
pressadmin-2
АԤСНЫТӘИ АДЕЛЕГАЦИА АРЕСПУБЛИКА ҬАҬАРСҬАН АУСДКЫЛАРА АДГЫЛАРА АҬАРА АФОНД ИАҬААИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган напхгара зылҭо аделегациа Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу аусдкылара адгылара аҭара иазку арегионалтә Фонд иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра аофициалтә саит.
Аусуратә еиԥылара аҿы аҩганктәи аусеицура, адәныҟаекономикатә усура аҿиара, ареспубликақәа рҿы аус зуа анаплакқәа аимадара рыбжьаҵара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аиԥылара ааиртит Ареспублика Ҭаҭарсҭан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ – аекономика аминистр Мидхат Шагиахметов. Уи аинвесторцәа рзы арегион иамоу афеидазаареи аекономикатә потенциали дрылацәажәеит, иара убас арезидентцәа рзы иҟоу азинҷыдақәа, иара убас анаплакқәа рынхамҩатә усура амониторинг азы аусура шеиҿкаау, насгьы иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы Ҭаҭарсҭан аекономика аҿиара шымҩаԥысуа, уҳәа дырзааҭгылеит.
АԤСНЫТӘИ АДЕЛЕГАЦИА КАЗАНЬ АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИҞОУ АТЕХНОПОЛИС “ХИМГРАД” ИАҬААИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган напхгара зылҭо аделегациа жәабранмза 1 азы иаҭааит Казань ақалақь аҿы иҟоу, Урыстәыла раԥхьатәи асертификациа зызу аиндустриалтә парк «Химград».
Аделегациа атехнополис «Химград» аусура атәы, уи иамоу хра злоу аганқәа, арезидентқәа, араҟа иҭрыжьуа аалыҵи, иара убас Ареспублика Ҭаҭарсҭани Ареспублика Узбекьисҭани еицынарыгӡо апроектны иҟоу атехнопарк «Чирчик», уҳәа ртәы рзеиҭарҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит асаит himgrad.ru.
АԤСУА БЫЗШӘА АҾИАРАЗЫ АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ ФОНД АҲАСАБЫРБАТӘ ПРЕСС-КОНФЕРЕНЦИА МҨАԤНАГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиаразы агәыҳалалратә Фонд аҳасабырбатә пресс-конференциа мҩаԥнагеит. Араҟа Афонд анапхгаҩи уи аусзуҩцәеи инагӡаз апроектқәеи иахьа Афонд аҿы аус здыруло апроектқәеи, иара убас ааигәа иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи ртәы инарҭбааны иалацәажәеит.
Апресс-конференциа аартуа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд адиректор Леуан Миқаа афонд ахықәкы хада – аԥсуа бызшәа аҿиара ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара ҳфонд атәыла аҿы амилаҭтә бызшәа аҿиара азы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла шықәсык акәым аус ауеижьҭеи. Ари зегьы иаҳзеиԥшу проблемоуп, уи аӡбараҿы хымԥада адгылареи ацхыраареи ҳҭахуп», - ҳәа иҳәеит Леуан Миқаа.
Афонд аусзуҩ Леуан Лагәлаа Афонд аҿы аус здыруало апроектқәа инарҭбаны дрылацәажәеит.
Актәи апрект – ари «Аԥсшәа бзиа избоит сара» ҳәа хыс измоу ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ауп. Леуан Лагәлаа иажәақәа рыла, иарбоу аметодика Аԥсны иахьаҵанакуа аус зуа хазхаҭалатәи ахәыҷтәы ҵараиурҭақәа рҿы аԥышәатә гәаҭара иахысит. Иазгәаҭатәуп, уи хра злоу алҵшәақәагьы шаанарԥшыз.
«Аметодика Аԥсны аҵара Аминистрреи Аҟәа ақалақь аҵара аҟәшеи рҿы ақәыршаҳаҭра аиуит. Уажәы уи атәыла ашколнӡатәи аҵараиурҭақәа рҿы аларҵәара ауп иаанханы иҟоу. Ҳара хәыда-ԥсада аҵараиурҭақәа зегьы аметодика рызнаҳгеит», - ҳәа иҳәеит иара.
Аҩбатәи апроект – ари афильмқәа аԥсышәала рдублиаж аҟаҵара ауп. Афонди Аинтернет-проваидер «Системеи» аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны мызкы иалагӡаны аԥышәатә режим ала афильмқәа аԥсуа бызшәала абжьы рхаҵара мҩаԥгахоит.
АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА-ЗИНТӘ ПОЛИТИКА АЗЫ АИЛАК ИНАРҬБААУ АИЛАТӘАРА АҾЫ АШЬАУС АХАЦЫРКРА АШЬҬАХЬ ЕИҬА АЕКСПЕРТИЗА АМҨАԤГАРА АЛЫРШАРА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит аҳәынҭқарра-зинтә политика иазку Аԥсны жәлар Реизара – Апарламент Аилак инарҭбаау аилатәара. Уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Аилак иацнаҵеит 2022 шықәса ԥхынгәымза 27 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект аус адулара.
Аилак аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, адукатцәа р-Палата ахантәаҩы Котико Чагәаа, егьырҭ адукаттә уаажәларра ахаҭарнакцәа.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект азырхиоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаустә закәанԥҵара анормақәа реиӷьтәреи лыҵшәа рыманы Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаус-процессуалтә нормақәа рхархәареи хықәкыс иҟаҵаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа рахь ирыдгалаз аԥсахрақәа рыдҳәалоуп ауаа рылахәаахәҭра; аинформациа-телекоммуникациатә каҭақәа рхархәарала, Аинтернет» акаҭагьы уахь иналаҵаны, иаартны ацәахыхра; амаҵурауаа ҳәа иазхаҵоу ахаҿқәа реиқәыԥхьаӡа арҭбаара.
ИАХЬА АԤСНЫ ЖӘЛАР РАРТИСТ УАСИЛ ЦАРГӘЫШ ИԤСЫ ҬАЗҬГЬЫ 85 ШЫҚӘСА ИХЫҴУАН.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 1 азы Аԥсны Жәлар рартист, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, акомпозитор, аетнограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш (01.02. 1938 - 28.01.2021) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса.
«Уасил Михаил-иԥа Царгәыш ахортәи акамер-вокалтә рҿиамҭақәеи акинофильмқәеи атеатралтә қәыргыларақәеи рзы амузыкеи дравторуп. Ирҿиамҭақәа рҿы иара илиршеит ҳажәлар рҭоурых – уи аҷыдаҟазшьа, амч, аидеиақәа, ахәыцрақәа зеиӷьаҟам ала раарԥшра. Уасил Михаил-иԥа аконтатақәа «Х-ҩык афырхацәа рзы» «Иҭахаз ргәалашәара азы», «Аԥсны Ан» рзы ианашьан Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
50 шықәса инареиҳаны Уасил Михаил-иԥа аԥсуа ҟазара аӡыргара иазкыз Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль напхгара аиҭон. Уасил Михаил-иԥа инапхгара ашықәсқәа ирылагӡаны ансамбль жәларбжьаратәи ахьӡ-аԥша арҳаит, Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруа иҟалеит, аконцертқәа рыла иаҭааит аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпакы: Европа атәылақәа, Африка, Аладатәи Америка, уҳәа убас ирацәаны., агастрольқәа рыла изныкымкәа Ҭырқәтәыла иаҭаахьан.
Уасил Царгәыш иналукааша абаҩхатәреи азанааҭдырреи злаз уаҩын. Уи зеиӷьаҟам ала илиршон Аԥсны амузыкатә ҭынхеи иреиӷьу акәашаратә традициақәеи рпапулиаризациа. Иусура ҭакԥхықәрала азнеишьа иабзоураны апрофессионалтә ҩаӡара аҿы ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи рабиԥарақәа реиҵааӡара илиршеит», – ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура аацҳамҭа аҿы.
АЛХАС КӘЫҴНИА УРЫСТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨ АГӘРАГАГАТӘ ШӘҞӘҚӘА ИИҬЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
Михаил Галузин Алхас Кәыҵниа инапынҵақәа рынагӡара дахьалагаз идиныҳәалеит, иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.
АԤСНЫ АФЫМЦАМЧ АЛА АИҚӘЫРШӘАРА АԤКРАҚӘА РАЛАГАЛАРА АЗЫ АГРАФИК ҾЫЦ ШЬАҚӘЫРГЫЛОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны афымцамч ала аиқәыршәара аԥкрақәа ралагалара азы аграфик аиҭакрақәа алагалоуп. «Аԥсны аенергосистема аҿы ақәыӷәӷәарақәа еиҟараны аихшара ахымԥадатәреи авариақәа рыԥхьырҟәҟәаареи инарымаданы, аԥкрақәа рыграфик аиҭакрақәа алагалахоит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч». сообщает РУП «Черноморэнерго».
ЕДУАРД БЫҬӘБА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АУСБАРҬА АНАПХГАҨЫ ИРМА ВОУБА «АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 АҾАГЫЛАРА АЗЫ» АМЕДАЛ ЛАНЕИШЬЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь агәабзиарахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы Ирма Воуба анапхгаратә ҳамҭа «Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҿагылара азы» амедал ланеишьеит.
Агәабзиарахьчара аминистр Ирма Џьумка-иԥҳаи Аусбарҭа аколлективи ҳәоуеиқәшәарала, активла аусеицура азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
АТӘЫЛА АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬАҚӘА ААМҬА-АМҬАЛАТӘИ АФЫМЦАМЧ АҾЫХРА ИНАМАДАНЫ АДИЗЕЛЬ-ГЕНЕРАТОРҚӘА РЫЛА ЕИҚӘЫРШӘОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Амшынеиқәафымцамч» афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц алагалара инамаданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәии ақалақьтәии ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.
Амедицинатә усбарҭақәа рхадацәа афымцамч аамҭала аҿыхрақәа ишазыҟаҵоу атәы еиҭарҳәеит, убри аан араионтәии ақалақьтәии ахәышәтәырҭақәа зегьы адизельтә генераторқәа рыла еиқәыршәоуп ҳәа иазгәаҭан.
2022 ШЫҚӘСАЗЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АВТОИНСПЕКЦИА АУСБАРҬА АУСЗУҨЦӘА АДМИНИСТРАТИВТӘ ЗИНЕИЛАГАРАҚӘА РЗЫ ЗЕИЦҴАЛЫҴ 71 МЛН. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠО АХАРАԤСАҚӘА ЫЛЫРҨААИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәса иалагӡаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа аусзуҩцәа рыла административтә зинеилагарақәа рзы зеицҵалыҵ 71 млн 389 нызықь 670 мааҭ рҟынӡа инаӡо ахараԥсақәа ылҩаахеит.
Зынӡа иааизакны ареспублика аҿы ашәҟәы иҭагалахеит 70 430 автотранспорттә хархәагақәа.