15-марта-2023

ВИАЧЕСЛАВ ЧЫРКБА: «АҲӘЫНҬҚАРРА АДЕМОГРАФИАТӘ ПРОБЛЕМА АӠБАРА ИАҴОУ АҴАКЫ АХАДАРА ЕИЛНАКААУАЗАРОУП».

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр ахаша, хәажәкырмза 15 рзы  И. Папасқьыр ихьӡ зху  Амилаҭтә библиотека аҿы, ареспублика аҿы ишьақәгылаз адемографиатә ҭагылазаашьа иазкны астол гьежь мҩаԥнагеит.

Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор, афилологиатә наукақәа рдоктор Виачеслав Чыркба инапхгара имҩаԥысуаз аилацәажәара иалахәын атәыла агәабзиарахьчара аминистр ахаҭарнак  Беслан Кациа, Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиуратә ҟәша аиҳабы Белла Ԥлиа, арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ заместитель Едуард Гамсаниа, ААУ абиологиа-географиатә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ, агеогрфиатә наукақәа ркандидат Нури Багаԥшь, аполитолог Наҭелла Акаба, астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр абызшәатә политика аҟәша аусзуҩ Асҭанда Ҳашба.

Алагалатә ажәахә аҟаҵо Виачеслав Чыркба, Қырҭтәыла аганахьала потенциалла арратә шәарҭара ашьҭахь зегьы иреиҳау проблеманы иҟоуп ҳәа иуҳәаратәы иҟоуп адемографиатә проблема ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Аибашьра ахҟьаԥҟьақәа инарымаданы ишьақәгылаз хра злам атенденциақәеи, иара убас акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиаеи ирыхҟьаны, ҳтәыла аҿы акыр иуадаҩу адемографиатә период шьақәгылеит.   Зыԥсҭазаара иалҵыз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ииаз  рхыԥхьаӡара аасҭа акыр аиҳахара иадҳәалахаз аҭагылазаашьа арҽеира азы ихымԥадатәиуп аира азҳареи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәреи алыршара. Уи ишиашоу иадҳәалоуп аԥсуа милаҭтә етноси иааизакны иара аҳәынҭқарреи реиқәырхара», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.  

Виачеслав Чыркба игәаанагарала, Аԥсны адемографиатә процессқәа рымҩаԥысра иаԥырхагоу афакторқәак ыҟоуп: аԥсҭазаареиқәыршәареи амедицинеи илаҟәу аҩаӡара; арыжәтәхҭакреи анаркоманиеи; аԥсуа милаҭ ахаҭарнакцәа хыԥхьаӡара рацәала амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рҿы рҭахара; ауааԥсыра ақыҭантәи ақалақьқәа рахь нхараҳәа рыиасра (рмиграциа), уи ӷәӷәала аира иагнархоит; Украинантәи ахҵәацәеи Абжьаратәи Азиантәи аџьатә мигрантцәеи раара.

Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор агәра ганы дыҟоуп аҳәынҭқарра аира аизҳара аконцепциа аиқәыршәареи уи азы конкретла аусбарҭақәа азԥхьагәазҭо апрограмма адкылареи алнаршароуп. Иара убас, иарбоу ахырхарҭа ала аусура ахылаԥшра азҭо акомиссиеи иарбоу ахықәкқәа рынагӡаразы ихымԥадатәиу аԥаратә хархәагақәа ахьеизакхо афонди раԥҵара хымԥадатәны иҟоуп.

Виачеслав Чыркба адемографиатә кризис алҵразы ҩ-хырхарҭак аликааит. Актәи – аинтенсивтә. Уи аира аизҳареи аҭыԥантәи ауааԥсыра рыбжьара аԥсрақәақәа реиҵатәреи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара ала ишьаҭаркуп. Аҩбатәи – аекстенсивтә. Уи еиуеиԥшым аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтәи ҳџьынџьуаа рырхынҳәра иадҳәалоу апроцессқәа рактивизациа алыршара. Арҭ авариантқәа ирымоуп хра злоу аганқәа реиԥш агхақәагьы. Уи қәҿиарала амҩаԥысра рыбжьара ииашаны ишьақәыргылахо абаланс иадҳәалахоит.

«Аҳәынҭқарра адемографиатә проблема аӡбара иаҵоу аҵакы ахадара еилнакаауазароуп, уи аӡбара азы иамоу амчи алшареи иамеигӡалароуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.  

Асҭанда Ҳашба иҟалҵаз ажәахә аҟны иҟоу аԥсуаа рхыԥхьаӡара аҽшьрақәа, ихьшәаны аҭаацәа алалара, уҳәа афакторқәа анырра анаҭоит ҳәа иацылҵеит.  Уи лгәаанагарала, ауаажәларра рҿы аҭаацәарацәара хра злоу аимиџь аԥҵара акырӡа аанагоит.

«Ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа – ари ажәытәра иагахьоу акакәны иҟам, уи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иузаҟәымҭхо иадҳәалоу реалла иҟоу ашанс ауп», – ҳәа лгәаанагара лҳәеит Асҭанда Ҳашба.

Вадим Ҳаразиа, ҳџьынџьуаа ррепатриациа хра злам анырра азҭо аиуристтә оментқәак ыҟоуцп ҳәа иазгәеиҭеит. Иаагозар, Аԥсны атәылауаҩра уоурц азы Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ада, даҽа тәылауаҩрак мап ацәктәуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра уажәазы ахьыԥшымра азхазҵахьоу атәылақәа ахьырацәам инамаданы, ас еиԥш ашьаҿа аҟаҵара згәаӷьуагьы митәык ирацәам.

Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәааҿгьы апроблемақәа ыҟоуп. Вадим Ҳаразиа игәаанагарала, егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ҳџьынџьуаа Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаахьчаҩцәа акыраамҭа игәарҭоит, уи иахҟьаны идуу агәараан шьақәгылоит. Убасгьы ахҭысқәа аҭыԥ роухьан амобилтә ҭел ахархәаразы азин анрырымҭоз. Аҵыхәтәан иазгәаҭатәуп даҽакгьы, Аԥсни Ҭырқәтәылеи ииашоу мшынла аимадара рыбжьаӡам. Уи арепатриациа иаԥырхагоу ауадаҩрақәа рыхәҭак ауп.

Белла Ԥлиа ишазгәалҭаз ала, амедицинатә ганахьала уахәаԥшуазар, усҵәҟьа иуадаҩу аҭагылазаашьа ыҟам. Иаагозар, аҵыхәтәантәи 10 - шықәса рыла аҳәынҭқарра ҳаамҭа иақәҳәо атехника ала ахшараиурҭа аиқәыршәара алнаршеит, аҳәса рыдкыларҭа ахыбра аҟны шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара мҩаԥгоуп. Ахшараиурацхыраара азы ибзиоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иааубаратәы астатистика аиӷьтәра алнаршеит. Аҳәса ахшараиуразы Урыстәылаҟа, ма Қырҭтәылаҟа рцара иадҳәалоу ахҭысқәа ракәзар, уи лара лажәақәа рыла, адемографиатә шәарҭара ацны иҟам, избан акәзар ахшара данлоу ашьҭахь аԥҳәыс лхәыҷы длыцны Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Иара убас, уи ишазгәалҭаз ала, зынӡа царҭа змам аҭагылазаашьа ҟамлар, Аԥсны анҭыҵ ацара хымԥадатәны иҟам.

«Ҳара ҳтәылауаа ацхырааразы иҳадҵаалаларц ҳҭахуп. Ҳара ҳусура азы аҭакԥхықәра дуӡӡа наҳагӡоит», – ҳәа илҳәеит лара.

Абгара ақәиҭымзаара адемографиа ишԥаныруеи ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Белла Ԥлиа ари азакәан ибзианы ахы аанарԥшит ҳәа иазгәалҭеит. Уи илымоу адыррақәа рыла, иарбоу ахықәкы анагӡаразы Аԥсны анҭыҵҟа ицо рхыԥхьаӡарагьы иагхеит.

«Сара хаҭала  – абгара иаҿагыло уаҩуп. Аԥҳәыс имиц лыхшаара ишьра азы сылгошәа иҟалоит. Ари даара игәымбылџьбароу операцианы иҟоуп, сара уи саҿагылоит», –  ҳәа иазгәалҭеит лара.

Едуард Гамсаниа игәаанагарала аџьатә мигрантцәа адемографиатә ҭагылазаашьа анырра аҭара рылшаӡом, избан акәзар иарбоу апроцесс ахылаԥшра амоуп, аусуразы азин максималла шықәсык аҽҳәара аҭаны ирыҭахоит, убас ала, агастарбаитерцәа  Аԥсны атәылауаҩа роуртә аҭагылазаашьа ыҟаӡам.  

Беслан Кациа ишазгәеиҭаз ала, ашьагәыҭтә милаҭ аԥыжәара закәантә шьаҭала аԥҵареи зхаҭабзиара аҩаӡара ҳараку амедицина ацхыраарала аԥсынҵры ацҵара  азы акцент аҟаҵареи хымԥадатәиуп.

«Уи азы атәыла аҿы иахәҭоу алшарақәеи апотенциали ыҟоуп», – ҳәа алкыы ҟаиҵеит Беслан Кациа.


Прочитано 770 раз Последнее изменение 16.03.2023
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.