Азал аиҭашьақәыргылара Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҟаиҵаз аиҿкааратә цхыраарала имҩаԥган.
«Ҳара ҳашкол аушьҭымҭа Лаша Ашәба ацхырааразы ҳидҵаалеит. Аҳҭнықалақь Ахадарагьы иара убас аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟанаҵеит. Аспортзал даара игәыгәҭажьны иҟан. Ӷәӷәала ақәа анауаза амшқәа рзы ауада аӡы ҩналон. Адашьма баахьан, аҭыӡқәа аԥаҟәа иаганы иҟан», – ҳәа илҳәеит Рита Бениа.
Лаша Ашәба ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аспорттә зал ҿыц аартра рыдиныҳәалеит. Ашкол сынтәа Ашкол 65-шықәса ахыҵра азгәарҭараны иҟоуп. Апарламент Аиҳабы аибашьра ашьҭахь ари ашкол далгеит.
Апарламент Аиҳабы Аԥсны анапхгареи Аҟәа ақалақь ахадеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз ацхыраара азы.
«Ҳара ацхыраара ду ҳарҭеит, ахыб аԥсахраҿы иҳацхрааит, иҳаҩсыз ашықәс азы аклассқәак реиҭашьақәыргылара алыршахеит», - ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.
Уи иара убас Краснодартәи атәылаҿацә ашкол аҳамҭа ду шанаҭаз, уи азааигәара ҳаамҭа иақәшәо аспорттә дәы шаргылаз иҳәеит.
Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аспорттә зал ҿыц аартра рыдиныҳәалеит, уи шьҭарнахыс иҿыцу аспорттә еихьӡарақәа рыҟалара ишацхраауа азы агәрагара ааирԥшит.
«Ҳара аринахысгьы ашкол адгылара аҭаразы иааиуа 2026 шықәсазы ақалақьтә биуџьет аҿы аусмҩаԥгатәқәак азԥхьагәаҳҭахьеит», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа аспорттә зал аиҭашьақәыргылара ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчара хықәкыс иҟаҵаны имҩаԥган ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
Аусмҩаԥгатә аофициалтә хәҭа ашьҭахь ашколхәыҷқәа ықәгылеит. Урҭ аспорт иазку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит ашәақәа рҳәеит. Аномер шьахә еизаз иддырбеит агимнастка ҿарацәа.








