pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа лаҵарамза 2-4 рзы Аминералтә ӡқәа рыҟны раԥхьаӡакәны имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа иалахәхеит.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра Ахада афедералтә усбарҭақәа рнапхгареи Аҩада-Кавказтәи афедералтә округ иалоу асубиектқәа рхадацәеи, акорпорациа дуқәа рнапхгаҩцәеи дырԥылеит, иара убас урыстәылатәи амасатә информациа ахархәагақәа аинтервиу риҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аделегациа аилазаараҟны иҟан: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Илиа Христианов Аиааира Амшныҳәа идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Илиа Фома-иԥа. Гәык-ԥсыкала аныҳәамш Ду шәыдаҳныҳәалоит! Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсадгьыл ахьчараҿы иаашәырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи аиааиразы агәазыҳәареи амчхара дууи ирыбзоураны иахьа иҳамоу аҭынч ԥсҭазаара азы.

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Баҭәба «2023-2025шш. амҩатә ԥҟарақәа реилагара автоматтә фиксациа асистема аҿиара» азы ахылаԥшратә хықәкытә Программа ишьақәнарӷәӷәаз апрограмматә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара азы анапхгарабжьаратәи акомиссиа аилатәара мҩаԥигеит.

Амҩатә ԥҟарақәа реилагара автоматтә фиксациа асистема аҿиаразы 2023 шықәсазы иазоужьхоит 40 миллион мааҭ 2024 шықәсазы - 80 млн. мааҭ, 2025 шықәсазы - 30 млн. мааҭ.

Апрограмма амҩа-транспорттә шәарҭадара ашьҭыхреи уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа ареспублика амҩақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа амониторинг амҩаԥгареи хықәкы хадас иамоуп.  

Аҟәа ақалақь ахь Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку  Имыцәо  амца  ахәҭаҷ  ааргеит. Абх.    

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәларбжьаратәи акциа «Агәалашәара амца» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь ахь Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку Имыцәо амца ахәҭаҷ ааргеит.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи 7-тәи арратә база аруаа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҳаҭыртә карул иамадахоит Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку Имыцәо амца ахәҭаҷ зҭоу акәаҷаб.

Лаҵарамза 9 рзы ари акәаҷаб аҟынтәи Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан Имыцәо амца аркхоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба адукаттә еилазаара ахаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит адукатцәа Рпалата ахантәаҩы  Константин Чагәаа, адукат Ҭамаз Кецба, Урыстәылатәи Афедерациа адукатура ахаҭарнакцәа – Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Башкортостани адукаттә палатақәа рхаҭарнакцәа, иара убас Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Аиԥылара  Аԥсны Аҳәынҭқарра адукатура 100-шықәса ахыҵра азгәаҭара  иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.

Лаша Ашәба Аԥсны адукатцәа шәышықәсатәи риубилеи рыдиныҳәалеит. «Шәара шықәсы рацәа инеиԥынкыланы ҳтәылауаа рзакәантә интерессқәеи рзинқәеи рыхьчараҿы шәгылоуп. Ҳара – азакәанԥҵаҩцәа ҳзы, ари аусхкы даараӡа аҵак ду амоуп», - ҳәа иҳәеит иара.  

Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа иазкны аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәаша, лаҵарамза 5 рзы, Аҟәа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы аҭоурыхтә викторина «Арҭ амшқәа рыхьӡ кашәара ақәым» мҩаԥысит.   

Авикторина Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа, иара убас Аҟәа ақалақь  рҟынтәи  аа-командак рхы аладырхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» апресс-маҵзура.

«Иахьа имҩаԥааго аҭоурыхтә викторина ахықәкы хаданы иҟоуп аҵаҩцәа рыбжьара Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҭоурых азы рдыррақәа реизырҳара адагьы аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхарагьы», – ҳәа илҳәеит Москва ақалақь аҳәынҭқарратә автономтә усбарҭа «Аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа агуманитартәи аусуратәи рымадара Ацентр –Москватәи аџьынџьуаҩ Иҩны» аҿга – «Аҟәа иҟоу Москава Аҩны» аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара асектор анапхгаҩы Мариа Соиа.

Аӡбаҩцәа реилазаара иалалеит: аҭоурыхтә ҭҵаарақәа рдоктор, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт аҭоурых аҟәша аиҳабы Аслан Аҩӡба (ажиури рхантәаҩы), аҭоурыхтә ҭҵаарақәа ркандидат, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт иԥхьагылоу анаукатә усзуҩ Сослан Салаҟаиа, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт аҭоурых аҟәша анаукатә усзуҩ Геннади Ҵулаиа.

Аусмҩаԥгатә мҩаԥигон В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор ихаҭыԥуаҩ, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт аҭоурых аҟәша анаукатә усзуҩ Николаи Медвенски.

Аинтеллектуалтә еицлабрақәа раан ашколхәыҷқәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҭоурых азы ирымоу адырра шаҟа иҭбаау ддырбеит.  Авикторина азҵаарақәа еихшан х-блок рыла – аибашьра зыхҟьаз, аибашьреи уи ахҟьаԥҟьақәеи.

Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны инхо аурыс џьынџьуаа реиҿкаарақәа Ркоординациатә еидгылареи рхаҭарнакцәа  Аҟәа инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа Аиааира Амшныҳәа рыдырныҳәалоит. 

Лаҵарамза 4 рзы урҭ ирҭааит Ԥлиа Иван  Ҷыҷыкәа-иԥа, Шаров Григори Пиотр-иԥа, Шьониа Алеқсеи Иосиф-иԥеи Шульгина Валентина Ефимовнеи.

Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа аибашьра аветеранцәа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы рырҭеит, дара рыбзоурала иахьа иҳамоу аҭынч ԥсҭазаара азы иҭабуп ҳәа рарҳәеит, агәабзиареи ашықәнҵыра дууи рзеиӷьаршьеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамзазы иазгәарҭо аныҳәа хадақәа иреиуоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы аиааира агара Амшныҳәа азгәаҭара иазкны, лаҵарамза 9 рзы, Урыстәыла акультура Аминистрреи Аԥсны акультура Аминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакреи  Аҟәа ақалақь аҿы Аиааира Амшныҳәа иазкны аконцерт мҩаԥыргоит.

Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылоит Урыстәыла иреиӷьу артистцәа – «Романтик квартет», Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә филармониа ансамбль «Романтик квартет», асолистцәа, Л. Зыкина лыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә академиатә аурыс жәлар рансамбль «Россия» асолистцәа, аквинтет «Новый день», Москватәи асинодтә хор лыцны Урыстәыла жәлар рартистка Надежда Крыгина.  Аныҳәатә усмҩаԥгатә иҷыдоу сасны лхы алалырхәуеит ашәаҳәаҩ  Мана.

Аконцерт  алагоит асааҭ 19:00 рзы. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ақәҵара инақәыршәаны, лаҵарамза  8 (ашәахьа) иназыцҵоу ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.

Ас еиԥш аӡбамҭа 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа азгәаҭара иазу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рҽазыҟаҵара азы аҭагылазаашьақәа раԥҵара хықәкыс иҟаҵаны ишьақәырӷәӷәан.  

Аҟәа. Лаҵарамза 5,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 6 рзы Аҟәа ақалақь, Ареспубликатә стадион аҿы имҩаԥгахоит Аолимпиатә хәмаррақәа араӡнытә аԥхьахәгаҩ, ажәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза Саида Гәынба лгәалашәара иазкны атлетика лас атурнир мҩаԥысуеит.    

2007 шықәсазы иизи урҭ иреиҳабу  2008-2009шш. рзы иизи ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аҵәы аршәреи 100, 400, 800 метра рҟынӡа адистанциақәа рыла аҩреи рҿы еиҳа зылшо  ралкааразы еицлабуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аӡбаҩ хада – атлетика лас азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Лолита Назарс.

Аиҿкаара рхахьы иргеит – Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны атлетика лас Афедерациеи.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.