
pressadmin-2
ЏЬОРЏЬ ХЬИУИТТ АԤСНЫ АМИЛАҬТӘ БИБЛИОТЕКА ҲАМҬАС ЕИҬЕИТ ЗЕИУА МАҶУ Ҩ-ТОМКНЫ ИҞОУ ДУГЛАС ФРЕШФИЛД ИШӘҞӘЫ «КАВКАЗ АҬҴААРА».
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иналукааша алингвист, кавказдырҩы, Лондонтәи ауниверситет апрофессор Џьорџь Хьиуитт И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳамҭас еиҭеит зеиуа маҷу ҩ-томкны иҟоу, англыз бызшәала иҩу Дуглас Фрешфилд ишәҟәы «Кавказ аҭҵаара».
Џьорџь Хьиуитт иааишьҭыз ашәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Иахьа зыԥсҭазаара иалҵхьоу абизнесмен, амиллионер, аҭоурыхҭҵааҩы, Аладатәи Кавказ аҭҵаара знапы алакыз, адәныҟатәи аусқәа ԥыхьатәи аминистр Аленн ииҩыз астатиа аҟынтәи сара еилыскааит уи Шәантәыла данаҭаауаз Британиатәи амузеи Акралтә географиатә еилазаареи рыхьӡала Местииатәи амузеи ҳамҭас ишаиҭаз шамахамзар уаҳа џьара иуԥыло, раԥхьатәи аҭыжьымҭа «Кавказ аҭҵаара». Ашәҟәы 1896 шықәсазы ҩ-томкны иҭыжьын, уи авторс даман Дуглас Фрешфилд. Ари ауаҩ иоуп зегьы раԥхьаӡа кавказтәи аҳаракырақәа Ельбруси Ушбеи ахалара зылшаз. Сара Местиа аҩынтәраан санаҭаааз аамҭазы усҟан амузеи адиректорс иҟаз Циала Чартолиани арҭ ашәҟәқәа сыблала рбареи рыкреи рзы азин сылҭарц слыҳәеит. Сара усҟан гәаныла, мышкы зны абри еицырдыруа ашәҟәы ахкьыԥхьқәа раахәара хымԥада исылсыршароуп ҳәа исыӡбеит. Шықәсқәак рыҩныҵҟа сара зыхәԥса саиааиртә иҟоу ари аҭыжьымҭа лыԥшаах аекземплиар ахьырҭиуа сашьклаԥшуан. Аҵыхәтәаны сара арҭ ашәҟәқәа Дербишир ақалақь аҿы иҟоу, аиҳарак альпинизм атема ала аус зуа онлаин-адәқьын аҿы иаасхәеит. Исҭахыз ашәҟәқәа раахәара ахьсылшаз сгәырӷьара ҳәаа амамызт. Сыԥшәмаԥҳәыс Заиреи сареи даҽа екземплиарк аахәаны Аԥсны Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҳҭаразы иҳаӡбеит.
АТУРИСТТӘ ДӘЫӶБА «ШӘАЧА» МШАԤЫМЗА ИНАРКНЫ ҨАԤХЬА АԤСНЫҞА АРЕИСҚӘА РЫМҨАԤГАРА ИАЛАГОИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә дәыӷба «Шәача» мшаԥымза 29 инаркны цәыббрамза 30, 2023 шықәса рҟынӡа ареисқәа нанагӡалоит.
«Ари адәыӷба аҷыдаҟазшьаны иамоу авагаонқәа ринтериер зегьы иҳаҩсыз ашәышықәса 70-80-тәи ашықәсқәа рыстилистика иахьақәшәо ауп. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аҳәаахьчаратәии аҳазылхратәии апроцедурақәа зегьы ауаҩы дмыргәамҵкәа ирмарианы имҩаԥысуеит, амҩазы иазԥхьагәаҭоу аамҭа иахымԥаӡакәа аныҟәарагьы маншәаланы имҩаԥысуеит», – ҳәа Урыстәылатәи Аихамҩақәа рыпресс-маҵзура ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра аланарҵәоит асаит https://sochinews.io.
Амҩан адәыӷба ҭыԥқәак рҿы аанкыларақәа азԥхьагәаҭоуп – Лазаревск, Лоо, Дагомыс, Шәача, Адлер, Имеретинтәи акурорт, Весиолое, Цандрыԥшь.
АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ НХЫҴ КАВКАЗ АРЕСПУБЛИКАҚӘЕИ РЕИЗЫҞАЗААШЬА АРҾИАРА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба афбатәи ааԥхьара адепутатцәа, аекспетрттә фонд «Аамҭа» ахаҭарнакцәа Натали Смыри Алхас Џьынџьали дырԥылеит.
Аиԥылара ихы аладырхәит Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Ҳагба, адепутат Инар Гыцба.
ТАСС АДИРЕКТОР ХАДА СЕРГЕИ МИХАИЛОВ АԤСНЫПРЕСС АԤҴАРА АМШ АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аинформациатә Маҵзура «ТАСС» адиректор хада Сергеи Михаилов аколлективи анапхгаҩы Манана Гәыргәылиеи Аԥсны аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аԥҵара Амш рыдиныҳәалеит.
«Иахьа Аԥсныпресс хыԥхьаӡара рацәала аԥхьаҩцәеи аколлегацәеи рзы авторитет ду змоу аинформациа ахыҵхырҭаны ишыҟац иаанхоит. Ажурналист иуалԥшьа анагӡара, аобиективра, аудиториа аҿаԥхьа аҭакԥхықәра, - есымша Шәара шәусура ихадоу ахырхарҭақәаны иҟан. Агәра ганы сыҟоуп, шәырҿиаратә коллектив аринахысгьы адунеизегьтәи аинформациатә ҵакыра аҿиара апроцесс ахатәы лагала алагалара ишацнаҵало. Исымоу алшара схы иархәаны, ҳаԥхьаҟа ҳмаҵзурақәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара сганахьала адгылара шаҭахо азгәасҭарц сҭахуп.
АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АИДГЬЫЛУАА РАССОЦИАЦИА «АПСНЫПРЕСС» АԤҴАРА АМШ ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАНАҴЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аидгьылуаа Рассоциациа аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аԥҵара амш инамаданы уи анапхгараҭареи аколлективи ирыдныҳәалоит.
«28 шықәса ирылагӡаны «Аԥсныпресс» аофициалтә, ииашоу, иҵабыргу, аобиективтә, актуалра злоу аинформациа иахыҵхырҭаны иҟоуп. Уи иарҵабыргуеит «Аԥсныпресс» иахьазхьаԥшуа иналукааша урыстәылатәии мрагыларатәии амассатә информациа ахархәагақәа. Аинформациатә ҵакыра аҿы обиективла аусура азнеишьа аредакциеи уи анапхгареи рзанааҭтә дырра аҩаӡара аҳаракра арҵабыргуеит.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБИ АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АФЕДЕРАЛТӘ ҲАЗЫЛХРАТӘ МАҴЗУРА АХАҬАРНАК КОНСТАНТИН КОЗЛОВИ АҨ-ҲӘЫНҬҚАРРАК РҲАЗЫЛХРАТӘ МАҴЗУРАҚӘА РУСЕИЦУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ЖӘПАКЫ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак Контантин Козлови реиԥылара аҿы аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараҿы Аԥсни Урыстәылеи рҳазылхратә маҵзурақәа роперативтә усеицура иаҵоу аҵакы ахадара азгәаҭо Алеқсандр Анқәаб Константин Козлов Аԥсны амчратә усбарҭақәа зегьы аҩганк рзы аинтерес зҵоу азҵаарақәа рыӡбараҿы ацхыраара аҭара ишазхиоу азы адырра ииҭеит.
«АМШЫНЕИҚӘАФЫМЦАМЧ» АФЫМЦАМЧ АЛА АИҚӘЫРШӘАРА АԤКРАҚӘА РАЛАГАЛАРА АГРАФИК ҾЫЦ ШЬАҚӘНАРГЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арепубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» абонентцәа афымцамч ала реиқәыршәара аԥкрақәа ралагалара аграфик ҿыц шьақәнаргылеит. Ари зда ԥсыхәа ыҟам ауснагӡа Урыстәылатәи Афелдерациа аҟынтәи иаауа афымцамч жәабранмзазы еиҳа еиҵахоит ажьырныҳәазазы иаашьҭыз аасҭа.
Убас, ажьырныҳәамзазы иаашьҭыз афымцамч 250 млн. кВт/с рҟынӡа инаӡозҭгьы, жәабранмзазы уи 190 млн. кВт/с рҟынӡа ауп иахьынаӡало, убри аан ахархәара аҩаӡара шыҟац иаанхоит –11 млн. кВт/с.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АӠБАРАТӘ НАГӠАҨЦӘА РМАҴЗУРА АҾЫ АГӘАҬАРАҚӘА МҨАԤНАГОИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа Аминистрра ақәыршаҳаҭрала Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура аусзуҩцәа рганахьала азакәан еилазго ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аԥхьырҟәҟәаара азы аоперативтә информациа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.
Аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура анапхгаҩы аиустициа аминистр аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа имҩаԥырго апроцессуалтә уснагӡатәқәа рзы адырра ииҭеит.
СТАЛИНГРАДТӘИ АЖӘЫЛАРА АҾЫ АИААИРА АГАРА 80- ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКУ АГӘАЛАШӘАРАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сталинградтәи ажәылара аҿы асовет еибашьцәа рыла анемец-фашистцәа рықәгара аналыршаха Амш 80-шықәса ахыҵра аҳәаақәа ирҭагӡаны,Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра жәабранмза 1 - 3 рзы имҩаԥысраны иҟоу аныҳәатә гәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәа рыпрограмма еиқәнаршәеит.
Аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи иалахуп В.Г. Арӡынба ихьӡ зхзу Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи. Убри аан адгылара ҟарҵоит Аԥсны иҟоу Урытәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аҟәа ақалақь Ахадареи.
Акультуратә, арккаратә, апатриоттә акциақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит «Афырхаҵара аурокқәа», В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи алархәны аҭоурыхтә квест, иара убас Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.
РУСҬАМ МИННИХАНОВ ҬАҬАРСҬАНИ АԤСНИ РЫБЖЬАРА АТАУАРЕИКӘЫРШАРА АЗЫ: «МАКЬАНАЗЫ УИ АМҼХАК МИТӘЫК ИДУУМЗАРГЬЫ, ХРА ЗЛОУ АДИНАМИКА ЫҞОУП».
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Ҭаҭарҭан Ахада Русҭам Минниханов Ареспублика Ҭаҭарсҭан анапхгара Аҩны аҿы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган дылԥылеит. Аганқәа атуризм аусхкы аҿы атауарқәа реикәыршареи аусеицура аҿиареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит асаит БИЗНЕС Online.
Аԥснытәи аделегациа Казань инеит иацы, ажьырныҳәамза 30 рзы. Уи ахаҭарнакцәа Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра аҿы аиԥыларақәа мҩаԥыргеит, иара убас аинвестициатә ҿиара азы Агентра иаҭааит. Араҟа урҭ идырбан Ҭаҭарсҭан аинвестициатә проектқәа, ҳәа иарбоуп ареспублика Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо аинформациатә материалқәа рҿы.
Иахьа Русҭам Минниханов Кристина Озган дылԥыло Ҭаҭарсҭан аидарамҩангагатә машьынақәа «КАМАЗ», иара убас агьежьхрԥақәа, амашьынаргыларатә аалыҵ, ахимиеи анефтаалыҵқәеи амедицинатәи афармацевттәи атауарқәа Аԥсныҟа раашьҭра, иара убас атерриториалтә ҿиареи ҳаамҭазтәи ақалақьтә инфраструктура аԥҵареи аинвестициақәа радыԥхьалареи, уҳәа аусхкқәа рганахьала аԥышәаеимадара ишазхиоу азгәеиҭеит.