pressadmin-2
Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҿы 240 апальма шьапы еиҭарҳараны иҟоуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь Абазгаа рымҩала ариаҵәаратә усурақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, «вашингтониа» ҳәа изышьҭоу апальмақәа рыхкы аиҭара иаҿуп.
«Актәи аетап аҿы еиҭаҳан 180 пальма шьапы. Иазԥхьагәаҭоуп 240 пальма шьапы аиҭаҳара. Аҵиаақәа раахәара Гагра араон Ахадара ахарџь ала имҩаԥгоуп», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гагра араион архитектор хада Диана Лобода.
Уи лажәақәа рыла, иахьатәи амш иалагӡаны еиҭаҳан 15 пальма шьапы.
«Ҳазҭагылоу аамҭа»: Москва ақалақь аҿы Фазиль Искандер игәалашәара иазкны ахәылԥаз мҩаԥысит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы аԥсуа, аурыс литературақәа иналукааша аклассик Фазиль Искандер игәалашәара иазкыз ахәылԥаз «Ҳазҭагылоу аамҭа» мҩаԥысит, - ҳәа адырра ҟаҵоуп Феисбук «Москватәи аԥсуа диаспора» адаҟьа аҿы.
Ахәылԥаз аҿы иқәгылеит Аԥсны арҿиаратә ҿар Реидгыла аҟынтәи аԥсуа аԥхьаҩцәеи амузыкантцәеи Москватәи аԥсуа Диаспора алахәылацәа, иара убас ашәҟәыҩҩы ирҿиара ибзианы издыруа ааԥхьара зауз асасцәа.
Ахәылԥаз аҿы иззааҭгылаз атемақәа ируакуп аинтерес зҵоу Фазиль Искандер инысымҩеи иара ихаҭа ахақәиҭра, ахы аҳаҭырқәҵара, аламыс, гәыкала аҟазаара, уҳәа хра злоу аилкаарақәа дшырзыҟаз алацәажәара.
Заур Шьалашьаа иԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аекономикатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут адиректор, 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьаз Шьалашьаа Заур Иван-иԥа иԥсҭазаара алҵра инамаданы, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Заур Џьапуа ихантәаҩрала аԥсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵахоит.
Актәи Бедиа ақыҭан зыҩны блыз аҭаацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 18, ашьыжь Актәи Бедиа ақыҭан зыҩны блыз аҭаацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит, ҳәа «Аԥсны.Иахьа» акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
Уи иажәақәа рыла, апрофильтә маҵзурақәа иҟалаз абылра зыхҟьаз аилкаара иаҿуп.
«Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥыза-министри иахәҭоу анапынҵақәа ҟарҵеит абылра иақәшәаз аҭаацәа ацхыраара рыҭазарц азы. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа ахаҭарнакцәа, урҭ иблыз аҩны аҭыԥ аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, аҩны аиҭашьақәыгылара ҟало-иҟамло еилыркаауеит, апроект-харџьынҵатә доументациа еиқәдыршәоит.
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аиҩызаратә Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адгылара шанаҭо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра хәажәкырамза 17 рзы Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Арбџьармчқәа рганахьала аҭыԥ змаз аинцидент азы агәҭынчымра аанарԥшуеит.
«Хәажәкырамза 17 рзы Аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппарат ала Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Арбџьармчқәа иатәу атранспорттә ҵәиԥрыга Ми-8МТ аганахьала ажәылара мҩаԥган.
Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рҿы игаз аиааира идиныҳәалеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа раан игаз аиааира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Милаҭрацәала еилоу аԥсуа жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи урыстәылатәи ауаажәларратә хдырра аҩаӡара ҳаракы, адемократиатә принципқәа риааира адунеи ҩаԥхьа иазырбаз Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҿы Шәара аԥыжәара ду шәыманы ижәгаз аиааира шәыдысныҳәаларц сҭахуп.
Шәара ижәгаз аиааира – ари Урыстәыла мацара аиааира акәӡам, ари иҿыцу, ииашоу адунеиеиҿкаара ашьақәыргылараҿы Шәара шәылшамҭақәа жәларбжьаратәи азхаҵара зырҵабырго адунеитә еилазаара аиҳарак аиааира ауп. Агәра згоит, Шәара шәнапхгарала Урыстәыла иқәыргылоу ахықәкқәа рынагӡара шацҵахо, иҷыдоу арратә операциа аҿы аиааира агарагьы уахь иналаҵаны.
Актәи Бедиа ақыҭа аҿы шьаҭанкыла иблит ҩ-еихагылак змаз аҩны.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Актәи Бедиа ақыҭа аҿы шьаҭанкыла иблит ҩ-еихагылак змаз аҩны, ҳәа Аԥсныпресс ахь Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟынтәи адырра ҟалеит.
«Абылра ҟалеит Ҭҟәарчал араион Актәи Бедиа ақыҭан. Амцарцәаҩцәа ашьыжь, асааҭ 8:15 рзы адырра шроузҵәҟьа абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь идәықәлеит. Амца акит ҩ-еихаглакны иҟаз ахатәы ҩны. Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеиуаз аамҭазы аҩны зегьы амца амҽханакхьан», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Амцарцәаҩцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы, аҩны шьаҭанкыла иблит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.
Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи АУН «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩцәеи афымцамҩангага «Аҽгәара» аҿы аиԥҟьара ахьыҟалаз аҭыԥ иаҭааит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи АУН «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩцәеи афымцамҩангага «Аҽгәара» аҿы аиԥҟьара ахьыҟалаз аҭыԥ иаҭааит.
«Афмцацәаҳәа аусура аиԥҟьара зыхҟьаз аилкааразы аҭыԥ ахь инеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи АУН «Амшынеиқәафымцамч»,«Аҳәынҭтеххылаԥшра», «Аенергохылаԥшра» анапхгаҩцәеи», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада Ҭемыр Џьынџьал.
Хәажәкырамза 17 рзы 65 шықәса ихыҵит аҵарауаҩ, Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы Виачеслав Чыркба.
Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 17 рзы иира Амш азгәеиҭоит афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥсны Анукақәа Ракадемиа академик, алингвист, аполитикатә усзуҩ, адәныҟатәи аусқәа ԥыхьатәи аминистр, Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астраегиатә ҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы Виачеслав Чыркба.
Виачеслав Андреи-иԥа Чыркба диит хәажәкырамза 17, 1959 шықәса рзы Гагра ақалақь аҿы.
1982 шықәсазы В. Н. Каразин ихьӡ зху Харьковтәи аҳәынҭқарратә Университет аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рфакультет далгеит.
1982 -1986 шш. Москва ақалақь, Асовет Еидгыла абызшәадырратә Институт аспирантура аҿы аҵара иҵон.
1986 - 1991 Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа Аинститут кавказтәи абызшәақәа рсектор аҿы анаукатә усзуҩыс аус иуан.
1991 – 1996 шш. — Леидентәи Ауниверситет (Нидерланды) аиҿырԥшратә абызшәадырреи азлаҟанҵатә лингвистикеи Ринститут адокторант, уи даналга ашьҭахь «Общезападнокавказский язык. Реконструкция его фонологической системы и части его лексикона и морфологии» атема ала адокортә диссертациа ихьчеит (анауктә напхгаҩцәа: апрофессор адоктор Ф. Кортландт, адрктор. Р. Смитс).
1996-1997 шш. Гаага, Нидерланды иҟоу Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Акралтәи Институт «Клингендал» аҿы ааԥхьара змоу аҭҵааҩыс дыҟан. Иара имҩаԥигоз аҭҵаарақәа ртема аԥсуа-қырҭуа еиҿагылара иазкын.
2000-2004 шш. — адоктортә ҩаӡарашьҭахьтәи анаукатә проект «Грамматика садзского диалекта абхазского языка» анагӡаҩ, Леидентәи Ауниверситет (Нидерланды) аиҿырԥшратә абызшәадырреи азлаҟанҵатә лингвистикеи Ринститут аҿы кавказтәи абызшәақәа рыҵаҩыс аус иуан.
2005-2006 шш. Леидентәи Ауниверситет (Нидерланды) ассириологиа аҟәша аҿы кавказтәи абызшәақәа рырҵаҩыс аус иуан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аполитологиеи аконфликтологиеи Рыҟәша аиҳабыс аус иуан. Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр агеополитика Аҟәша аиҳабыс дыҟан. Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа абызшәадырра Аинститут кавказтәи абызшәақәа рсектор иԥхьагылоу анаукатә усзуҩ.
2007-2008 шш. — адәныҟатәи аполитика азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ.
2008-2011 шш. — Ареспублика Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ.
Жьҭаарамза 11, 2011 шықәса инаркны цәыббрамза 20, 2016 шықәсанӡа – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Виачеслав Чыркба 2008 инаркны 2016 шықәсанӡа Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалара азы жәларбжьаратәи Женевтәи адискуссиақәа рҿы аԥснытәи аделегациа напхгаҩыс дыҟан.
Виачеслав Чырикба – Кавказдырыҩцәа Европатәи аилазаара (SCE) алахәыла, абызшәақәеи ажәытәӡатәи аҭоурыхи рыҭҵаара азы Жәларбжьаратәи Ассоциациа алахәыла (ASLIP), Европатәи алингвистә еилазаара (Societas Linguistica Europaea) алахәыла, «Вестник АНА Академии наук Абхазии» (агуманитартә наукақәа рсериа) аредактор ихаҭыԥуаҩ, анаукатә сериа «Языки Кавказа» аредакциатә коллегиа алахәыла, аҭыжьырҭа Language Science Press (Германиа).
Виачеслав Чыркба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы алекциақәа дрыԥхьоит. Аҵарауаҩ дзыԥхьо иҷыдоу акурсқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «Введение в кавказское языкознание», «Абхазская фонология», «Убыхский язык», «Адыгейский язык», «Абхазия в системе международных отношений», «Региональные подсистемы международных отношений».
Жьҭаарамза 6, 2020 шықәса рзы Виачеслав Чыркба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректорс далырхит.
60 шықәса раԥхьа Аҟәа ақалақь аҿы иаатит Асахьатә галереиа.
Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 60 шықәса раԥхьа, хәажәкырамза 17, 1964 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаатит Асахьатә галереиа.
Нанҳәамза 20, 1963 шықәсазы Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Реилазаара Аҟәа ақалақь аҿы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿга аҳасабала Асахьатә галереиа аԥҵара азы аӡбамҭа аднакылеит.
Агалереиа аԥҵара ихы алаирхәит аҟазара акыр ҳаҭыр ақәызҵоз, аҟәатәи аҳақьым Езекиель Лазар-иԥа Фишков. Иара агалереиа ҳамҭас иаиҭеит иҩны ахәҭак (Пушкин имҩала игылаз аҩны № 24), иара убас 60 сахьа. Езекиель Фишков иколлекциа аҿы иҟан — Б. Петров, В. Контариова, О.Сегаль, уҳәа иналукааша аурыс сахьаҭыхыҩцәа раԥҵамҭақәа. Дара Аԥсны иаҭаахьан ХХ ашәышықәса алагамҭазы.
Хәажәкырамза 17, 1964 шықәсазы иҟалаз агалереиа аартра азы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа М. Ешба, О. Брендель, И. Цомаиа, В. Иванба, уҳәа егьырҭ аӡәырҩы рырҿиамҭақәа агалереиа ҳамҭас иарҭеит. Азалқәа хԥа рҿы ицәыргақәҵан 100 сахьаки 20 аскульптуратә усумҭеи.
Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа агалереиа афондқәа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыла еиҳа-еиҳа ихарҭәаахон.
Аекспозициақәи афондқәеи рҿы иҟан аабжьарашәышықәсатәи аепоха инаркны Аԥсны асахьаҭыхратә ҟазара аҿиара аазырԥшуаз аԥҵамҭақәа – Лыхнытәи аныхабаа рыҭӡысахьақәа ақәҭыхқәа: «Іроица», «Авраам иԥеи иареи рныҟәара», «Ацқьа Никифор», «Ацқьа Исидор».
Аколлекциа хәызмаӡам афонд шьақәдыргылон 300 рҟынӡа инаӡоз Алеқсандр Чачба - Шервашиӡе иусумҭақәа.
Агалереиа афонд аҿы иҟан ԥшьышә нызықь инареиҳаны Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контариов, Марина Ешба, Витали Лакрба, Валери Гамгиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель, Тариел Амԥар, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Габелиа, Иури Ҷкадуа, Ольга Брендель, Леуарса Быҭәба, уҳәа егьырҭ еицырдыруа Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рнапы иҵыҵыз асахьақәа.
Лаҵарамза 17, 1985 шықәсазы — иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы А. К. Чачба-Шервашиӡе (1867-1968 шш.) иԥсыбаҩ еиҭаганы Аҟәа ақалақь аҿы анышә амадара аҽны Асахьатә галереиа аекспозициа Лакоба имҩала игылоу, иахьа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахьыҟоу ахыбра №31 ахь ииаган.
1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь агалереиа аекспозициа аркын.








