pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Акультуратә фонд «Платформа» 2021 -2022 шш. аҭоурых-арра-патриоттә проект «Кавказтәи афронт» анагӡара азы аҳасабырба адгалара мҩаԥнагеит.  

Мшаԥымза анҵәамҭа, 2021 шықәса азы акультуратә фонд  «Платформа» Кавказ ахьчара азы Ажәылара 80-шықәса ахыҵра иазку апроект «Кавказтәи афронт» еиқәнаршәеит. Иарбоу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак рымҩаԥгара азԥхьагәаҭан  2022-2023 шықәсақәа рзы.

Убри нахыс аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥгахеит. Иаагозар,  цәыббрамза, 2021 шықәса рзы ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы ҩынтә аҭаарақәа мҩаԥган.  Араҟа апроект алахәылацәа аҭыԥантәи ауааԥсыреи ақыҭа анапхгареи рыҿцәажәара анаҩс Кавказ ахақәиҭтәра иазкыз Ажәылара 78-шықәса ахыҵра иазкны авидеоҭыхымҭа ҟарҵеит.  Уи асиужет иалалеит Ԥсҳәы ақыҭан игылаз, аамҭақ иалагӡаны афашистцәа рыштаб аҳасабала ахархәара змаз аҩны аҭоурых.

Уи анаҩс, Шәача ақалақь аҿы акультуратә фонд «Платформеи» агәыҳалалратә фонд «Воин-Интернационалисти» аҭоурых-арра-патриоттә усхкы аганахьала аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.  

«Ҳара ҳаԥхьаҟа урыстәылатәи афонд аспециалоистцәа апроект «Кавказтәи афронт» аҳәаақәа ирҭагӡаны апатриоттә ааӡара аганахьала ацхыраара шыҟарҵало азы ҳаиқәшаҳаҭхеит», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳасабырба аҿы.

Ԥхынҷкәынмза, 2021 шықәса азы апроект «Кавказтәи афронт» Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра Жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә форум «Аӷа ахаангьы изыҟаҵарым уара иҿаԥхьа ухы лаурҟәыртә еиԥш …» аҿы адгалара мҩаԥган.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд 2022 шықәсазы абиуџьеҭ аиҭакрақәа алагалара азы ақәҵара рыдыркылеит. Афонд абиуџьеҭ аныхтәии ахашәалахәытә хәҭеи 10 млн.мааҭ рыла еизырҳахеит.  

Афонд ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рзеиԥш шәагаа шьақәырӷәӷәоуп. Уи азеиԥш еицҵалыҵ 55 млн 499,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк 2023 шықәсазы аныҟәгара азы аныхтәқәа рхарџьынҵа ашьақәырӷәӷәара мҩаԥыргеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Адепутатцәа Абанк аныхтәқәа рхарџьынҵа шьақәдырӷәӷәеит. Уи 434 млн 470 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа    аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭ азы» азакәан апроект рыдыркылеит. Уи адкылара азы рыбжьы рҭиит  29-ҩык адепутатцәа.

2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ апараметр хадақәа ахашәалахәытә хәҭа ала    12 млрд 512 млн  657,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтә хәҭа ала – 14 млрд 188 млн  530,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адефицит – 1  млрд 676 млн 101, 9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ареспубликатә биуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа азеиԥш еицҵалыҵ 9 млрд 622 млн 244,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраарагьы уахь иналаҵаны.

Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара наӡоит:

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы -   3 млрд 734 млн 689,7 нызықь мааҭ;

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент аҿы аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарақәа рҿы Аԥсны ибиуџьеттәым Афондқәа хԥа  2023 шықәсазы рбиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәара мҩаԥысит.

1992-1993шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Иҳәынҭқарратәу ибиуџьеттәым рфонд 2023 шықәсазтәи ахашәалхәқәеи ахарџьқәеи ишьақәырӷәӷәоу реицҵылыҵ 199  млн 616,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд 2023 шықәсазтәи ахашәалахәқәеи ахарџьқәеи ишьақәырӷәӷәоу реицҵылыҵ 163  млн 902 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аԥсны аҳәынҭқарра административ-ҵакыратә акқәа рҿы анапхгараҭара азы» Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы Ақәҵара рыдыркылеит.  Азакәан апроект адгалара мҩбаԥго абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Амаршьан иҳәеит:   «Иарбоу аиҭакрақәа рыла араион аҿы иҟоу ақалақьқәа Реизарақәа рзинмчқәа рҟынтәи амҩақәа, апроспектқәа, ашҭақәа, аскверқәа, абульварқәа, апаркқәа, уҳәа рыхьӡқәа рыԥсахреи ахьӡ ҿыцқәа рыхҵареи рзы аӡбамҭақәа рыдкылареи амемориалтә ӷәқәа рышьақәыргылареи, иара убас ақалақь абираҟ, агерб (геральдикатә дыргақәа) рышьақәырӷәӷәареи рзы аӡбамҭақәа рыдкылареи рзы азимчы алгахоит».

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аламҭалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиба Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа ҳазҭалараны иҟоу аныҳәа рыдылныҳәалеит, зегьы хаҭа-хаҭала ахаа-мыхаақәа ҳамҭас ирылҭеит.

Ашкол аҧхьа Аелита Ахьиба дылԥылеит Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Беслан Ешба.

Аҵаҩцәа Ахада иԥшәмаԥҳәыс ашәҭшьыҵәрақәа лырҭеит, иара убас рнапала иҟарҵаз ашықәсҿыцазтәи ажьа.

«Акыр иаԥсоу ахәыҷқәа, Аҵаа Бабаду ихаау аҳамҭақәа шәзааигеит. Ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц. Еснагь шәлахҿыхыз, шәгәы бзиаз, шәҭаацәа ишәырҭараны иҟоу аҳамҭақәа рыда хьаа рымамзааит. Даара бзиа шәаҳбоит, Аҳәынҭқарра Ахада иакәзар, салам шәиҭоит", - лҳәеит Аелита Ахьиба.

Ахәыҷқәа дрыдныҳәалеит иара убас аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба «Акоронавирусттә ҿкы чымазара COVID-19 хацәнымырха аҿагылара азы» ахылԥшратә медалқәа ранашьара мҩаԥигеит. Аҳамҭақәа ранашьахеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардан, афинанс-економикатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Маргарита Чепниан, Аҟәатәи ирласу амедицинатә цхыраара астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа, аинформациа аҟәша анапхгаҩы Дамеи Касланӡиа.

«Шәара зегьы

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Санкт-Петербург иҭыҵит Аԥсны Аҭҵаара-дырратә центр ала еиқәыршәоу «Иркьаҿу аԥсуа енциклопедиа» актәи атом, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит аҭыжьымҭа «Азиндырратә центр» адиректор Ирина Дамениа.

Аҭыжьымҭа аредактор хада – афилологиатә наукақәа ркандидат Васили Аҩӡба.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Ԥхынҷкәынмза  26 -29 рзы Аҟәа ақалақь, Е.Ешба ихьӡ зху апарк аҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа рзы ашықәсҿыцтәи амузыкатә адныҳәалара мҩаԥысуеит.

Аныҳәа аламԥалазтәи аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма аҿы иара убас иҟоуп ауаҩы ишәара инеиуа акьанџьақәа рыцнеиаира, иара убас афотосахьақәа рҭыхра.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.