
pressadmin-2
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР АДИПЛОМАТИАТӘ УСЗУҨЫ ИМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабрамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Адипломатиатә усзуҩы Имш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Адипломатиатә усзуҩы Имш.
Адәныҟаполитикатәи уснагӡатәқәа есҽны рыӡбараан Урыстәыла адипломатцәа адунеи аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәара иазку акырӡа зҵазкуа амиссиа рыдуп. Урыстәылатәи адипломатцәа раҳаҭыри, рыпрофессионализми, азинеиҟарареи рпартниорцәа рҳәынҭқарратә хьыԥшымра ҳаҭырла азнеиреи рыпринципқәа рықәныҟәара иалдыршоит ишәоу-изоу, лыҵшәа змоу Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНЫ ИРШЬЫЗ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АДИПЛОМАТЦӘА ДМИТРИИ ОЛЬГЕИ ВИШЕРНИОВАА РГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2023. Апсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Адипломатиатә усзуҩ Имш аҽны Аԥсны иршьыз урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама ахада Виссарион Аԥлиаа.
«Вишернев иԥшәмаԥҳәыси иареи зынӡа иқәыԥшқәан, урҭ гәымбылџьбарала ирықәланы иршьит цәыббрамза, 2013 шықәса рзы. Вишерниоваа рҭаацәа рҭахара – адипломатиатә усура егьа иҭынчу занааҭны ахы унарбозаргьы, уи уеизгьы ашәарҭара ацны иҟалар шалшогьы лабҿаба иунарбоит. Аԥсни ҳара ҳҳәынҭқарреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, аха атәылақәа жәпакы рҿы, аиҳарак мраҭашәаратәи атәылақәа рҿы, ҳдипломатцәа ҳусура адискридитациа иазкны мҽхакыҭбаала имҩаԥысуа аурысҿагыларатә усура иарҿиаз аҭагылазаашьа аҿы аус рулар акәхоит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа Адипломатиатә усзуҩ Имш рыдыиныҳәалеит.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҶЫДАЛКААТӘ ЗИНМЧЫ ЗМОУ АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ МИХАИЛ ШУРГАЛИН АДИПЛОМАТИАТӘ УСЗУҨЫ ИМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Адипломатиатә усзуҩы имш идиныҳәалеит.
Аслан Бжьаниа ахә ҳаракны ишьеит Урыстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҟны илагаламҭа.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Михаил Александр-иԥа! Азин сышәҭозар, Шәаргьы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәагьы ишәыдысныҳәаларц сҭахуп шәзанааҭтә ныҳәа – Адипломатиатә усзуҩы имш.
ҬЕМЫР ГӘЛИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АДЕЛИМИТАЦИА АЗЫ АКОМИССИА АИЛАЗААРА ДАЛАГАЛОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара амшынтә ҵакырақәа реизшареи рзы аҳәынҭқарратә Комиссиа аилазаара далагалоуп. Уи азы Адҵа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРЕИ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРЕИ АИХАМҨАҾЫ АДИВЕРСИАҚӘА ҞАЛАР АЛШОИТ ҲӘА ИРОУЗ АИНФОРМАЦИА ГӘАРҬОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аихамҩатәии аенергетикатәии аинфраструктура аобиектқәа рганахьала адиверсиақәа рымҩаԥгара азы ироуз аинформациа агәаҭара азы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
АИДАРАМҨАНГАГАТӘ ТРАНСПОРТ АЛА АҲӘАА АХЫСРА ААМҬА АРКААРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АЗАКӘАН РЫДЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума аҿы аидарамҩангагатә транспорт ала аҳәаа ахысра аамҭа аркаара азы азакәан рыдыркылеит.
Атәыла Анапхгара зхысра азы аамҭеи арыцхәи аркаара ахәҭоу аҳәаа ахысра апунктқәа рсиа шьақәнарӷәӷәоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә Дума аофициалтә саит.
Ҿыц иалагалоу аԥҟарақәа аидарамҩангагатә машьынақәа роуп изызку, урҭ «аҳәаа аҿы аиасра апунктқәа рҿы агәараанқәа рышьақәгылара аԥхьырҟәҟәаара» алдыршоит.
АԤСНЫ АМЫФҬЫ ҬЫРҚӘТӘЫЛА АХАДЕИ АЖӘЛАРИ ДРЫДЫШШЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа амыфҭы Ҭемыр Ӡыба Ҭырқәтәыла адин аусқәа рзы Аусбарҭа ала Аҳәынҭқарра Ахада Реџьеԥ Ҭаиип Ердогани аҭырқәа жәлари рыхьӡала зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз адгьылҵысрақәа рганахьала адышшыларатә шәҟәы ишьҭит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Адышшыларатә шәҟәы атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа анапхгареи ареспублика иқәынхо аԥсылманцәеи зегьы рыхьыӡала Ҭырқәтәыла Ахада Реџьеп Ҭаиип Ердоган, Ҭырқәтәыла адин аусқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы, адоктор Али Ербаши аҭырқәа жәлар зегьи ари иуадаҩу аамҭа азы, иҟалаз адгьылҵысра ду иахҟьаны хыԥхьаӡара рацәала ауаа рҭахара инамаданы ироуз ахьаа шрыцеиҩаҳшо азгәасҭарц сҭахуп.
Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи гәык-ԥсыкала срыдышшылоит. Ҳара зегьы Зегь Зымчу Аллаҳ инапы ҳануп, аҵыхәтәаны иара иахь ауп ҳахьыхынҳәуа..
ДМИТРИ КЕТИА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҞНЫ ИҞОУ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АБЖЬГАҨ-ЦҲАРАЖӘҲӘАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Дмитри Кетиа Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Дмитри Кетиа иҭакԥхықәрахь иаҵанаклоит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Ааигәатәи Мрагылара атәылақәа адипломатиатә хаҭарнакрақәеи Ацҳаражәҳәарҭеи реизыҟазаашьақәа акоординациа аҭара.
АԤСНЫҞА ИААИТ АФГАНИСҬАН АОФИЦИАЛТӘ ДЕЛЕГАЦИА.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҟны аккредитациа змоу, Урыстәыла иҟоу Афганисҭан Ацҳаражәҳәарҭа аделегациа арегионалтә шәарҭадара, Афганисҭан агуманитартә ҭагылазаашьа, иара убас Аԥсни Ааигәатәи Мрагылара атәылақәеи русеицура аҳәаақәа рырҭбаара азы акутуалра злоу аспектқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара азы Аҟәаҟа иааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
«Еиду Америкатәи Аштатқәа шәҭоурых аҿы иҭархагоу ароль нанагӡеит, зегьы еилырбганы шәнеилажьны ицеит. Аԥсны, жәаҳәарада Урыстәыла алахәхарала аҩганк рганахьала аҳаҭыреиқәҵаратә диалог абжьаҵара иазхиоуп. Агәра ҳгоит шәтәыла аҿы аҭагылазаашьа хара имгакәа ишҭышәынтәалахо. Уи арегионалтә шәарҭадара асистема зегьы азы акырӡа аанагоит. Ҳара Ааигәатәи Мрагылара адиалог активизациа астратегиа наҳагӡоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Инал Арӡынба.
АПАРТИА «АМЦАХАРА» АИЗАРА ДУ АМҨАԤГАРА АЗԤХЬАГӘАҬОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатәи асоциал-економикатәи аҭагылазаашьеи араионтә конференциақәеи апартиа Аизара Дууи рымҩаԥгареи иазкын апартиа «Амцахара» апрезидиум аилатәара.
Апрезидиум аусура ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Апартиа аҿы изаамҭанытәиу аҭагылазаашьеи араионтә конференциақәеи апартиа Аизара Дууи рымҩагара аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьеи рзы аинформациа ҟаҵо дықәгылеит апартиа «Амцахара» ахантәаҩы Алексеи Цыгәба.
Апартиа апрезидиум аилатәара аҿы иқәгылаз аенергетика, амҩа-транспортә амашәыр хҭысқәа, 1992-93шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рсоциалтә ҭагылазаашьеи анхарҭаҭыԥ ала аиқәыршәара апроблемеи ирыдҳәалаз атемақәа ирылацәажәон. Иазааҭгылеит иара убас аоппозициа имҩаԥнаго апропаганда атемагьы.
Аиҳарак аибашьра аветеранцәа рыла ишьақәгылоу апрезидиум алахәылацәа изеиԥшразаалак аофициалтә информациа аоппозициа ала анегативтә цәаҩа аҭаны аларҵәара аиуеит ҳәа иазгәарҭон.