
pressadmin-2
АШАХМАТТӘ ТУРНИР «АԤСНЫ. ТАМШЬ-VILLAGE – 2023 Ш.» АҾЫ АҚӘРАТӘ КАТЕГОРИАҚӘА 13 ШЫҚӘСА ЗХЫМҴӠАЦИ 11 ШЫҚӘСА ЗХЫМҴӠАЦИ ИРЫҴАНАКУА РЫБЖЬАРА АИААИРА ЗГАЗ АЛКААХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар ҩымшуп Очамчыра араион Тамшь ақыҭан 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМЫШ-VILLAGE – 2023» мҩаԥысуеижьҭеи.
Аҩбатәи амш азы атурнир рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи, иара убас Алада Урыстәыла арегионқәеи Татарсҭан Ареспубликеи рҟынтәи 60-ҩык инарзынаԥшуа 13-шықәса зхымҵӡац аспортсмен ҿарацәа.
13 - шықәса зхымҵӡац аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи – Арсени Пономарев (ақ. Славянск-на-Кубани), ахԥатәи – Аслан Хамидуллин (ақ. Казань).
13 – шықәса зхымҵӡац аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Алеқсандра Аҩӡба (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи – Николь Карапетиан (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи – Алеқсандра Демуриа (ақ. Очамчыра).
11 – шықәса зхымҵӡац аҷкәынцәеи аӡӷабцәеиа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас ала еихшахеит:
Актәи аҭыԥ – Дамир Ҳалуашь (ақ. Гәдоуҭа), Мадина Мабаракшина (ақ. Казань);
ГӘДОУҬА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АОППОЗИЦИА АХАҬАРНАКЦӘЕИ АРАИОН АУААԤСЫРЕИ РЕИԤЫЛАРА.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь акультура Аҩны аҿы аоппозициатә паолитикатә мчрақәа рхадацәа иреиуоу, ауаажәларратә еидгылара «Аԥсны жәлар реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынбеи араион ауааԥсыреи реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара Аԥсны ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иазкын. Уи рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, араион анапхгара ахаҭарнакцәа, Гәдоуҭатәи араионтә Еизара адепутатцәа, атәыла ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩцәа.
Лықәгылара аҿы Леон иорден занашьоу Фениа Аҩӡба, Аԥсны апроблемақәа даара ирацәоуп, уимоу есааира ирыцлоит ҳәа иазгәалҭеит. Фениа Аҩӡба лажәақәа рыла, лара ауалафахәы ду даҳәаӡом, ианамуӡах ианаамҭоу алашареи аӡи ҟаларц ауп илҭаху.
Дәрыԥшь ақыҭа абыргцәа Рхеилак алахәыла Анатоли Тәанба, аиԥылара аҿы дықәгылауа, Аԥсны 30-шықәса раахыс ҩ-мчрак аҳра руеит – аоппозициеи атәыла анапхгареи, иаргьы урҭ еиԥшны дырзыҟәоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ахәқәа ессааира иазҳауеит. Атәыла аиҳабыра абылтәы адефицит ҟарҵеит, иара убри иахҟьаны иаалырҟьаны абылтәи ахьшьтәи рыхәқәа акыр иазҳаит. Ари уаанӡагьы имариамыз ажәлар рҭагылазаашьа акыр иаруадаҩит, еиҳа-еиҳа иӷархо иаауеит», - ҳәа иҳәеит Анатоли Тәанба.
Уи иара убас амаининг азҵаарагьы дазааҭгылеит. Иара иажәақәа рыла, амаининг «злаҽны» иҟоу аиҳарак ачынуаа роуп, иҟаз атәыла анапхгара ахаҭарнакцәагьы уахь иналаҵаны. Анатоли Тәанба иара убас Адгәыр Арӡынба атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс, аекономика аминистрс даныҟаз аамҭазы акриптовалиута арҳара дадгылон ҳәа иазгәеиҭеит.
Анатоли Тәанба адемографиа азҵаара далацәажәо атәыла аҿы ииз раасҭа иԥсқәаз рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳахеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Ԥыхьатәи Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара амедал занашьоу Валери Аршба абзеира аганахьала аиҭакрақәа ыҟаны ибом ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аҵыхәтәантәи хы-шықәса ирылагӡаны ара еизаз шәаргьы ҳаргьы, Аԥсны инхо егьырҭ атәылауаа аӡәырҩи ҳарзыԥшын аекономика ареалтә сектор, асоциалтә усхкы уҳәа рҿы хра злоу аиҭакрақәа, истандартәым ареформақәа рыдкылара, иара убас атәыла аҩныҵҟа азинеиҿкаареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара», - ҳәа иҳәеит Валери Аршба.
Уи иажәақәа рыла иара ахаангьы аоппозициа аҿы дыҟаӡамызт.
«Сара есымша схатәы позициа сыман – уи азакәани азинеиҿкаареи роуп. Иахьа азин сымоуп схатәы гәаанагара аҳәара, избан акәзар ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба дуӡӡа ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы сивагылан.
Уи еизаз иргәалаиршәеит ихьыԥшым Аԥсны даара ауадаҩрақәа ирылҵны шьаҿа-шьаҿала, еилыбгаз аекономика еиҭашьақәыргыло, асоциалтә ухкы шьҭыхуа, ихьыԥшым аполитикатә статус ахьчара алыршо ԥхьаҟа ишцоз.
Уи зегьы ахатәы мчқәеи аресурсқәеи рыла имҩаԥысуан.
СЕРГЕИ ШАМБА: УРЫСТӘЫЛА АГАНАХЬАЛА АԤСНЫ АХЬЫԤШЫМРА АЗХАҴАРА АИҬАХӘАԤШРА ЗАЛЫРШАХОМ».
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 16 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит аҿы Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит ҳәа аинформациа ҟалеит.
«Жәабранмза 14 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Мокваҟа дцеит. Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҿы аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп», - ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Уи инашьҭарххны, еиуеиԥшым иофициалтәым аинтернет-ресурқәа рҿы зхыԥхьаӡараҿы Аԥсны ыҟаз «аҳәынҭқаррақәак Урыстәылатәи Афедерациа атерриториа алалара ҟалар шалшо» азы аинформациатә дыррақәа рыларҵәара ҟалеит.
Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба «Аԥсны-иахьа» еиҭаз аинтервиу аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Москваҟа ицара хықәкыс иамази аԥсны-урыстәылатәи еизыҟазаашьақәа рыҿиара аперспективақәеи дрылацәажәеит.
«Арҭ адыррақәа зегьы иҟоуҵәҟьа аҭагылазаашьа акала еиԥшны иҟам. Ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ус ирыӡбаӡом: Аҳәынҭқарра Ахада дцан, ҳаргььы Урыстәылатәи Афедерациа аилазаара ҳалалеит. Уи аҩыза ҟалашьа аманы иҟам. Ҳара иҳамоуп ҳхатәы Конституциа, уи ари атема алацәажәарагьы алшара ҳанаҭаӡом. Уи моу, ас еиԥш азҵаара ақәыргылара азы ашьаустә хьырхәра (аҭакԥхықәра) азԥхьагәаҭоуп. Уи ҟалашьа змам усуп. Аҳәынҭқарра Ахада Москваҟа усуратә визитла дцеит, уи уаҟа иахьа Урыстәылатәи Афедерциа ашәарҭадара Ахеилак аҿы аиԥылара имоуп. Саргьы мышқәак рышьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак аҟынтәи сколлегацәа рԥылара азы уахь амҩа сықәлароуп. Ҳара еицынаҳагӡараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рзы аплан аиқәыршәара аус адулара ҳаҿуп. Акызаҵәык, алацәажәарагьы ахаангьы ҳхы иаҳзаҭәамшьо уи ҳсуверенитет, ҳара ҳхьыԥшымра ацәыӡра атема ауп», - ҳәа иҳәеит Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ.
АЛХАС КӘЫҴНИА УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ НИКАРАГУА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ДЫЛԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы иҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ, аамҭак ала Аԥсны ацҳаражәҳәаҩысгьы иҟоу Альба Асусена Торрес Мехиеи еиԥылеит.
АУСУРА ИАЛАГЕИТ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АШАХМАТТӘ ФЕСТИВАЛЬ “АԤСНЫ. ТАМШЬ-VILLAGE 2023».
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Тамшь ақыҭан 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуеит Жәларбжзьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2023».
Афестиваль мҩаԥнагоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа. Убри аан адгылара ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. Ишьақәырӷәӷәоуп Тамшь ақыҭа иалҵыз – Аԥсны Афырхацәа рыхьӡала аԥхьахәқәа.
Актәи амш азы атурнир рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи, иара убас Алада Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи 9-шықәса зхымҵыц 45 – ҩык ашахматасыҩ ҿарацәа.
Акемпинг «Тамыш-Village» аколлектив аицлабрақәа рымҩаԥгаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара алнаршеит. Ашахматасыҩцәа ахәмаррақәа рымҩаԥгаразы ирыздырхиеит иҭбааҭыцәу, иманшәалоу, аԥхара зыҩноу ауадақәа. Асоура шыҟазгьы, ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи даара ибзианы рхы рбоит, ргәалаҟазаарагьы бзиоуп.
УРЫСТӘЫЛА АҲАЗЫЛХРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСЗУҨЦӘА РЏЬАШЫҚӘС АҨГАНКТӘИ АЗХАҴАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА МҨАԤНАГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара инамаданы, Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азура азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган Аҟәа ақалақь аҿы жәабранмза 18, 2021 шықәса рзы, Москва ақалақь аҿы – мшаԥымза 5, 2021 шықәса рзы.
Аиқәшаҳаҭра Урыстәыла аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы аус зуа, иара убас Аԥсны аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы аџьашықәс змоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ринтересқәа рыхьчара иазкуп, ҳәа иазгәаҭоуп аусшәҟәы аҟны.
Аусшәҟәы иацу аматериалқәа рҿы ишазгәаҭоу ала, иарбоу Аиқәшаҳаҭра ала Аԥсни Урыстәылеи аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь ирызшәахо есымзатәи азԥҵәа ахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара алыршахоит.
АПРОКУРАТУРА ГЕННАДИ ГАДЕЛИА ИШЬРА АГАНАХЬАЛА АӠБАРҬА ИАДНАКЫЛАЗ АШЬАУӶАҚӘҴАРАТӘ ӠБАМҬА ИАЗАШШОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 16, 2023 шықәса рзы Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбаҩ Белла Хасаиа лхантәаҩрала имҩаԥысыз аӡбарҭа аилатәара аҿы, 1968 шықәсазы Ҭҟәарчал ақалақь аҿы ииз, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан инхо Берулаа Альберт Сергеи-иԥа гәҭакыла ауаҩшьреи изакәанымкәа амцабџьар аҵәахреи (Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусеилыргаратә Закәеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 1, ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1) рзы ахара идҵан.
Альберт Берулаа ихарадҵа ала аусеилыргара хәыжәкырамза 11, 2022 шықәсазы ахәаԥшразы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь идәықәҵахеит.
Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыхәаԥшра алҵшәақәа рыла, аӡбарҭа Альберт Берулаа ихьырхәра аҳасабала изалнахит ахараԥса ахшәаарада ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы 7 шықәса ҭакрала ахгара.
Берулаа Альберт Сергеи-иԥа лаҵарамза 31, 2010 шықәсазы, 13 сааҭи 30 минуҭи рзы, Аҟәа ақалақь, Агәмаа имҩала иҟоу «Автомашьынатә маҭәахәқәа рџьармыкьа» иахьаҵанакуаз, 2007 шықәсазы ирыбжьалахьаз аимак-аиҿак иахҟьаны ииоуз амцабџьартә ахәрақәа рзы ашьоура игәы иҭакны заанаҵы еиқәиршәахьаз, зыхҭаларшә 9 мм. рҟынӡа инаӡо амцабџьар ала 1971 шықәсазы ииз атәылауаҩ Гаделиа Геннади Митиа-иԥа гәҭакыла диеихсны дахьишьыз азы иус ӡбоуп, ахарадҵагьы идҵоуп.
Геннади Гаделиа 7 ахы зылҟьаз амцабџьартә ахәрақәеи ихи игәышԥи рганахьала 2 ахы злымҟьаз амцабџьартә ахәрақәеи иоуит, урҭ ирыхҟьаны иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.
Ауаҩшьра аныҟаиҵа ашьҭахь, Берулава Альберт аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит. Уи иганахьала 11 шықәса ирылагӡаны, иаанкылара аналыршаха амш абҵарамза 12, 2021 шықәсанӡа аусԥшаара мҩаԥысуан.
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АԤСНЫ ИАЗОУНАЖЬЫЗ АКВОТАҚӘА РЫЛА АҴАРАЗЫ АЗЫҲӘАМҬАҚӘА РАЛАҴАРА АҼҲӘАРА ИАЦҴОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәсанӡа иацҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны иазоужьхаз аквотақәа рыла аҵаразы азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵарадырра Аминистрра.
Аквота ала аҵара зҭаху акандидатцәа «аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҿы аҵарадырра» ҳәа асаит аҿы ашәҟәҭаҩра иахысыр ауп. https://education-in-russia.com.
Аконкурс алахәхара азы анкета харҭәаатәуп, иацҵатәуп ахатәы фотосахьа, атәылауаҩшәҟәи аҵарадырра азы аршаҳаҭгеи рыскан-хкьыԥхьқәа (мамзаргьы аҵара аамҭахәҭа азы адырранҵа).
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АӠБАРАТӘИ АБЖЬАҞАЗАРАТӘИ АӠБАМҬАҚӘА РАЗХАҴАРА АЗЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аеконоикатә усқәа рзы аӡбаратәи абжьаҟазаратәи аӡбамҭақәа разхаҵара азы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра иақәшаҳаҭхеит, иара убас уи аратификациа азура азы Аҳәынҭқарратә Дума ахь анашьҭразы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идгалара азы ақәҵара аднакылеит. Уи азы аусшәҟәы кьыԥхьхеит азинтә информациа азы аофициалтә интернет-портал аҿы.
«Рашәарамза 29, 2022 шықәсазы Санкт-Петербург ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аеконоикатә усқәа рзы аӡбаратәи абжьаҟазаратәи аӡбамҭақәа разхаҵара азы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәареи уи аратификациа азура азы Аҳәынҭқарратә Дума ахь анашьҭразы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идгалареи алыршазароуп ", - ҳәа иаҳәоит иарбоу Ақәҵара атекст аҟны.
ИХЫРКӘШАХЕИТ АԤСНЫ АРБЏЬАРМЧҚӘА АНАПХГАРАТӘ ЕИЛАЗААРА АОПЕРАТИВТӘ ЕИЗГАРА.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара аиқәыршәара иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа ирызкын жәабранмза 13 -17 рзы имҩаԥысуаз Аԥсны Арбџьармчқәа анапхгаратә еилазаара аоперативтә еизгара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аоперативтә еизгара ахь адыԥхьалара роуит Аԥсны атәылахьчареи Арбџьармчқәа рыштаб Хадеи аоперативтә еилазаара, амчратә структурақәа, ашәарҭадара Ахеилак ахаҭарнакцәа, иара убас атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы алахәылацәеи.