pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышмариа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа иҳаҩсыз 2023-тәи ашықәс азы инагӡаз аусуразы аҳасабырба ҟалҵеит.

8-хык рыла ишьақәгылаз ажәахә аҿы ианыԥшит абарҭ азҵаарақәа:

- Аппарат ахь инашьҭыз арзаҳалқәа рыстатистика;

- ахақәиҭра иалхәдаау рҭагылазаашьақәа зеиԥшроу;

- Аԥсны атәылауаа Ԥсоу аӡиас ала инагоу аҳәынҭқарратә ҳәаа, Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ аҿы раанкылара иадҳәалоу ахҭысқәа;

- атәанчаҩцәа реиҭашәҟәҭаҩраан агәараанқәа рыҟалара апроблема;

- Урыстәылатәи Афедерациа авизақәа раиура иазыԥшу аҳәаанырцәтәи атәылауаа ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа;

-  «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагалара;

- «Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу изы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиӷьтәра азы абжьгарақәа, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2024 шықәсазы аусура ахырхарҭақәа ралкаара.

Инагӡоу аусура ихадоу ахырхарҭақәаны Анас Кьышьмариа дырзааҭгылеит Аԥсны иамабзиоу атәылақәа рзинхьчаратә институтқәа аус рыцура аинформациа-рккаратә усура амҩаԥгара, иара убас атәыла анапхгареи ауаажәларратә еилазаареи рыбжьара адиалоги аусеицуреи рыбжьаҵара адгылара аҭара.

«Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы еиқәыршәаны анапаҵыҩра мҩаԥган Урыстәылатәи Афедерациа аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, Ареспублика Венесуела аҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, иара убас Венесуела ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аусеицуразы амеморандум. Аахыҵ Уаԥстәылеи Приднестровиеи рамбудсменцәеи арегионалтә урыстәылатәи амбуцменцәеи аус рыцура аҿиара алҳаршоит», - ҳәа иазгәалҭеит  Анас Кьышьмариа.  

Ауаҩы  изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу 47 тәыла рҟынтәи омбудсменцәеи адипломатцәеи злахәыз жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатә дуқәа– Евразиатәи аомбудсменцәа ралианси Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциеи лхы алалырхәит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу пекинтәи аинформациа-консультативтә еилазаара «Евразиеи» (Китаи) аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.  Абри азы адыра ҟанаҵоит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.  

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиеи «ЗҲәА «Евразиа» ахантәаҩы  Ге Чжили.

Аиқәшаҳаҭра аҵарадырра аусхкы аҿы аҩганктәи аусеицура еиуеиԥшым аформақәа  азԥхьагәанаҭоит.

Аусшәҟәы инақәыршәаны, аганқәа анаукатә конференциақәа реицынагӡареи реицымҩаԥгара азы агәҭакқәа рымоуп; аԥсуа жәлари китаи ажәлари рыбжьара аҵарадырреи егьырҭ аусхкқәеи рҿы аусеицура аҿиара ацхыраара аҭара; анаукатә форумқәеи асеминарқәеи рылахәара азы, иара убас аҵара апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны арҵаҩцәа, аспирантцәа, амагистрантцәа, астудентцәа рыла аимадара амҩаԥгара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь, акультура Аҩны аҿы еицырдыруа аԥсуа поет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Таиф Шьаадаҭ-иԥа Аџьба игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит. 2016 шықәсазы Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа аԥҵан, ҳәа адырра ҟаҵоуп Гәдоуҭа араион Ахадара аофициалтә даҟьа аҿы.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит  араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа, аҵара аминистр Инал Габлиа, апоет иҭаацәа, иуацәа, иҭынхацәа, араион активи ауаажәларреи рхаҭанакцәа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2024 шықәса.  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша  Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Жәларбжьаратәи аҳәса рымш лыдиныҳәалеит.

 

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥхынтәи акурорттә сезон аламҭалазы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ипопулиару атуристтә маршрутқәа зегьы рҵакыраҿы ашәарҭадареи азинеиҿкаареи рышьақәыргылара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Иахьа амшын аԥшаҳәа аҿы ауаа митәык ирацәаӡам, аха ааԥын анҵәамҭазы ауаажәларра еиҳа иахьеизо аҭыԥқәа рҿы арлахҿыхратә комплексқәеи адегустациатә залқәеи, кавказтәи афатә аалыҵқәеи арыжәтәқәеи анҭыҵтәи рыҭирҭақәа ҟалоит. Араҟа ҷыдала ихадоуп ирҭиуа аалыҵ ахаҭабзиара анормақәа рықәныҟәара.  

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Роберт Киут иҟаиҵаз адҵа ала, аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа азаҵәылаҭиратә хәаахәҭра аобиектқәеи ирҭиуа аалыҵ ахаҭабзиареи ргәаҭара мҩаԥнагоит.   Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчара иазырхоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Еицырдыруа аԥсуа поет, ажурналист Иуа Абас-иԥа Коӷониа (13.03.1904 – 14.07.1928 шш.) диижьҭеи 120-шықәса иазку апоезиатә хәылԥазы ахаша, хәажәкырамза 13 рзы  И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы еиҿнакааит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла.   

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу иажәақәа рыла, апоет ирҿиара амилаҭтә аԥсуа литература аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит.

«Раԥхьатәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟаз иакәын иара. Иуа Абас-иԥа Коӷониа акы иаламҩашьо абаҩхатәра злаз уаҩын. Уи ирҿиара ҳажәлар акыр ирзааигәоуп. Апоет илшеит ҳара ҳаҩныҵҟатәи амилаҭтә дунеи аарԥшра илшеит», ҳәа иҳәеит иара.

Апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа апоет акыр икьаҿыз иԥсҭазаара дахцәажәеит, анаҩс уи иажәеинраалақәак дрыԥхьеит.

«Иуа Коӷониа ирҿиара ҳмилаҭтә литература аҭоурых аҿы наунагӡа иаанхоит. Апоет иусумҭақәа рҵоит ашколхәыҷқәеи астудентцәеи, иара илитературатә ҭынха  иазыркуеит анаукатә статиақәеи амонографиақәеи», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Анатоли Лагәлаа.

Ашәҟәыҩҩы Геннади Аламиа Иуа Коӷониа ииубилеи азы ииҩыз иажәеинраала даԥхьеит. Уи иазгәеиҭеит апоет ирҿиара ихадоу аҟазшьаны ишыҟаз уи ижәлар рыдгылара иахьазкыз.  

«Иара гәкажьра ҟаиҵаӡомызт, избан акәзар идыруан ижәларгьы иара адгылара ширҭо», ҳәа иажәа иацҵо иазгәеиҭеит Геннади Аламиа.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз ажурнал «Амцабз»  аредактор, ашәҟәыҩҩы Гәында Кәыҵниа, алитератор қәыԥш Инал Гицбеи Владимир Никонови апоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Апоезиатә хәылԥазы Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №4 аҵаҩцәа рықәгыларала ихыркәшахеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Москва ақалақь аҿы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишбеи Акционертә Еилазаара «КАВКАЗ.РФ» адиректор Андреи Иумшанови реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 12 рзы Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аофис аҿы имҩаԥысит араҟа иаԥҵаз Ауаажәларратә Хеилак аҩбатәи аилатәара.  

Аилатәара иалахәыз Ауаажәларратә Хеилак аҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа рынагӡара азы ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:

- Ахәыҷқәеи ахбыџқәеи урҭ рҭаацәеи рзы апроект «Агәрагара аҭел» аиҿкаара алыршара;

- аусуратә гәыԥқәа рышьақәыргылареи урҭ реилазаареи инарыгӡало аусура ахырхарҭақәеи ралкаара;

- аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәа русқеи рзы Жәлар Реизара-Апарламент Аилак ахантәаҩы иԥылара аиҿкаара азҵаара;

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Изольда Ҳагба ҩаԥхьа Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» Ахылаԥшратә Хеилак ахантәаҩыс далырхит.

Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» Ахылаԥшратә Хеилак азы Аԥҟара инақәыршәаны, Ахылаԥшратә Хеилак алахәылацәеи ахантәаҩи рзинмчы аҽҳәара ҩы-шықәса рҟынӡа инаӡоит. Убри аан урҭ реиҭалхразы алшара ԥкӡам.  

Хәажәкырамза 6 рзы онлаин режим ала алахәылацәа реиҳараҩык рыбжьқәа рыла иалххо  Ахылаԥшратә Хеилак ахантәаҩы иалхрақәа мҩаԥган.  

Ахылаԥшатә Хеилак алахәылацәа уажәы Ахеилак ахантәаҩыс иҟоу Изольда Ҳагба рыбжьы лырҭеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵарауаҩ-абызшәадырҩы, академик Шьоҭа Ҟасҭа-иԥа Арсҭаа анаука аҿы иеихьӡарақәа рзы Анаукақәа Ракадемиа «Ахьтәы медал» ианашьахеит, ҳәа  Академиа азеиԥш Еизара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.