
pressadmin-2
ОЧАМЧЫРА АҚАЛАҚЬ АМШЫН АԤШАҲӘА АҾЫ АҴЛАҚӘЕИ АЧЫҚЬҚӘЕИ РЕИЛЫХРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амуниципалтә наплакы «Ицқьоу ақалақь» амчала Очамчыра ақалақь амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа изызҳауа аҵлақәеи ачықьқәеи реилыхра мҩаԥысуеит.
Аԥсаҵлақәа иҩаз амахәқәа рхырффареи аолеандр ачықьқәа реилыхреи мҩаԥысуеит.
2022 ШЫҚӘСАЗЫ АИҚӘЫРХАҨЦӘА 1837-НТӘ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА АХЬЫҞАЛАЗ АҬЫԤҚӘА РАХЬ ААԤХЬАРА РОУИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы 2022 шықәсазы имҩаԥгаз аусура азы аихшьаалақәа ҟарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аиқәырхаратә хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Иҳаҩсыз ашықәс азы инагӡаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аилатәара рхы аладырхәит аппарат Хада аҟәшеиҵақәа зегьы рнапхгаҩцәа реиԥш, араионтә былрацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәагьы.
2022 шықәсазы арбага хадақәа абас иҟоуп. Иҳаҩсыз ашықәс азы аԥсеиқәырхаҩцәа 1837-нтә иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь инеит. 979 инарзынаԥшуа абылрақәеи амцакрақәеи ҟалеит. Рыԥсы еиқәырхан 9-ҩык, 6-ҩык ҭахеит. 167-нтә аиқәырхаҩцәа амҩа-транспорттә машәыр хҭысқәа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь ааԥхьара роуит. Урҭ рҿы иҭахеит ф-ҩык, еиқәырхахеит 28-ҩык.
Аӡы аҟны иҟоу обиектқәа рҿы иҟалеит 23 машәыр хҭыс. 8-ҩык рыԥсы аиқәырхара алыршахеит, 13-ҩык аӡы иагеит.
2022 шықәсазы аԥсеиқәырхаҩцәа ҩынҩажәижәабантә ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы иҟьалаз ауаа рыԥшаара рхы аладырхәит. 32-ҩык рыԥшаара алыршахеит, аха аԥшаарақәа раан иара убас ирыԥшааит аа-ҩык хабарда ибжьаӡны иҟаз ауаа рыԥсыбаҩ.
2022 шықәсазы 63-ҩык атәылауааи ареспублика иаҭааз асасцәеи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҳақьымцәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара рырҭеит.
Иҳаҩсыз ашықәс азы аиқәырхаратә хылаԥшырҭа аусзуҩцәа иԥшааны еиҵырхит 60 инарзынаԥшуа арҭҟәацгақәеи 20 рҟынӡа ахимиатә шәарҭадара змоу амаҭәашьарқәеи рԥыхагадатәра алдыршеит.
Аминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, 2022-тәи ашықәс ахылаԥшырҭа ала жәларбжьаратәи агуманитартә операциақәа рынагӡара аганахьала иҷыдоу ашықәсны иҟалеит. Жәабранмза 2022 шықәсазы иҷыдоу арратә операциа алагара инаркны, Аԥсныҟа аконфликт азона аҟынтәи раагара алыршахеит 132-ҩык ахҵәацәа. ЛЖәР, ЛЖәР, иара убас Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рҿы инхо ауааԥсыра рзы 200 тонн рҟынӡа, иара убас милаҭрацәала еилоу абаталион «Пиатнашка» аизаараҿы Иҷыдоу арратә операциа зхы алазырхәо Аԥсны атәылауаа рзы 20 тонн рҟынӡа агуманитартә цхыраара дәықәҵахеит.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АНХАРҬАҬЫԤ АЛА РЕИҚӘЫРШӘАРАЗЫ АМИТИНГ МҨАԤЫЗГО РХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб анхарҭаҭыԥ ала реиқәыршәаразы Аҟәа амитинг амҩаԥгара еиҿызкааз аҭаацәа рхаҭарнакцәа идикылеит.
Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, Апарламент адепутатцәа Кан Кәарҷиа, Асҭамыр Гьерхьелиа, Инар Гыцба, Ерик Рштуни, ауаажәларратә еидгылара «Аԥсны жәлар реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба злахәыз аиԥылара аконструктивтә ҟазшьа аманы имҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Амитинг ахь ицәырҵыз рхаҭарнакцәа изларҳәо ала, дара ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа рхаҭаранакра руеит, урҭ реиҳараҩык акыр шықәса раахыс рынхарҭатә проблемақәа рҭышәынтәалара алзыршо аӡбамҭа иазыԥшуп, қьырала изыҩноу ауадақәа рыхәԥса ашәарагьы акыр ирцәыуадаҩуп.
АԤСНЫТӘИ АШАХМАТАСЫҨЦӘА АԤСНИ НИКАРГУУЕИ АШАХМАТҚӘА РФЕДЕРАЦИАҚӘА РКОМАНДАҚӘА РЫБЖЬАРА АШАХМАТҚӘА РЗЫ АКТӘИ АИҨЫЗАРАТӘ ОНЛАИН-ТУРНИР АҾЫ АИААИРА РГЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашахматасыҩцәа Аԥсни Никарагууеи ашахматқәа Рфедерациақәа ркомандақәа рыбжьара имҩаԥгаз актәи аиҩызаратә онлаин-турнир аҿы асчиот 7:1 ҳәа иаиааит.
Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса рзы имҩаԥысит Аԥсни Никарагууеи ашахматқәа Рфедерациақәа ркомандақәа рыбжьара актәи аиҩызаратә онлаин-турнир.
Атурнир рхы аладырхәит аҩганк рҟынтәи 14 –шықәса зхымҵыц ԥшьҩы-ԥшьҩык ашахматасыҩцәа.
ЖӘАБРАНМЗА 20 РЗЫ АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА V ААԤХЬАРА АЗИНМЧЫ АҼҲӘАРА НҴӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 20 рзы Ауаажәларратә Палата V ааԥхьара азинмчы аҽҳәара нҵәеит.
Ашәахьаҽны имҩаԥысит Ауаажәларратә Палата аихшьааларатә пленартә еилатәара. Аусмҩаԥгатә аҿы Ауаажәларратә Палата V ааԥхьара хы-шықәса ирылагӡаны инанагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵан.
ИЗАКӘАНЫМКӘА ИШЬАҚӘЫРГЫЛАЗ АТРАНСФОРМАТОРҚӘА РДЕМОНТАЖ ИАЗКУ АУСУРАҚӘА ИРЫЦҴАХОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы Ареспубликатә штаб аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аилатәара аҿы изакәанымкәа афымцамч ахархәара аԥхьырҟәҟәаара азы аусмҩаԥгатәқәа абжьаратә лҵшәақәа ирылацәажәеит.
Имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа ирылҵшәаны аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь ирылагӡаны афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара аларҟәра алыршахеит, аха иҳаҩсыз хымш рыла афымцамч ахархәара арбагақәа ҩаԥхьа ирыцлеит.
АКЦИА «ИҞАӠАМ АТӘЫМ РЫЦҲАРА» АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ МИЛЛИОН МААҬ ИНАРЕИҲАНЫ АЦХЫРААРА ЕИЗГАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿар раԥшьгаратә гәыԥ Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз ацхыраара рыҭара азы еиҿыркааз акциа «Иҟаӡам атәым рыцҳара» аҳәаақәа ирҭагӡаны еизгахаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ миллионки 129 нызықьи 450 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Абри азы Аԥсныпресс акоррепондент адырра ииҭеит аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла Инал Хәытаба.
Инал Хәытаба иажәақәа рыла, жәабранмза 6 рзы Ҭырқәтәыла аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы зегьы иреиҳау адгьылҵысра ҟалеит. Ҭырқәтәыла ашәарҭара иреиҳаӡоу аҩаӡара рылаҳәан, аҿаргьы аганаҿы изаанымхеит.
Жәабранмза 7 рзы Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара иҟоу алогистикатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны агуманитартә еидара адәықәҵара уадаҩхон азы ацхыраара аҳасабала аԥаратә хархәагақәа реизгара шыҟало азы алаҳәара ҟалеит.
«Аҟәа ақалақь аҿы иаартхеит аинформациатә центр, араҟа ауаа иҟалаз азы адыррақәа роур алшон, асоциалтә аҳа Инстаграм аҿы адаҟьа аԥҵан, иара убас адышшыларақәа рышәҟәы аԥҵан. Изҭаху зегьы ааины аҭырқәа жәлар рахь адышшыларақәеи адгылара ажәақәеи рыҩыр алшон. Ҳара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа есымша ҳаҽрымаҳдон», – ҳәа еиҭеиҳәеит Инал Хәытаба.
АСИДА АҲӘБА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЕКОЛОГИАТӘ ПРЕМИА «ЭКОМИР-22» АЛАУРЕАТРА АЗЫ АДИПЛОМИ АМЕДАЛИ ЛАНАРШЬЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аҿы имҩаԥысит аноминациа «Адгьылсахьа-парктә дизаин, ҳаамҭазтәи архитектуратә ӡбамҭақәеи апеизажтә ҿыханҵеи» ала апроект «Смотри сердцем» азы Жәларбжьаратәи аекологиатә премиа «ЭКОМИР-22» алуреат Асида Аҳәба адипломи амедали ранашьара ацеремониа мҩаԥысит. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент адырра иоуит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аҿы.
Аусҩаԥгатә ихы алаирхәит акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Ԥхынҷкәынмза 7 рзы Москва ақалақь, Аҵарауаа Рыҩны Хада аҿы Жәларбжьаратәи аекологиатә конкурс (апремиа) «ЭкоМир-2022» алахәылацәа аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит. Жәларбжьаратәи аекологиатә Премиа «ЭкоМир» иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчареи аекологиатә шәарҭадара ашьақәыргылареи , иара убас XXI ашәышықәа азы иҭышәынтәалоу аҿиара иазырхоу егьи ахырхарҭақәа рыла аекологиатә усура аҿы иналукааша аихьӡара дуқәа рзы иранашьахо ауаажәларратә ҳамҭаны иҟоуп.
АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА: ИҲАҨСЫЗ АМЧЫБЖЬ АЗЫ 1242 АМҨАТӘ ԤҞАРАҚӘА РЕИЛАГАРА ИАДҲӘАЛОУ АФАКТҚӘА ААРԤШХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәа рыла комплексла ареидттәии апрофилактикатәии аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшхеит 1242 рҟынӡа амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа, урҭ рахьынтә 107 автосаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара азы, 108-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы административтә хьырхәра иақәыршәоуп. Амаҵуратә ргыларҭа аҿы иргылоуп аԥҟара еилазгаз равтомашьынақәа хәба. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
ВАЛЬТЕР БЫҬӘБА ИАНАШЬОУП АМИЛИЦИА АИНРАЛ-МАИОР ҲӘА АРРАТӘ ХЬӠЫ.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жәабранмза 20, 2023 шықәса рзы иҭижьыз Аусԥҟа № 63 инақәыршәаны, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Быҭәба Вальтер Сергеи-иԥа «амилициа аинрал-маиор» ҳәа изаамҭанытәиу иҷыдоу арратә хьӡы ианашьоуп.