pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №82 ала аԥсуаҭҵаареи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҭҵаарадырратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рыҟны аҵак ду змоу ллагаламҭазы  «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Адунеитә литература аинститут апрофессор, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, Апедагогикатә ҵараиура Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәҩы-акорреспондент  Шьербакова Марина Иван-иԥҳа. 

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №78 ала амузеит ус аҿы рлагалеи шықәырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала аусуреи рзы «Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа:

 

АЛАНИА Таисиа Гьаргь-иԥҳа – аԥсабара аҟәша аиҳабы;

АХБА Диана Владимир-иԥҳа – археологиа аҟәша аиҳабы;

ГЬЕРЗМАА Клара Рамиз-иԥҳа – иахьатәи аҭоурых аҟәша аиҳабы;

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №79 ала агәабзиарахьчара аусхк аҟны шықәсырацәала лыҵшәазмоу аусуреи рзы  «Аԥсны

Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

 

АМԤАР Ада Павел-иԥҳа – аҳақьым неонатолог, АА Агәабзиарахьчара аминистрра АУ «Ареспубликтә хәышәтәырҭа» ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы;

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада   2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №80 ала агәабзиарахьчара асистемаҟны  шықәсырацәалеи ламысцқьалеи аусуразы  «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз амедицинатә усзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

 

АРШБА Гәуранда Владимир-иԥҳа - Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа» Афилиал №7 анестезиологиа-реанимациатә ҟәша амедицинатә иаҳәшьа;

ГӘАЛАНӠИА Татули Хәута-иԥҳа – Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы хәышәтәырҭа» Афилиал №4 АБК аклиникатә медицинатә иаҳәшьа;

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аҽны адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

Акыр иаԥсоу ҳаҳәшьцәа, ҳанацәа!

 

Азин сышәҭозар, ишәыдысныҳәалоит Аҳәса рымш ныҳәа! Гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аԥсны аҭыԥҳацәа хьӡырҳәагақәа, анацәа, ҳазлаҟоу аасҭа ҳаиӷьны, насыԥ ҳаманы ҳҟазҵо.

Аԥсны аҭоурых аҟны ахаангьы ҳаҭырқәҵарала илзыҟан аԥсҭазаара ганрацәала аҽалархәра зылшоз аԥҳәыс. Ҳара анацәа ранацәа – Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьа ашәышықәсақәа ирылганы иаазго Нарҭтәи аепос, аԥсуа ԥҳәыс лхаҿсахьа ҳаракы ныҟәызгоз Сариа Лакоба лхымҩаԥгашьа ҿырԥшы бзианы иҳамоуп. Насыԥ змоу ҳауп ҳәа исыԥхьаӡоит ҳазҭагылоу аамҭазгьы абзиабара, анра, ахамеигӡара, аамысҭашәара ирҿырԥшыгоу аҭыԥҳацәа ссирқәа ахьҳалагылоу.

Аԥҳәыс лыда иуадаҩуп аҭынч ԥсҭазаара ахьыҟоу, иҿиоу иахьатәи аԥсуа уаажәларра аргылара. Шәара шәоуп аԥсҭазаара зырҿио, зегьы ҳаиҵазааӡо, аҵара ҳзырҵо, ҳазхәышәтәуа. Шәара аҭҵаарадырра, аҟазара, акультура, абизнес шәырҿиоит. Шәара шәыда ухаҿы иузаагом аҳәынҭқарра напхгараҭара аҭыԥантәии ихадоуи аусбарҭа русура. Имыцхәхаӡом, ҳажәлар ркультуреи рҵаси шьаҭас ирымоу аиқәырхара зыбзоуроу шәара шәоуп ҳҳәар.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада   2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №78 ала агәабзиарахьчара аусхк аҟны алшамҭақәеи  апрофессионализм ҳараки рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ранашьазааит:

 

ОҬЫРБА Лиудмила Аслан-иԥҳа – Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа» Афилиал №7 акардиологиатә ҟәша аиҳабы;

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьали Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мариа Львова-Беловеи реиԥылара.  

Мактина Џьынџьал Марииа Львова-Белова инарҭбааны илзеиҭелҳәеит напхгара зылҭо Аппарат аусура атәы, Аԥсны иқәынхо зықәра наӡам рзакәантә интересқәа рыхьчареи реиҭашьақәыргылареи амеханизмқәа, иара убас ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2023-шықәсазы аусура хадара злоу ахырхарҭақәеи дрылацәажәеит.

 Аиԥылара аҿы зықәра наӡам Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа Аԥсны иахьаҵанакуа рзинқәа реилагара иадҳәалоу ахҭысқәа ирыхәаԥшит, иара убас урҭ рыхьчареи реиҭашьақәыргылареи рзы мҩақәас иалхтәу иалацәажәеит.

Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит. Урҭ иреиуоуп:

Зықәра наӡам рзы асоциал-реабилитациатә Центр аартра. Убас, Мариа Львова-Белова лҟынтәи аусзуҩцәа разыҟаҵара, аметодологиатә материалқәеи анорма-зинтә базеи реиқәыршәара, уҳәа рганахьала ацхыраара адгалара ҟаҵан.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҳәса Хәажәкыра 8 амшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу аҳәса! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Хәажәкырамза 8 амшныҳәа!

Шәара ҳаԥсҭазаара агәыҳалалреи агәцаракреи рыла игәылҭәааны иҟашәҵоит, аҭаацәаратә хәышҭаара аԥхарра еиҵышәхуеит, уаҵәы еиҵагылаша абиԥарақәа еиҵашәааӡоит, уи иаанаго Аԥсны аԥеиԥшгьы шәнапаҿы иҟоуп.

Ԥсабарала ишәылоуп амч-алша ҷыда, ачҳара. Аԥҳәыс атәыла асоциалтә, аекономикатә, акультуратә ԥсҭазаара аҿы иналыгӡо ароь ахә ашьара уадаҩуп.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьреи иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭеи рзы шәара иаашәырԥшыз агәамч, агәаӷьра, ачҳара иааџьаушьаратәы иҟоуп, уи жәаҳәарада  ҳазгәдууп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ашәба Лаша  адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеитАԥсны Жәлар Реизара — Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша  адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

Акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәыблыла ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш! 

Иахьа аҳәса аԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа зегьы рыҟны аҭыԥ ҷыда ааныркылоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп аамҭақәа зегьы раан шәара

Аԥсадгьыли аҭаацәареи рыхьӡала арӷьажәҩаны шәахьҳадгылоу, аџьаус аҟнеиԥш, иуадаҩу аибашьра ашықәсқәа рызгьы.  Аԥҳәыс илыллыршо рацәоуп, аха убри аангьы илыгӡам ахаареи агәыкреи, аҟәыӷареи ачҳареи, қәҿиарала иналыгӡоит лнапы злаку аусқәа. Шәара – ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа ишәыбзоураны ҳаҩнаҭақәа рыҟны аҳра руеит есқьынгьы аԥхарра, аҳәоуеиқәшәара, аҳаҭыреиқәҵара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион Ахадара Кьалашәыртәи ацҳа инаркны Агәыӡера аҳабла аҟынӡа аихамҩа ианылаз агәамам аҟынтәи арыцқьаразы абригада еиҿнакааит.

Аԥсны Аихамҩа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аихамҩа акәша-мыкәша иахысыз ажәырҭи ианылаз агәамсами рҟынтәи арыцқьара напыла мацарала ауп ишымҩаԥысуа. Иазԥхьагәаҭоуп иара убас ҵыԥх ишыҟаҵаз еиԥш, аҳаскьын бааԥс мгыларц азы ахимиатә маҭәашьарқәа рхархәарагьы.

Мызкы аҵыхәала абригада Кьалашәыртәи ацҳа аҟынтәи Агәыӡера аҳабланӡа иара аихамҩа арыцқьара иадҳәалоу аусурақәа хдыркәшахеит. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.