
pressadmin-2
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АԤЫЗА-МИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨЦӘА АЛАРХӘНЫ АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи атәыла анапхгара ахь иаашьҭыз аусхкытәии хықәкылатәии адҵақәа рынагӡара иазкын иахьа аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имҩаԥигаз аусуратә еилатәара. Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Кристина Озган, Владимир Делба, Сергеи Пустовалов.
Аилатәара иалахәыз Аԥсны асоциал економикатә ҿиара ацхыраара иазку Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡоу аусмҩаԥгатәқәеи абиуџьеттә усхкқәа рҿы аус зуа хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа руалафахәы урыстәылатәи афинанстә цхыраара ала аицыфенанстәреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани иҟарҵаз адыррақәа рыла, аԥсуа ган 2022-2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы Аҳәынҭқарратә Програмаа анагӡара азы анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра иарбоу аҭагылазаашьақәа рынагӡара алнамыршар, усҟан аамҭала урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахәҭак ала, мамзаргьы зынӡа иаанкылазар алшоит.
АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АҞНЫ АԤСНЫ АЕНЕРГЕТИКАТӘ УСХКЫ АҾЫ ИҞОУ АПРОБЛЕМАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. /Тамара Ачба, Алексеи Шамба/. Ауаажәларратә Палата аҟны аҩаша, жәабранмза 14 рзы, Аԥсны аенергетика аусхкы аҿы иҟоу апроблемақәеи ишьақәгылаз акризис алҵра азы амеханизмқәа рыԥшаареи ирызкыз аиԥылара мҩаԥысит.
Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» афымцахархәара Аусбарҭа (Энергосбыт) анапхгаҩы Алхас Ҷанба афымцамчтә инфраструктура иуадаҩу аҭагылазаашьа агенерациа азымхара амзызқәа ируакны иҟоуп. Аенергетика аҿы аҭагылазаашьа арҽеира алзыршо ҳәа иҟоу уи абонентцәа зегьы афымцаԥхьаӡагақәа рыла реиқәыршәара ауп, уи иабзоураны «Амшынеиқәафымцамч» аҿы иалагалахоит аинфраструктура аусура аиҿкаара иазкхо аԥаратә хархәагақәа.
«Еиҳа шәагаала идуу алагалақәа ракәзар, уи азҵаара ашәатәқәа реизгара ала мацара иузыӡбарым. Аҳәынҭқарра аганахьала адгылара ыҟазароуп, уи ада «Амшынеиқәафымцамч» аенергетика аҿы аҭагылазаашьа аиӷьтәра алшаӡом», - ҳәа иҳәеит иара.
Жәлар Реизара-Апарламент VI ааԥхьара адепутат Алхас Џьынџьал ишазгәеиҭаз ала, Аԥсны аенергетика аусхкы аҳәынҭқарра аҟынтәи амонополиатә хылаԥшра шамац ааныжьра хымԥадатәиуп, уахь иаҵанакуеит афымцамчгьы. Ҿырԥштәы ҳасабла иара иааигеит Украина. Уаҟа жәабранмза, 2022 шықәсазы Иҷыдоу Арратә Операциа алагаанӡагьы, аенергетика аусхкы аҿы ишьақәгыланы иҟаз алибералтә политика акыр атарифқәа рышьҭыхра ахь инанагеит. Аенергетикатә коллапс алҵра азы ԥыхьатәи адепутат аԥхьа иргыланы афымцаԥхьаӡагатә приборқәа рышьақәыргылара азы ажәалагала ҟаиҵеит.
АГӘЫӠЕРАТӘИ АРРАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АИНВАЛИДЦӘА РФОНД АЛА ИААХӘОУ АМЕДИЦИНАТӘ МАРУГАҚӘА ШЬАҚӘЫРГЫЛАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Ирена Џьопуа Аԥсныпресс азы/. Агәыӡератәи арратә хәышәтәырҭа аҟны 1992- 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ала иаахәоу амедицинатә маругақәа шьақәыргыланы ахархәара иалагеит.
Ҳаамҭа иақәшәо аексперттә класс иаҵанакуа аультрабжьытә диагностика асканер, алапароскопиатәии аендоскопиатәии аԥҟарақәа рымҩаԥгара азы амедицинатә аппаратқәа, иара убас урҭ ирыцу аныхтә маҭәахәқәеи аахәахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ала. Иарбоу аахәамҭа иақәхарџьхеит 8 млн. мааҭ.
Иарбоу амедицинатә еиқәыршәагақәа ирыбзоураны афонд ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу аҳәаанырцәҟа имцаӡакәа ари ахәышәтәырҭа аҟны ргәабзиара амедицинатә ҭҵаарақәеи аԥҟарақәеи мҩаԥыргарц рылшоит. Ари афонд аныхтәқәа реиҵатәра адагьы аинвалидцәа ихымԥадатәиу амедицинатә цхыраара рыҭарагьы армариоит.
Афонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарбеи уи ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашуеи ахәышәтәырҭа иаҭааны ҿыц еиҭашьақәыргылоу ауадақәа рҿы ишьақәыргылоу, аусуразы ирхиоу амедицинатә хархәага ҿыцқәа рыблала игәарҭеит.
«Еиҳа имариахоит ҳәа сгәы иаанагоит аветеранцәа Аԥсны анҭыҵ рышьҭра аасҭа аҭыԥаҿы ирыхәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭара еиҿкаазар. Убри аан иазгәаҭатәуп, аҳәаанырцә ацара зҭахым, мамзаргьы излымшо аинвалидцәа маҷымкәа ишыҟоу. Ҳара ззанааҭтә ҩаӡара ҳараку аҳақьым шьахәқәа ҳамоуп, урҭ ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә маругақәа рызхара рымаӡам умҳәозар. Убри иахҟьаны, имариоу амедицинатә процедура азыҳәангьы Аԥсны анҭыҵ уцар акәхон», - ҳәа иҳәеит Дмитри Ҭарба.
АУАҨШЬРАЗЫ АХАРА ЗДУ ҬЕМЫР ЧЫЧБА ИГАНАХЬАЛА АШЬАУӶАТӘ УС АӠБАРҬАХЬЫ ИДӘЫҚӘҴОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпрессс. Гәдоуҭа араион Апрокуратура Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 1, иара убас ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура азы Чычба Ҭемыр Дианбеи-иԥа иганахьала ихацыркыз заанаҵтәи ауасеилыргара хнаркәшеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.
Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа аҿы ишышьақәыргылоу ала, абҵарамза 23, 2019 шықәса, 04:00 сааҭ инарзынаԥшуа, Ҭемыр Чычба, абри аҭыӡҭыԥ: Гәдоуҭа ақалақь, Зыхәба имҩа№ 22 ала иҟоу иҩны дшыҟаз Котуа Т.Г. иареи ирыбжьалаз аҭаацәаратә ажәаеимакра иахҟьаны дхысит. Т.Г.Котуа иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иара уаҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит. Ҭемыр Чычба ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥантәи иҽиӡеит.
САИД ҲАРАЗИА ГӘЫЛРЫԤШЬ АРАИОН АХАДА ИНАПЫНҴАҚӘА РЫНАГӠАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа ала, Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа даҽа усурак ахь ииагара инамаданы имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Гәылрыԥшь араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп Саид Ҳаразиа.
Ҳаразиа Саид Геннади-иԥа диит ажьырныҳәамза 31, 1974 ш. Аҟәа ақалақь аҿы.
1991ш. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол № 10 далгеит.
1997ш. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет «Аҳасабырбареи аудити» азанааҭҵара ала далгеит.
1992-1993шш. – Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын.
2001- 2008 шш. Кәыдрытәи аҩхаа ахақәиҭтәра активла далахәын.
2003 – 2007шш. – Москва ақалақь, Аиашахаҵаратә Аԥшьа-Тихонтәи агуманитартә Унверситет аҿы аҵара иҵон. Атеологиа абакалавр аҩаӡара ихҵоуп.
АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ИВАКАНТУ АҬЫԤҚӘА РАХЬ АДКЫЛАРА АЗЫ АЛАҲӘАРА ҞАНАҴЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпрессс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иваканту аҭыԥқәа рахь адкылара азы алаҳәара ҟанаҵеит.
Иваканту ҭыԥқәаны иҟоу аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьауӷа анагӡара Аусбарҭеи Аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи Аԥхьакырҭа амедика-санитартә хәҭа абжьаратәи амедицинатә персонали арежимтә обиектқәеи реиҵбыратәии рыбжьаратәии анапхгараҭаратә еилазаара амаҵзурақәа роуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра аофициалтә саит.
АԤСНЫ ҬЫРҚӘТӘЫЛЕИ ШЬАМТӘЫЛЕИ ИҞЫЛАЗ АДГЬЫЛҴЫСРА АҾЫ ААХА ЗАУЗ РЗЫ АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРА АИЗГАРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аофис хада аҿы иҳаҩсыз амчыбжь инаркны Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз ауаа ацхыраара рыҭара азы агуманитартә еидара адкылара апункт аус ауеит. Ареспублика ауааԥсыра апункт ахь амаҭәа ԥхақәа, ахызақәа, афатә аалыҵқәа, аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡрыжәтә, ахатәы гигиена азы ахархәагақәа наргоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Агуманитартә цхыраара аизгара азы аиҿкааратә зҵаарақәа рымҩаԥысшьа азы аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа дырԥыло далацәажәеит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АМАРУГА ҾЫЦҚӘА РЫЛА ЕИҚӘЫРШӘАХЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы ахатәы биуџьеттә хархәагақәа рхарџь ала алабараториеи аҳәса рыдкыларҭеи рзы 1 млн 113 нызықь мааҭ рҟынӡа иркуа амаруга ҿыцқәа раахәара алыршахеит.
Иаархәаз аиқәыршәагақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – «аспиратор Лавриновича» ҳәа изышьҭоу акыраамҭатәи (5-мши-ҵхи рҟынӡагьы инареиҳангьы) арԥҳакәырша аҩныҵҟантәи аӡшьари агази ралхра (аспирациа) иазку аппарат.
Аспиратор ааоперациа ҟаҵарҭақәеи аоперациашьҭахьтәи ауадақәеи рҿы, иара убас ареанимациақәа, ахәыҷтәы хирургиа, отоларингологиатә кабинетқәа, астоматологиақәа, ахшараиурҭақәа, ҿыц ииз рышьҭаҵарҭа аҟәшақәа, уҳәа рҿы ахархәара аиуоит.
АНАУКА АҾЫ АУСУРАЗЫ ГЬ.А.ӠИӠАРИА ИХЬӠ ЗХУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ПРЕМИА АИУРАЗЫ АКОНКУРС РЫЛАҲӘОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа азы Акомиссиа, анаука аҿы аусура азы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа аиуразы аконкурс шымҩаԥгахо азы алаҳәара ҟанаҵеит.
Гь.А.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ауаажәларратә зхаҵара ду зауз, Аԥсны анаука аҿиара аҿы илагала дуны иԥхьаӡахаз, агуманитарттәии аԥсабарадырратәии анаукақәа рҿы иналукааша аихьӡарақәа рзы иранашьахоит.
Аҳәынҭқарратә премиа аирузы иқәыргылахар ҟалоит афундаменталтә наукатә ҭҵаара дуқәа реиԥш, авторцәа ртеориатә ҭҵаарақәа рыла ишьаҭарку аҵараиурҭақәа рзы иоригиналу арҵагашәҟәқәагьы.
Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылахар ауеит аҵыхәтәантәи хы-шықәса (2020 - 2022 шш.) рыла икьыԥхьыз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара анаукатә усбарҭақәеи аҵараиурҭақәеи рколлективқәа рыла имҩаԥгахоит.
Аконкурс ахь ицәыргоу аусумҭақәа рыдкылахоит жәабранмза 1 инаркны хәажәкырамза 1, 2023 шықәса аҟынӡа, Аҟәа ақалақь, Академик Марр имҩаду, аҩны №9 аҿы иҟоу Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа азы Акомиссиа аҟны.
АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ИАКЬЫԤХЬИТ 1990 – 2022 ШШ. РЗЫ ИҞАЛАЗ АМҨА-ТРАНСПОРТӘ ХҬЫСҚӘА РЫСТАТИСТИКА.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит аҿы икьыԥхьхеит 1990 - 2022 шш. иҟалаз амҩа-транспорттә хҭысқәа рыстатистика. 1992- 1993 шш. азы аинформациа ыҟаӡам, уи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭа ауп.
Аибашьра ҟалаанӡа ҩы-шықәса рыла (1990 – 1991 шш.) ашәҟәы иҭагалан 884 амҩа-транспорттә машәыр, урҭ ирыхҟьаны иҭахеит 307-ҩык, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит 904-ҩык.
Аибашьрашьҭахьтәи аамҭахәҭа азы ( 1994 -2022 шш.) амҩа-транспорттә хҭысқәа аиҳарак ҟалеит 2015 шықәсазы – 220. Еиҳа ауаа ҭахеит 2016 шықәсазы – 80-ҩык. Амҩа-транспорттә хҭысқәа ирыхҟьаны зегьы реиҳа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит 2019 шықәсазы – 332-ҩык.