вчера

Аԥсны иазгәарҭеит Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара Амш.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Даҵарамза 21, 2025 шықәса рзы 161 шықәса ҵит IX ашәышықәсазы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Ааигәа Мрагылара еиуеиԥшым атәылақәеи рахь ихҵәаны имцар ада ԥсыхәа рызымҭаз аурыс-кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи.

Ари амш аҽны ахәылбыҽха Аҟәа амҳаџьырқәа ргәалашәара иазку аныҟәара еиҿкаахеит. Акциа алахәылацәа аԥсуеи адыгеи бираҟқәа, аҵәыџьмцақәа кны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи амҳаџьырцәа рбаҟа аҟынӡа инеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз амҳаџьыраа рхылҵышьҭрақәа, ауаажәларра, астузентцәеи ашколхәыҷқәеи Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи амшын ашәҭырқьақьақәа хырҵеит, анаҩс абаҟа аҿаԥхьа Ашьамаҟа рыблит, итрадициатәу Нарҭаа рымца еиқәырҵеит.

Иахьа иара убас, Гагра Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит. XIX ашәышықәсазы зыԥсадгьыл ааныжьны ицаз амҳаџьыраа рбаҟа ахьыргылахо аҭыԥ аҿы иҟоу аобелиск  амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵареи алахьеиқәҵаратә митинги мҩаԥысит. Имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә иалахәын атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, араион анаԥхгара, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра.

***

Аԥсны амҳаџьыраа ргәалашәара Амш 2011 шықәсанӡа иазгәарҭон лаҵарамза 31 рзы,  2011 шықәса раахыс  – лаҵарамза 21 рзы.

Лаҵарамза 31, 1990 шықәса рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы агәалашәаратә хаҳә шьҭарҵеит, цәыббрамза, 2010 шықәса рзы уи аҭыԥан абаҟа дыргылеит.  Абаҟа аџьаз иалху аҿыуаҩи уи иҽыҩи рсахьа аазырԥшуа аскульптура ауп. Зҭаҷкәым раҵәаны хыхь ирхоу анапы аиҭарҿиара иасимволны иҟоуп. Амҳаџьыраа ргәалашәара иазку аскульптура автор – еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, аскульптор Геннади Лакоба иоуп.

Аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵышьҭрақәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз аԥсуа-абазақәа ргәалашәара аҳаҭыразы Ҭырқәтәыла, Қьефқьен адгьылбжьахаҿы игылоу амҳаџьыраа ргәалашәара абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.  Қьефқьен аҟәара – XIX-тәи ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы зҭоурыхтә ԥсадгьыл ақәҵра зқәашьхаз аԥсуа-адыга диаспора раԥхьаӡа иахьықәнагалаз ҭыԥуп. Қьефқьен – ашьхарыуаа зҭаз аԥраӷбақәа ахьызӡхыҵуаз мшынҿықәуп, урҭ реиҳараҩӡак аԥсуаан. Атәым дгьыл аҟны амҳақьырцәа раԥхьа хкыдкыларҭас ироуз ааигәа иҟаз аҳаԥқәа роуп. Амлакреи ахьҭеи идыргәамҵхьаз ахҵәацәа ачымазара рылагьежьит. Имлашьуаз ауаа иаарымԥыхьашәоз рфон, ачымазарагьы ршьапқәа аарыҵнахуан. Иара уаҵәҟьа аҳаԥқәа рзааигәара анышә иамардон.. Аҳаԥқәа рҿы макьаназгьы еиқәханы иҟоуп абарҭ ауаа иҟарҵоз аҩырақәа, 1860 шықәса ҳәа зҵаҩу. Хьыӡҳәала Қьефқьен ауп иахьыӡхыгаз 1877 шықәсазы аҵыхәтәантәи аԥсуа мҳаџьырцәа. Абри апровинциаҿы, иаҳа ииашаны иуҳәозар, Кандыр ақалақь аҿы ауп иахьыҟоу Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рнышәынҭра. Уи «азеиҭынҵлақәа рнышәыҭра» ҳәагьы иашьҭоуп.

Есышықәса маи 21 азы Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа абраҟа еизоит, амшын ихырҵоит ашәҭ рқьақьақәа, атеатртә ҟазшьа змоу ақәгыларақәа мҩаԥыргоит, еиҿыркаауеит аиԥыларақәа. Абарҭқәа зегьы зызку – аҿар рабдуцәа рҭоурых рдыруазарц ауп.

Аха акыр амыҟәмабарақәа рыхганы, атәым дгьыл аҿы зыԥсы еиқәханы анхара иалагазгьы ҟалеит. Урҭ ирылшеит хәыҷы-хәыҷла ҿыц анхара нап аркра. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа, ирылшеи рбызшәа, рџьабзқәеи рҵасқәеи рыьрадициақәеи рмилаҭтә цәаҩеи реиқәырхара. Ауаа рҽазыршәон дара иаанрыжьыз Аԥсны ақыҭақәа еиҳа иреиԥшу аҭыԥқәа рҿы анхараҬаацәацыԥхьаӡа абиԥарк аҟынтәи даҽа биԥарак ахь ииаго иахьа уажәраанӡа имырӡкәа иааргоит Рыԥсадгьыл, Аԥсныҟа ахынҳара азгәышьра.

 

 

 

 


Прочитано 188 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.