Items filtered by date: Аԥшьаша, 10 Ԥхынгәы 2025
Бадра Гунба и Сергей Кириенко обсудили запуск морского сообщения между Сухумом и Сочи
Сухум. 10 июля 2025. Апсныпресс. Состоялось выездное совещание с участием Президента Республики Абхазия Бадры Гунба, Первого заместителя Руководителя Администрации Президента РФ Сергея Кириенко и директора Азово-Черноморского филиала ФГУП «Росморпорт» Анны Фоменко.
Бадра Гунба и Сергей Кириенко совершили прогулку по набережной Сухума
Сухум. 10 июля 2025. Апсныпресс. Президент Абхазии Бадра Гунба совместно с российской делегацией во главе с Первым заместителем Руководителя Администрации Президента РФ Сергеем Кириенко совершили прогулку по набережной Сухума.
Более 20 тысяч дебетовых карт выдано пенсионерам с гражданством России, проживающим в Абхазии
Сухум. 10 июля 2025. Апсныпресс. ПСБ исполнил поручение президента Российской Федерации и реализовал важнейшую социальную задачу по обеспечению бесперебойных пенсионных выплат нашим согражданам, постоянно проживающим в Республике Абхазия. Об этом в ходе рабочего визита в республику сообщил Михаил Дорофеев, заместитель председателя ПСБ.
Урыстәылатәи аепидемиологцәа аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рырҭоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аепидемиологиа, аҿкытә патологиеи аиммунологиеи русхкы аҿы инагоу урыстәылатәи аҵарауаҩ Вадим Покровски зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла ахархәара ахылаԥшра Аусбарҭа Хада (Роспотребнадзор) аҟны иҟоу аҭҵаара-дырратә Институт Хада аделегациа идикылеит.
Атәылахьчара Аминистрра афицарцәа Аԥсны ашколхәыҷқәа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа рхархәашьа ддырҵоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра арра-патриоттә усура ахырхарҭақәа ируакуп ашколхәыҷқәа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа рхархәашьа дырҵара.
Ԥхынгәымза 10 рзы И.А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол аҿы атәылахьчара Аминистрра аспециалистцәа аҿар арратә занааҭқәа разыҟаҵара, атехникатәи атактикатәи адыррақәа раиуреи рхархәареи рзы FPV-дронқәа реибыҭареи рнапхгараҭареи ддырҵон.
Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Аганқәа аенергетика, ашәахтәқәҵара, аҵарадырреи агуманитартә аԥшьгарақәеи, уҳәа реиԥш иҟоу аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Сергеи Кириенко Аԥсныҟа дааит аусуратә ныҟәарала.
Дамеи Аҩӡба: «Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара – уи алахәылацәа зегьы ирҭакԥхықәроу усуп».
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Дамеи Аҩӡба амашьынарныҟәцаҩцәа рахь амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, урҭ еиларымгаларц, амҩаҿы иахьынӡауа ала агәҽанызаара аадырԥшларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит. Иара амашьына арццакра арежими атранспорттә хархәагақәа рыбжьазаареи аҟәныҟәара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Астатистикала, амашьына арццакреи атранспорттә хархәагақәа рыбжьазаареи арежим аилагара ауп аиҳараӡак амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа зыхҟьо.
«Амашьына арццакреи атранспорттә хархәагақәа рыбжьазаареи арежим нашәыгӡала. Амҩаҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа ирықәымшәо амашьына арццакра алхра, арццакра арежими амашьынақәа рыбжьазаара рзы иҟоу аԥҟарақәеи реилагара, астатистика ишаҳнарбо ала, аиҳарак амҩатә машәырқәа зыхҟьо ауп. Шәааԥсаны, мамзаргьы шәгәы рахәымкәа шәшыҟоу ахаангьы амашьына аԥсҟы шәымкын. Ижәдыруаз, иџьбароу арыжәтәи артранспорттә хархәагақәеи – ари иузеидымкыло еилкаарақәоуп. Амашьына аԥсҟы анышәкуа излауа ала агәҽанызаара аашәырԥшла, амҩа шәанықәу ҭелла шәымцәажәалан, шәышиашоу шәымҩахь шәыԥшла, – ҳәа иҳәеит иара.