Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза   11 рзы Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп абокс Ахәылԥаз ду  RCC Boxing Promotions, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир ихадоу ахәҭа аҿы аа-раундк рыла ишьақәгылоу аиндаҭлара мҩаԥигоит аԥснытәи абоксиор Игорь Адлейба (13-0-2), уи диацлабуеит Максим Черничук (4-0).

Уажәы Игорь Адлеиба аиндаҭлара иҽазыҟаиҵоит, Екатеринбург ақалақь аҿы иҟоу аолимпиатә резерв ашкол аҿы аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгарақәа дырхысуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 3 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуан аҩбатәи Урыстәыла-уаԥстәылатәи аҿартә форум. Уи ахы аланархәуеит Аԥснытәи аделегациа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Афорум актәи амш «Амилаҭбжьаратәи аҿартә диалог. Амилаҭтә ҿартә аԥшьгарақәа» атема ала астол гьежь ала иалагеит. Аԥсны аганахьала «Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә ҿартә инициативақәа» атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит аԥсуа делегациа анапхгаҩы, абжьаратәи ашкол № 6 актәи акатегориа арҵаҩы, Аҟәатәи алицеи-интернат аҩбатәи акатегориа арҵаҩы Алиас Акаба.  

Ажәахәқәа рыхцәажәара ашьҭахь Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Валентина Гатикоева агрантқәа раиуреи афорумқәа рылахәхареи раҳасабала аҿартә иницитивақәа рҵакы ахадара азгәаҭо, ҳаԥхьаҟа асоциал-актуалратә хырхарҭа змоу апроектқәа назыгӡо аҿар рхыԥхьаӡара ишацло азы агәыӷра шлымоу аалырԥшит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Никарагуа имҩаԥысит аҭыԥантәи ажәларқәа рыфатә хкқәеи ақьырсиантә традициақәеи ирызку есышықәсатәи Жәларбжьаратәи афестиваль».

Афестиваль  рхы аладырхәит аконтинентқәа зегьы рҟынтәи  40 тәылы рхаҭарнакцәа. Иаҭааит  25 нызықь инареиҳаны ауаа.  

Никарагуа акультура аминистр Луис Моралес Алонсо иааԥхьарала ацәыргақәҵа аартра иадҳәалоу агәырӷьаратә церемониа рхы аладырхәит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи.

Афестиваль аҿы ицәыргақәҵахеит иара убас аԥснытәи аарыхыҩцәеи аҭыжьыҩцәеи раалыҵ, аԥсуа милаҭтә костиумқәа, Аԥсны иазку амузыкеи авидеонҵамҭақәеи.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз ҩы-шықәса рыла Краснодартәи атәылаҿацә аужьҭра-гәаҭаратә пунктқәа рыла Урыстәылаҟа ииагахеит 3177 партиа импортла идәықәҵоу амандарина. Иарбоу ацитрустә шәырқәа 3-тәылак рҟынтәи иаагоуп:

Ҭырқәтәылантәи иааган  2717 партиа, уи акапан азеиԥш еицҵалыҵ 59,4 нызықь тонн рҟынӡа инаӡоит;

Аԥснынтәи иаагоуп 444 партиа, уи акапан азеиԥш еицҵалыҵ 4,3 нызықь тонн рҟынӡа инаӡоит;

Египет аҟынтәи иаагоуп 16 партиа, уи акапан азеиԥш еицҵалыҵ 0,4 нызықь тонн рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аԥсны иахьаҵанакуа атеррористтә шәарҭадара аҟалара алшоит ҳәа иҟалаз аинформациа агәаҭара иазкны аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура атәылауаа рахь апровакациа аҽамҭареи аҭынчреи агәҽанызаареи раарԥшреи рзы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны жәабранмза 6 , асааҭ 13:00 рзы ацәыргақәҵа «Ашықәс азы иреиӷьу аусумҭа» ҳәа ацәыргақәҵа  аартра иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысуеит. Иара убри аҽныҵәҟьа аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥгахоит.

2001 шықәса раахыс есышықәса еиҿкаахо аконкурс амҩаԥгара аԥҟара инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә комисиа есышықәса х-ҩык аиааира згаз алнакаауеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ф. И. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы 42-тәи атеатралтә сезон аҩбатәи аԥхьарбара азы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.

Асезон ҿыц жьҭаарамза 29 рзы имҩаԥысыз амоноспектакль «В лучах» ала  иаатит. Ԥхынҷкәынмза 9 – 10 рзы Аурыс драматә театр ахәаԥшцәа ирыднагалоит Фазиль Искандер иҩымҭа ала иқәыргылоу аспектакль  «Софичка» аԥхьарбара.

«Софичка» - Чагем ақыҭа инхо аԥҳәызба лыԥсҭазаара аҭоурых зҳәо ажәабжь ауп. Ажәабжь зыхҳәаау лыԥсҭаазаара аҭоурых аарԥшуа Фазиль Искандер зеиӷьаҟам ала ихадоу ауаҩытәыҩсатә хәдуқәа дрыхцәажәоит:  ацәаҩашәа, аԥсҭазаара аҵаки ахықәки, абзиабара, гәык ала азыҟазаара, анажьара. «Софичка» - ари XX ашәышықәса азы ажәлар иуадаҩыз рыԥсҭазаара иазку аепикатә ԥҵамҭа ду ауп. 

Атеатр адиректор хада Иракли Хьынҭәба ишазгәеиҭаз ала, «аҩымҭа зыхҳәаау Софичка длыхцәажәо, Фазиль Искандер ҳара, иахьатәи аамҭазы инхо ҳәажәлар рдоуҳатәи рыԥсҭазааратәи хәдуқәа реизакырҭа Аҩны -Аԥсны ахьчареи аиқәырхареи ахымԥадатәра азы адырра ҳаиҭоит». 

«Ҳара ҳтеатр Фазиль Искандер ихьӡ ахыуп. Убри аҟнытә уи арепертуар аҟны жәаҳәарада  ҳџьынџьуаҩ ду ирҿиамҭақәа рыла иқәыргылоу  аспектакльқәа ыҟазар ахәҭоуп. Фазиль Искандер  ирҿиара излауа ала аӡыргара  аҭахуп, избан акәзар, уи адунеи иарбан ҭыԥзаалак аҿы инхо аԥхьаҩ аԥсуа жәлар агәы ҳәа изышьҭоу аҭаԥшра илнаршоит. Дахьынхозаалакгьы ауаҩы, Фазиль Искандер иҩымҭақәа данрыԥхьалак, аԥсуаа  заку жәлару, руникалра хыҵхырҭас иамоу, адунеизегьтәи акультуратә, ацивилизациатә процесс аҿы иааныркыло аҭыԥи инарыгӡо ароли ртәы шьахәла еиликаауеит», - ҳәа иҳәеит Иракли Хьынҭәба.  

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы ицәырҵуа иалагаз, иҟоу азакәанԥҵара ӷәӷәала еилазго, ареспублика анагӡаратә мчра аусбарҭақәа аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа  русура рыҽрылагалара иадҳәалоу афактуа рганахьала  агәҭынчымра аанарԥшуеит.  

«Аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа раԥҵаҩы ихыҭҳәаау изинмчы ахархәарала, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа иарбоу амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа ирықәыӷәӷәоит.  Ас еиԥш аҭагылазаашьақәа инарымаданы, ажурналистцәа Реидгыла аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа  русура рыҽрылагалара азы азин  рымоуп ҳәа изыԥхьаӡо ареспублика анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа «Амассатә информациа ахархәагақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа ацензура амҩаԥгара шзамлыршахо ргәаланаршәоит. (Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәан ахәҭаҷ 3).

Ас еиԥш ацензура аҿырԥшы аҳасабала иааугар алшоит абҵарамза 23, 2022 шықәса рзы имҩаԥысыз Аԥсны ауаажәларра-политикатә мчрақәа Реизара аҿы ареспублика аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа  ржурналистцәа рыҟамзаара. Иҟоу адыррақәа рыла, амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа иарбоу аусмҩаԥгатә аҽалмырхәреи уи азы адырраҭарақәа рыҟамҵареи рзы адҵа роуит. Иарбоу афакт аредакциақәа русура аҳәаакра адагьы, «атәылауаа амассатә информациа ахархәагақәа рыла ауаажәларратә еидгыларақәа русура азы оперативла, иҵабыргу аинформациа аиура азы ирымоу азинқәа» (Амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәан ахәҭаҷ 35) еиланагоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг инапы зҵаиҩыз Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахьӡала  иҟаҵоу аҳәамҭа аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент VI ааԥхьара (2017 – 2022шш.)  12-ҩык адепутатцәа аексперттә фонд «Аамҭа» аԥырҵеит. Уи напхгара алҭоит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ԥыхьатәи ахантәаҩы Натали Смыр. Абри азы абҵарамза 17 рзы Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рассоциациа (АРСМИРА) аҿы имҩасыз апресс-конференциа аҿы  адырра ҟалҵеит Натали Смыр.

«Уажәы иаԥҵоу аексперттә Фонд «Аамҭа» (ЭФА)  иалоуп Апарламент VI ааԥхьара  12-ҩык  адепутатцәа. Урҭ реилазаараҿы иҟоуп Апарламент ԥыхьатәи Аиҳабы Валери Кәарҷиа, иара убас быжьҩык апарламенттә Еилакқәа ԥыхьатәи ахантәаҩцәа.

Ҳара ҳгәаанагарала, хәы-шықәса рыла азакәанԥҵара анагӡара иазку азакәанԥҵаратә усура аҿы иҳауз аԥышәа ахархәара ҳҭакԥхықәраны иҳаԥхьаӡоит», - ҳәа илҳәеит Натали Смыр. 

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 16, 2022 шықәса рзы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡба напхгара зиҭо аделегациа апровинциа Диузџье иҟоу Ауниверситет аректор, апрофесор, адоктор Недим Тезбир иԥылеит.

Аректор Тезбир иажәахә аҿы иазгәеиҭеит аҵараиурҭа аҿы аԥсуа бызшәеи алитературеи рҵара иарбоу арегион аҿы инхо кавказтәи ажәларқәа рхаҭарнакцәа рыбжьара еиԥш, кавказтәи аетнос иаҵанамкуагьы рыбжьара акыр аинтересс рызцәырнагоит.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Иахьа Аԥсны Ауаажәларратә Палата аҿы Краснодартәи атәылаҿацә Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәеи аԥснытәи рколлегацәеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аԥсны Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа хымԥадатәиуп, «избан акәзар, Аԥсни Ҟәбини ирықәынхо ажәларқәа аизааигәахара рҭахуп, уи адунеи аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьагьы иадҳәаланы иҟам» ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

«Ҳара Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы еиԥш уи ашьҭахь иҟаз иуадаҩыз ашықәсқәагьы рзы ҳара ҳганахьала аекономикатә блокада аналагалазгьы, Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи адгылареи ацхыраареи шҳамаз ҳдыруан», - ҳәа илҳәеит лара.

Гәыли Кьычба Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рыуаажәларратә Палатақәа рыбжьара иҟоу аусеицура  ессааира амҽхак шыҭбаахало, уи ахеибарҭәаареи аԥышәа аимадареи рзы хра злоу алшара аԥнаҵоит ҳәа агәра ганы дыҟоуп.

Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәыла Алеқсандр Страничкин асасцәа раара азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ас еиԥш аимадара акыр аҵак ду шамоу азгәеиҭеит, ашықәсқәа инеиԥынкыланы Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсны иаиуо ацхыраара атәы иҳәеит.

Краснодартәи атәылаҿацәтә уаажәларратә еиҿкаара  «Амилаҭтә культурақәа Рцентр «Аԥсны» анапхгаҩы Васили Ҷанба асасцәа рделегациа иааркьаҿны рыдгалара мҩаԥигеит, иара убас уи ас еиԥш аимадарақәа «еиҳа еиӷьны аибадырреи еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы аусеицуреи рзы алшара аԥнаҵоит» ҳәа иазгәеиҭеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит. Аилатәараҟны ирылацәажәеит асоциалтә каҭақәа рыҟны ицәырҵыз афымцамчтә усхк аҟны аԥара аӷьычра ыҟоушәа зҳәо адокументқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә саит.  

Аҳәынҭқарра Ахада амчратә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит атәылауаа жәпакы рҳәамҭақәа рыла 70 позициацыԥхьаӡа рыла ахәқәа ирыцҵаны иахьарбоу адокумент ахкьыԥхьла ахаҭареи аҵабырг иахьынӡақәшәои ргәаҭаразы иацклаԥшны иҭырҵаарц. Аҳәынҭқарра Ахада иалкааны аҿҳәара аиҭеит агәаҭареи аҳасабырба аҟаҵареи рзы.

«Аинформациатә хархәагақәа рыҟны ажәабжь цәырҵит «Аҽгәара» ацәаҳәа шьаҭанкылатәи арҿы

РГУ "АПСНЫМЕДИА" Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" © 2023 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info. При полной или частичной перепечатке текстовых материалов в интернете гиперссылка на www.apsnypress.info обязательна.