pressadmin-2
ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АБЖЬААԤНЫТӘИ АУСУРАМШҚӘА: АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРА, АБНАТӘ БЫЛРАҚӘА РЫԤХЬЫРҞӘҞӘААРА, АТУРИСТТӘ ААМҬАХӘҬА АҼАЗЫҞАҴАРА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Аманда Касланӡиа. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахада Лев Кәыҵниа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭара, абнарақәа рҿы абылрақәа рыԥхьырҟәҟәара азы имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа, иара убас атуристтә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит.
Агуманитартә цхыраара азы.
Агуманитартә цхыраара аизгара маҷк ада ихыркәшоуп. Алогистика иадҳәалоу азҵаарақәа макьаназы иаартны иаанхоит. Иара убри аамҭазы аҭырқәа ган агуманитартә еидара аиқәыршәара аганахьала аҭаххарақәак алкааны иҟоуп. Аиҳарак аҭаххарақәа зыдҳәалоу ашылалыхқәа, ашьақар реиԥш иҟоу, лассы иԥхасҭамхо афатә аалыҵқәа, амшьамбақәа, агенраторқәа, аԥатылкақәа ирҭоу аӡрыжәтә. Аҳәынҭқарра иазоунажьит аԥаратә хархәагақәа, уажәы афатәаалыҵқәа раахәара мҩаԥысуеит, аидараӷбақәа рыла Ҭырқәтәылаҟа идәықәҵахо аконтеинерқәа рырҭәра иаҿуп. Шьамтәыла акәзар, уи иадҳәалоу аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп. Азҵаара аҵыхәтәанӡа иӡбамкәа иаанханы иҟоуп.
Абнарақәа рҿы абылрақәа рыԥхьырҟәҟәаара иадҳәаланы имҩаԥгахо аусмҩаԥгатәқәа рзы. Абнарақәа рҿы абылрақәа рыҟалара азҵаара акыр иуадаҩуп. Аԥсабара аҿы амцакра амзысқәа аиҳарак ауаҩы идҳәалоуп. Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа ауааԥсыра рынхарҭақәа иахьаҵанакуа агәылҩа аҟынтәи ианыдрыцқьо урҭ амца раркра иаҵоу ашәарҭара азы ргәаҳҽанаҳҵоит. Аха иҟаҳҵо аҳәарақәа аиҳарак агәхьаа ркӡом. Убри иахҟьаны, ахәҭакахьала зынаӡара уадаҩу, иҷыдоу атехника анагара ахьзалмыршахо ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы амцакрақәа ҟалоит. Уи даара иуадаҩу ахҟьаԥҟьа ацзар ҟалоит, избан акәзар амца акыр зыхәдуу аҵиаақәа ахьазҳауа абнарахь ииасыр ҟалоит. Амцарцәаҩцәа аиҳарак напышьашәала амца арцәара рықәшәоит. Ҳкықәкы хаданы иҟоу – амца ауаа реиланхарҭатә ҭыԥқәа рахь аамышьҭра ауп. Убри азы ҳара уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа амцарцәаратә гәыԥқәа рԥыԥшра еиҿкааны иҳамоуп. Ҳара изныкымкәа ауааԥсыра рынхарҭақәа иахьаҵанакуа агәылҩа аҟынтәи ианыдрыцқьо урҭ амца раркреи анҩс хылаԥшрада ааныжьреи рзы ахараԥса ӷәӷәа рықәҵара азы аԥшьгарақәа ҟаҳҵахьеит, аха ари азҵаара иахьа уажәраанӡа иӡбамкәа иаанханы иҟоуп.
СЫНТӘА АԤСНЫТӘИ АИХАМҨА АЛА АИДАРАМҨАНГАРА АРБАГАҚӘА ИАЗҲАИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса ҩымз ирылагӡаны Аԥсныҟа иааит 3 036 вагон. Уи иақәыз аидара азеиԥш капан 206 576 тонн рҟынӡа инаӡон, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аԥсны Аихамҩа аҟынтәи. Убас сынтәа иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, иааз аидара зқәыз авагонқәа 903 вагон рыла еиҳахеит. 2022 шықәса ҩымз рыла ареспубликахь иааган 135 586 тонн аидара – 2 133 вагон.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АЕКОНОМИКАТӘ УСҚӘА РЗЫ АӠБАРАТӘ ӠБАМҬАҚӘА РАЗХАҴАРА АЗЫ АԤСНЫ-УРЫСТӘЫЛАТӘИ АИҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА АЗНАУИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Дума аҩаша, хәажәкырамза 14 рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аекономикатә зҵаарақәа рзы аӡбаратәии абжьаҟазаратәии аӡбамҭақәа разхаҵара азы аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.
Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥысит рашәарамза 29, 2022 шықәса Санкт-Петербург ақалақь аҿы. Анаҩс уи аратификациа азы Аҳәынҭқарратә Дума ахь инашьҭын, жәабранмза 25, 2023 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иахь аратификациа азы идәықәҵахеит.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХАДАРА АДЕЛЕГАЦИА УСУРАТӘ ВИЗИТЛА КАЗАНЬ АҚАЛАҚЬ ИАҬААИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо Аҟәа ақалақь аделегациа хәажәкырамза 13 рзы Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казань иаҭааит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аҟәа Ахадара аофициалтә саит аҿы.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа, Анхара-коммуналтә Нхамҩа адепортамент аиҳабы Руслан Аҩӡба, жәларбжьаратәи аимадарақәа рыҟәша аспециалист хада Денис Рачителев.
Хәажәкырамза 14 рзы иазԥхьагәаҭоуп Аҟәеи Казани аиашьаратә қалақьра рыбжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра.
Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь 1988 шықәса инаркны Аҟәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра зыбжьанаҵахьоу рҟынтәи 36-тәи қалақьхоит. Аиашьаратә қалақьра азы актәи аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит жьҭаарамза 2, 1988 шықәсазы Аҟәа ақалақьи шотландтәи ақалақь Килмарноки рыбжьара.
Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь аҭаара актәи амш азы Аҟәа ақалақь аделегациа азы Аҵарадырреи анаукеи акультуреи рызҵаарақәа рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахаҭарнакра (ЮНЕСКО) адунеизегьтәи аҭынха аобиектс иԥхьаӡоу Казантәи Акремль ахь аныҟәара еиҿкаахеит.
ЧЕЧЕНТӘЫЛА АУРЫС ДРАМАТӘ ТЕАТР АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АХӘАԤШЦӘА ИДНАРБЕИТ АСПЕКТАКЛЬ «БЭЛА».
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. М. Лермонтов ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аспекталь ала ашәахьа, хәажәкырамза 13 рзы иаатит Аԥсны Чечентәылатәи Ареспублика акультура Амшқәа.
Аԥсны Ареспублика Чечентәыла акультура Амшқәа амшқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Грозныи ақалақь аҟынтәи актиорцәа Аҟәа ақалақь, Ф.Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр асцена аҿы Михаил Лермонтов ироман «Герой нашего времени» амотивқәа рыла апиеса «Бэла» рыхәмарит.
АԤСНЫТӘИ АВТОБЗИАБАҨЦӘА УАЖӘШЬҬАРНАХЫС РХАТӘЫ МОБИЛТӘ ЦҴА РЫМАЗААУЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи автошкол «Старт» амшира аламҭалазы ҿыц амашьына арныҟәцара иалаго рзы еиԥш амҩатә ԥҟарақәа згәалазыршәарц зҭаху зегьы рзы амобилтә цҵа аартра алнаршеит.
Уажәшьҭа, амобилтә цҵа аҭгарала, амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа рдырра аҩаӡара агәаҭара, Аҳәынҭинспекциа аҿы аԥышәарақәа рҽазыҟаҵара, уимоу, автошкол аҿы аҽазыҟаҵарақәа рахысра азы аҽҭаҩрагьы ҟалоит.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АФЫМЦАЕИМДАРАЗЫ ЗВОЛЬТҲАРАКУ АЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА» АҞНЫ ИМҨАԤЫСУА АУСУРАҚӘА АХӘШЬАРА РИҬЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкыра 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа афымцаеимдаразы звольтҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны аусурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ даҭааит. Ашәахьаҽны, хәажәкырамза 13 рзы имҩаԥысыз аинспекциатә ныҟәараан аҳәынҭқарра Ахада дицын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Очамчыра араион Ачгуара ақыҭаҟны Ахада звольтҳараку афымцаеимдара ацәаҳәақәа рҵаргәа ҿыцқәа реибыҭара аҭыԥ даҭааит. Иаку арегионтә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анџьныр хада ин. назыгӡо Руслан Кәарҷиа аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусурақәа рылҵшәақәа рзы. 2023 шықәса ажьырныҳәамза 23 рзы иҟоу аҭагылазаашьала афымцеимдара ацәаҳәа ҿыцқәа реибыҭаразы аусурақәа хыркәшоуп.
АПРОКУРАТУРА ХАДА АҞӘА АҚАЛАҚЬ КОӶОНИА ИМҨАДУ АЛА АҨНЕИХАГЫЛА АРГЫЛАРА АЗАКӘАНТӘ ШЬАҬА АГӘАҬАРА МҨАԤНАГОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинтернет ресурсқәа рҿы Аҟәа ақалақь Коӷониа имҩаду 11 ала изакәанымкәа аобиект аргылара мҩаԥысуеит ҳәа аинформациа аларҵәара инамаданы, апрокуратура Хада азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра азы Аусбарҭа апрокурор Хада иҟаиҵаз адҵа ала иарбоу аргылара азакәантә шьаҭа агәаҭара мҩаԥнагоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит апрокуратура Хада аофициалтә саит.
ГАГРА АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АЛАҚӘА ЕРЕИХСНЫ РЫШЬРА ИАЛАХӘЫЗ АУАА РААРԤШРА ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА НАРЫГӠОИТ.
Аҟәа. Хажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь азинхьчаратә усбарҭақәа ақалақь аҿы алақәа иреихсны рышьра иалахәыз ауаа реилкаара иазкны аусура нарыгӡоит.
«Ҳара ҳхаҭа даара ҳаршанхеит иҟалаз ахҭыс. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари агәымбылџьбаратә хҭыс иалахәыз ауаа реилкаара азы аусура мҩаԥыргоит. Иҟоу адыррақәа рыла, уи џьоукы хазхаҭала иаԥшьыргаз, анаҩс еиҿыркааз усуп. Ҳара иԥшәымадоу алақәа рыпроблема аӡбара азы ас еиԥш аметод зынӡа ҳадгылаӡом», - ҳәа Апсныпресс акорреспондент иацы иҟалаз ахҭыс азы иҟаиҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба .
Гагра ақалақь аҿы хара имгакәа хыҵакырҭада иаанхаз алақәа массала рыстерилтизациа амҩаԥгареи рыхәҭак Гагра араион аҿы иҟоу агәыҳалалратә фонд «Багира» иатәу ахкыдкыларҭа (априиут) «Топа» аҿы рнырхара азы аусура мҩаԥыргоит.
АԤСНЫ АХАДА ИЗЫ ИГӘАМБЗИАРА ИНАМАДАНЫ АЛАБОРАТОРИАТӘ ПЦР-ТЕСТ АЛҴШӘАЛА АКОРОНОВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАӠАМ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада изы игәамбзиара инамаданы алабораториатә ПЦР-тест алҵшәала акороновирустә ҿкы чымазара шьақәырӷәӷәаӡам.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа акороновирустә ҿкы ашьақәырӷәӷәаразы алабораториатә ПЦР-тест дахыжьын. Ашьақәырӷәӷәаратә тест Аслан Бжьани ибиоматериал ақәырԥшқәа рыҟны РНК вирус Sars-Cov-2 аарԥшӡамызт.








