pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, жьҭаарамза 3 рзы, Аҟәа ақалақь, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны иаатит  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵреи Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи иазкны Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа «Амшынеиқәа-кавказтәи арегион аҭоурыхи ҳаамҭазтәи аамҭеи рыпроблемақәа» аусура иалагеит.  

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа –  Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, Аџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аконференциа аартуа, Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор Арда Ашәба еизаз зегьы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса аҵреи Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15-шықәса ахыҵреи  рыдиныҳәалеит. 

Арда Ашәба Аԥсны аҭоурых аҿы иналукааша арыцхәқәа ирызкны жәларбжьаратәи аконференциақәа рымҩаԥгара акыр ҵуеит хра злоу традицианы ишьақәгылеижьҭеи ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ас еиԥш иҟоу анаукатә форумқәа ирыбзоураны ҳара аиҩызаратә атмосфера аҿы ҳгәаанагарақәа реибыҳәареи аиҿцәажәареи рзы алшара ҳауеит. Арҭ аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны, иааизакны Кавказ аҭоурых аспектқәа рацәаны раарԥшразы алшара аԥырҵоит», – ҳәа иҳәеит Арда Ашәба.

Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

«Ари аконференциа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира  Амш 30-шықәса ахыҵреи Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи иахьазку, уи иамоу аҵак ду арҵабыргуеит.

Зегьы раԥхьаӡа иргыланы иазгәаҭатәуп аконференциа алахәылацәа реилазаара. Уи еиднакылеит еицырдыруа аҵарауаа, аҭҵаарадырыҩцәа, аекспертцәа, апрофессор-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа. Даара игәылҭәаау амшхәаԥштә, аконференциа алахәылацәа рԥышәеи рыхьӡ-рыԥшеи ҳасаб азуны аконференциа ауаажәларратә усхкы ала Аԥсны имҩаԥысуа акыр зҵазкуа анаукатә усмҩаԥгатәқәа иреиуоуп ҳәа уҳәар алшоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аслан Бжьаниа аконференциа иалаху зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.

Аконференциа амшхәаԥштә иалагалоуп аполитикатә ҭоурых иадҳәалоу актуалтә зҵаарақәа, акультура, арегионалтә усеицура, Аԥсни Амшынеиқәа-Кавказтәи арегиони  ҳаамҭазтәи аамҭазы еиԥш ажәытәӡатәи аамҭеи абжьарашәышықәсатәи аамҭақәа рзы аҿиара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа.

Аконференциа апроблематика аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуази аԥсуа диаспори рлагала атема. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа 2023 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьеҭ аиҭакрақәа аларгалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.  

Аиҭакрақәа Наӡаӡе амҩала игылоу амашәыр  зхылҿиаар ауа аҩны №3  аҿы инхоз ауааԥсыра ахарҭәааратә шәатәқәа рызшәаразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 50 млн. мааҭ рҟынӡа абиуџьетбжьаратәи атрансфер алагалара иадҳәалахеит.    

6 миллион мааҭ 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы аинвалидцәеи иҭахаз рҭаацәарақәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәа рызшәара ахь идәықәҵахоит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Новороссисктәи аҳазылхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амашьынақәа ралагалараан аҳазылхратә шәатәқәа ршәара аҽахгара иадҳәалоу афактқәа аадырԥшит.

Убас, 2023 шықәса алагара инаркны Новороссисктәи аҳазылхра  хазхаҭалатәи ахаҿқәа рыла Евразиатәи Аекономикатә Еидгылара аҳазылхратә ҵакыра ахь аҳәаанырцәтәи атранспорттә хархәагақәа ралагалараан зеицҵалаҵ  ҳараку аҳазылхратә шәатәқәа ршәара  аҽахгара иадҳәалоу афактқәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 194, ахәҭа 1 инақәыршәаны аусеилыргарақәа хԥа хацдыркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура аофициалтә саит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭамаз Ҭарба жьҭаарамза 7 рзы Аҟәатәи  астадион «Динамо» аҿы имҩаԥысраны иҟоу наҟ-ааҟ ҩыџьа реиндаҭлара «Mixed Martial Arts» асериа азы 73-тәи атурнир ихы алаирхәраны дыҟоуп, - ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Аԥснытәи аспортсмен диндаҭлоит Ҭемыр Тургат. Ҭамаз Ҭарба наҟ-ааҟ ҩыџьа реиндаҭлара «Mixed Martial Arts» асериа азы апрофессионалтә еиндаҭларақәа ҩынтә ихы алаирхәхеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Араиоқәа рхадарақәа аҵара аҟәшақәа алархәны Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭала еиҿкаау амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара иазку акциа мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.   

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҵәышәмпылтә команда «Спартак» Славианск-на-Кубани ақалақь аҿы имҩаԥысуаз иаарту атурнир «Ахьтәы ҭагалан» аҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Атурнир аҿы 2012 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбууи аҭыԥҳацәа рыбжьара аицлабрақәа рхы аладырхәит ԥшь-командак: «Ростов», «Ростов-2», «Славянск-на-Кубани», «Спартак».

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа цәыббрамза 27, 1993 шықәсазы ақырҭуа снаипер ила иҭархаз Аԥсны Афырхаҵа, ИТАР-ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов (07.10.1953 - 27.09.1993) игәалашәара анаунагӡатәра  азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аԥсны Афырхаҵа игәалашәара азы амемориалтә ӷәы шьақәдыргылоит иара дахьҭахаз аҭыԥ азааигәара – Владимир Аршба ихьӡ зху амҩала игылоу аҩны N53 аҿратә ган аҿы.

Андреи Соловиов ихьӡ анаунагӡатәразы аинициатива аазырԥшыз Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ауп.

1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Андреи Соловиов изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан. Иара иҭихыз аибашьра иазку акадрқәа  Аԥсны иззымдыруа, изымбац шамахамзар аӡәгьы дыҟамзар ҟалап. Иара иҭихыз афотосахьақәа рӷьырак Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш 30-шықәса ахыҵра иазку абаннерқәа ирнуп.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара жьҭаарамза 3 рзы имҩаԥнагаз аилатәара аҿы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟынтәи Аҟәа ақалақь аҿы Черниавски ихьӡ  зху амҩа Салыбеи Арӡынба ихьӡ ахҵара азы аҳәара зну ашәҟәы иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Нанҳәамза 11, 2023 шықәсазы иаашьҭыз ақалақь ахада ишәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадарахь иадҵаалеит атәылахьчара аминистр В. Ануа, аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы А.Цыгәба, иара убас ақалақь ауааԥсыра. Урҭ дара ахьынхо Черниавски ихьӡ зху амҩа Аԥсны Афырхаҵа, Леон иорден занашьоу, Жәлар рфорум активла иалахәыз, Аҟәа ақалақь раԥхьатәи арратә комендантс иҟаз Салыбеи Арӡынба ихьӡ ахҵаразы аҳәара ҟарҵеит».

Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа иколлегацәа-адепутатцәа аҳҭнықалақь ахадарахь иаарышьҭыз ари ашәҟәы мыцхәы идуум Черниавски ихьӡ зху амҩала инхо ауааԥсыра зегьы рнапы шаҵарҩыз азы адырра риҭеит. Иара Черниавски ихьӡ ақалақь ахсаалаҿы ишаанхо, избан акәзар амҩа ауп зыхьӡ рыԥсахуа, убри аан иара уааҵәҟьа иҟоу амҩабжьахала уаанӡа еиԥш уажәгьы атәылаҿацәҭҵааҩы, аԥсабараҭҵааҩы–азоолог Владимир Черниавски ихьӡ ахызаауеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Дмитри Осиа, Салыбеи Арӡынба (Ака) акомандаҟаҵаҩыс дызмаз абаталион Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан аҳҭнықалақь ахақәиҭтәраан Аҟәатәи ашьха аҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа ирылахәын ҳәа  иазгәеиҭеит. Иара аринахыс Аԥсны Афырхаҵа ихьӡ зху амҩа ахьыҟало аҭыԥ алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа ала Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә хьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵра иазкуп урыстәылатәи ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ, Урыстәылазегьтәи Аҳәынҭқарратә Ателерадиоеилахәыра аҿга Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра «Аланиа» адиректор, Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Ҭемыр Кусов иҭихыз адокументалтә фильм «Ихьыԥшым». Уи  аӡыргара мҩаԥысит Цхьынвал ақалақь аҿы нанҳәамза 26, 2023 шықәса рзы.  

Афильм аҿы иаарԥшуп ареспублика ашьақәгылара аҭоурых, рыӡбахә ҳәоуп Аахыҵ Уаԥстылатәи Ареспублика ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ауаа, Аахыҵ Уаԥстәыла ахьчаразы игылаз Урыстәылатәи абжьаҟазыҩцәа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ахаша, жьҭаарамза 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа диԥылараны дыҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Кремль апресс-маҵзура. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.