
pressadmin-2
ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА СТАНИСЛАВ ЛАКОБА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Станислав Лакоба ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟы аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу Станислав Зосим-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш, акрызҵазкуа 70 шықәса шәхыҵра арыцхә!
Шәара – атәылауаҩратә позициа змоу, апатриот иаша, зус ламысла иазыҟоу, аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара зылшо ауаҩы, ҳтәылаҟны ҳаҭыр змоу аполитикцәа шәыруаӡәкуп, иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩык иаҳасабала зегьы шәырдыруеит.
Шәара ишәҟазшьоу ахара ахәыцра, апрофессионализм, ауаажәларратәи аполитикатәи усураҟны ахаангьы ахықәкынагӡара иашьҭоу аӡә иаҳасабала аҳаҭыр шәаԥсаны шәҟалеит Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы.
АҴАРА АМИНИСТРРЕИ АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУИ АКЛАССТӘ СААҬҚӘА “АШӘАРҬАРА ЗҴОУ АХӘМАРРАҚӘА” РЫПРОГРАММА АӠЫРГАРА МҨАԤЫРГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара аминистр ихаҭаԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы азинмчы змоу Мактина Џьынџьали аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы арҵаҩратә еилазаареи аҭаацәатә комитетқәеи рзы 5-11-тәи аклассқәа ирызкны акласстә сааҭқәа «Ашәарҭара зҵоу ахәмаррақәа», иара убас арҵаҩцәеи ахәыҷқәа рҭаацәеи рзы «Ахәыҷқәа ишәарҭоу аонлаин-ахәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи» ҳәа атема ала агәаларшәагақәа рӡыргара мҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟаҵоуп Аԥсны аҵара Аминистрра Феисбук аҟны иҟоу адаҟьа аҿы.
«Ҳаамҭазтәи аинформациатә технологиақәа ауаажәларра рзы хәарҭара аланы иҟалеит. Аха иара убри аамҭазы уи иаҵаҵәахуп иаизакны ауаажәларра рзы, ахәҭакахьала ахәыҷқәа рзы ашәарҭара ду зцу адеструктивтә цәырҵрақәа маҷымкәа. Ҳара ҳхәыҷқәа рзы аинтернет-ҵакыра иацу ашәарҭарақәа зегьы ртәы ҳдыруазар ахәҭоуп, хымԥада. Аҵара Аминистрреи ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы азинмчы змоу Аусбарҭа Аппарати рымчи рыхшыҩи еилаҵаны ахәыҷқәа ашәарҭара зҵоу онлаин-хәмаррақәа ралагалара аԥхьырҟәҟәаареи агәҽанызаареи иазырхоу акласстә сааҭқәа рыпрограмма еиқәдыршәеит», – ҳәа илҳәеит Ада Кәарҷелиа.
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьал лажәақәа рыла, акласстә сааҭқәа «Ашәарҭара зҵоу ахәмаррақәа» рыпрограммеи, иара убас «Ахәыҷқәа ишәарҭоу онлаин–хәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи» ҳәа атема ала агәаларшәагақәеи раԥҵара Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ зауз ахәыҷқәа рҭахара зыхҟьаз, урҭ аҽашьраҟынӡа рнагара ауп ҳәа иҟоу агәҩара ақәҿыҭра аҳасабала иҟалеит.
АЛЕКО ГӘАРАМИА ААУ АРЕКТОРС ДЕИҬАЛХУП.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректорс хәы-шықәса аҽҳәара иманы деиҭалхуп афизика-математикатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа, АМАН, РАЕН академик Алеко Алеқсеи-иԥа Гәарамиа.
ЖӘАБРАНМЗА 23 РЗЫ АԤСНЫ АУСУРА ИАЛАГОИТ 2-ТӘИ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АӠЫНТӘИ АШКОЛ «АШЫҚӘС АРҴАҨЫ».
Аҟәа. Жәабранмза. 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» Аԥсны аусура иалагоит жәабранмза 23 инаркны жәабранмза 26 аҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит аҵара Аминистрра аофициалтә саит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылеи Аԥсни иреиӷьу арҵаҩцәа рԥышәаеимадара мҩаԥгахоит.
Аҽазыҟаҵарақәа аҵараҿы, аҵаратә хыдҵақәа рыӡбара аҿы иҿыцу азнеишьақәа реиқәыршәара аҿы, ашколхәыҷқәа арҿиаратә лшарақәа рылааӡара аҿы, уҳәа ицәырҵуа астереотипқәа риааира азы иҟаҵатәу алкаара иазкхоит. Иара убас, аелектронтә аҵарадырратә ресурсқәа, ацифратә технологиақәеи агибридтә ҵара азҵаарақәеи рыҭҵаара азԥхьагәаҭоуп.
АԤСНЫНТӘИ УРЫТӘЫЛАҞА КОНРАБАНДАЛА АСИГАРЕҬҚӘА РЫИАГАРА АԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЛЫРШАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аусбарҭа аусзуҩцәа жәабранмза 21 рзы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҳазылхратә хылаԥшреи аидаратә транспорт гәаҭареи рзона аҿы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз амашьына гәарҭеит.
Аусзуҩцәа автомашьына асалон гәарҭеит, уи ашәқә а рыхҟьеи аидараҭаҵарҭеи , иара убас атәарҭа аҵаҟа ирыԥшааит иагьрымырхит 16 800 цыра рҟынӡа аҭаҭын аалыҵ.
ВАЛЬТЕР БЫҬӘБА ГӘДОУҬА АРАИОН АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РУСБАРҬА АҞНЫ АНҬЫҴТӘИ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба жәабранмза 21 рзы Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҟны анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аиԥылара рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.
Амилициа аиҳабы Зосма Гыцба 2022 шықәсазы Гәдоуҭа араион аҿы аҟәша аусзуҩцәа инарыгӡаз аусура азы адырра ҟаиҵеит.
Аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны, Гәдоуҭа араион аҿы ашәҟәы иҭагалахеит 111 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 97. Иҳаҩсыз ашықәс азы ашәҟәы иҭагалахеит 85 цәгьоура, иаартуп 72. 2022 шықәсазы араион аҿы уаҩшьрак ҟалеит, амшлагарак, атәым мазара аӷьычра иадҳәалоу ахҭысқәа 19, атәым мазара ампыҵакра азы 3-қәыларак, ахулинганра иадҳәалоу хҭыск, изакәанымкәа абџьар аныҟәгареи аҵәахреи ирыдҳәалоу афактқәа - 22, изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара иадҳәалоу афактқәа - 43. Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа рыла 127 дыррақәа, урҭ рахьынтә 40 усеилыргара хацыркхеит. 2022 шықәса иалагӡаны аҭҵаара аҟәша ахь инашьҭхеит 66 дырра, урҭ рыла 48 усеилырақәа хацыркхеит.
Зосма Гыцба аоперативтә маҵзурақәа русура атәы еиҭеиҳәеит.
«Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы ҳара 38-ҩык рганахьала ашьаусԥшаара мҩаԥаагеит, урҭ рахьынтә шықәсык ала иаанкылахеит хәҩык. Хабарда ибжьаӡыз 38-ҩык рҟынтәи 7-ҩык рыԥшаара алыршахеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Зосма Гыцба.
Шықәсык ала амилициа аусзуҩцәа аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә Усбарҭа ахь инаргеит 615-ҩык, урҭ рахьынтә 160-ҩык – анаркотикатә маҭәашьар рыдкыланы ишыҟаз иаанкылахеит, 89-ҩык – ацәгьора аҟаҵаразы игәҩараны иаанкылахеит.
Аминистр Вальтер Быҭәба иарбоу ахырхарҭа ала аусура рӷәӷәатәуп ҳәа иазгәеиҭеит:
САНКТ-ПЕТЕРБУРГ ИҬЫЖЬХЕИТ «ИКЬАҾУ АԤСУА ЕНЦИКЛОПЕДИА» АҨБАТӘИ АТОМ.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Санкт-Петербург аҿы иҭыжьхеит «Иркьаҿу аԥсуа енциклопедиа» аҩбатәи атом, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟалҵеит аҭыжьырҭа «Азиндырратә центр» адиректор Ирина Дамениа.
Аҭыжьымҭа аредактор хада – афилологиатә наукақәа ркандидат Васили Аҩӡба.
Ашәҟәы иалагалоуп 3000 инареиҳаны Аԥсны иазку абиографиатә, агеографиатә, аҭоурыхтә, аетнографиатә, археологиатә, уҳәа адыррақәа реилыркаарақәа.
АԤСНЫ АҾАРИ АСПОРТИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АХАНТӘАҨЫ ҨЫЏЬА ИХАҬЫԤУАҨЦӘА АЛХУП.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала, Беслан Карчааи Роман Ҵкәуеи аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәас иҟаҵоуп.
АЛХАС КӘЫҴНИА АДИПЛОМАТИАТӘ АКАДЕМИА АРЕКТОР АЛЕҚСАНДР ИАКОВЕНКО ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023. Апсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Адипломатиатә Академиа аректор Алеқсандр Иаковенко диԥылеит.
Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит Аԥснытәи абитурентцәа иарбоу аҵараиурҭа аҿы рҵара, аԥсуа дипломатцәа рзы азанааҭдырра аҩаӡара аизырҳара иазку изаамҭанытәиу акурсқәа реиҿкаара, уҳәа иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Алеқсандр Иаковенко ацҳаражәҳәаҩ Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Адипломатиатә Академиа аусуреи жәларбжьаратә аусура аспециалистцәа разыҟаҵареи, иара убас урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии адипломатцәа рзанааҭтә ҩаӡара аизырҳареи шымҩаԥысуа изеиҭеиҳәеит.
БЕЛОРУССИА АТӘЫЛАУАА 30-МШЫ РҞЫНӠА ВИЗАДА АԤСНЫ ИҞАЗАР ҞАЛОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә, мамзаргьы аусуратә хықәкқәа рынагӡаразы Аԥсныҟа иаауа Белоруссиа атәылауаа 30-мшы рҟынӡа визада ареспублика аҿы иҟазар ҟалоит.
Уи азы аиҭакрақәа алагалоуп Аслан Бжьаниа «Хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аҳәаанырцәтәи атәылауаа визада Ареспублика ахь аара азы» рашәарамза 30, 2016 шықәсазы иҭижьыз Аусԥҟа.