15-декабря-2022

АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҞНЫ АЛЕҚСАНДР ЧАЧБА-ШЕРВАШИӠЕ ДИИЖЬҬЕИ 155-ШЫҚӘСА АҴРА ИНАМАДАНЫ АЦӘЫРГАҚӘҴА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, асценограф, аҟазадырҩы, асахьаркыратә критик ду Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи  155-шықәса аҵра иазкны ацәыргақәҵәа мҩаԥысит.

Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа ацәыргақәҵа аартуа, Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе ибзоураны аԥсуа жәлар адунеитә культура иахәҭакны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.  

«Уи иҟазара хкы рцәала еилоу зымҽхак ҭбаау цәырҵроуп. Даара инасыԥ дууп ҳажәлар рзы ас еиԥш иналукааша асахьаҭыхыҩ дахьрылиааз, насгьы уи иусумҭақәа ҳаамҭа аҟынӡа еиқәырханы иахьааз, ҳара урҭ ҳрыхәаԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа ахьҳамоу,» - ҳәа илҳәеит Ельвира Арсалиа.

Аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоуп 80 инареиҳаны асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа – асахьаҭыхыҩ петербургтәи иԥсҭазаара иалагӡаны, Александриатәии Мариинтәи атеатрқәа рҿы аус аниуаз иаԥҵаз акостиумқәа рескизқәеи адекорациақәеи.

Аекспозициа аҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит аусумҭа «Автопортрет». Уи азы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе Франциа асахьаҭыхыҩцәа рмилаҭтә еилазаара ахь дрыдыркылеит.

Хықәкыла аусмҩаԥгатә алахәхаразы Аԥсныҟа дааит Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе имоҭа лыԥҳа  Татиана Заицева.

«Санкт-Петербург сыҟаны Аԥснынтәи исоуа аԥхарра сара сзы есымша акырӡа аанагон. Сара излауа ала ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа зегьы рылахәхара сҽазысшәоит. Ибзиан, ацәыргақәҵа иаҭаауа доусы ихазы хадара злоу иҿыцу, аинтерес зҵоу ак ибар», - ҳәа илҳәеит лара.  

Ацәыргақәҵа аҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит  асахьаҭыхыҩ зыхьӡ нагоу алегендартә «Аурыс балет» аҿы Диагилев инапхгарала  (1920 -1948 шш.) асценографс иусура аамҭа азы иаԥиҵаз аусумҭақәа рсериа – абалет «Лебединое озеро» (Лондон), «Весна священная»,  «Веселая смерть» (Париж) рзы аескизқәа. Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы имҩаԥысуа ацәыргақәҵа аҿы иара аамҭазы ахәшьара ҳарак зауз аламҭалауаа: Н.Н. Евреинов, М. Шервашиӡе, Н. Бутковскиа, К. Биссон, уҳәа рпортретқәа.

Асахьаҭыхыҩ Сурам Сақания, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи Аԥсны акультура Аминистрреи рыцхыраарада ацәыргақәа аиҿкареи амҩаԥгареи акыр иуадаҩхон ҳәа иазгәеиҭеит.

Аиҿкаара рхахьы иргеит: Аԥсны акультура Аминистрра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Аԥсны аҳәынҭқарратә милаҭтә сахьатә галереиа,  Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла, Ацәыргақәҵатә зал-Хада.

Ацәыргақәҵа аус аулоит ԥхынҷкәынмза 24 аҟынӡа.


Прочитано 1253 раз Последнее изменение 16.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.