
pressadmin-2
2022 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә Ҭыжьырҭа иҭнажьит еиуеиԥшым алитература иазку 321 автортә бӷьыц.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Ҭыжьырҭа» 2022 шықәсазы асахьаркыратәи егьи алитературеи рҭыжьра азы аҳәынҭқарратә ҿаҵа аплан анагӡара азы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.
2022 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Ҭыжьырҭа ала иҭыжьыз арҿиамҭақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 321 автортә бӷьыц рҟынӡа инаӡоит.
2022 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Ҭыжьырҭа аплан 420 автортә бӷьыц (1 автортә бӷьыц – 22-23 икьыԥхьу адаҟьақәа ираҟароуп). ала ишьақәырӷәӷәан.
Аԥшьаша, мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы иара убас ишьақәырӷәӷәан 2023 шықәсазы асахьаркыратәи егьи алитературеи рҭыжьра азы аҳәынҭқарратә ҿаҵа аплан.
2022 шықәсазы ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа 365-ҩык ахәыҷқәа риира азы ирзыршәеит 36,5 млн. мааҭ.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара 2022 шықәсазы анапхгарабжьаратәи ахықәкытә программа «Адемографиа аҿиара» анагӡаразы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.
Апрограмма ахықәкы хада – иаԥсыуоу аҭаацәара рҿы ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷи иира азы 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аматериалтә цхыраара аҟаҵара. Зыӡбахә ҳәоу 2020 шықәса аԥшьбатәи аԥшьбаразы иизи 2021 шықәсазы иизи ахәыҷқәа роуп. Убри аан ашәатәы азы адҵаалара ахәҭаны иҟан ахәыҷы даниз инаркны фымз ирхымгакәа, иара убас ажьырныҳәамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2022 шықәса иҭагӡоу аамҭа иалагӡаны.
2022 программа иазоужьхеит 50 млн. мааҭ.
Аҟәа иаатит Актәи Жәларбжьаратәи аҵараиуратә-туристтә форум «Алаԥшҳәаақәа - 2023».
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 26 рзы Аҟәа иаатит Актәи Жәларбжьаратәи аҵараиуратә-туристтә форум «Алаԥшҳәаақәа - 2023»Иахьа Аҟәа иаатит Актәи Жәларбжьаратәи аҵараиуратә-туристтә форум «Алаԥшҳәаақәа - 2023».
Аусура иалагеит хымш рыҩныҵҟа имҩаԥысуа Актәи Жәларбжьаратәи аҵараиуратә-туристтә форум «Алаԥшҳәаақәа - 2023». Афорум далахәуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша. Хықәкыс иамоуп Аԥсни Урыстәылеи ртуристтә ҵараиуратә хырхарҭа ахаҭарнакцәа реиҿцаара. Афорум атема хадақәа ируакуп ахәыҷтәы еиҭныԥсахларатә туризм арҿыхара
Афорум аартра иалахәын афинансқәа рминистр
Владимир Делба, аҵара аминистр Инал Габлиа, Аԥсны иҟоу Урытәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәылаусацзура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, Аԥсны иҟоу УА ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата аколлектив дыдирдырит анапхгаҩ ҿыц.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата аколлектив дыдирдырит анапхгаҩ ҿыц – Каха Пертаиа.
Лаша Ашәба Апалата аусзуҩцәа, иара анаԥҵаз инаркны напхгаҩыс ирымаз хаҭала Роберт Аршба иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥгоу аусуразы: «Иахьатәи ахҭыс акраҵанакуеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтролтә палата анапхгаҩы ҿыц дышәҳардыруеит. Аха уи аԥхьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Роберт Аршба иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп имҩаԥигаз аусуразы. Аколлектив зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп, избанзар шәара шәхааноуп аусбарҭа ауасхыр аназышьҭаҵоу, аҳәынҭқарра аихьӡарақәа ирызку алҵшәа бзиақәа раарԥшрагьы шәылшеит. Сгәы иаанагоит зышьаҭа ку атрадициа бзиақәа ирыцҵахоит ҳәа.
Аконтрольтә палата есқьынгьы азакәанреи, аргамаоеи, аҭакԥхықәра дуи ҟазшьа ҷыданы иаман».
Ашәба Лаша Аршба Роберт Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аҿиараҟны илагаламҭазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳаҭыртә шәҟәы ианеишьеит.
Аршба Роберт иҭабуп ҳәа ахиҳәааит ирҭаз азҿлымҳаразы: «10 шықәса раахыс сусура зегьы ара зыӡбахә ҳәаз апринципқәа ирыдҳәалан. Ишәзеиӷьасшьар исҭаху – хымԥада, урҭ рықәныҟәароуп. Сгәы иаанагоит аколлектив ахантәаҩ ҿыц адгылара ирҭоит ҳәа».
Аапалата аколлектив анапхгаҩы ҿыц ддырдыруа, Ашәба Лаша Каха Пертаиа идиныҳәалеит аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵзурахьы иалхра.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Лыхнашҭа игылоу аҭәаҵла аԥҟара аишьцәа Багаҭелиаа рыда егьырҭ ахаҿқәа алахәын ҳәа иҟоу аинформациа ҵабыргӡам ҳәа аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 5, 2023 шықәсазы «Лыхнашҭа» акомплекс иахьаҵанакуа игылоу аҭәаҵла изакәанымкәа аԥҟара афакт ала имҩаԥгаз заанаҵтәи аусҵаарала, мшаԥымза 11, 2023 шықәсазы ацәгьоураҿы игәҩароуп ҳәа иаанкылан Аԥсны атәылауаа аишьцәа Иракли Ныгәзар-иԥеи Даур Ныгәзар-иԥеи Багаҭелиаа.
«Иарбоу ацәгьоура аҿы игәҩароу раанкылара алыршахеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәеи имҩаԥыргаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны. Иара убас игәҩароу руаӡәы уажәраанӡагьы Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан аиԥш-зеиԥшу ацәгьоура ҟаиҵахьан ҳәа адырра ҟалеит», – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аофициалтә саит.
Аԥсны Анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥхьаӡаратә ԥхьаӡара иахыԥхьаӡалеит 200 нызықь доллар иашьашәалоу аԥаратә хархәагақәа.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Москваҟа аусратә визит анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Башар Аль-Џьаафари диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала шьамтәылатәи адипломатиатә миссиа ахада аԥсуа ган Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз рзы агуманитартә цхыраара шыҟанаҵаз азы адырра иҭан.
Мшаԥымза 26 рзы Аԥсны Анапхгара Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥхьаӡаратә ԥхьаӡара иахыԥхьаӡалеит 200 нызықь доллар иашьашәалоу аԥаратә хархәагақәа.
Кристина Озган иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа Аԥсны згәы иалымсыз ҳәа аӡәгьы дыҟам ҳәа иазгәалҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа ихы алаирхәит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аԥҵара хәышықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын. Ацеремониа мҩаԥысит иахьа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны.
Аслан Бжьаниа Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа аҳәынҭқарреи Аԥсны жәлари рыхьчараҟны иаадырԥшуа апрофессионализми, агәымшәареи, ахамеигӡареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит .
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Амилициа аполковник» ҳәа ахьӡ ихиҵеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Рашь Ҵәыџьба.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Поликанов аԥснытәи ашколхәыҷқәа дырԥылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи атурист-ҵарадырратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы Аԥсны ашколхәыҷқәа рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭаранакра анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Дмитри Поликанов илекциа мҩаԥгахеит.
Дмитри Поликанов ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит аӡбамҭақәа рыдкылара апроцесс иамоу аҷыдарақәа ртәы, азанааҭ алхраан нас уахьымхәырц азы цқьа азхәыцреи аҭакԥхықәра аарԥшреи шаҭаху, насгьы аҵара рҵарц ахьырҭаху аҵараиурҭа аналырхуа ахшыҩзышьҭра зырҭаша далацәажәеит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы зҽалызкааз Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа аџьшьара рыҭара мҩаԥысит.
Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Ахылаԥшырҭа иатәу Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аԥҵара 5-шықәса ахыҵра инамаданы, изаамҭанытәиу арратә хьыӡқәа ранашьареи зҽалызкааз аотриад аусзуҩцәа аџьшьара рыҭареи иазкны аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.
Абираҟқәа кны аиасра, аконцерт, адыге джегу: Аԥсны аедыгь бираҟ Амш азгәарҭеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аедыгь (ачарқьазтә) бираҟ Амш иазкын ахәылбыҽха Аҟәа ақалақь Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы имҩаԥысыз аныҳәатә ыиасра.
Аиасра иалахәыз аедыгьааи аԥсуааи рбираҟқәа кны С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад ианысит, анаҩс Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа аедыгьтәии аԥснытәии арҿиаратә коллективқәа рконцерт мҩаԥысит.
Аиасра рхы аладырхәит 60-ҩык инарзынаԥшуа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аедыгь жәлар рдиаспора, Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҟынтәи иааз амҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа рхаҭарнакцәа, иара убас аҭыԥантәи ауааԥсыреи аҳҭнықалақь иаҭааз асасцәеи.
Акциа иалахәыз аӡәырҩы Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә шәҵатәқәа ршәын.
Аконцерттә программа алагаанӡа аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба иааиз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, аиашьаратә аедыгь жәлар рбираҟ Амш рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьаишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи ахирреи.
Чечентәылатәи ассоциациа ахантәаҩы Валери Маремкулов аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аусмҩаԥгатә аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы иҟанаҵаз адгылара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.