2024-тәи ашықәс азы Ареспубликатә биуџьет азы» «Ареспубликатә закәан аиҭакрақәа ралагалара азы» Азакәан апроект  абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы иахәаԥшит хәажәкырамза 18 рзы. 

Аҟәа араион абиуџьет адотациақәа ршәага-зага 37 миллион мааҭ рыла агырхареи,  анаҩс урҭ иара убри араион аҿы аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы  ареспубликатә биуџьет «аргылара» ахәҭа ахь рдәықәҵареи рзы адгалара ҟаҵоуп.  Азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, иарбоу аԥаратә хархәагақәа реизҳара шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылареи ареконструкциеи зҭаху еиҳа ирацәаны аобиектқәа рымҽхакра алнаршоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 18 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ   Михаил Галузин Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи Женеватәи адискуссиақәа рҿы ацхантәаҩы Џьихан Султаноглуи Евопатәи атәылақәа Реидгыла ашәарҭадара Ахеилак аделегациақәа рлахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара  аҿы мшаԥымзазы имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи адискуссиақәа изаамҭанытәиу араунд амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аоперативтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәа аҳҭнықалақь аҿы ацәгоурақәа рыԥхьырҟәҟәаареи азинеиҿкаара ашьақәыргылареи рзы ирӷәӷәоу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, акриминагентә милициа анапхгаҩы Мураҭ Гәылариа иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҿы акриминагентә ҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп, уи, жәаҳәарада, аоператив-профилактикатә усура иалҵшәаны иҟалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аӡиудоистцәа Ҟрыми Севастополи Урыстәыла радлара ҟалеижьҭеи 10-шықәса аҵра иазкны Симферополь имҩаԥысуаз арегионбжьаратәи атурнир аҿы 18 шықәса зхымҵыц арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара  ахьтәы медалки х-раӡны медалки роуит.

Нестор Арсҭаа, ԥшь-еиндаҭларак аҿы аиааира анига ашьҭахь, 55 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа УА Ахада Владимир Путин иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵзурахь еиҭа иалхра идиныҳәалеит.

Ҭелла аицәажәараан аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла Ахада гәахәарыла дидныҳәалеит иара ихьӡалеи Аԥсны жәлар рыхьӡалеи. «Алхрақәа реихшьалақәа иаадырԥшит урыстәылатәи анапхгара зну амҩа атәылауаа инарҭбааны адгылара шарҭо», -  ихәеит  Аслан  Бжьаниа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазараан Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациеи Аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигараны дыҟоуп.

Иахьа аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылаҟа иусуратә визит хацыркын.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.