31.01.23

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АӠБАРАТӘ НАГӠАҨЦӘА РМАҴЗУРА АҾЫ АГӘАҬАРАҚӘА МҨАԤНАГОИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа Аминистрра ақәыршаҳаҭрала Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура аусзуҩцәа рганахьала азакәан еилазго ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аԥхьырҟәҟәаара азы аоперативтә информациа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.

Аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура анапхгаҩы аиустициа аминистр аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа имҩаԥырго апроцессуалтә уснагӡатәқәа рзы адырра ииҭеит.

Аиустициа Аминистрра аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа имҩаԥырго агәаҭарақәа рҿы иахәҭоу ацхыраара нагӡаны  ирынаҭоит.

 

РГУ "АПСНЫМЕДИА" Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" © 2023 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info. При полной или частичной перепечатке текстовых материалов в интернете гиперссылка на www.apsnypress.info обязательна.