pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аламҭалазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәылахьчара Аминистрра акомандаҟаҵаратә еилазаара изаамҭанытәи арратә хьӡқәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.  

«Аинрал-леитенант» ҳәа изаамҭанытәиу арратә хьӡы ранашьахеит:

Аҳаирҿагыларатә хьчара аинрал-маиор, Арра-ҳаиртә мчқәа ркомандаҟаҵаҩ Адгәыр Гәымба;

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, атәылахьчара Аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара Аусбарҭа анапхгаҩы, аинрал-маиор Нодар Аҩӡба;

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, атәылахьчара Аминистрра арезервтә хәҭақәеи аҟәшақәеи разыҟаҵара азы Аусбарҭа анапхгаҩы, аинрал-маиор  Лизберт  Поцхор-оглы.

«Аполковник» ҳәа изаамҭанытәиу арратә хьӡы ианашьахеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, аподполковник Вадим Камкиа.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа аԥшьаша, цәыббрамза 28 рзы «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра» амедаль ранеишьеит Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаа Беслан Ҵәыџьбеи Лизберт Ԥоцхор-огли.

Аиубилеитә медаль иара убас ианашьоуп Аслан Бжьаниа, Александр Анқәаб, Рауль Ҳаџьымба, Мираб Кьишьмариа, Владимир Какалиа, Сергеи Шамба.

Рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра» амедаль ранашьоуп Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Владимир Аршба, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, Гиви Агрба, Владимир Мқанба, Виачеслав Ешба. 

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акциа «Аԥсҭазаара амҩа: Очамчырантәи Ҭҟәарчалҟа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра афырхацәа рышьҭа ихыланы» Очамчыра араион аҿы имҩаԥысуеит.  1000-ҩык инарзныԥшуа, зхыԥхьаӡараҿы   600-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа ыҟоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Мрагыларатәи Афронт аҿы ауааԥсыра рзы акызаҵәык излацар ауаз амҩа  ианысуеит.  

Акциа хацырхеит Аҭара ақыҭан асааҭ 09:30 рзы. Амҩан акциа алахәылацәа аибашьраҿы иҭахаз рбаҟақәа рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵареи Џьгиарда,Ҷлоу ақыҭақәа рҿы аибашьраан иҟаз арратә хәышәтәырҭақәа, иара убас Ҭхьына ақыҭан арратә еродром аҭаареи рзы иаанкылалоит.  Аҵыхәтәан иахьаанкылаз ҭыԥхеит Аҟәарчаԥан ақыҭа. Араантәи ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәсазы иҵыԥрааит, анаҩс ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рыла илашьҭыз, ахыҷқәа зҭаз аҵәиԥрыга.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрраҟны имҩаԥысуаз Аиааира амш иазкыз аныҳәатә еизара далахәын.

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуан Аҟәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Аҳәынҭқарра Ахада арратә усбарҭа аусзуҩцәа иааиуа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.

 

"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ныҳәа!

Аԥсны жәлар 30 шықәса раԥхьа имҩаԥысуаз ашьаарҵәыратә еибашьраҟны аиааира агеит иреиӷьыз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыԥсҭазаара ахҭынҵаны.

Аӷа абџьарла деиқәных Аԥсны даналала, уи иҿагылара зылшоны иҟаз  архәҭаны иҟаз Хазы игоу аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк акәын.

Аха аибашьра ахьанҭара аиҳарак ажәҩа иқәлеит усҟан ашьақәгылара иалагаз жәлартә ардыԥхьала. Ашәарыцага шәақьқәеи  иажәхьаз абџьари рыла ажәлар ақәылаҩ иԥылеит Аԥсны мрагылареи мраҭашәареи рганахь ала, атәылахьчаратә ҳәаа шьақәдыргылеит Гәмысҭа аӡиас аԥшаҳәаҟны.

Нанҳәамза 18 рзы иаԥҵан Аладислав Арӡынба дызхагылаз Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет. Абас ихацыркхеит атәылахьчара аиҿкааразы иҟаз алшарақәа зегьы.

1992 шықәса жьҭаарамза 2 рзы ҳархәҭақәеи хатәгәаԥхаралатәи аотриадқәеи еидгыланы Гагра аҭарцәра рылшеит.

Усҟан еилкаан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахыхьчара зылшоз Ар аиҿкаара шалшаз. 1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы иаҵаҩын Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи  раԥҵаразы Аусԥҟа. Ари арыцхә официалл Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа раԥҵара Амш ҳәа иԥхьаӡоуп.

Анаҩстәи ахҭысқәа иаадырԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа лыҵшәа бзиала аибашьра шрылшоз ҩ-фронтк рыҟны, апозициатә еибашьреи апартизантәи адесанттә операциақәеи, иара убас ақалақь аҩныҵҟеи ашьхарақәеи рыҟны аибашьра еицымҩаԥго.

Иаԥҵан арратә ԥшыхәра, арра-мшынтә флот, артиллериатә мчқәа, авиациа, Аҳауаҟны атәылахьчара. 

Аибашьраҟны аиааира агарала Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыҿиара ауасхыр азышьҭаҵан.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аԥсны жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.  

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Лаша Ныгәзар-иԥа! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа!

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааира амш идиныҳәелит.

 

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәа - Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.

30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара аԥсуа жәлар хацәнмырха ақәԥараҟны ахақәиҭразы, аҭынч ԥсҭазааразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла Ашәарҭадара Афедератә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Андреи Иури-иԥа Кудимов Аслан Бжьаниа Аиааира амш идиныҳәелит.

 

Адныҳәалара атекст:

 

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

Урыстәыла Ашәарҭадара Афедератә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгареи аусзуҩцәеи рыхьӡала ишәыдысныҳәалоит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра!

Аибашьра Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых итрагедиатәу, фырхаҵара згым даҟьаны ианылеит. Аԥсны жәлар ашьа каҭәаны адәныҟатәи ақәылаҩ иҿагылара, ахақәиҭра хьчаны, атәыла асуверенитет аиқәырхара алшеит.

Ари амш Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар ракра иасимволны иҟалеит. Уи иалшеит ахақәиҭразы иамаз агәазыҳәара, амилаҭтә ҳаҭыри аԥеиԥш бзиеи рзы азин ашьақәырӷәӷәара.

Гәык-ԥсык ала Шәаргьы Аԥсны жәларгьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәылбыҽха, цәыббрамза 29  рзы Аԥсныҟа иааит Ареспублика Башкортосҭан аделегациа. Аделегациа напхгара аиҭоит ареспублика Ахада Ради Хабиров.

Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аделегациа ирԥылеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани акультура аминистр Даур Ақаҩбеи.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – Анапхгара аԥыза-министр Андреи Назарови  адәныҟаекономикатә  еимадарақәеи аконгресстә усуреи Рминистрра ахаҭарнак Олег Назарови.

Ахәаша ахәылбыҽха Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа  рылахәхаразы Аԥсныҟа иааит Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа Ахада  Сергеи Мениаило. 

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Д. Медведев Аԥсны Ахада Аиааира амш идиныҳәелит.

 

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!

Абри амш аҽны ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит 30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара.

Иахьа Аԥсны хьаҳәа-ԥаҳәарада ҳаамҭазтәи адемократиатә уаажәларра аԥҵара амҩа иануп.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира Амшныҳәа идиныҳәелит.

 

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!

30 шықәса рышьҭахь аԥсуа жәлар фырхаҵарала аибашьраҟны ахақәиҭразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит. Ари аиааира аҳәынҭқарра ахала аҿиареи жәларбжьаратәи ауаажәларра алахәразы азин  змоу ҳәынҭқарраны аҟаларазы амҩа аанартит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.