pressadmin-2
Аҟәа ақалақь амҩақәа руак Салыбеи Арӡынба ихьӡ ахырҵоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара жьҭаарамза 3 рзы имҩаԥнагаз аилатәара аҿы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟынтәи Аҟәа ақалақь аҿы Черниавски ихьӡ зху амҩа Салыбеи Арӡынба ихьӡ ахҵара азы аҳәара зну ашәҟәы иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Нанҳәамза 11, 2023 шықәсазы иаашьҭыз ақалақь ахада ишәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадарахь иадҵаалеит атәылахьчара аминистр В. Ануа, аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы А.Цыгәба, иара убас ақалақь ауааԥсыра. Урҭ дара ахьынхо Черниавски ихьӡ зху амҩа Аԥсны Афырхаҵа, Леон иорден занашьоу, Жәлар рфорум активла иалахәыз, Аҟәа ақалақь раԥхьатәи арратә комендантс иҟаз Салыбеи Арӡынба ихьӡ ахҵаразы аҳәара ҟарҵеит».
Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа иколлегацәа-адепутатцәа аҳҭнықалақь ахадарахь иаарышьҭыз ари ашәҟәы мыцхәы идуум Черниавски ихьӡ зху амҩала инхо ауааԥсыра зегьы рнапы шаҵарҩыз азы адырра риҭеит. Иара Черниавски ихьӡ ақалақь ахсаалаҿы ишаанхо, избан акәзар амҩа ауп зыхьӡ рыԥсахуа, убри аан иара уааҵәҟьа иҟоу амҩабжьахала уаанӡа еиԥш уажәгьы атәылаҿацәҭҵааҩы, аԥсабараҭҵааҩы–азоолог Владимир Черниавски ихьӡ ахызаауеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Дмитри Осиа, Салыбеи Арӡынба (Ака) акомандаҟаҵаҩыс дызмаз абаталион Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан аҳҭнықалақь ахақәиҭтәраан Аҟәатәи ашьха аҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа ирылахәын ҳәа иазгәеиҭеит. Иара аринахыс Аԥсны Афырхаҵа ихьӡ зху амҩа ахьыҟало аҭыԥ алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ихьыԥшым»: Ҭемыр Кусов Аахыҵ Уаԥстәыла иазкны адокументалтә фильм ҭихит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа ала Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә хьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵра иазкуп урыстәылатәи ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ, Урыстәылазегьтәи Аҳәынҭқарратә Ателерадиоеилахәыра аҿга Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра «Аланиа» адиректор, Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Ҭемыр Кусов иҭихыз адокументалтә фильм «Ихьыԥшым». Уи аӡыргара мҩаԥысит Цхьынвал ақалақь аҿы нанҳәамза 26, 2023 шықәса рзы.
Афильм аҿы иаарԥшуп ареспублика ашьақәгылара аҭоурых, рыӡбахә ҳәоуп Аахыҵ Уаԥстылатәи Ареспублика ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ауаа, Аахыҵ Уаԥстәыла ахьчаразы игылаз Урыстәылатәи абжьаҟазыҩцәа.
Урыстәылеи Аԥсни Рхадацәа реиԥылара, жьҭаарамза 4, Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ахаша, жьҭаарамза 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа диԥылараны дыҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Кремль апресс-маҵзура.
Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аҿы Германиа аделегациа рыдыркылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аҿы Апрезидент Ҭамила Мерцхәлааи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи, Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵреи иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы зколлегацәа зыцны Аԥсныҟа иааз Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахаҭарнак Вольфганг Мацкеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит Германиа иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба.
Аиԥылара аартуа, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент асасцәа Аԥсны ахь иаадырԥшуа аинтереси аԥсуа жәлар рзы аҵак ду змоу арыцхә иадҳәалоу ргәырӷьара рыцеиҩыршарц иахьааз иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Аслан Бжьаниа Шәача ақалақь аҿы диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шәача ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров диԥылеит.
«Ҳаиԥылара сеигәырӷьоит. Раԥхьаӡа иргыланы ишәыдысныҳәаларц сҭахуп арыцхә хадақәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеит 15- шықәса аҵреи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара Амши Ахьыԥшымреи рымшныҳәеи. Издыруеит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҽхакы ҭбаала ишымҩаԥысыз, Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнакцәагьы урҭ ишрылахәыз.
Ҩаԥхьа иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы, аекономика, асоциалтә усхк, афымцамч уҳәа, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа русхк аҟны ҳусеицзура, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьала аусеицурагьы убрахь иналаҵаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵара амҽхак аԥхьаҟагьы иҳарҭбаалоит», - ҳәа иҳәеит Сергеи Лавров, Аслан Бжьаниа аԥсшәа иаҳәо.
Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа Ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәыла иҷыдоу арратә операциа иалахәу аибашьцәа еснагьтәи ириҭо ацхырааразы.
«Сгәы иаанагоит иҟашәҵо адгылара Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иқәгыларақәа рыҟны иазгәеиҭо алҵшәақәа ралыршараҟны ицхыраагӡахоит ҳәа. Иахьа абарҭқәа зегьы ҳрылацәажәоит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы аԥхьаҟатәи егьырҭ аиԥыларақәа рыҟны ишьҭыххо азҵаарақәагьы налаҵаны», - ҳәа иҳәеит Сергеи Лавров.
Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны амҽышатәи ашкол аҿы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рышьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны амҽышатәи ашкол аҿы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит. Аԥсуа бызшәа аурокқәа мҩаԥылгоит аԥышәа змоу арҵаҩы Виолетта Перцхьелиа.
Ашкол апрограмма аҿы иара убас алитература, Аԥсны аҭоурых, акультура азы алекциақәа азԥхьагәаҭоуп.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахәыҷқәа реиԥш аиҳабацәагьы хәыда-ԥсада амҽышатә школ ахь ааԥхьара рынаҭоит.
Абесалом Кәарҷиа Краснодартәи атәылаҿацә асахьаркыратә гимнастика Афедерациа апрезидент ихаҭыԥуаҩ Татиана Полионова дидикылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа Краснодартәи атәылаҿацә асахьаркыратә гимнастика Афедерациа апрезидент ихаҭыԥуаҩ Татиана Полионова дидикылеит.
Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови аҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭақәа рыбжьара аконсультациақәа Рыплан рнапы аҵарҩит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови 2024-2025 шш. рзы аҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭақәа рыбжьара аконсультациақәа Рыплан рнапы аҵарҩит.
Анапаҵыҩра мҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа далархәны.
Аҩганк еицырзеиԥшу аконсультациақәа Рыплан ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭақәа рыбжьара адәныҟаполитикатә усура аинформациатә ацныҟәара, аконференциақәа реицымҩаԥгара, акультуратә, аспорттә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара азԥхьагәанаҭоит.
Аслан Бжьаниа Сергеи Лавров «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит.
Сарида Лакәатаа – аҳәса рыбжьара ирласу ашахматқәа рзы Шәача ачемпион ҳәа ахьӡ лыхҵоуп!
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпрсс. Жьҭаарамза 1 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуан ирласу ашахматқәа рзы ачемпионат-2023. Уи рхы аладырхәит 60 - ҩык, урҭ рахьынтә фҩык - аԥснытәи ашахматистцәа роуп.
Ачеимпионат аихшьаалақәа рыла, аҵыхәтәантәи атур аҟынӡа иԥхьагылаз 9 кәаҭала рҟынтәи 7,5 кәаҭала иоуны аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, убри аан дчемпионхарц азы 0,5 кәаҭала заҵәык ауп игхаз.
Лакәатаа Сарида, 9 кәаҭала рҟынтәи 5,5 кәаҭала лоуны аҳәса рыбжьара Шәача ақалақь ачемпион ҳәа ахьӡ лоуит. Ари аиааира иабзоураны Краснодар ақалақь аҿы жьҭаарамзазы имҩаԥысуа ирласу ашахматқәа рзы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат-2023 алахәхаразы алшара лоуеит.








