pressadmin-2
Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» Гәдоуҭа ақалақь аҿы аусура иалагеит.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» жәабранмза 23-24 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит. Уи Гәдоуҭа араион аҟынтәи арҵаҩцәа урыстәылатәи рколлегацәеи иҿыцу арҵаҩратә методикақәеи рбара азы алшарақәа рзаԥнаҵоит.
Аинтерактивтә урокқәа раҳасабала ишьақәгылоу раԥхьатәи амастер-классқәа Гәдоуҭа ақалақь 2-тәии 3-тәии ашколқәа рҟынтәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи алархәны имҩаԥысуеит.
Москва ақалақь ашкол № 1259 ахимиа арҵаҩы, апедагогикатә наукақәа ркандидат, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Владимир Головнер иарбоу аусмҩаԥгатә азы игәаанагара иҳәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазку агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа шьақәырӷәӷәоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 23, 2024 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазку агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы иаԥҵоу аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара.
Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ аҳәынҭқарратә Комиссиа алахәылацәа идыргалаз ажәалагалақәа рыла, Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазку аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа рсиа шьақәирӷәӷәеит.
Аҳәынҭқарратә Комиссиа Аҟәа ақалақьи Очамчыра араиони Рхадарақәа иазԥхьагәарҭаз аусмҩаԥгатәқәа иақәшаҳаҭхеит.
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны имҩаԥгахо агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа
Хәажәкырамза 1, 2024 шықәса рзы Очамчыра ақалақь аҿы абарҭ аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит:
Асааҭ 12:10 рзы – Акультура Аҩны аҿы имҩаԥысуеит афотоцәыргақәҵа «С. У. Багаԥш – 75».
Асааҭ 12:50 рзы – 1992–1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.
Асааҭ 13:00 рзы – Акультура Аҩны аҿы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны аныҳәатә еизара мҩаԥысуеит.
Хәажәкырамза 3, 2024 шықәса, асааҭ 14:00 рзы Очамчыра ақалақь аҿы С. У. Багаԥшь игәалашәара иазкны Аԥсни Ҟарачы-Черкессиати Ареспубликеи ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азыаиҩызаратә матч мҩаԥгахоит.
Хәажәырамза 4, 2024 шықәса, асааҭ 11:00 рзы – Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владилав Григори-иԥа Арӡынба анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.
Асааҭ 12:00 рзы – Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.
Асааҭ 13:00 рзы – Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы имҩаԥгахоит афотоцәыргақәҵа «С.У.Багаԥшь иԥсҭазаареи иусуреи».
Асааҭ 15:00 рзы – С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥгахоит С.У.Багаԥшь игәалашәаа иазку ацәыргақәҵа.
Аенергетикцәа разгәаҭарақәа: афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алыршахоит хәажәкырамза анҵәамҭазы.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» Егрытәи Аӡфымцатә Станциеи ареспублика афымцамч ала аиқәыршәара аганахьала аусеицуреи аԥхьаҟатәи аусура азԥхьагәаҭарақәеи ирызкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, «АУН «Амшынеиқәафымцамчи» Аӡфымцастанциеи рнапхгараҭара алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Сергеи Багаԥшь ибаҟа иреиӷьу апроект азы аконкурс II аетап аихшьаалақәа ҟарҵоит лаҵарамза 20 рзы.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр акультура Аминистрра аҟны иҟоу амонументалтә ҟазара азы аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара мҩаԥылгеит.
Аилатәара аҿы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа иреиӷьу апроект азы жәларбжьаратәи аконкурс II аетап аихшьаалақәа рыҟаҵареи Аҟәа ақалақь аҿы уи ихьӡ зху аплошьад аиқәыршәазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Аконкурс аҩбатәи аетап аихшьаалақәа ҟарҵоит лаҵарамза 20, 2024 шықәса рзы.
Аконкурс аҩбатәи аетап амҩаԥгара Сергеи Багаԥшь (04.03.1949 – 29.05.2011шш.) диижьҭеит 75-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирыдҳәалахоит.
Иракли Хьынҭәба V Жәларбжьаратәи Балтиатәи акультуратә форум аҿы дықәгылараны дыҟоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр анапхгаҩы Иракли Хьынҭәба аспикер иаҳасабала мшаԥымза 17-18, 2024 шықәса рзы Калининградтәи аобласт Светлогорск ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу V Жәларбжьаратәи Балтиатәи акультуратә форум ахь ааԥхьара иоуит.
Иракли Хынҭәба аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа рнапхгаҩцәа жәларбжьаратәи аконференциа аилатәара аҿы «Урыстәылатәии адунеизегьтәии атеатр. Акультурақәа рдиалог» атема ала ажәахә ҟаиҵараны дыҟоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқара Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр Зқәу Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа! Ҳаҭыр зқәу Ареспублика аветеранцәеи атәылауааи! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имшныҳәа!
Ари амш символны ирзыҟоуп Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зыхьчоз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵара, ргәымшәара, рхамеигӡара. Урҭ хацәынмырхала рықәԥара иалҵшәахеит Аԥсны иахьа асуверинитети акультуратә традициақәеи зыхьчо, хьаҵра ззымдыруа ҳәынҭқарраны аҟалара. Ари амш аҽны ҳҭоурых аҟны еиҳа иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы хьыӡла-ԥшала ҳадгьыл зыхьчоз афырхацәа ргәаладыршәоит. Урҭ ргәымшәара, рхаҵара агәыҭгара унаҭоит, Аԥсадгьыл абзиабареи уи аинтересқәа рыхьчареи Аԥсны амилаҭтә акзаара иашьаҭаны ишыҟоу угәаладыршәоит. Иахьа, ҳаҭыр зқәу аррамаҵзурауааи аветеранцәеи, шәҿаԥхьа ҳхырхәоит Аԥсадгьыл ахьчараҿы иаашәырԥшыз алшамҭақәа раҳаҭыр азы. Шәара шәыгәаӷьреи шәхамеигӡареи ҳтәыла аҭынчреи ашәарҭадареи ҵаҵӷәыс ирзыҟоуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
14 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рыԥшааит Аҟәа ақалақь Ажәанба имҩала игылоу аҩны аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акриптовалиута изакәанымкәа арҳара иазку аусура аарԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи рзы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Аҟәа ақалақь аҿы аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ауаажәларратә шәарҭадара амилициа азимнчы змоу ацуҭа-амилиционерцәа рыла Ажәанба имҩала игылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагыла агәраҵа аҿы аус зуаз амаининг ферма рыԥшааит.
Атранспорттә прокуратура Ҭырқәтәыла атәылауаа хҩык рыԥсра инамаданы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атранспорттә прокуратура жәабранмза 16, 2024 шықәса рзы аԥсыӡкыгатә ӷба EMINOQULLARI 4NA341838 аҟынтәи Ҭырқәтәыла атәылауаа хҩык рыԥсреи иарбоу аӷба ԥшьҩык аекипаж алахәылацәеи ӷәӷәала акы рԥырхаганы Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада ахь рнагареи инамаданы апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥнагоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада.
Ганрацәалатәи автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы 13,5 нызықь пачка урыстәылатәи акцизатә дыргақәа змамыз аҭаҭын зҭаз Аԥсныҟа иаауаз афура ааныркылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥсныҟа ицоз аидарамҩангага машьына аҩныҵҟа иҭаҵәахыз асигарет пата ду рыԥшааит.
Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Краснодартәи атәылаҿацә ала Аусбарҭа иаиуз аоперативтә информациа ала аҳазалхыҩцәа афура MAN TGA амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс (МИДК) ахь идәықәырҵеит.
Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш аҽны Аҟәа ақалақь аҿы Идырым асодат ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 23 рзы Урыстәыла иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имшныҳәа.
Иахьа Асовет ар аветеранцәа ирыдныҳәаларц, иара убас Аҟәа ақалақь аҿы игылоу Идырым абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵац азы иааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба, Аԥсны атәылахьчаа Аминистрра, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аиџьынџьуаа Ркоординациатә еидгылара ахаҭарнакцәа.
Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин еизаз аныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Ҳара ҳаиҳабацәа ари амш Асовет ар Амш ҳәа ауп ишырдыруа. Усҟан ҳара зегьы ҳәынҭқаррак аҿы ҳанхон, ҳабацәеи ҳабдуцәеи Аџьынџьтәылатәи еибашьра афронтқәа рҿы еицеибашьуан. Ҳаргьы убасҵәҟьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан еибашьуаз зегьы.
Уажәы, Донбасс ицоит иҷыдоу арратә операциа, рыжәҩахыр еибыҭа урыстәылатәи аибашьцәа ирыцеибашьуеит Аԥсны ахаҭарнакцәагьы. Ҳара иҭахаз ҳаҭырла иаҳгәаларшәо зыԥсы ҭоу афырхацәа зегьы ҳрыдныҳәалоит, иаарласны аиааира агара рзеиӷьаҳшьоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа аминистр Владимир Ануа ихьӡала адныҳәалара даԥхьеит.
«Иахьа ҳара гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит ҳаиҳабацәа знысыз афырхаҵаратә мҩа… Ҳгәалашәараҿы наунагӡа иаанханы иҟоуп аибашьра адәаҿы иҭахаз ҳаибашьцәа рфырхаҵара, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ргәымшәара, рхаҵара.
Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Иван-иԥа Ануеи атәылахьчара Аминистрра ахатәы еилазаареи рыхьӡала аветеранцәеи, иара убас уажәы зырратә маҵзура назыгӡо аруааи Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш шәыдысныҳәалоит, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, ахирра».








