
pressadmin-2
АԤСНЫ АПРОКУРАТУРА ХАДА АҾЫ АҚАЛАҚЬҚӘЕИ АРАИОНҚӘЕИ РЫПРОКУРОРЦӘА АЛАРХӘНЫ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокурор Хада Адгәыр Агрба Аҟәа ақалақьи араионқәеи аҷыдалкаатә зинмчы змоу апрокурорцәеи алархәны аилатәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.
Апрокурор Хада араионтә аҷыдалкаатә прокурорцәа ражәахәқәа дырзыӡырҩит. Аилатәара иалахәыз арезонанстә ашьаусеилыргарақәеи апроцессуалтә гәаҭарақәеи рымҩаԥысшьа иалацәажәеит.
Аилатәара аҿы амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа ртематика ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.
Аҟәа ақалақь апрокурорцәеи араионқәа рыпрокурорцәеи аамҭа кьаҿ иалагӡаны ирыҵанакуа атерриториақәа рҿы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра араионтә ҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа алархәны аԥыԥшырҭатә усура аеффективра ашьҭыхра азы ақалақьқәа рымҩақәеи ареспубликатә мҩадуқәеи рҿы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы анапынҵақәа рыҭан.
АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 21, 28 ԤСШЬАРАМШҚӘАНЫ ИРЫЛАҲӘОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Ареспублика Аԥсны аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» азакәан иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны, ажьырныҳәамза 19, 2023 рзы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз Ақәҵара ала 2023 шықәсазы Аусеиҿкааратә мзар аиҭакрақәа алагалахеит.
АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 19 РЗЫ АИАШАХАҴАРА НЫҞӘЫЗГО АҚЬЫРСИАНЦӘА АНЦӘА ИНАҬРА АМШ АЗГӘАРҬОИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 19 рзы аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа Анцәа Инаҭра Амш, мамзаргьы Анцәа Ицәырҵра (Ибара) ҳәа изышьҭоу аныҳәа азгәарҭоит.
Ари амш аҽны Аҟәатәи акафедралтә Ныхабаа аҟны анцәамаҵзура мҩаԥигеит Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада, аԥшьаҩеиҳабы Бассариан (Аԥлиаа).
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи Акафедралтә Ныхабааҟны анцәамаҵзура даҭааит.
Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Каман иҟоу Иоанн Ахьҿы иныхабаагьы даҭааит.
Анцәа Инаҭра Амш, мамзаргьы Анцәа Ицәырҵра (Ибара) ҳәа изышьҭоу аныҳәа – евангьелиатәи аҭоурых аҿы иҟалаз ахҭыс, Иоанн Анаҭҩы аӡиас Иордан аҿы Иаса Қьырса аӡы данӡааих амш аҳаҭыр азы иаԥҵахаз ақьырсиантә ныҳәа ауп. Аевангелиа ишарбоу ала, аӡы аӡаахра аан аҳәыҳә асахьа иманы ажәҩан аҟнытә дылбааит Аԥаимбар; иара убри аамҭазы хыхьынтәи абас абжьы геит: «Ари сара сԥа иоуп, уи ицәырҵра ибзианы сышшәзыҟоу аанарԥшуеит» (Матфеи иҟынтәи Аевангелие. 3:17). Иоанн иҟынтәи Аевангелие убасҵәҟьа Иордан аӡиас аӡқәа рҿы Иаса Қьырса инаҭреи Аԥааимбар ажәҩан аҟынтәи илбаареи атәы аҳәоит, аха уи ишиашоу акәымкәа, Иоанн Анаҭҩы иажәабжь аҳасабала ишьақәгылоуп. (Иоанн иҟынтәи Аевангелие. 1:29-33).
АԤСНЫ АНАПХГАРА АДГЬЫЛҴЫСРА АҾЫ ААХА ЗАУЗ ҬЫРҚӘТӘЫЛЕИ ШЬАМТӘЫЛЕИ РРАИОНҚӘА 300 НЫЗЫҚЬ ДОЛЛАР АЗОУНАЖЬУЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, жәабранмза 15 рзы Алхас Барцыц ихантәаҩрала иацҵахеит жәларбжьартәии апарламенттәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара. Аилатәара азкхеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭара азҵаарақәа.
Апарламенттә еилатәара ахь ааԥхьара зауз анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәа иахьатәи амш азы агуманитартә цхыраара аизгареи уи ашьҭра иадҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа рыӡбареи рзы иҟаҵоу азы адырра ҟарҵеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа адгьылҵысра аҿы ааха зауз рзы еиҳа ихымԥадатәиу амаҭәа-аҩыҭәеи афатә аалыҵқәеи рзы адырра ҟаиҵеит. Уи ачашыла, ашьақар, ахәыҷқәа рзы афатә, ахызаԥхақәа, атрансформаторқәа, уҳәа роуп.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба аҭагылазаашьа ахшыҩзышьҭа азҭаз зегьы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Уи адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аганахьала зегьы иахьынӡауа ала ирласны инарҭбааны ацхыраара ҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Апарламент аҿы азинмчы змоу Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Анри Барцыц аилак аилатәара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала атәыла анапхгара аҿы Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭара азы Аԥсны абиуџьеҭ аҟынтәи 300 нызықь доллар азоужьра азы аӡбамҭа рыдаркылеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
АԤСНЫ АШЬАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ ЗҼАԤАЗТӘЫЗ АЗЫҞАҴАҨ САИД ҬАРБА 55 ШЫҚӘСА ИХЫҴИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 рзы 55-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит ашьапылампыл азы Асовет Еидгыла аспорт азҟазарахь акандидат, Асовет Еидгыла еизгоу аҿартә команда ахәмарҩы, аҟәатәии қарҭтәии «Динамо» ахәмарҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ашьапылампыласҩы Саид Заур-иԥа Ҭарба.
Саид Заур-иԥа иԥсҭазаара аиҳарак иалихыз аус иазикит, аԥсуа шьапылампыл иреиӷьу атрадициақәа реиқәырхара, уи ахьӡ аԥшеи аихьӡарақәеи реизырҳара.
АДЕПУТАТЦӘА АЛХАС ҲАГБЕИ АЛМАС АКАБЕИ РКАНДИДАТУРАҚӘА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АӠБАҨЦӘА РКВАЛИФИКАЦИАТӘ КОЛЛЕГИА АХЬ АДГАЛАРА МҨАԤГОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Жәлар Реизара-Апарламент ахаҭарнакцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рколлегиа ахь ралхра азы» Ақәҵара апроект алацәажәара иазкын ахаша, жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы аилатәара.
АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА РИҴА АКОМАНДАҞАҴАРА-ШТАБТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤНАГОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 – 18 рзы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра «Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иахьаҵанакуа ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы асыԥса алеира ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа рынагӡареи» атема ала акомплекстә командаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.
АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ҬҞӘАРЧАЛИ ГАЛИ АРАИОНҚӘА РҾЫ АНҬЫҴТӘИ АИЛАЦӘАЖӘАРАҚӘА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Ҭҟәарчали Гали рыҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит. Аиԥыларақәа рхы аладырхәит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьибеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуеи.
Ҭҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша хаҭалатәи аилазаара аусура 2022 шықәсазы аҳасабырба ҟаиҵеит Ҭҟәарчал араион амилициа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Арсен Биџьев.
Астатистикатә дыррақәа рыла, лассы-лассы имҩаԥгахо апрофилактикатә усура иалҵшәаны, араион аҿы азеиԥшцәгьауратә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҵахеит, убри аан урҭ раартра иааубаратәы еиҳахеит.
2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан ашьаустә ҟазшьа змоу 13 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартхеит 11, уи 84.6 % шьақәнаргылоит.
2021 шықәсазы ашәҟәы иҭагалахеит ашьаустә ҟазшьа змоу 26 цәгьоура, урҭ рахьынтә 18 аартхеит, даҽакала иуҳәозар 69,2 %. 2022 шықәсазы Ҭҟәарчал араион аҿы иааубаратәы иагхеит ацәгьаура бааԥсқәа рхыԥхьаӡара. Убас, 2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан ацәгьаура бааԥсқәа 4, иаартын-2, 2021 шықәсазы ашәҟәы иҭагалахеит ацәгьаура бааԥсқәа 12, урҭ рахьынтә иаартуп 9.
Анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкылара азы гәҩарас иҟаҵаны иаанкылан 24-ҩык, урҭ рахьынтә 13 - ҩык рхара шьақәырӷәӷәахеит.
ШӘАЧА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИНХО АԤҲӘЫС ЗЗИН ЫҞАМ АРҨЫШЬЫГАТӘ ПРЕПАРАТ АԤСНЫҞА АИАГАРА ЛҼАЗЫЛШӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь аҿы инхо аԥҳәыс 1979 шықәса рзы ииз Белова Карине Хачик-иԥҳа арҩышьыга маҭәашьар изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аиагара, иара убас анаҩс аҭира азы Аԥсны атерриториаҟа алагалара азы ахарадҵа лыдҵоуп.
Карине Белова Аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы аҳазылхратә гәаҭара азона ахысра анаҩс даанкылан. Уи лнапылаеидара аҿы ахәшәқәа ирылаҵаны иҵәахны иаалгоз арҩышьыга маҭәашьар лыдырбалеит, уи амилициа аусзуҩцәа илымырхит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр аҟны имҩаԥгаз аусҭҵаара ала, аԥҳәыс илымырхыз амаҭәашьар - прегабалин акапан 12 грамм иреиҳауп.
АԤСУА ДРАМАТӘ ТЕАТР АҾЫ АСПЕКТАКЛЬ «ЛОВЕЛАС» АԤХЬАРБАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы Фиодор Достоевски ироман «Бедные люди» амотивқәа рыла иҩу Валери Семеновски ипиеса ала иқәыргылоу аспектакль «Ловелас» аԥхьарбара мҩаԥысит. Аспектакль арежиссиори асахьаҭыхыҩи – Аԥсны зҽаԥсызтәыз акультура аусзуҩи Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Адгәыр Ақаҩба.
Аспектакль аҿы ихәмаруеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭеимураз Чамагәуа, Амра Наҷкебиа, Розита Ҭаниа, Леон Кур-оглы, Алиас Колбаиа.