pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Ҳаммуд Иуссеф Саббагу ихьӡала адышшыдара ҟаиҵеит.

 Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:

 «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәалсра дула срыдышшылоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Жәлар Рхеилаки шьамтәылатәи ажәлар зегьи шьамтәылатәи апровинциақәеи ақалақьқәеи рыҟны иҟалаз адгьылҵысра инамаданы.

Иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иалаӡит хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра, аӡәырҩы ааха роуит, нхарҭада иаанхеит.

Ҳаҭыр зқәу Ҳаммуд Иуссеф Саббагу, исҳәарц сҭахуп Шьамтәылатәи Арабтә Республика ажәлар зегьы иахьа изҭагылоу агәаҟра ирнаҭаз агәырҩа, ахьаа шрыцеиҩаҳшо.

Зегьы ирзеиӷьаҳшьоит ачҳара, агәаҟра иақәшәаз агәабзиара, иҳалшо ала ацхыраара ҳазхиоуп».

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Ростов-на-Дону ақалақь аҟынтәи Пицундаҟа иааргеит   1981 шықәса рзы ииз Денисенко Николаи Николаи-иԥа иԥсыбаҩ, ҳәа адырра ҟанаҵоит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьха ашьапаҿы иԥсаҟьаны икажьыз ажәытә рҭҟәацгақәа жәабран 6 рзы Гәдоуҭа араион ақыҭа Амжыкхәа (ԥыхьатәи Агараки ақыҭа) аҿы ақыҭауаа рыла иԥшаан. Урҭ рыԥшаамҭа азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь иҟарҵеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иԥшааз арҭҟәацгақәа ирылан ареактивтә ашьаҟартә амцаршәгақәа «Шмель» ҩ-цырак, ареактивтә атанкҿагыларатә граната, анапылатә гранатаршәга ПГ-7, уи иақәшәо аџьаԥҳани, анапытә кумулиативтә граната, ашьаҟарҿагыларатә минақәа ԥшьба.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ҭыԥ-ҭыԥла аамҭа-аамҭалатәи афымцамч аҿыхра инамаданы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь аенергетика азы акомиссиа аԥаҵаразы даҽазныкгьы ажәалагала ҟалҵеит.

Абҵарамза 24, 2022 шықәса рзы Асида Шьаҟрыл иарбоу аԥшьгарала дықәгылахьан.

Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл лгәаанагарала, ас еиԥш акомиссиа аусура ареспублика аҿы аенергетикатә кризис  аҭышәынтәалареи ауаа рзинқәа рыхьчареи роуп ҷыдала изызку. Акомиссиа Аԥсны аенергетика аҭагылазаашьа ахәшьара анаҭар ҟалон, иара убас ишьақәгылаз акризистә ҭагылазаашьа системала алҵра азы апрограмма ашьаеқәыргылареи  Аԥсны аенергетикатә усхкы аҿиара аконцепциа аиқәыршәарагьы алшарын.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Акультура аминистр Даур Ақаҩба жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат, хыԥхьаӡара рацәала аџьазтә фестиваль дуқәа иралахәхахьаз, Москватәи аҳәынҭқарратә акультура Аинститут аестрада-џьазтә шәаҳәара акафедра аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Лаура Водианицкаиа  дидикылеит.

Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы аҵарадырра, ахәҭакахьала амузыкатә ҟазара аганахьала акадрқәа разыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.   

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь, ибаџьдоу ахәаахәҭра адәқьан азааигәара игылаз автомашьына гәарҭеит. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ. Аҳазылхыҩцәа агәаҭарраан ирыԥшааит  иарбоу адәқьан аҿы иаахәаз акцизатә дырга змамыз 65 баҭлыка рҟынӡа арыжәтә џьбара.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарратә Дума аҩаша, жәабранмза 7 рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы аҳазылхыҩцәа рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аинформациатә Маҵзура ТАСС.

Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, жәабранмза 18, 2021 шықәс рзы, иара убас  Москва ақалақь,  мшаԥымза 5, 2021 шықәса рзы.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Аферациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит. Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Алхас Кәыҵниеи Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Знаур Гассиеви реиԥылара имҩаԥысит.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа Ахантәаҩы Мураҭ Махариа ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.

 

Адышшылараҟны иҳәоуп: 

 

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа, ҳтәыла ауааԥсыра зегьы реиԥш гәалсра дула ирыдыркылеит иахьа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟалаз адгьылҵысра ду ахҟьа-ԥҟьақәа. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ауаа аӡәырҩы ҭахеит, зықьҩыла ахәрақәа роуит, нхарҭада инхеит, рыцҳарас иҟалаз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳџьынџьуаа – аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәагьы.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Имҩаԥгахаз акомплекстә реидтәи апрофилактикатәи аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшын 1 973 рҟынӡа амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагарақәа, ҳәа иаанацҳауеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.