
pressadmin-2
АБҴАРАМЗА 15 - 16 РЗЫ «МОСКВА АҨНЫ» АҾЫ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП «МОСКВА ЛИТЕРАТУРНАЯ» ҲӘЫ ХЫС ИЗМОУ АЦӘЫРГАҚӘҴА.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 15 рзы Москаватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аҿы «Москва литературная» ҳәа хыс измоу ацәыргақәҵа аатуеит.
Аекспозициа аҿы ицәыргақәҵахоит москватәи аҭыжьырҭақәа рҿы иҭыжьыз ашәҟәқәа: асахьаркыратә классикеи ҳаамҭазтәи асахьаркыратә рҿиамҭақәеи, иара убас ахәыҷтәы литература, еиуеиԥшым ахырхарҭа змоу ашәҟәқәа – аҿыханҵа, архитектура, згәабзиара аиҷаҳарала анхара, уҳәа еиуеиԥшым атемақәа ирызку.
Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Урыстәыла ашәҟәҭыжьыҩцәа Рассоциациа (АСКИ) апрезидент, аҭыжьырҭа «Белый город» адиректор Хада Константин Чечениов, афилологиатә наукақәа ркандидат, алитературадырҩы, апоетесса, апублицист, аиҭагаҩ, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Нина Попова, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла аПЕН-центр алахәыла, урыстәылатәи ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы, апедагог, апсихолог Анна Гончарова алархәны арҿиаратә хәылԥазқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.
АБҴАРАМЗА 13 РЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АБЫЛРА ҞАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 13 рзы, Аҟәа ақалақь, Деповскаиа амҩа ала игылоу иҳараку актәи аихагылак змоу аҩны амца акит. Абылра азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра аԥыԥшырҭа ахь иҟалеит 11 сааҭи 24 минуҭи рзы.
АСЛАН БЖЬАНИА: АԤСНЫ АЕКОНОМИКА АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АИНВЕСТИЦИАҚӘА РАЛАГАЛАРА АДГЬЫЛ АҬИРА АКАЛА ИАДҲӘАЛАӠАМ.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. «Аинвестициақәа рҟынтәи ахашәалахәқәа уажәы зынагӡара мҩаԥысуеи ааигәа иазԥхьагәаҭоуи асоциалтә программақәа ирышьаҭаны иҟоуп. Арҭ ахашәалахәқәа ашколқәеи ахәышәтәырҭақәеи рыргылареи реиҭашьақәыргылареи, ҳхәыҷқәа рыкрыфареи реилаҳәареи рырҿиареи, уҳәа рзы ҳҳәынҭқарра алшарақәа ишиашоу ианыԥшуеит», - ҳәа абҵарамза 10 рзы ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада ареспублика аекономика еиуеиԥшым аусхкқәа аинвестициқәа радыԥхьалара азҵаара акыр ахшыҩзышьҭра ду аиҭоит.
«Қәҿиарала инагӡоу апроект аҳасабала аҳәаанырцәтәи акапитал алагалара азы ҿырԥштәыс иаагазар ҟалоит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иаартыз атуристтә комплекс «Тамыш Village»,-ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
«Ари акомплекс алра ахьгылахьаз, игәыгәҭажьны иҟаз тамшьтәи амшын аԥшаҳәа аҿы иргылан. Арахь инаган акоммуникациақәа зегьы, еиҭашьақәыргылан амҩа, аимадара, афымцалашара наган. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны 600 шьҭаларҭа змоу 150 коттеџьқәа ргылахеит. Иаԥҵоуп 150 инареиҳаны аусуратә ҭыԥ, урҭ рахьынтә 140 усуратә ҭыԥ аанызкыло Аԥсны атәылауаа роуп. Абжьаратәи аулафахәы араҟа инаӡоит – 32 000 мааҭ рҟынӡа. Иарбоу акомплекс ахь иалагалаз аинвестициақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 391,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Иарбоу аобиект аҟынтәи аҳәынҭқарратә биуџьеҭ иалагалаз ашәахтә шәатәқәа 12 млн. мааҭ еиҳахеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит.
АСЛАН БЖЬАНИА: «ҲАСТРАТЕГИАТӘ ПАРТНИОР ИДГЫЛАРАЛА ҲАРА ҲТӘЫЛЕИ ҲАУААЖӘЛАРИ РШӘАРҬАДАРА АШЬАҚӘЫРГЫЛАРА АЛҲАРШОИТ».
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 20 инарзынаԥшуа азҵаара ирҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа атәыла ауажәларра рҿаԥхьа атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо данықәгыла ашьҭахь.
Аҳәынҭқарра Ахада иахь азҵаарақәа аелектронтә ԥошьҭа ала иаашьҭын, иара убас иаартны аконференц – зал аҿы ирҭозгьы ыҟан.
Атәылахьчара иазкны
Арратә шәарҭадара аиқәыршәара азҵаара есымша Аҳәынҭқарра Ахада дзызҿлымҳау зҵаараны иҟоуп. Ишәеилсыркаарц сҭахын, ҳара амобилизациатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра азы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәеи аусмҩаԥгатәқәеи зегьы шынаҳагӡо: аиҿкаара-штаттә ҟазшьа змоу аиҭакрақәа рзы аӡбамҭақәа рыдкылареи урҭ рынагӡареи алыршоуп; иҳамоу алшарақәа рыла иарбоу ахықәкқәа рынагӡара азы афинанстә ресурсқәа маҷымкәа иҳаԥшааит; иҷыдоу абџьар аахәара алыршоуп. Агәра ганы сыҟоуп, ҳастратегиатә партниор идгыларала ҳара ҳтәылеи ҳауаажәлари ршәарҭадара ашьақәыргылара алҳаршоит.
Ҳара арратә ааԥхьара аганахьала ауадаҩрақәак ҳамоуп, аха уи ауааԥсыра рыбжьара аусура иадҳәалоуп, ауаааԥсыра ари ҳара ҳактив шаку инамаданы, урҭ ҳацхраауазар ауп. Ҳара апроблемақәа ҳамаӡам, зегьы шьахәлаҵәҟьа еиқәыршәоуп ҳәа иаҳҳәаӡом. Иҟоуп хырԥашьа замам ахыдҵақәа, ҳара урҭ рыӡбара иазкны аусура ҳазхиоуп. Урыстәылагьы убасҵәҟьа иахәҭоу ацхыраара зегьы ҳанаҭоит.
Аенергетикатә шәарҭадара азы
Аенергетикатә усхкы аҟны иҟоу ауадаҩрақәа иахьа ицәырымҵӡеит, урҭ уажәаԥхьагьы иҟан, асистематә ҟазшьа змоу акакәны иҟоуп. Ҳара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеиразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит, аха макьаназы иааубаратәы аиҭакрақәа зыҟмлацт. Зегьы акоуп изынҟьо: аенергетика аҿиара иалагалатәуп жәабала амиллиардқәа.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АТӘЫЛА АУААԤСЫРА РҾАԤХЬА АҲАСАБЫРБА АҞАҴАРАЗЫ ИРИҬАЗ АЖӘА НАИГӠЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа атәыла ауажәларра рҿаԥхьа ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.
«Алхрақәа раламҭалаз сара исҳәахьан Аҳәынҭқарра Ахадас салырхны иҟалозар, усҟан сусура аҽҳәара аҽеиҩшамҭаз исыдгыло акомандеи сареи инаҳагӡаз аусура азы аҳасабырба шыҟасҵо. Сара иахьа уи сажәа насыгӡоит», – ҳәа аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы еизаз ауаажәларра рхаҭарнакцәа рахь ихы рханы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Зегьы раԥхьаӡа иргыланы, Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала дазааҭгылеит ауааԥсыра акыр агәҭынчымра рызцәырызго афымцамч ала аиқәыршәра аганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.
«Аштатнҭыҵтәи афымцамч аҿыхрақәа ҳтәылауаа акыр иаргәамҵуеит. Зегьы ирдыруазар ҟалап звольҳараку афымцамҩангагатә цәаҳәа «Аҽгәара» аҿы ишьақәгылаз авариатә ҭагылазаашьа атәы. Ас еиԥш аиԥҟьарақәа рырҽеира азы иахәҭоу амаҭәахә аахәан, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра азы аиқәшаҳаҭрақәа бжьаҵан, аиҭашьақәыргылара-еиқәыршәатә усурақәа хацыркын, урҭ зегьы аграфик аԥысрала имҩаԥысуан. Аха, ҳара иҳадҳәалам амзызқәа ирхырҟьаны, афымцамч аашьҭра аанкылахеит ишьақәыргылаз аҽҳәара 15-мшы шыбжьаз. Рыцҳарс иҟалаз, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инагӡаны рхыркәшара залмыршахеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара азы аграфик ҿыц ашьақәыргылара мҩаԥысуеит. Иарбоу аусурақәа рхыркәшара аамҭа кьаҿ иалагӡаны иазԥхьагәаҭоуп.
«Аамҭалатәи афымцамч арцәарақәа зымҩаԥгахо аспециалистцәа афымцамч аашьҭра ҟалаанӡа ихымԥадатәиу усурақәа рынагӡара рылдыршарц азы ауп», – ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада. Уи иара убас ауааԥсыра аамҭала ишьақәгылаз ауадаҩрақәа еилкаарала иазнеиларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Аслан Бжьаниа акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аҿагылара азы инагӡаз ауснагӡатәқәа ҷыдала дазааҭгылеит.
«Ари акризис аиааира азы ҳамчқәа зегьы еизакны ахархәара аҭан. Сара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ауаажәлар ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ахьчара азы аус зуаз – ҳҳақьымцәа, аволонтиорцәа, анаплакыҩцәа, аусдкылҩцәа, абзиаҟаҵаҩцәа, уҳәа Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш згәы иҵхоз зегьы. Ҳара иҳалшеит ари даара ишәарҭоу, аха убри аан иумбо аӷа иҿагылара», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы ҷыдла ахшыҩзышьҭара аҭахоит атәылахьчаралшареи амобилизациатә зыҟаҵара азҵаареи.
Апандемиа иадҳәаланы имаҷымкәа ауадаҩрақәа шыҟазгьы, 2021 шықәсазы, аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахашәалахәқәа рыла арбагақәа инацҵаны анагӡара алыршахеит.
«Ҳара сынтәагьы ари хра злоу атенденциа иацҵахоит ҳәа аҳәаразы алшара ҳамоуп»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА АПАНДЕМИА АҾАГЫЛАРА АЗЫ 2020 ШЫҚӘСА ИНАРКНЫ РАШӘАРАМЗА 1, 2022 ШЫҚӘСАНӠА ИНЫХЫН 1 МЛРД. 18 МЛН.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа атәыла ауажәларра рҿаԥхьа атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо, «акоронавирустә ҿкы чымазара иақәҳарџьыр акәхеит абазатә инфраструктура ахь алагалақәа ираҟароу аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ», ҳәа иазгәеиҭеит.
Аслан Бжьаниа иарбоу аԥаратә хархәагақәа рныхра ахырхарҭас иаиуз инарҭбааны еиҭеиҳәеит. Убас, амедицинатә усзуҩцәа руалафхәы ацҵа ахь ахарџь 281,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аковидтә хәышәтәырҭа Хада афункциақәа назыгӡоз Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аусура аиҿкааразы идәықәҵан 102,1 млн. мааҭ. Уахь иаҵанакуеит акомпиутертә томографиа азы ахыбра аҿакы аҭара, апациентцәа рыкрыфара аиҿкаара, апациентцәа цәарҭамаҭәала реиқәыршәара, арентгентә аппарат азы аиқәыршәагақәеи амедицинатә ҵыҵәри раахәара, абиотехникатә маҵзурақәа рымҩаԥгара, адизельтә генератори егьырҭ аиқәыршәагақәеи раахәара, уҳәа убас ирацәаны.
Амедицинатә еиқәыршәагақәа, ахәшәқәеи аныхтә маҳәахәқәеи раахәаразы зынӡа иазоужьхеит 503,9 млн. мааҭ.
Аҵараиурҭақәеи егьырҭ асоциалтә инфраструктура иаҵанакуа аобиектқәеи рҿы излауа ала аасанитар-епидемиологиатә шәарҭадара алыршара азы аҳауа азҩыдатәра иазку аппаратқәа: аҳау азҩыдатәра иазку аультра-дәыкрынԥшратә шәахәаркыга-рециркулиаторқәа раахәара мҩаԥган. Уи иақәхарџьхеит 3,45 млн. мааҭ, 30 аҵәыҵәритә еизакыгақәеи арыԥҳақәа рыҩныҵҟа аҳауеиҭарсразы аппаратқәеи (ИВЛ) раахәаразы иныхыз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 23,3 млн. мааҭ иреиҳахеит.
АСЛАН БЖЬАНИА: АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА, АЗАКӘАНРЕИ АЗИНЛЕИШӘЕИ РЫХЬЧАРА ИАЗКУ ХАДАРА ЗЛОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ИНСИТУТНЫ ИҞОУП.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа – амилициа Амш рыдиныҳәалеит.
«Амилициа Амш – ари зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыли зыуаажәлари азакәани рыхьчара иазызкыз ауаа рныҳәа ауп. Аԥсны амилициа аҭоурых абар шьҭа шәышықәса ирхысит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рыжәлари Рыԥсадгьыли рыхьчара аус гәыкала ишазнеиуа изныкымкәа ишьақәдырӷәӷәахьан. Абџьар кны ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи рыхьчон, ҳауаажәлар рҭыч бзазара алыршара азы ацәгьоура иаҿагыланы иқәԥон.
Иахьа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, уи аҟәшеиҵақәеи аструктурақәеи, азакәанреи азинлеишәеи рыхьчара иазку хадара злоу аҳәынҭқарратә институтны иҟоуп. Акриминал, акоррупциа аҿагылара, ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭреи, иара убас рмазареи рыхьчареи ҳаԥсҭазаара аусхкқәа зегьы рҿы азакәан аԥыжәара ашьақәырӷәӷәареи рганахьала шәара инашәыгӡо аусура арбагақәа зеиӷьаҟам ала иаадырԥшуеит шәзанаааҭдырра аҩаӡара ҳаракы. Аҳәара ҟасҵоит аринахысгьы ареспубликеи уи ауааԥсыреи ринтересқәа рыхьчара иазку аусура хьаҳәхьачарада инашәыгӡаларц. Аҳәынҭқарраҿы шәара шәмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иаашәырԥшуа ахамеигӡара акар аҳаҭыр рзақәуп, аха акырӡагьы аҵанакуеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русура ҳаамҭазтәи ахыдҵақәеи аҭаххрақәеи ирықәшәо аҟаҵара.
ЛАША АШӘБА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АСИСТЕМА АУСЗУҨЦӘА АМИЛИЦИА АМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асистема аусзуҩцәа Амилициа амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Вальтер Сергеи-иԥа!
Шәаргьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асистема аусзуҩцәа зегьи аветеранцәеи ишәыдаҳныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!
Аԥсуа милициа аветеранцәа иаԥырҵаз аҵас бзиақәа рықәныҟәарала, ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа ҳасаб рзуны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат хада аколлективқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ақалақьқәеи араионқәеи русбарҭақәеи рнапы алакуп иуадаҩу, аҭакԥхықәра зцу ауснагӡатәқәа рыӡбара.
АСЛАН БЖЬАНИА: АҲӘЫНҬҚАРРА АЕНЕРГЕТИКАТӘ УСХКЫ АНАПХГАРАҬАРА АҾЫ ИХАДОУ АРОЛЬ ШЫНАНЫГӠАЛАЦ ИНАНЫГӠАЛАРОУП.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарреи ауаажәларреи иҭышәынтәалоу рыԥҭсҭазаара иашьаҭаны иҟоуп – амҩақәа, афымцамчмҩангагақәа, ӡыла аиқәыршәара, уҳәа егьырҭ акоммуникациақәа, ҳәа ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҳасабырбатә аамҭа азы Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы амҩатә инфраструктура аиӷьтәра азы иҟаҵоу маҷӡам.
Еиҭашьақәыргылоуп 106 километр рҟынӡа амҩақәа, ацҳақәа 6, адгьылҳәазара аганахьала акыр ашәарҭара зцу аучасткақәа 5 аҵаргәатә ҭыӡқәа рыла ишьақәыргылоуп. Иарбоу ахықәкқәа рынагӡара иақәхарџьхеит 240 млн. мааҭ.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, амҩақәа реиҭашьақәыргылара иалагаанӡа аӡымҩангагатә, аӡҩаршьҭратә, уҳәа уи иадҳәалоу аинфраструктура ишахәҭоу ала аус ауа аҟаҵаразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргон, анаҩс ауп амҩақәа реиҭашьақәыргылара ианалагоз, ахәҭакахьала акаҭран анышьҭарҵоз. «Ас еиԥш аус азнеишьа ахәшьара арҭахьеит Аҟәа аԥшаҳәа иаԥну аҭыԥқәа рҿы инхо ауааԥсыра. Урҭ аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы рзы ақәоурақәеи ақәыршыҩи раан акыр ауадаҩрақәа ирықәшәон, ҳазҭоу ашықәс азы уи аҩыза ауадаҩрақәа рызцәырымҵӡеит, избан акәзар еизо ацәықәбар зегьы ишахәҭоу ала аӡҩаршьҭрақәа рыла ицоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
АСЛАН БЖЬАНИА ҨЫ-ШЫҚӘСЕИ БЖАКИ РЫЛА АТӘЫЛА АХАДАС ИҞАЗААРА ААМҬА ИҬАГӠАНЫ ИМҨАԤГАЗ АУСУРА АЗЫ АҲАСАБЫРБА ҞАҴО ДЫҚӘГЫЛОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо дықәгылоит. Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз аилыркаарақәа рыла, Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра аанкылан иазԥхьагәаҭаз аҽҳәара 15 мшы шыбжьаз, убри иахҟьаны ацәаҳәа аҟны ианаамҭаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара залмыршахеит.
«Афымцамч аҿыхра аграфик алагалара, ари зда ԥсыхәа ыҟам усуп» ,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада атәыла Анапхгара ала аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара аизырҳара азы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥнагоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.