15-декабря-2022

АБИУЏЬЕҬ АҞЫНТӘИ АУАЛАФАХӘЫ ЗАУА РУАЛАФАХӘЫ АШӘАРА АЗЫ АФИНАНСҚӘА РЕИЦЗОУЖЬРА ИАЗКУ АИҚӘШАҲАҬРА АЗИНМЧЫ АҼҲӘАРА 2025 ШЫҚӘСАНӠА ИАЦҴАХОИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны агәабзиарахьчара, аҵарадырра, анаука, акультура, аспорт, ауааԥсыра асоциалтә цхыраара рыҭара, уҳәа аусхкқәа рыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра Урыстәылатәи Афедерациа аԥаратә хархәагақәа рыла аицфинанстәра аҭагылазаашьақәеи аԥҟарақәеи рзы» мшаԥымза 14, 2015 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы Аԥкаанҵа» аратификациа азыруит.   

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥылгеит Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы есымшатәи ихаҭарнак Наҭелла Ломиа.

Аԥкаанҵа Аиқәшаҳаҭра аиҭкрақәак алагалара азԥхьагәанаҭоит. Убас ала:

  • Аиқәшаҳаҭра азинмчы 2025 шықәсанӡа ацҵара;
  • Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аулафахәы ашәара аицыфинансыркра азы Урыстәылатәи Афедерациа иазоунажьуа афинанстә хархәагақәа реицҵалыҵ аиҭакрақәа ралагалара;
  • Аицыфинансркра азы инацҵаны аҭагылазаашьа ашьақәырӷәӷәара: усзуҩык аамҭак ала иааникыло мызктәи азыԥҵәа 1,5 аштаттә акқәа иреиҳамзароуп,
  • иазоужьхо афинанстә хархәагақәа рхархәара аҳасабыркра иҿыцу аформа ашьақәыргылара, Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхреи уи аицыфинансркра аҭагылазаашьақәа зегьы рынагӡара.

«Аԥкаанҵа  иалагалаӡам Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара иаҿагыло аԥҟарақәа, иара убас Аԥкаанҵа ақәныҟәара азы аҳәынҭқарраҩныҵҟатәи азиншәҟәқәа рҭыжьра аҭахны иҟам», - ҳәа иазгәалҭеит Наҭелла Ломиа.

Аԥсны афинансқәа Рминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, 2023 шықәсеи уи иашьҭанеиуа 2024, 2025 шықәсқәеи рзы ареспубликатә биуџьеҭ азы азиншәҟәқәа рыдкылараан, иарбоу Аԥкаанҵа аратификациа ашьҭахь азинмчы аиур, уи иарбоу аҭагылазаашьақәа ҳасаб рызухоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика Аминистрра алкаа инақәыршәаны, Аԥкаанҵа аратификациа хра злам аекономикатә хҟьаԥҟьақәа ацӡам.

Аԥкаанҵа аратификациа азы еицҿакны зегьы рыбжьы рҭиит.

 

 


Прочитано 1168 раз Последнее изменение 15.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.